АҴАРАЗЫ АСТАТИА 34
Аизараҿы инашәыгӡо аус Иегова изы ахә ҳаракуп!
«Ҳцәеижьгьы убас, иаку цәеижькны ишыҟоугьы, хәҭа рацәа амоуп, дара зегьы зтәу цәеижьк ауп, акаҿоуп хәҭа-хәҭала иахьеибарку — убас ауп Христосгьы» (1 КОР. 12:12).
АШӘА 101 Ҳаидгыланы аус еицаҳуеит
АХҲӘААa
1. Иарбан ҳаҭыру ҳара иҳаҭәашьоу?
ИЕГОВА иеизара ҳахьахәҭаку ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп! Ҳара адоуҳатә џьанаҭ аҿы ҳаҟоуп, избанзар аҭынчра бзиа избо, насыԥ змоу ауаа Анцәа имаҵ рыцаҳуеит. Иарбан усу шәара аизараҿы инашәыгӡо?
2. Иарбан ҿырԥштәу апостол Павел иааигаз исаламшәҟәқәа рҿы?
2 Уи азҵаара аҭак ҟаҳҵарц азы шәааи еилҳаргап апостол Павел исаламшәҟәқәа рҿы иааигаз аҿырԥштәы. Урҭ асаламшәҟәқәа рҿы Павел аизара ауаҩы ицәеижь иаҿирԥшит, аизара иалахәу ақьырсианцәа ацәеижь ахәҭақәа ирыҿирԥшит (Рим. 12:4—8; 1 Кор. 12:12—27; Еф. 4:16).
3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Аизараҿы дасу иҟаиҵо Иегова изы даараӡа ихадоуп. Ҳрасеи, ҳмазареи, ҳажәлеи, ҳкультуреи, ҳҵареи зеиԥшразаалакгьы, ҳара зегьы аизара ҳарӷәӷәалар ҳалшоит. Ари астатиаҿы еилҳаргоит Павел иааигаз аҿырԥштәы иалҳкаар ҳалшо х-урокк. Ҳара еилаҳкаауеит: 1) аизараҿы дасу иҟаиҵо ахә шыҳараку, 2) аизараҿы хәарҭас иҳалоу егьыҟам ҳәа ҳхәыцуазар иҟаҵатәу, 3) дасу иду аус наигӡалар зихәҭоу.
АИЗАРАҾЫ ДАСУ ИҞАИҴО ИЕГОВА ИЗЫ ДААРАӠА ИХАДОУП
4. Иҳаилнаркаауазеи Римаа рахь 12:4, 5 иану?
4 Павел иҿырԥштәы иҳаилнаркаауеит Иегова иҭаацәараҿы дасу иҟаиҵо даараӡа ишхадоу. Павел уи аҿырԥштәы абас далагоит: «Дарбанзаалакь цәеижьки уи ахәҭақәеи рыла дшышьақәгылоу, ацәеижь ахәҭақәагьы доусы дара зызку шрымоу аиԥш, ҳарҭ зегьы Христос иҿы цәеижькны ҳаҟоуп, ҳахәҭақәагьы аӡәи-аӡәи иаҳзеиԥшуп, ихеибарҭәаагоуп» (Рим. 12:4, 5). Ииҳәарц ииҭахызи Павел? Аизараҿы зегьы инаҳагӡо аусқәа еиԥшӡам, аха Иегова изы дасу ихә ҳаракуп.
Аизараҿы инаҳагӡо адҵақәа еиԥшӡам, аха зегьы ҳахә харакуп. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 5—12.)b
5. Ириҭазеи Иегова аизарақәа?
5 Аизараҿы аусқәа назыгӡо шәанрызхәыцуа, иҟалап иаразнак шәхахьы иааиуазар аҭакԥхықәрақәа зду аишьцәа (1 Фес. 5:12; Аур. 13:17). Ааи, Иегова Христос ила «ауаа аҳамҭақәа» ҳаиҭеит (Еф. 4:8). Урҭ рахь иаҵанакуеит анапхгаратә хеилак иалахәу, насгьы урҭ ирыцхраауа аишьцәа, афилиал акомитет аҿы амаҵ зуа аишьцәа, араионтә хылаԥшыҩцәа, абиблиатә школқәа мҩаԥызго аишьцәа, аизара аиҳабацәа, насгьы амаҵзуратә цхырааҩцәа. Урҭ аишьцәа зегьы иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала иалхуп Иегова иуасақәа ирхылаԥшларц, насгьы аизарақәа дырӷәӷәаларц азы (1 Пиотр 5:2, 3).
6. Рҽыззыршәозеи иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала иалху аишьцәа, 1 Фессалоникаа рахь 2:6—8 иану инақәыршәаны?
6 Аишьцәа иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала иалхуп еиуеиԥшым адҵақәа нарыгӡаларц азы. Ацәеижь ахәҭақәа, иаҳҳәап, анапқәеи ашьапқәеи, ацәеижь зегьы ишацхраауа еиԥш, иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала иалху аишьцәа аизара зегьы иацхрааларц азы аџьабаа рбоит. Дара дырҽхәаларц азы акәӡам уи зыҟарҵо, аха аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыгәрахаҵара дырӷәӷәаларц азы ауп. (Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 2:6—8.) Ҳара Иегова иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит зхы иамеигӡо, доуҳала ишәу урҭ аишьцәа рзы!
7. Иарбан зылԥхарақәоу ирымоу заамҭа зегь амаҵзура иазызкуа?
7 Шьоукы миссионерцәас амаҵ руеит, егьырҭ иҷыдоу пионерцәас ма пионерцәас. Адунеи ахьынӡа-наӡааӡо инхо аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы раамҭа зегь ажәабжьҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи ирзыркит. Уи абзоурала, дара имаҷҩымкәа ауаа Христос иҵаҩны аҟалара ирыцхрааит. Урҭ амаҵзуҩцәа реиҳараҩык мал дук рымам, аха Иегова рыԥсҭазаара зылԥхарала ирҭәуеит (Марк 10:29, 30). Ҳара урҭ даараӡа бзиа иаҳбоит, рџьабаагьы ахә ҳшьоит!
8. Избан Иегова ажәабжьҳәаҩцәа зегьы рыхә зишьо?
8 Аҭакԥхықәрақәа зду аишьцәеи заамҭа зегь амаҵзура иазызкуа ақьырсианцәеи роума аизараҿы ихадоу аусқәа назыгӡо? Мап! Иегова изы, насгьы аизара зегь азы дасу ихә ҳаракуп (Рим. 10:15; 1 Кор. 3:6—9). Аизара хықәкы хадас иамоу Иҳақәиҭу Иисус Христос иҵаҩцәа разыҟаҵара ауп (Матф. 28:19, 20; 1 Тим. 2:4). Ажәабжьҳәаҩцәа зегьы, иӡаахугьы иӡаахымгьы, уи ус хаданы ирыԥхьаӡоит (Матф. 24:14).
9. Избан ҳара аизараҿы иҟоу аиҳәшьцәа рыхә заҳшьо?
9 Иегова аиҳәшьцәагьы ихадоу аус рыдиҵеит, убас ала ҳаҭыр шрықәиҵо ааирԥшит. Иара даараӡа ахә ишьоит аҭаацәара иалоу аҳәсеи, анацәеи, аҳәсеибацәеи, аҭаацәара иалам аиҳәшьцәеи рмаҵзура. Абиблиа имаҷҩымкәа Анцәа изиашаз аҳәса рыӡбахә ануп. Дара аҟәыӷареи, агәрахаҵареи, агәацԥыҳәареи, агәымшәареи, агәыҭбаареи аадырԥшуан, иара убас егьырҭ аус бзиақәа ҟарҵон (Лука 8:2, 3; Аус. 16:14, 15; Рим. 16:3, 6; Флп. 4:3; Аур. 11:11, 31, 35). Ҳаизарақәа рҿгьы иҟоуп урҭ аҟазшьа бзиақәа аазырԥшуа аиҳәшьцәа. Ҳара урҭ рзы Иегова иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит!
10. Избан зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыхә заҳшьо?
10 Ҳаизарақәа рҿы иара убас ирацәоуп зықәрахь инеихьоу. Ҳара урҭ даараӡа ҳреигәырӷьоит. Еизарақәак рҿы иҟоуп зыԥсҭазаара зегь Иегова имаҵ аура иазызкыз зықәрахь инеихьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Иҟоуп ааигәа аҵабырг еилызкаазгьы. Зықәрахь инеихьоу аӡәырҩы ачымазарақәа идыргәаҟуеит. Уи иахҟьаны дара аизараҿы, насгьы ажәабжьҳәараҿы ирҭаху зегь рзыҟамҵозар ауеит. Аха уеизгьы дара ирылшо зегь ҟарҵоит ажәабжь рҳәаларц, ҳгәы шьҭырхларц, насгьы аҿырԥшы ҳдырбаларц азы! Ҳара урҭ ирҿаҳҵаар ҳалшо рацәоуп. Иегова изгьы ҳара ҳзгьы урҭ рыхә ҳаракуп (Ажәам. 16:31).
11, 12. Шәгәы шԥашьҭырхуеи шәеизараҿы иҟоу аҿар?
11 Иаҳҳәар ҳалшозеи иқәыԥшу ақьырсианцәа ирызкны? Аҩсҭаа напхгара ззиуа, насгьы ихәыцшьа зныԥшуа адунеи аҿы дара имаҷымкәа ауадаҩрақәа ирықәшәоит (1 Иоанн 5:19). Ус шакәугьы, аизарақәа рҿы аҭакқәа ҟарҵоит, ажәабжь рҳәоит, насгьы гәымшәарала рыгәрахаҵара рыхьчоит. Убри аҟынтә ҳара урҭ даараӡа ҳреигәырӷьоит. Аҿар, аизараҿы шәара шәыхә даараӡа иҳаракуп! (Аԥсал. 8:2).
12 Аха аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы ирцәыцәгьоуп аизараҿы рыхә шыҳараку агәра агара. Иҳацхраар алшозеи урҭ ацәаныррақәа риааира? Шәааи ҳахәаԥшып.
АИЗАРАҾЫ ШӘЫХӘ ШЫҲАРАКУ АГӘРА ГАНЫ ШӘЫҞАЗ
13, 14. Избан аизараҿы шьоукы акгьы иаԥсамшәа рхы зырбо?
13 Шәааи ҳахәаԥшып Павел иааигаз аҿырԥштәы иалҳкаар ҳалшо аҩбатәи аурок. Иара далацәажәеит аӡәырҩы иахьагьы ирымоу ауадаҩра — дара аизараҿы рыхә шыҳараку агәра агара рцәыцәгьоуп. Иара иҩит: «Ашьапы „сара снапым, убри аҟнытә ари ацәеижь сатәым“ ҳәа ҿаанаҭыр, уи иаанагоума, ииашаҵәҟьаны, абри ацәеижь иатәым ҳәа? Алымҳа акәзаргьы: „сара сыблам, убри аҟнытә ари ацәеижь ахь ус сымам“ аҳәар, ари иаанагоума, уи, ииашаҵәҟьаны, абри ацәеижь иахәҭакым ҳәа?» (1 Кор. 12:15, 16). Ииҳәарц ииҭахызи Павел?
14 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәхы рыҿшәырԥшуа шәалагар, акгьы шәаԥсамшәа жәбар ауеит. Иаҳҳәап, аишьцәа шьоукы арҵаҩра иазҟазазар алшоит, егьырҭ ак аиҿкаара ма аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ашьҭыхра рзымариазар ҟалоит. Иҟалап дара ирылоу аҟазара шәара ишәылам ҳәа шәхәыцуазар. Уи ахынраалара шшәылоу аанарԥшуеит (Флп. 2:3). Аха шәгәышәҽаныз. Шәааҟәымҵӡакәа шәхы егьырҭ ирыҿшәырԥшлар, шәгәы каҳар ауеит. Павел ишиҳәаз еиԥш, аизараҿы акгьы шәаԥсамшәа жәбаргьы алшоит. Ишәыцхраар алшозеи урҭ ацәаныррақәа риааира?
15. Еилаҳкаалар ҳахәҭоузеи иҳалоу аҟазарақәа ирызкны 1 Коринфаа рахь 12:4—11 иану инақәыршәаны?
15 Иегова актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа иԥшьоу адоуҳала иџьашьахәыз алшарақәа рылеиҵеит, аха урҭ алшарақәа еиԥшӡамызт. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 12:4—11.) Иегова зегьы ирылеиҵаз алшарақәа шеиԥшмызгьы, дасу ихә ишьон. Иахьа ҳара џьашьахәыла еиуеиԥшым алшарақәа ҳауӡом, насгьы ҟазарала ҳаиԥшӡам, аха Иегова изы зегьы ҳахә ҳаракуп.
16. Иарбан лабжьароу апостол Павел иҳаиҭаз?
16 Ҳхы егьырҭ рҿырԥшра аҭыԥан ҳара Павел иҳаиҭаз алабжьара ҳақәныҟәалароуп. Иара иҳәеит: «Доусы инапы злаку иусқәа рыла ихы гәеиҭалааит, иҟаиҵаз абзиара дазгәдулааит, егьырҭ иҟарҵаз ирҿырԥшуа акәымкәа» (Гал. 6:4).
17. Ишԥаҳацхраауеи Павел илабжьара?
17 Павел ишиҳәаз еиԥш егьырҭ ҳхы рыҿҳмырԥшлар, ҳаргьы ҟазарак шҳалоу ҳбоит. Иаҳҳәап, аизара аиҳабы ажәахәқәа ибзианы рҳәара уамак илымшозар ҟалоит, аха аҵаҩцәа разыҟаҵара аус дазҟазазар алшоит. Мамзаргьы иара егьырҭ аизара аиҳабацәа ак аиҿкаара шырзымариоу еиԥш изымариамзар ауеит, аха аизараҿы зегьы ахаара зҵоу ахьча иеиԥш деицырдыруеит, насгьы лабжьарак анырҭаху идҵаалара рзымариоуп. Мамзаргьы асасдкылара аарԥшра бзиа ибоит (Аур. 13:2, 16). Бзиарас иҳалоу, насгьы ҳзызҟазоу ҳдыруазар, аизаразы иҟаҳҵо агәырӷьара ҳзаанагалоит. Усҟан даҽа уск назыгӡо аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрыҵашьыцлаӡом.
18. Иҳацхраауазеи ҳмаҵзура аиӷьтәра?
18 Аизараҿы инаҳагӡо иарбан усзаалакгьы, ҳара ҳмаҵзура аиӷьтәреи иҳалоу аҟазара аизырҳареи ҳҽазаҳшәалароуп. Уи аҟаҵара дҳацхраарц азы Иегова иорганизациа ала аҵара ҳирҵоит. Иаҳҳәап, аизара «Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» аҿы ҳмаҵзура аиӷьтәра иҳацхраауа алабжьарақәа ҳауеит. Шәхы иашәырхәома шәара урҭ алабжьарақәа?
19. Ишәыцхраар алшозеи Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол аҿы аҵара ахысра?
19 Иара убас иҳалоу аҟазара аиӷьтәра иҳацхраауеит Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа рышкол. Уи ашкол аҿы аҵара рҵар рылшоит заамҭа зегь амаҵзура иазызкуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи, 23 шықәса зхыҵуа инадыркны 65 шықәса зхыҵуа рҟынӡа. Иҟалап шәара шәгәы иаанагозар уи ашкол аҿы ахаангьы аҵара шәызҵом ҳәа. Аха ишәԥырхагоу амзызқәа реиқәыԥхьаӡара аҭыԥан, еиқәышәыԥхьаӡа уа аҵара шәҵарц зышәҭаху. Анаҩс ишьақәшәыргыл аҭахрақәа рыҽрықәыршәара ишәыцхраауа аплан. Аџьабаа жәбар, Иегова ицхыраарала ишәылымшошәа ижәбоз ҟашәҵар ауеит.
ИШӘЫЛОУ АҞАЗАРА АИЗАРА ШӘАЦХРААЛАРЦ АЗЫ ШӘХЫ ИАШӘЫРХӘАЛА
20. Иҳаилнаркаауазеи Римаа рахь 12:6—8 иану?
20 Уажәшьҭа ҳалацәажәап Павел иааигаз аҿырԥштәы иалҳкаар ҳалшо ахԥатәи аурок. Уи ануп Римаа рахь 12:6—8 (шәаԥхьа) аҿы. Павел ара еиҭах иҳәоит аизараҿы дасу ҟазарак шилоу. Аха иара инаҵшьны иазгәеиҭоит иҳалоу аҟазара зеиԥшразаалакгьы, уи аизара ҳацхрааларц азы ҳхы иаҳархәалар шҳахәҭоу.
21, 22. Иаҳнарҵозеи Роберт, насгьы Феличе рҿырԥштәы?
21 Шәааи иашьак иҿырԥштәы еилҳаргап. Уи Роберт ихьӡаҳҵап. Иара даҽа тәылак аҿы амаҵ иуан, аха анаҩс итәылаҿы иҟаз Вефиль ахь диаргеит. Аишьцәа Роберт уахь дзиаргаз агха ахьихьыз азы шакәмыз агәра шидыргозгьы, иара иҳәоит: «Акыраамҭа сгәы каҳаны сыҟан, избанзар исыдыз адҵа сзынамыгӡеит ҳәа схәыцуан. Вефиль аҿы амаҵ аура саҟәыҵып ҳәа санхәыцуазгьы ыҟан». Ицхраазеи Роберт ҩаԥхьа агәырӷьара аиура? Аизара аиҳабыс амаҵ зуаз иашьак игәалаиршәеит Иегова уаанӡа инаҳагӡоз адҵақәа рыла дышҳацхраауа уажәы иҳаду адҵа еиӷьны анагӡара. Иара еиликааит шьҭахьҟа аԥшра даҟәыҵны уажәы иҟаиҵалар илшо ихы азишьҭлар шихәҭоу.
22 Феличе Епископо зыхьӡу аиашьагьы уи аҩыза ауадаҩра дақәшәеит. 1956 шықәсазы иԥҳәыси иареи Галаад ашкол ианалга, Боливиа араионтә маҵзура иалагеит. 1964 шықәсазы дара ахшара дроуит. Иара иҳәоит: «Ҳмаҵзура ааныжьра даараӡа иаҳцәыцәгьан. Аиаша сҳәозар, шықәсык аҟара сгәы каҳаны сыҟан. Аха Иегова ицхыраарала схәыцшьа сыԥсахит, иҿыцыз сҭакԥхықәра анагӡарагьы сҽазыскит». Еилышәкаауама шәара Роберт, насгьы Феличе рцәаныррақәа? Шәгәы каҳаны шәыҟоума уаанӡа инашәыгӡоз аҭакԥхықәрақәа ахьынашәмыгӡо азы? Ааи акәзар, шьҭахьҟа аԥшра шәаҟәыҵ, насгьы Иеговеи шәашьцәеи рзы уажәы иҟашәҵалар шәылшо шәхы азышәышьҭ. Ишәылоу аҟазара аизара шәацхрааларц азы шәхы иашәырхәала. Усҟан агәырӷьара шәцәыӡӡом.
23. Ҳзызхәыцлар ҳахәҭоузеи ҳара? Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?
23 Иегова зегьы ҳахә ҳаракны ишьоит. Иара иҭаацәара ҳахәҭакзарц иҭахуп. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрыцхрааларц азы иҟаҳҵар ҳалшо ҳазхәыцуазар, анаҩс уи ҟаҳҵозар, аизараҿы акгьы ҳаԥсамшәа ҳбалаӡом. Аха ҳашԥарзыҟоу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи? Ишԥаҳалшо урҭ бзиа ишаҳбо, насгьы рыхә шаҳшьо аарԥшра? Анаҩстәи астатиаҿы уи еилҳаргоит.
АШӘА 24 Иегова ишьхахь шәхала
a Ҳара зегьы Иегова бзиа ҳшибо ҳбалар ҳҭахуп. Аха зны-зынла акгьы ҳаԥсамшәа ҳбозар ауеит. Ари астатиа иаҳнарбоит аизараҿы хаҭала зегьы ҳахә шыҳараку.
b АСАХЬАҚӘА РҾЫ ИАҲБО: арҭ асахьақәа рҿы иаҳбоит аизара алагаанӡа, ианцо, насгьы ианынҵәалак ашьҭахь аишьцәеи аиҳәшьцәеи иҟарҵо. Асахьа 1. Аизара аиҳабы дҿаԥха-ҿаччо асас аԥсшәа иеиҳәоит, иқәыԥшу аиашьа амикрофонқәа ирхиоит, аиаҳәшьа абырг длацәажәоит. Асахьа 2. Иқәыԥшугьы зықәрахь инеихьоугьы «Ахьчаратә бааш» аилыргара аан аҭакқәа ҟарҵоит. Асахьа 3. Хаҵеи-ԥҳәыси Аҳратә зал еилдыргоит. Ан лхәыҷы аиашьыкь аԥара аҭаҵара длыцхраауеит. Иқәыԥшу аиашьа алитература дахылаԥшуеит, егьи аиашьа зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьа лгәы шьҭихуеит.