АҴАРАЗЫ АСТАТИА 7
Иарбан мчроу аизара аиҳабацәа ирымоу?
«Христос аизара хадас, насгьы уи ацәеижь еиқәырхаҩыс [дамоуп]» (ЕФ. 5:23, АдҾ).
АШӘА 137 Азиашара аазырԥшуа аҳәса
АХҲӘААa
1. Изыбзоурозеи Иегова иҭаацәараҿы иҟоу акзаара?
ҲАРА даараӡа ҳаигәырӷьоит Иегова иҭаацәара ҳахьахәҭаку. Аха изыбзоурозеи иҳамоу аҭынчреи акзаареи? Амзызқәа руак уи Иегова амчра зиҭаз ҳаҭыр рықәҵара ҳҽахьазаҳшәо ауп. Иегова ишьақәиргылаз ахадара апринцип ибзианы еилаҳкаауазар иҳабжьоу акзаара еиҳагьы иҳарӷәӷәалоит.
2. Иарбан зҵаарақәоу ари астатиаҿы еилҳарго?
2 Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит аизараҿы ахадара апринцип ҳақәныҟәалар шҳалшо. Иара убас абарҭ азҵаарақәа рҭак ҳауеит: иарбан рольу Иегова аизараҿы аиҳәшьцәа ирзалихыз? Иаҳҳәар ҳалшома аишьцәа зегьы аиҳәшьцәа ирхагылоуп ҳәа? Еиҟарома аизара аиҳабацәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҿаԥхьа ирымоу амчреи аҭаацәара ахадацәа рыҳәсеи рхәыҷқәеи рҿаԥхьа ирымоу амчреи? Аха раԥхьа шәааи еилаҳкаап аиҳәшьцәа ҳарзыҟазар шҳахәҭоу.
ҲАРЗЫҞАЗАР ШԤАҲАХӘҬОУ АИҲӘШЬЦӘА?
3. Иҳацхраар алшозеи аиҳәшьцәа еиҳагьы рыхә ашьара?
3 Ҳара аиҳәшьцәа рџьабаа даараӡа ахә ҳшьоит. Дара рҭаацәарақәа иреиҷаҳауеит, ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭарҳәоит, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыцхраауеит. Аха Иеговеи Иисуси урҭ ишырзыҟоу ҳазхәыцыр еиҳагьы рыхә ҳшьалоит. Иара убас апостол Павел аиҳәшьцәа дшырзыҟаз иаҳнарҵо рацәоуп.
4. Ишԥаҳнарбо Абиблиа Иегова ахацәеи аҳәсеи еиҟараны рыхә шишьо?
4 Абиблиа иаҳнарбоит Иегова ахацәеи аҳәсеи еиҟараны рыхә шишьо. Иаҳҳәап, актәи ашәышықәсазы Иегова ахацәа реиԥш аҳәсагьы иԥшьоу идоуҳа риҭеит, насгьы иҷыдоу алшарақәа рылеиҵеит. Иаҳҳәап, дара еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәон (Аус. 2:1—4, 15—18). Иара убас Иегова Иисус аҳра ицруларц азы аҳәсагьы алихит (Гал. 3:26—29). Ахацәа реиԥш аҳәсагьы наунагӡа џьанаҭ дгьылаҿы анхаразы агәыӷра рымоуп (Аат. 7:9, 10, 13—15). Уи адагьы, аишьцәагьы аиҳәшьцәагьы ауаа ажәабжь бзиа рылаҳәареи аҵаҩцәа разыҟаҵареи иаҿуп (Матф. 28:19, 20). Иаҳҳәап, Аусқәа ашәҟәаҿы Прискилла зыхьӡыз аиаҳәшьа лыӡбахә ануп. Лхаҵа Акилеи лареи Аполлос зыхьӡыз аҵара змаз ахаҵа аҵабырг еиӷьны аилкаара ицхраауан (Аус. 18:24—26).
5. Дышԥарзыҟаз Иисус аҳәса, Лука 10:38, 39, 42 иану инақәыршәаны?
5 Иисус аҳәса пату рықәиҵон. Афарисеицәа ракәзар, дара аҳәса атәарбомызт. Аҩыра ианыз рзеиҭаҳәара акәым, ауаа ишырбоз урҭ зынӡа ирацәажәомызт. Аха Иисус иҵаулаз аҵабыргқәа ахацәагьы аҳәсагьы ирзеиҭеиҳәонb. (Шәаԥхьа Лука 10:38, 39, 42.) Иара ажәабжьҳәара данцоз аҳәсагьы иццон (Лука 8:1—3). Уи адагьы, Иисус аҳәса зеиԥшыҟам аҳаҭыр раҭәеишьеит — иԥсы шҭалаз апостолцәа ирарҳәарц рыдиҵеит (Иоанн 20:16—18).
6. Ишԥааирԥши апостол Павел аҳәса пату шрықәиҵоз?
6 Апостол Павел Тимофеи изиҩыз асаламшәҟәаҿы аҳәса пату рықәҵара шаҟа ихадоу азгәеиҭеит. Иара иҳәон Тимофеи иеиҳабацәаз аҳәса анацәа реиԥш дрыхәаԥшларц, иеиҵбацәаз — иаҳәшьцәа реиԥш (1 Тим. 5:1, 2). Павел Тимофеи доуҳала аизҳара дицхраарц азы иҟаиҵаз рацәан. Аха иара иӡаӡомызт раԥхьа Тимофеи аҵабырг изырҵаз иани иандуи шракәыз (2 Тим. 1:5; 3:14, 15). Павел Римаа асаламшәҟәы анырзиҩуаз аиҳәшьцәа хьыӡҳәала аԥсшәа реиҳәеит. Иара урҭ амаҵзураҿы иҟарҵоз азы ирҽхәеит (Рим. 16:1—4, 6, 12; Флп. 4:3).
7. Иарбан зҵаарақәоу ҳара уажәы еилҳарго?
7 Ишеилаҳкааз еиԥш Абиблиаҿы ианӡам аиҳәшьцәа аишьцәа раасҭа еицәоуп ҳәа. Абзиабареи агәыҭбаареи аазырԥшуа аиҳәшьцәа даараӡа рыхә ҳаракуп. Дара аизараҿы акзаареи аҭынчреи дырҿиоит, убри аҟынтә аизара аиҳабацәа урҭ рыхә ҳаракны иршьоит. Аха шәааи абарҭ азҵаарақәа еилҳаргап: избан Иегова ҭагылазаашьақәак рҿы аиҳәшьцәа акасы рхарҵаларц зиҭаху? Аизара аиҳабацәас, насгьы маҵзуратә цхырааҩцәас амаҵ зулар зылшо аишьцәа роуп, аха иаанагома уи аишьцәа зегьы аиҳәшьцәа ирхагылоуп ҳәа?
ИАҲҲӘАР ҲАЛШОМА АИШЬЦӘА ЗЕГЬЫ АИҲӘШЬЦӘА ИРХАГЫЛОУП ҲӘА?
8. Иаҳҳәар ҳалшома аишьцәа зегьы аиҳәшьцәа ирхагылоуп ҳәа, Ефесаа рахь 5:23 иану инақәыршәаны? Иҳаилшәыркаа.
8 Иаҳҳәар ҳалшома аишьцәа зегьы аиҳәшьцәа ирхагылоуп ҳәа? Иааркьаҿны иуҳәозар, мап. Урҭ рхада Христос иоуп. (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 5:23.) Аҭаацәараҿы ахаҵа иԥҳәыс дылхагылоуп. Аха ақьырсианԥҳәыс иӡааху аԥа длымазаргьы иара лхада иакәӡам (Еф. 6:1, 2). Аизара аиҳабацәагьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҿаԥхьа ирымоу амчра аҳәаақәа амоуп (1 Фес. 5:12; Аур. 13:17). Аҭаацәара иалам, аха хазы инхо аиҳәшьцәа рҭаацәеи аизара аиҳабацәеи ҳаҭыр рықәырҵоит. Аха аишьцәа реиԥш даргьы хадас ирымоу Иисус Христос иоуп.
Хазы инхо аҭаацәара иалам аиҳәшьцәа Христос дырхагылоуп. (Шәахәаԥш абзац 8.)
9. Избан аиҳәшьцәа зны-зынла акасы рхарҵалар зрыхәҭоу?
9 Иегова аизараҿы напхгара ауразы азин зиҭаз аишьцәа роуп. Аиҳәшьцәа уи римҭаӡеит (1 Тим. 2:12). Избан? Избанзар иара аизараҿы акзаара ыҟазарц иҭахуп, убри азоуп Иисус ахацәа дзырхаиргылазгьы. Мзызқәак ирыхҟьаны аиаҳәшьа аиашьа инаигӡо аус налыгӡозар, акасы лхалҵароуп (1 Кор. 11:4—7)c. Иегова ус ҟалҵаларц зиҳәо лаҳаҭыр лаирҟәырц азы акәӡам, аха ишьақәиргылаз ахадара апринцип пату шақәылҵо аалырԥшырц азоуп. Шәааи уажәшьҭа ҳалацәажәап Иегова аизара аиҳабацәеи аҭаацәара ахадацәеи ириҭаз амчра.
АҬААЦӘАРА АХАДАЦӘЕИ АИЗАРА АИҲАБАЦӘЕИ ИРЫМОУ АМЧРА
10. Избан аизара аиҳабацәа аизараҿы аԥҟарақәа рышьақәыргылара рҭаххар залшо?
10 Аизара аиҳабацәа Иисус бзиа дырбоит, иара убас Иеговеи Иисуси рнапы ианырҵаз ауасақәагьы бзиа ирбоит (Иоанн 21:15—17). Аизара аиҳабы аишьцәеи аиҳәшьцәеи дахьреиҷаҳауа азы абык иеиԥш ихы ибозар алшоит. Иара абас дхәыцлар ауеит: «Аҭаацәара ахада иҭаацәара зыхьчо аԥҟарақәа рышьақәыргыларазы азин имазар, аизара аиҳаб иеиԥш саргьы Анцәа иуасақәа зыхьчо аԥҟарақәа шьақәсыргылалар сылшоит». Иара убас аизара аиҳабы ус дхәыцлар ауеит ажәабжьҳәаҩцәа шьоукы дара рзы аӡбара идикыларц иҳәозар. Аха еиҟараҵәҟьома аизара аиҳабацәеи аҭаацәара ахадацәеи ирымоу амчра?
Аизара аиҳабацәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рдоуҳатә, насгьы ремоциатә ҭахрақәа иреиҷаҳауеит. Уи адагьы, Иегова урҭ аизара ацқьара иацклаԥшларц рыдиҵеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11, 12.)
11. Еицырзеиԥшузеи аҭаацәара ахадацәеи аизара аиҳабацәеи?
11 Павел иҳәеит аҭаацәара ахадацәеи аизара аиҳабацәеи еицырзеиԥшу ак шыҟоу (1 Тим. 3:4, 5). Иаҳҳәап, Иегова иҭахуп аҭаацәараҿы зегьы аҭаацәара ахада изыӡырҩларц, аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи аизара аиҳабацәа ирзыӡырҩларц (Кәал. 3:20). Иара убас Иегова иҭахуп аизара аиҳабацәеи аҭаацәара ахадацәеи напхгара ззыруа рдоуҳатә, насгьы ремоциатә гәабзиара еиҷаҳаларц. Уи адагьы, аизара аиҳабацәагьы, аҭаацәара ахадацәа реиԥш, арыцҳара иақәшәаз ирыцхраауеит (Иак. 2:15—17). Иара убас Иегова иҭахуп аизара аиҳабацәагьы аҭаацәара ахадацәагьы Аҩыра иану иахымԥаларц, насгьы напхгара ззыруа Анцәа инормақәа рыла анхара ирыцхрааларц (1 Кор. 4:6).
Иегова аҭаацәара ахадацәа рҭаацәараҿы амчра риҭеит. Абзиабара злоу ахаҵа аӡбарақәа идикылаанӡа иԥҳәыс лгәаанагара дазҵаауеит. (Шәахәаԥш абзац 13.)
12, 13. Излеиԥшымзеи аҭаацәара ахадацәеи аизара аиҳабацәеи ирымоу амчра, Римаа рахь 7:2 иану инақәыршәаны?
12 Аха аҭаацәара ахадацәеи аизара аиҳабацәеи злеиԥшымгьы рацәоуп. Иаҳҳәап, Иегова аизара аиҳабацәа аизараҿы иӡбарақәа нарыгӡаларц азин риҭеит. Убри аҟынтә дара зыгәнаҳақәа ирхьымхәуа ауаҩы аизара далырцар рылшоит (1 Кор. 5:11—13).
13 Даҽа ганкахьала Иегова аҭаацәара ахадацәа аизара аиҳабацәа иримҭаз азинқәа риҭеит. (Шәаԥхьа Римаа рахь 7:2.) Аҭаацәара ахада иҭаацәараҿы аԥҟарақәа шьақәиргылалар илшоит. Иара ахәыҷқәа аҩныҟа ианыхынҳәлаша аамҭа алихыр ауеит. Дара уи аԥҟара иқәымныҟәозар, иахьирхәыр илшоит (Еф. 6:1). Ҳәарада, зҭаацәа бзиа избо аҭаацәара ахада иҭаацәараҿы ԥҟарақәак шьақәиргылаанӡа иԥҳәыс лгәаанагара дазҵаауеит, избанзар еиликаауеит иареи лареи цәеижьк шракәу (Матф. 19:6)d.
АИЗАРА ИАХАГЫЛОУ ХРИСТОС ҲАҬЫР ИҚӘЫШӘҴАЛА
Иегова Иисус аизарақәа дырхаиргылеит, иара ила урҭ напхгара риҭаларц азы. (Шәахәаԥш абзац 14.)
14. а) Избан Иисус иаасҭа еиӷьу аизара ахада дзыҟам, Марк 10:45 иану инақәыршәаны? б) Иарбан ҭакԥхықәрақәоу ирыду Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуа аишьцәа? (Шәахәаԥш арамка «Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуа ҭакԥхықәрас ирыду».)
14 Иегова ҳагәнаҳақәа рҟынтә ҳҿихырц азы Иԥа дҳахҭниҵеит. Убасала иара ақьырсианцәеи Иисус дхазҵараны иҟоу ауааи рыԥсҭазаара ахә ишәеит. (Шәаԥхьа Марк 10:45; Аус. 20:28; 1 Кор. 15:21, 22.) Иисус иԥсы ҳаҭниҵеит аҟынтә зегь иреиӷьу анапхгаҩ иоуп, убри аҟынтә Иегова уи аизара дахаиргылеит. Аизара ахада иеиԥш Иисус ақьырсианцәеи, аҭаацәарақәеи, аизарақәеи рзы аԥҟарақәа шьақәиргылалар илшоит (Гал. 6:2). Аха иара изы ихадоу аԥҟарақәа рышьақәыргылара мацара акәӡам, аха ҳара ҳахь абзиабареи аиҷаҳареи раарԥшра ауп (Еф. 5:29).
15, 16. Ишәнарҵозеи Марлии Бенџьамини рҿырԥштәы?
15 Христос ҳаҭыр иқәызҵо аиҳәшьцәа напхгара зуа ахацәа ирзыӡырҩуеит. Аӡәырҩы Еиду Аштатқәа рҿы инхо Марли зыхьӡу аиаҳәшьа илықәшаҳаҭуп. Абар лара илҳәаз: «Сара даараӡа рыхә сшьоит Иегова сҭаацәареи аизареи рҿы исыдиҵаз аҭакԥхықәрақәа. Ҳәарада, Иегова ишьақәиргылаз ахадара апринцип еснагь ииашаны сазыҟазарц азы схы аус адызулалароуп. Аха абри аҩыза ахаҵеи аизара аиҳабацәеи рҟны уи аҟаҵара усҟаҟ исцәыцәгьаӡам, избанзар дара пату сықәырҵоит, насгьы иҟасҵо ахә шыршьо сарҳәоит».
16 Ахадара апринцип иаҵанакуа еилызкаауа аишьцәа аиҳәшьцәа рыхә ршьоит, патугьы рықәырҵоит. Абар Англиа инхо аиашьа Бенџьамин ииҳәо: «Сара аиҳәшьцәа иҟарҵо аҭакқәа рҟынтә еилыскаауа рацәоуп. Уи адагьы, схазы иалскаауеит рхатә ҭҵаареи ажәабжьҳәареи рҿы рхы иадырхәо аметодқәа. Сара аиҳәшьцәа иҟарҵо зегь ахә ҳаракны исшьоит».
17. Избан ахадара апринцип ҳақәныҟәалар зҳахәҭоу?
17 Аизараҿы зегьы, ахацәагьы аҳәсагьы, аҭаацәара ахадацәагьы, аизара аиҳабацәагьы ахадара апринцип иаҵанакуа еилыркаауазар, аизараҿы аҭынчреи агәырӷьареи ҟалоит. Аха зегь раасҭа ихадоу, уи бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб Иегова дҳаранакуеит (Аԥсал. 150:6).
АШӘА 123 Атеократиатә еиҿкаара ҳазиашаны ҳақәныҟәоит
a Иарбан рольу Иегова аиҳәшьцәа ирзалихыз? Иаҳҳәар ҳалшома аишьцәа зегьы аиҳәшьцәа ирхагылоуп ҳәа? Еиҟарома Иегова аизара аиҳабацәеи аҭаацәара ахадацәеи ириҭаз амчра? Шәааи Анцәа Иажәа ацхыраарала арҭ азҵаарақәа еилҳаргап.
b Шәаԥхьа сентиабр 2020 шықәсазы иҭыжьыз «Ахьчаратә бааш» аҿы астатиа «Аиҳәшьцәа ргәы шьҭышәхла», абзац 6.
c Шәахәаԥш армака «Аиаҳәшьа акасы лхалҵар анлыхәҭоу».
d Аҭаацәара амаҵ ахьыруло аизара алызхуа дызусҭоу еилышәкаарц азы шәаԥхьа август 2020 шықәсазы иҭыжьыз «Ахьчаратә бааш» аҿы астатиа «Аизараҿы дасу инаигӡо аус ахә шәшьала», абзацқәа 17—19.
e Еиҳаны еилышәкаар шәҭахызар шәахәаԥш ашәҟәы «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз», адаҟьақәа 209—212.
f Анапхгаратә хеилак инанагӡо аус инарҭбааны еилышәкаар шәҭахызар, шәаԥхьа ииуль 15, 2013 шықәсазы иҭыжьыз «Ахьчаратә бааш», адаҟьақәа 20—25.