АҴАРАЗЫ АСТАТИА 35
Аизараҿы дасу инаигӡо аус ахә шәшьала
«Абла анапашҟа иазҳәараны иҟам: „Уара сара усҭахым“; ухы акәзаргьы — ушьапқәа рахь: „Сара шәара шәысҭахӡам“» (1 КОР. 12:21).
АШӘА 124 Еснагь Анцәа ҳизиашоуп
АХҲӘААa
1. Иҟаиҵазеи Иегова абзиабара аарԥшны?
ИЕГОВА абзиабара аарԥшны имаҵзуҩцәа зегьы аизарахь иааиԥхьеит. Аизараҿы инаҳагӡо аусқәа еиԥшӡам, аха Иегова ҳара зегьы ҳахә ишьоит, ҳаргьы ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыда ԥсыхәа ҳамаӡам. Апостол Павел уи аилкаара дҳацхраауеит. Ишԥа?
2. Избан ҳаҭыр еиқәаҳҵалар, насгьы Анцәа имаҵ еицаҳаулар зҳахәҭоу, Ефесаа рахь 4:16 иану инақәыршәаны?
2 Астатиа шьаҭас иамоу ажәеинраала ишаҳәо еиԥш, Павел инаҵшьны иазгәеиҭеит аизараҿы аӡәы «уара сара усҭахым» ҳәа иаҳәара шҳахәҭам (1 Кор. 12:21). Аизараҿы аҭынчра ыҟазарц ҳҭахызар, ҳаҭыр еиқәаҳҵалароуп, насгьы ҳажәҩахыр еибыҭаны Анцәа имаҵ еицаҳаулароуп. (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 4:16.) Усҟан зегьы бзиа еибабалоит, аизарагьы еизҳазыӷьалоит.
3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Ишԥаҳалшо аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳаҭыр шрықәаҳҵо аарԥшра? Ари астатиаҿы раԥхьа еилҳаргоит аизара аиҳабацәа ҳаҭыр шеиқәырҵо аадырԥшлар шрылшо. Анаҩс еилаҳкаауеит аҭаацәара иалам ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи пату шрықәаҳҵо ааҳарԥшлар шҳалшо. Аҵыхәтәаны ҳалацәажәоит ҳбызшәала цқьа изымцәажәо бзиа ишаҳбо шааҳарԥшлаша.
АИЗАРА АИҲАБАЦӘА, ҲАҬЫР ЕИҚӘЫШӘҴАЛА
4. Иарбан лабжьароу аизара аиҳабацәа зықәныҟәалар рыхәҭоу, Римаа рахь 12:10 иану инақәыршәаны?
4 Аизара аиҳабацәа зегьы Иегова идоуҳа ацхыраарала иалхуп. Аха дара еиԥшӡам (1 Кор. 12:17, 18). Иҟалап шьоукы аизара еиҳабыс амаҵ аура иалагеижьҭеи рацәак мҵуазар, убри аҟынтә аԥышәа ду рымамзар. Егьырҭ рықәра ма агәамбзиара иахҟьаны рацәак рзыҟамҵозар ауеит. Аха аизара аиҳабы егьи аизара аиҳабы иеимҳәароуп «уара сара усҭахым» ҳәа. Иара Римаа рахь 12:10 (шәаԥхьа) иану Павел илабжьара дықәныҟәалароуп.
Аизара аиҳабацәа егьырҭ аизара аиҳабацәа зҿлымҳарыла ианырзыӡырҩуа, ҳаҭыр шрықәырҵо аадырԥшуеит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 5, 6.)
5. Иаадырԥшлар шԥарылшо аизара аиҳабацәа ҳаҭыр шеиқәырҵо, насгьы избан уи зхадоу?
5 Аизара аиҳабацәа зҿлымҳарала еизыӡырҩуазар, ҳаҭыр шеиқәырҵо аадырԥшуеит. Уи еиҳараӡак ихадоуп дара ихадоу зҵаарак еилдыргарц азы ианеизо. Избан? Абар октиабр 1, 1988 шықәсазы англыз бызшәала иҭыжьыз «Ахьчаратә бааш» ианыз: «Аизара аиҳабацәа еилыркаалароуп Христос иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала ишилшо аизара аиҳабацәа рхеилак иалахәу дарбанзаалак игәалаиршәар азҵаара аӡбаразы ма ихадоу аӡбара адкыларазы иаҭаху абиблиатә принцип (Аус. 15:6—15). Иԥшьоу адоуҳа ацхыраара зауа аӡәызаҵәык иакәӡам, уи аизара аиҳабацәа зегьы ироуеит».
6. Ирыцхраауазеи аизара аиҳабацәа рҳәоу еиқәшәаны амаҵ аицура? Ишԥацхраауеи уи аизара?
6 Егьырҭ аизара аиҳабацәа ҳаҭыр рықәызҵо аизара аиҳабы еснагь зегь раԥхьа ацәажәара далагаӡом. Уи адагьы, иара дааҟәымҵӡакәа дцәажәалаӡом, аха егьырҭгьы ажәа риҭоит. Ииҳәо ауп еснагь ииашоу ҳәа дхәыцӡом, аха ҳаҭырқәҵарала игәаанагара иҳәоит. Аӡә данцәажәо, зҿлымҳарала дизыӡырҩуеит. Аха зегь раасҭа ихадоу, иара дазхиоуп абиблиатә лабжьарақәа рылацәажәара, насгьы игәрагоу, иҟәышу атәы инапхгара ақәныҟәара (Матф. 24:45—47). Аизара аиҳабацәа зҵаарак анеилдырго бзиа ишеибабо, ҳаҭыргьы шеиқәырҵо аадырԥшуазар, иԥшьоу адоуҳа рыцзаауеит, уи аизара зырӷәӷәо аӡбарақәа рыдкылара ирыцхраауеит (Иак. 3:17, 18).
АҬААЦӘАРА ИАЛАМ АҚЬЫРСИАНЦӘА ПАТУ РЫҚӘЫШӘҴАЛА
7. Дышԥарзыҟаз Иисус аҭаацәара иаламыз?
7 Ҳаизарақәа рҿы иҟоуп аҭаацәара иалоу реиԥш иаламгьы. Ҳарзыҟазар шԥаҳахәҭоу ҳара аҭаацәара иалам? Шәааи ҳахәаԥшып Иисус урҭ дшырзыҟаз. Иара аҭаацәара даламлаӡеит иаамҭеи имчи идыз амаҵзура анагӡара иазикларц азы. Иара ахаангьы иҳәаӡомызт ақьырсиан аҭаацәара далалароуп, мамзаргьы даламлароуп ҳәа. Аха иара иҳәеит ақьырсианцәа шьоукы иаламларц шырыӡбо (Матф. 19:11, 12). Иисус аҭаацәара иаламыз ауаа пату рықәиҵон. Иара иԥхьаӡаӡомызт урҭ аҭаацәара иалоу раасҭа еицәоуп ҳәа, мамзаргьы ак рыгрыжьуеит ҳәа.
8. Ргәы зызҭеиҵози Павел ақьырсианцәа 1 Коринфаа рахь 7:7—9 иану инақәыршәаны?
8 Иисус иеиԥш апостол Павелгьы аҭаацәара даламлаӡеит ихы зегь амаҵзура иазишьҭларц азы. Аха иара ахаангьы иҳәаӡомызт ақьырсиан аҭаацәара даламлароуп ҳәа. Иара еиликаауан уи дасу ихала ишиӡбо. Аха иара ақьырсианцәа ргәазҭеиҵон аҭаацәара иаламлаӡакәа Иегова имаҵ рулар рылшоу-ирылымшоу иазхәыцырц. (Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 7:7—9.) Еилкаауп Павел аҭаацәара иалам аҭаацәара иалоу раасҭа еицәоуп ҳәа шимыԥхьаӡоз. Иаҳҳәап, иара аҭаацәара иаламыз, иқәыԥшыз Тимофеи аҭакԥхықәра дуқәа идиҵеит (Флп. 2:19—22)b. Ус анакәха, аиашьа аҭакԥхықәра анагӡара дазхиоу-дазхиаму зхьыԥшу аҭаацәара далоу-даламу акәӡам (1 Кор. 7:32—35, 38).
9. Иаҳҳәар ҳалшозеи аҭаацәалазаареи аҭаацәаламзаареи ирызкны?
9 Излаҳбаз ала, Иисусгьы Павелгьы ирҳәаӡомызт ақьырсиан аҭаацәара далалароуп, ма даламлароуп ҳәа. Иаҳҳәар ҳалшозеи нас аҭаацәалазаареи аҭаацәаламзаареи ирызкны? Абар октиабр 1, 2012 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы ианыз: «Ииашаҵәҟьаны аҩбагьы [аҭаацәалазаарагьы аҭаацәаламзаарагьы] Анцәа иҟынтә ҳамҭақәоуп ҳәа ҳҳәар ҳалшоит. [...] Иегова иԥхьаӡаӡом аҭаацәара иалам уи иацәыԥхашьалароуп, ма ргәы каҳаны иҟазароуп ҳәа». Убри аҟынтә ҳара аҭаацәара иалам аишьцәеи аиҳәшьцәеи пату рықәаҳҵалароуп.
Иҟаҳамҵалозеи, аҭаацәара иалам ҳаҭыр рықәаҳҵозар? (Шәахәаԥш абзац 10.)
10. Иҟаҳамҵалозеи, аҭаацәара иалам аишьцәеи аиҳәшьцәеи пату рықәаҳҵозар?
10 Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо аҭаацәара иалам ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи шеилаҳкаауа? Ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп шьоукы аҭаацәара иаламларц шырыӡбаз. Егьырҭ аҭаацәара иалалар рҭахуп, аха ргәы иақәшәо ауаҩы дрықәымшәац. Иҟоуп зхатә ҩыза дызцәыԥсхьоугьы. Ишыҟазаалакгьы, иашахома аҭаацәара иалам аӡәы аҭаацәара узаламлозеи ҳәа иазҵаара? Иҳахәҭоума аӡә дузысыԥшаап ҳәа иаҳәара? Ҳәарада, уи аҩыза ацхыраара иаҳәогьы ыҟоуп. Аха ацхырааразы иаҳмыҳәазар, рхы рбар шԥалшо аҭаацәара иалам аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡә дырзаҳаԥшаарц анрыдаҳгало? (1 Фес. 4:11; 1 Тим. 5:13). Шәааи ҳахәаԥшып Анцәа изиашоу урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирҳәо.
11, 12. Ргәы дзырхьыр алшозеи аҭаацәара иалам ақьырсианцәа?
11 Зҭакԥхықәра ибзианы иназыгӡо аҭаацәара иалам раионтә хылаԥшҩык иҳәоит аҭаацәара дахьалам абзоурала амаҵзураҿы иҟаиҵар илшо шырацәо. Аха иара иҳәоит аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҭаацәара узаламлозеи ҳәа ианиазҵаауа игәы шкаҳауа. Вефиль аҿы амаҵ зуа аҭаацәара иалам иашьак иҳәоит: «Зны-зынла сара избоит аишьцәеи аиҳәшьцәеи аҭаацәара иалам рыцҳауп ҳәа шырыԥхьаӡо. Угәы иабар алшоит аҭаацәаламзаара ҳамҭам, аха еидароуп ҳәа».
12 Вефиль аҿы амаҵ зуа аҭаацәара иалам иаҳәшьак илҳәоит: «Шьоукы ргәы иаанагоит аҭаацәара иалам зегьы ахатә ҩыза дрыԥшаар рҭахуп, насгьы иахьыҟазаалакгьы аӡә иабадырра иашьҭоуп ҳәа. Зны дҵак насыгӡарц азы даҽа қалақьк ахь срышьҭит. Саннеи аҽны уа аизара ыҟан. Сыздызкылаз аиаҳәшьа илҳәеит уи аизараҿы исықәлаз ҩыџьа аишьцәа шыҟаз. Аӡәы силҭарц шылҭахымыз агәра слыргон, аха аизарахь ҳашнеизҵәҟьа урҭ рахь сналган срабалырдырит. Шәхаҿы иаажәгар шәылшоит ҳахҩыкгьы шаҟа ҳаԥхашьаз».
13. Лгәы шьҭызхуазеи аҭаацәара иалам иаҳәшьак?
13 Вефиль аҿы амаҵ зуа аҭаацәара иалам даҽа иаҳәшьак илҳәоит: «Сара издыруеит аҭаацәара иаламлаӡакәа акыраамҭа пионерс амаҵ зуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи. Дара ирҳәо-ируа рдыруеит, ахықәкқәа ықәдыргылоит, рхы иамеигӡакәа егьырҭ ирыцхраауеит, насыԥгьы рымоуп. Дара аизаразы иҟарҵо рацәоуп. Урҭ ақьырсианцәа рҭагылазаашьа ииашаны иахәаԥшуеит. Аҭаацәара иахьалам азы дара егьырҭ раасҭа еиӷьуп ҳәа ргәы иаанагаӡом. Убри аамҭазгьы ахатә ҩызеи ахәыҷқәеи ахьрымам азы ак рыгуп ҳәа рыԥхьаӡаӡом». Шаҟа ибзиоузеи аизараҿы дасу ихә шыршьо, ҳаҭыргьы шиқәырҵо анибо. Иара еиликаауеит бзиа дшырбо, избанзар ибоит иашьцәеи иаҳәшьцәеи дрыцҳауп ҳәа шырмыԥхьаӡо, иагьшиҵамшьыцуа, аӡә иаасҭа деицәоуп ма деиӷьуп ҳәа ишимыхәаԥшуа.
14. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо аҭаацәара иалам ҳаҭыр шрықәаҳҵо?
14 Ҳара аҭаацәара иалам аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирылоу аҟазшьа бзиақәа рзы бзиа иаҳбалар, насгьы аҭаацәара иахьалам азы ирыцҳаҳамшьалар, ргәы шьҭаҳхлоит. Усҟан дара агәра ганы иҟазаауеит «уара сара усҭахым» ҳәа шраҳамҳәо (1 Кор. 12:21). Дара ирбалоит аизараҿы ҳаҭыр шрықәырҵо, рыхәгьы шыршьо.
ШӘБЫЗШӘАЛА ЦҚЬА ИЗЫМЦӘАЖӘО ҲАҬЫР ШРЫҚӘЫШӘҴО ААШӘЫРԤШЛА
15. Иҟарҵазеи шьоукы рмаҵзура дырҭбаарц азы?
15 Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыҩныҵҟа ажәабжьҳәаҩцәа аӡәырҩы рмаҵзура дырҭбаарц азы даҽа бызшәак рҵарц рыӡбеит. Уи азы имаҷымкәа аԥсахрақәа ҟарҵеит. Дара реизара ааныжьны еиҳаны ажәабжьҳәаҩцәа ахьаҭахыз даҽа бызшәак ала иҟоу аизарақәа рахь ииасит (Аус. 16:9). Дара уи аӡбара рхала ирыдыркылеит еиҳаны Иегова имаҵ руларц азы. Абызшәа бзианы ирҵарц азы акыршықәса аҭаххар шалшогьы, аизаразы иҟарҵо рацәоуп. Иаадырԥшуа аҟазшьа бзиақәеи ирымоу аԥышәеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭнахуеит. Зхы иамеигӡо урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳара даараӡа рыхә ҳшьоит!
16. Изхәаԥшуазеи аизара аиҳабацәа аиашьа аизара аиҳабыс ма маҵзуратә цхырааҩыс аҟалара дазхиоу-дазхиаму анырыӡбо?
16 Аизара аиҳабацәа ргәы иаанамгароуп аиашьа абызшәа цқьа иахьимҵац азы аизара аиҳабыс ма маҵзуратә цхырааҩыс макьана аҟалара дазхиаӡам ҳәа. Дара зхәаԥшуа аиашьа аизара аиҳабацәеи амаҵзуратә цхырааҩцәеи рзы иҟоу абиблиатә ҭахрақәа дрықәшәоу-дрықәымшәоу ауп, абызшәа шаҟа ибзианы идыруа акәымкәа (1 Тим. 3:1—10, 12, 13; Тит 1:5—9).
17. Ирыӡбар акәзеи аҭаацәарақәа даҽа тәылак ахь ианиасуа?
17 Ақьырсианцәа шьоукы ртәылаҿы анхара ахьшәарҭахаз, ма аусурҭа ахьрымамыз иахҟьаны даҽа тәылак ахь ииасыр акәхеит. Убри аҟынтә рхәыҷқәа ашкол аҿы атәым бызшәала аҵара ддырҵозар ауеит. Иҟалап аҭаацәагьы аусурҭа рыԥшаарц азы уи абызшәа рҵар акәхар. Аха, иаҳҳәап, уи аҭыԥ аҿы рхатәы бызшәала имҩаԥысуа аизара ма агәыԥ ыҟоуп. Иарбан еизароу дара иалырхша: рхатәы бызшәала имҩаԥысуа акәу ма тәым бызшәала акәу?
18. Ишԥааҳарԥшуеи аҭаацәара ахада ииӡбаз пату шақәаҳҵо, Галаҭаа рахь 6:5 иану инақәыршәаны?
18 Аҭаацәара ахада иӡбароуп иарбан еизароу иҭаацәеи иареи ахьныҟәало. Иара иҭаацәара рзы еиҳа еиӷьхо дазхәыцроуп. (Шәаԥхьа Галаҭаа рахь 6:5.) Уи дасу иус ауп, убри аҟынтә ҳара аҭаацәара ахада ииӡбаз пату ақәаҳҵоит, насгьы урҭ ҳаизараҿы гәыкала иҳадаҳкылоит (Рим. 15:7).
19. Ибзианы дзызхәыцыр акәзеи аҭаацәара ахада?
19 Иҟалап ҭаацәарақәак рхатәы бызшәала имҩаԥысуа аизарақәа рахь иныҟәозар, аха рхәыҷқәа уи абызшәа бзианы ирзымдыруазар. Дара ашкол аҿы даҽа бызшәак раҳауеит, убри аҟынтә аизараҿы ирҳәо уиаҟара ирзеилымкаауазар алшоит, насгьы доуҳала еизымҳауазар ауеит. Ари аҩыза аҭагылазаашьаҿы аҭаацәара ахада дзызхәыцша рацәоуп. Иара Иегова аҟәыӷара ииҭарц диҳәалароуп ихәыҷқәа доуҳала аизҳара ирыцхраауа аӡбара идикыларц азы. Аҭаацәа рхәыҷқәа рхатәы бызшәа ддырҵароуп, ма урҭ ибзианы еилыркаауа абызшәала имҩаԥысуа аизарахь ииасроуп. Аҭаацәара ахада ииӡбалакгьы, иҭаацәеи иареи иалырхуа аизараҿы гәыкала ирыдыркылароуп.
Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо ҳбызшәа аҵара иаҿу ҳаҭыр шрықәаҳҵо? (Шәахәаԥш абзац 20.)
20. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо ҳбызшәа аҵара иаҿу ҳаҭыр шрықәаҳҵо?
20 Хыхь ишаҳҳәаз еиԥш, аишьцәеи аиҳәшьцәеи шьоукы ртәылақәа аанрыжьыр акәхеит, убри аҟынтә ҳаизарақәа рҿы иҟазар алшоит ҳбызшәа аҵара иаҿу. Дара ирҳәарц ирҭаху ҳбызшәала ирзымҳәозар алшоит. Ҳбызшәала цқьа ишзымцәажәо мыцхәы ҳазымхәыцлар, иаҳбоит Иегова шаҟа бзиа дырбо, насгьы имаҵ аура шырҭаху. Усҟан ҳара урҭ рыхә ҳшьалоит, ҳаҭыргьы рықәаҳҵалоит. Дара ҳбызшәала цқьа иахьзымцәажәо азы «сара шәара шәысҭахӡам» ҳәа раҳҳәаӡом.
ИЕГОВА ҲАХӘ ҲАРАКНЫ ИШЬОИТ
21, 22. Избан ҳара Иегова иҭабуп ҳәа зиаҳҳәо?
21 Ҳара Иегова иҭабуп идуӡӡаны ҳәа иаҳҳәоит аизараҿы имаҵ аура алшара ахьҳаиҭаз. Ҳхаҵазаргьы ҳаԥҳәысзаргьы, аҭаацәара ҳалазаргьы ҳаламзаргьы, ҳқәыԥшзаргьы ҳақәрахь ҳнеихьазаргьы, абызшәала ибзианы ҳцәажәозаргьы иаҳцәыцәгьазаргьы, Иегова ҳахә ҳаракны ишьоит, ҳаргьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыхә ҳшьоит (Рим. 12:4, 5; Кәал. 3:10, 11).
22 Шәааи ауаҩы ицәеижь иазку апостол Павел иҿырԥштәы иаҳнарҵаз ҳхы иаҳархәалап. Усҟан иаҳбалоит аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭаҳхлар шҳалшо, насгьы урҭ бзиа иаҳбалоит, ҳаҭыргьы рықәаҳҵалоит.
АШӘА 90 Аӡәи-аӡәи шәгәы шьҭибахла
a Иегова имаҵзуҩцәа зегьы еиԥшӡам, аизараҿы инарыгӡо аусқәагьы еиԥшӡам. Ари астатиа иаҳгәаланаршәоит аишьцәеи аиҳәшьцәеи зегьы пату рықәаҳҵалар зҳахәҭоу.
b Тимофеи ахаангьы аҭаацәара даламлаӡеит ҳәа ишьақәырӷәӷәаны иҳазҳәаӡом.