Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 март ад. 26—31
  • Аизара аиҳабацәа, анаҩсгьы апостол Павел шәиҿыԥшла!

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аизара аиҳабацәа, анаҩсгьы апостол Павел шәиҿыԥшла!
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АҬАКԤХЫҚӘРАҚӘЕИ АЖӘАБЖЬҲӘАРЕИ РЕИЛАГӠАРА ШҲАЛШО
  • АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ РГӘЫ АШЬҬЫХРАЗЫ ААМҬА ШЫԤШААЛАТӘУ
  • ҲАНАМӠАРА ИАХҞЬАНЫ ИҞАҲҴО АГХАҚӘА ИИАШАНЫ РЫХӘАԤШРА
  • АГХАҚӘА ЗЫХЬУА ИНАӠАМ ЕГЬЫРҬ АУАА АМАҴ РЫЦУРА
  • АНАҨСГЬЫ ПАВЕЛ ШӘИҾЫԤШЛА
  • Ақьырсиантә еизара шеиҿкаау
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Амаҵ шԥазыруеи аизара аиҳабацәа аизара?
    Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?
  • Аишьцәеи аиҳәшьцәеи аамҭа цәгьақәа рыхгара шәрыцхраала
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 март ад. 26—31

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 14

Аизара аиҳабацәа, анаҩсгьы апостол Павел шәиҿыԥшла!

«Сара... шәысҿыԥшла» (1 КОР. 11:1).

АШӘА 99 Ҵҩа змам аишьцәа

АХҲӘААa

1, 2. Иҿырҵаар рылшозеи аизара аиҳабацәа апостол Павел?

АПОСТОЛ Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәыкала бзиа ибон, насгьы урҭ рзы ихы дамеигӡаӡакәа аџьабаа ибон (Аус. 20:31). Убри азоуп даргьы иара бзиа дзырбоз. Иаҳҳәап, ефестәи аизара аиҳабацәа Павел уаҳа ахаан дшырымбо анраҳа рылаӷырӡқәа рызнымкылеит (Аус. 20:37). Иахьагьы аизара аиҳабацәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәык ала бзиа ирбоит, насгьы урҭ рзы раамҭеи рымчи еигӡаӡом (Флп. 2:16, 17). Аха урҭ ирыду аҭакԥхықәрақәа рынагӡара еснагь ирзымариаӡам. Ирыцхраар алшозеи урҭ?

2 Зхы иамеигӡо аизара аиҳабацәа Павел иҿырҵаар рылшо рацәоуп (1 Кор. 11:1). Павел иаабац уаҩын. Иара днаӡаӡамызт, насгьы еснагь ииашаны ахымҩаԥгара илшомызт (Рим. 7:18—20). Павел акыр збахьаз уаҩын, аха уеизгьы игәы каижьуамызт. Павел иҿырԥшы аизара аиҳабацәа ирыцхраауеит ауадаҩрақәа риааиреи ргәы камыжьӡакәа Иегова имаҵ ауреи. Шәааи уи еиҳа инарҭбааны ҳалацәажәап.

3. Еилаҳкаауазеи ари астатиа аҟынтә, насгьы иарбан хәарҭоу уи иаҳзаанаго?

3 Ари астатиа аҟынтә ишеилаҳкаауа еиԥш, аизара аиҳабацәа ирцәыцәгьазар ауеит: 1) ирыду аҭакԥхықәрақәеи ажәабжьҳәареи реилагӡара, 2) аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ашьҭыхразы аамҭа аԥшаара, 3) рынамӡара иахҟьаны иҟарҵо агхақәа ииашаны рыхәаԥшра, 4) агхақәа зыхьуа инаӡам егьырҭ ауаа амаҵ рыцура. Павелгьы урҭ ауадаҩрақәа дрықәшәон. Ари астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит иара урҭ дшыриааиуаз, насгьы аизара аиҳабацәа уи иҿырҵаар рылшо.

АҬАКԤХЫҚӘРАҚӘЕИ АЖӘАБЖЬҲӘАРЕИ РЕИЛАГӠАРА ШҲАЛШО

4. Избан аизара аиҳабацәа раԥхьаӡа иргыланы ажәабжьҳәаратә ус рхы азышьҭра рцәыцәгьазар залшо?

4 Избан уи зыуадаҩу? Аизара аиҳабацәа ажәабжьҳәараҿы аҿырԥш бзиа ҳаҭара адагьы, ирацәаны егьырҭ аҭакԥхықәрақәагьы рыдуп. Урҭ аизара «Ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи» хантәаҩыс иҟазарц, насгьы аизараҿы Абиблиа аҵареи апрограмма егьырҭ ахәҭақәеи мҩаԥыргаларц рыдырҵоит. Иара убас дара амаҵзуратә цхырааҩцәа ирымоу аԥышәа рыцеиҩыршарц азы рхы иамеигӡакәа аџьабаа рбоит, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭырхуеит (1 Пиотр 5:2). Аизара аиҳабацәа шьоукы Аҳратә залқәеи ҳорганизациа иатәу егьырҭ аҩнқәа рыргылареи рхылаԥшреи аҿы аџьабаа рбоит. Аха ҳара зегь ҳзы еиԥш, аизара аиҳабацәа рзгьы зегь раасҭа ихадоу ажәабжьҳәара ауп (Матф. 28:19, 20).

5. Иарбан ҿырԥшу апостол Павел иаҳзынижьыз ажәабжь аҳәара аганахь ала?

5 Павел иҿырԥшы. Избан Павел ажәабжьҳәараҿы ақәҿиара зимаз? Иара филиппаа ирзиҩит «еиҳа ихадоу аилкаара» иашьҭазарц (Флп. 1:10, АдҾ). Павел уи аҳәара адагьы, ихаҭагьы убас дынхон. Иара ажәабжьҳәара дшазыҟаз иаанарԥшуан уи иара изы шаҟа ихадаз. Павел ажәашықәсақәа рыҩныҵҟа ауаа рацәаны иахьеизоз аҭыԥқәа рҿи ҩнаҭацыԥхьаӡеи ауаа аҵабырг дирҵон (Аус. 20:20). Иара ажәабжь анысҳәало ҳәа амш аҩныҵҟа асааҭ алхны, ма амчыбжь аҩныҵҟа мышкы алхны имаӡамызт. Аха зехьынџьара, алшара шааиоулак ажәабжь иҳәон. Иаҳҳәап, Павел Силеи Тимофеии Афинқәа рҿы данырзыԥшыз, аҭыԥ дуқәа аанызкылоз ԥыҭҩык ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәеит, урҭ рҟынтә шьоукы қьырсианцәахеит (Аус. 17:16, 17, 34). Абахҭа данҭакызгьы иара ажәабжьҳәара даҟәымҵӡеит (Аус. 28:16—24; Флп. 1:13, 14).

6. Идирҵози Павел егьырҭ?

6 Павел иаамҭа ииашаны ихы иаирхәон. Иаҳҳәап, иара раԥхьатәи имиссионертә ныҟәарахьы данцоз Марк дигеит, аҩынтә раан данцоз Тимофеи дигеит (Аус. 12:25; 16:1—4). Ҳәара аҭахума, Павел урҭ аишьцәа ицнаҵы имаз аамҭа ҟәыӷарала ихы иаирхәеит. Урҭ аизарақәа шеиҿкаалатәу, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шышьҭыхлатәу дирҵон, иара убас рырҵаратә ҟазара аиӷьтәра дрыцхраауан (1 Кор. 4:17).

Павел иеиԥш, алшара шаашәоулак ажәабжь аҳәара шәазхиаз. (Шәахәаԥш абзац 7.)b

7. Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа Ефесаа рахь 6:14, 15 иану ажәақәа ирықәныҟәалар?

7 Аурок. Иҿыԥшлар шԥарылшо Павел аизара аиҳабацәа? Дара ҩнаҭацыԥхьаӡа ажәабжь аҳәара адагьы, алшара шаароулак еиԥш ажәабжь рҳәоит, иаҳҳәап, адәқьан аҿы, ма аусураҿы ианыҟоу. (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 6:14, 15.) Урҭ Аҳратә залқәа рыргылара рҽаналадырхәуагьы агәылацәеи аргыларатә маҭәахәқәа рзаазго ауааи ажәабжь рзеиҭарҳәалар рылшоит. Иара убас, Павел иеиԥш, аизара аиҳабацәа амаҵзураҿы ианыҟоу ирымоу аԥышәа егьырҭ ирыцеиҩыршалар рылшоит, амаҵзуратә цхырааҩцәагьы уахь иналаҵаны.

8. Иҟарҵалар акәзеи зны-зынла аизара аиҳабацәа?

8 Аизара аиҳабацәа ирыду аҭакԥхықәрақәа ахьырацәоу азы ажәабжьҳәаразы аамҭа рзымхо аҟынӡа еилахамзароуп. Убри аҟынтә зны-зынла ак мап ацәыркуазароуп. Иаҳҳәап, аизара аиҳабы даҽа ҭакԥхықәрақәак идырҵар рҭахуп. Аха иара Анцәа даниҳәа, насгьы зегьы ибзианы даназхәыц еиликааит урҭ аҭакԥхықәрақәа ихахьы игар, еиҳа ихадоу аусқәа рзы аамҭа шизымхало. Иаҳҳәап, иара есымчыбжьа аҭаацәаратә мҵахырхәара изымҩаԥгалаӡом, еиԥмырҟьаӡакәа ажәабжь изҳәалаӡом, насгьы ихәыҷқәа ажәабжьҳәара изгалаӡом. Аишьцәа, урҭ аҭакԥхықәрақәа мап рыцәкра мариамхар алшоит. Аха агәра ганы шәыҟаз, еиҳа ихадоу шәхашәмыршҭуазар, ишәыдышәкыло аӡбара Иегова дшазыразхо.

АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ РГӘЫ АШЬҬЫХРАЗЫ ААМҬА ШЫԤШААЛАТӘУ

9. Ирцәыцәгьазар алшозеи аизара аиҳабацәа иахьеилахо азы?

9 Избан уи зыуадаҩу? Иегова имаҵзуҩцәа имаҷымкәа ауадаҩрақәа ирықәшәоит. Арҭ аҵыхәтәантәи амшқәа рзы зегьы ацхыраареи агәышьҭыхреи рҭахуп. Шьоукы Анцәеи дареи реизыҟазаашьақәа бжьызхуа ак ҟарымҵарц азы ирыцхраатәуп (1 Фес. 5:14). Ҳәарада, аизара аиҳабацәа Анцәа имаҵзуҩцәа зықәшәо ауадаҩрақәа зегь рзыӡбаӡом. Аха Иегова иҭахуп дара изларылшо ала иуасақәа ирыцхрааларц, насгьы ирыхьчаларц. Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа ишеилахоугьы уи азы аамҭа аԥшаара?

Егьырҭ ргәы шьҭышәхла, насгьы шәрыцхраала. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10, 12.)c

10. Дышԥареиҷаҳауаз Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи, 1 Фессалоникаа рахь 2:7 аҿы иану инақәыршәаны?

10 Павел иҿырԥшы. Павел еснагь аишьцәеи аиҳәшьцәеи злаирҽхәаша иԥшаауан, насгьы ргәы шьҭызхшаз ажәақәа реиҳәон. Аизара аиҳабацәа Павел иҿыԥшны аишьцәеи аиҳәшьцәеи рахь абзиабареи ақьиареи аадырԥшуеит. (Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 2:7.) Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзиа ишибоз реиҳәон, насгьы, еиҳа ихадаз, Иегова урҭ бзиа ишибоз агәра диргон (2 Кор. 2:4; Еф. 2:4, 5). Иара урҭ ҩызцәас иман, аамҭагьы рыцихигон. Иара убас урҭ рыгәра игон. Убри аҟынтә дзыцәшәози иҟаиҵоз агхақәеи аартны иреиҳәон (2 Кор. 7:5; 1 Тим. 1:15). Аха, ҳәарада, Павел дзықәшәоз ауадаҩрақәа иашьцәеи иаҳәшьцәеи ирзеиҭаҳәо ргәы ԥиҵәаӡомызт. Раԥхьаӡа иргыланы уи ииҭахыз урҭ рыцхраара акәын.

11. Избан Павел зны-зынла аишьцәеи аиҳәшьцәеи алабжьарақәа зриҭоз?

11 Зны-зынла Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи дрылабжьалар акәхон, аха уи игәы ԥжәаны акәӡамызт ишыҟаиҵоз. Иара урҭ алабжьарақәа зриҭоз бзиа иахьибоз, насгьы ашәарҭара иацәихьчарц ахьиҭахыз азы акәын. Убри аҟынтә Павел убас алабжьара риҭон, уи адкылара рзымариахартә еиԥш, насгьы ргәы днамырхьыртә еиԥш. Иаҳҳәап, коринфаа ирзиҩыз асаламшәҟәаҿы иара аишьцәеи аиҳәшьцәеи алабжьара ӷәӷәа риҭеит. Аха иажәақәа ирхырҳәаауаз ахьизымдыруаз азы игәы ҭынчмызт, убри аҟынтә Тит Коринфҟа дишьҭит. Шаҟа игәы шьҭнахзеи Павел коринфаа илабжьара шрыдыркылаз анеиликаа (2 Кор. 7:6, 7).

12. Ишԥадырӷәӷәо аизара аиҳабацәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыгәрахаҵара?

12 Аурок. Аизара аиҳабацәа Павел иҿыԥшуеит аишьцәеи аиҳәшьцәеи аамҭа анрыцырхырго. Уи азы дара аизарахь заа иаалар бзиоуп. Иашьак, ма иаҳәшьак ргәы шьҭызхша ак раҳәаразы абжьааԥны ирацәаны аамҭа аҭахӡам — минуҭқәак аназхогьы ыҟоуп (Рим. 1:12; Еф. 5:16). Иара убас Павел иҿыԥшуа аизара аиҳабы Абиблиа ихы иархәаны аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыгәрахаҵара ирӷәӷәоит, насгьы Анцәа бзиа ишибо агәра диргоит, иара убас ихаҭагьы урҭ бзиа ишибо ааирԥшуеит. Иара лассы-лассы урҭ драцәажәоит, излаирҽхәашагьы иԥшаауеит. Аӡәы алабжьара иҭара аҭаххар, уи Анцәа Иажәа ихы иархәаны иҟаиҵоит. Ауаҩы дахьиашам иаартны иеиҳәоит, аха уи ирхааны иҟаиҵоит, избанзар игәы иирхьыр иҭахӡам (Гал. 6:1).

ҲАНАМӠАРА ИАХҞЬАНЫ ИҞАҲҴО АГХАҚӘА ИИАШАНЫ РЫХӘАԤШРА

13. Ишԥарзыҟоу аизара аиҳабацәа шьоукы иҟарҵо агхақәа?

13 Избан уи зыуадаҩу? Аизара аиҳабацәа наӡаӡам. Ҳара зегь ҳаиԥш, даргьы агхақәа ҟарҵоит (Рим. 3:23). Иҟарҵо агхақәа ииашаны рыхәаԥшра анырзымариамгьы ыҟоуп. Шьоукы гха хәыҷык ҟарҵаргьы агәҭынчра рцәыӡуеит, акгьы иаԥсамшәагьы рхы рыԥхьаӡо иалагоит. Егьырҭ иҟарҵо агхақәа хырҩа рырҭоит, аҽыԥсахрагьы рҭахӡам.

14. Ишԥаицхрааи Павел аԥагьара ахьиламыз иԥсыҽрақәа ииашаны рзыҟазаара, Филиппаа рахь 4:13 аҿы иану инақәыршәаны?

14 Павел иҿырԥшы. Павел аԥагьара иламызт, убри аҟынтә иԥсыҽрақәа ихала дыриааир шилымшо еиликаауан. Иара идыруан Иегова ицхыраарада акгьы шилымшоз. Дқьырсианхаанӡа Павел ақьырсианцәа гәымбылџьбарала дрызныҟәон. Аха нас дышиашамыз еиликаан, иҽиԥсахит (1 Тим. 1:12—16). Иегова Павел дицхрааит абзиабареи арыцҳашьареи злоу, насгьы аԥагьара злам хьчаҩны аҟалара. Павел агхақәа ахьихьуаз цәгьала игәы инархьуан. Аха иара дааҟәымҵӡакәа урҭ дрызхәыцӡомызт, насгьы Иегова ишианаижьуаз агәра игон (Рим. 7:21—25). Павел дышнаӡамыз еиликаауан, аха иара ихы аус адиулон еиҳа-еиҳа еиӷьны Иисус диҿыԥшларц азы, насгьы аԥагьара аамырԥшӡакәа Иегова диҳәон имаҵ аура дицхрааларц (1 Кор. 9:27; шәаԥхьа Филиппаа рахь 4:13).

Шәыҽшәыриашаларц азы шәхы аус адыжәулала. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 14, 15.)d

15. Дырзыҟазар шԥаихәҭоу аизара аиҳабы иҟаиҵо агхақәа?

15 Аурок. Аиашьа аизара аиҳабыс амаҵ иуазаргьы днаӡаӡам. Убри аҟынтә Иегова дазыԥшуп агхақәа шихьло еиликаалоит ҳәа, насгьы Иисус Христос иҿыԥшра иҽазишәалоит ҳәа (Еф. 4:23, 24). Аизара аиҳабы игхақәа ибаларц, насгьы урҭ ириашаларц азы ибзианы Абиблиа ҭиҵаалароуп. Усҟан Иегова анасыԥ аиуреи иду аҭакԥхықәрақәа ибзианы рынагӡареи дицхраауеит (Иак. 1:25).

АГХАҚӘА ЗЫХЬУА ИНАӠАМ ЕГЬЫРҬ АУАА АМАҴ РЫЦУРА

16. Иҟалар алшозеи аизара аиҳабы егьырҭ рыгхақәа мыцхәы ихы рзишьҭуазар?

16 Избан уи зыуадаҩу? Аизара аиҳабацәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи шаҟа ибзианы ирдыруа аҟара, убриаҟара еиӷьны рыгхақәа рбалоит. Уи иахҟьаны ихжәаны ирацәажәар, насгьы акритика рзура иалагар алшоит. Аха аизара аиҳабацәа ус рхы мҩаԥырымгалароуп. Апостол Павел ишиҳәаз еиԥш, Аҩсҭаа иоуп изҭаху дара убас рхы мҩаԥыргаларц (2 Кор. 2:10, 11).

17. Дышԥарзыҟаз Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи?

17 Павел иҿырԥшы. Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирылаз аҟазшьа бзиақәа ргәаҭара еснагь иҽазишәон. Ҳәарада, дара агхақәа рыхьуан, уи иара игәгьы инархьуан. Аха Павел ибзиан еиликаауан ауаҩ бзиагьы агха ҟаиҵар шилшо. Иара аишьцәеи аиҳәшьцәеи бзиа ибон, насгьы урҭ ирылаз аҟазшьа бзиақәа рзы рыхә ишьон. Урҭ еснагь ииашаны рхы шымҩаԥырымгозгьы, ргәы ацәгьа шҭамыз агәра игон, насгьы ацхыраара шырҭахыз еиликаауан.

18. Ишәнарҵозеи шәара Павел Еводиеи Синтихиеи дышрыцхрааз? (Филиппаа рахь 4:1—3).

18 Иаҳгәалаҳаршәап Павел ақалақь Филиппқәа рҿы иҟаз еизарак аҟынтә ҩыџьа аиҳәшьцәа дышрыцхрааз. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 4:1—3.) Еводиеи Синтихиеи рҳәоу ахьеиқәымшәаз азы еибаргәааит. Аха Павел урҭ ихжәаны рацәажәара даламгаӡеит, акгьы рылҵуам ҳәагьы имԥхьаӡаӡеит. Иара урҭ ирылаз аҟазшьа бзиақәа ихы рзишьҭит. Урҭ аҳәса акыраамҭа ҵуан гәык ала Иегова имаҵ руеижьҭеи. Павел идыруан Иегова урҭ бзиа ишибоз. Иара Еводиеи Синтихиеи ибзианы дырзыҟан, убри аҟынтә еинышәарц ргәазҭеиҵеит. Иара убас Павел егьырҭ ирылаз аҟазшьа бзиақәа ихы ахьырзишьҭуаз абзоурала агәырӷьара имырӡӡеит, насгьы уи аизара аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи иареи ирыбжьаз аизыҟазаашьа бзиақәа ихьчеит.

Инаӡам егьырҭ ауаа амаҵ рыцжәула. (Шәахәаԥш абзац 19.)e

19. а) Ирыцхраар алшозеи аизара аиҳабацәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирылоу аҟазшьа бзиақәа ргәаҭара? б) Ишәнарҵозеи Аҳратә зал аилыргара иаҿу аизара аиҳабы дахьану асахьа?

19 Аурок. Аизара аиҳабацәа, аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирылоу аҟазшьа ԥшӡақәа гәашәҭала. Ҳара зегьы ҳшынаӡамгьы аҟазшьа бзиақәа ҳалоуп (Флп. 2:3). Ҳәарада, аизара аиҳабацәа зны-зынла аишьцәеи аиҳәшьцәеи алабжьарақәа рырҭалар акәхоит. Аха Павел иеиԥш даргьы, урҭ иҟарҵо агхақәа рхы рзырышьҭӡом. Дара рхы ззырышьҭлар акәу ауаҩы Иегова бзиа дшибо, ихы дамеигӡакәа имаҵ шиуа, насгьы аԥхьаҟа иҟаиҵар илшо аус бзиақәа роуп. Аизара аиҳабацәа егьырҭ ирылоу аҟазшьа бзиақәа гәарҭозар, аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирбалоит аизараҿы бзиа ишырбо.

АНАҨСГЬЫ ПАВЕЛ ШӘИҾЫԤШЛА

20. Ишԥарылшо аизара аиҳабацәа еиҳагьы ибзианы Павел иҿырԥшы ҭырҵаар?

20 Аизара аиҳабацәа, Павел иҿырԥшы еиҳагьы ибзианы иҭышәҵаарц шәааҳаԥхьоит. Уи аҿы ишәыцхраар алшоит «Индекс публикаций Сторожевой башни» (Павел > Пример для старейшин). Уа иаагоу аматериал анҭышәҵаало шәхы шәазҵаала: «Ишԥасыцхраауеи Павел иҿырԥшы аизара аиҳабы иду адҵақәа рынагӡареи агәырӷьара амырӡреи?»

21. Зыгәра ганы иҟазар рылшозеи аизара аиҳабацәа?

21 Аизара аиҳабацәа, ишәхашәмыршҭын Иегова шәара шәҟынтә анаӡара дшазыԥшым, аха иара иҭахуп гәык ала имаҵ жәуларц (1 Кор. 4:2). Иегова ахә ҳаракны ишьон Павел ихы дамеигӡакәа аџьабаа ахьибоз, насгьы гәык ала дахьизыҟаз. Агәра ганы шәыҟаз имаҵ аураҿы шәаргьы иҟашәҵо зегьы ахә ҳаракны ишишьо. Иегова «шәџьабаақәа ракәзааит, Иара иахь ишәымоу абзиабара акәзааит, акы ихашҭны дыҟаӡам, избанзар урҭ Иара изы, ицқьауаа рзы иҟашәҵоит» (Аур. 6:10).

ИРЫЦХРААУАЗЕИ АИЗАРА АИҲАБАЦӘА...

  • ирыду аҭакԥхықәрақәеи ажәабжьҳәареи реилагӡара?

  • аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ашьҭыхразы аамҭа аԥшаара?

  • агхақәа зыхьуа инаӡам егьырҭ ауаа амаҵ рыцура?

АШӘА 87 Уааи, иагьуоуп агәыраҳаҭра!

a Ҳара бзиа ҳазбо, иҳаиҷаҳауа аизара аиҳабацәа рхы иамеигӡакәа аџьабаа ахьырбо азы рыхә ҳшьоит. Ари астатиаҿы урҭ зықәшәо ԥшь-уадаҩрак ҳрылацәажәоит. Ҳара еилаҳкаауеит апостол Павел иҿырԥшы урҭ ирыцхраар шалшо. Иара убас ари астатиа ҳара зегьы иҳацхраауеит аизара аиҳабацәа рахь арыцҳашьареи абзиабареи раарԥшра, насгьы рыцхраара.

b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиашьа аусура ашьҭахь аус ицызуа ауаҩы ажәабжь изеиҭеиҳәоит.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аизара аиҳабы уиаҟара ауаа рацәажәара зҭахым аиашьа дхааӡа аԥсшәа иеиҳәоит.

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иашьак егьи аиашьа иабжьигоит дышдыргәааз ихеиршҭырц.

e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аҳратә зал аилыргара иаҿыз иқәыԥшу аиашьа акы дахнагеит. Аха аизара аиҳабы уи диқәгәамҵӡом.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра