Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w25 сентиабр ад. 2—7
  • Аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы шәрыҳәала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы шәрыҳәала
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИАНБАРЫҲӘАТӘУ АИЗАРА АХЫЛАԤШЫҨЦӘА АЦХЫРААРАЗЫ?
  • ИЗБАН АИЗАРА АХЫЛАԤШЫҨЦӘА АЦХЫРААРАЗЫ ҲРЫҲӘАР ЗҲАХӘҬОУ?
  • ИШԤАҲАЦХРААУЕИ АИЗАРА АХЫЛАԤШЫҨЦӘА?
  • ДАСУ ИҲАДУ АҬАКԤХЫҚӘРА
  • Агәнаҳа ҟазҵаз рахь абзиабареи арыцҳашьареи шааҳарԥшлаша
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Ақьырсиантә еизара шеиҿкаау
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Аишьцәа, хықәкыс ишәымоума аизара ахылаԥшыҩцәас аҟалара?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иегова ижәлар рзы аџьабаа збо ахьчацәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2025
w25 сентиабр ад. 2—7

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 36

АШӘА 103 Ахьчацәа — «ауаа аҳамҭақәа»

Аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы шәрыҳәала

«Аизара ахылаԥшыҩцәа дрыԥхьааит» (ИАК. 5:14).

ЕИЛАҲКААУА

Аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы ҳрыҳәалар зхадоу.

1. Дышԥархылаԥшуеи Иегова имаҵзуҩцәа?

ИЕГОВА имаҵ зуа зегьы бзиа ибоит. Иара урҭ ахьча бзиа иуасақәа дшырзыҟоу еиԥш дырзыҟоуп. Анцәа урҭ Иисус ишьала иааихәеит, аизара ахылаԥшыҩцәагьы урҭ ирхылаԥшларц рыдиҵеит (Аус. 20:28). Иегова иҭахуп урҭ имаҵзуҩцәа хаала ирзыҟазарц. Иисус инапхгарала аизара ахылаԥшыҩцәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыцхраауеит Иеговеи дареи реизыҟазаашьақәа ӷәӷәазарц азы (Ис. 32:1, 2).

2. Дзыцхраар иҭахыда Иегова еиҳараӡак, Иезекииль 34:15, 16 иану инақәыршәаны?

2 Иегова имаҵзуҩцәа зегьы дреиҷаҳауеит, аха еиҳараӡак хьаас имоу ауадаҩра ӷәӷәақәа ирықәшәаз роуп. Шьоукы иҟарҵаз агхақәа ирыхҟьаны игәаҟуеит. Анцәа урҭ рыцхраара дазхиоуп. (Шәаԥхьа Иезекииль 34:15, 16.) Аха ацхыраара роурц азы уи иаҳәароуп. Уи азы Иегова иҳәара адагьы, аизараҿы иҟоу «ахьчацәеи арҵаҩцәеи» ацхырааразы ирыҳәатәуп (Еф. 4:11, 12).

3. Избан ҳара зегьы иаҳдыруазар заҭаху Иегова аизара ахылаԥшыҩцәа рыла имаҵзуҩцәа дышрыцхраауа?

3 Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Иегова аизара ахылаԥшыҩцәа рыла доуҳала иԥсыҽхаз дышрыцхраауа. Ҳара абарҭ азҵаарақәа ҳрылацәажәоит: Ианбарыҳәатәу аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы? Избан ус ҟаҳҵар зхадоу? Ишԥаҳацхраауеи дара? Уажәы ауадаҩрақәа ҳамамзаргьы, арҭ азҵаарақәа рҭак ҳацхраауеит Иеговеи урҭ аишьцәеи иаҳзыҟарҵо еиҳаны ахә ашьара. Иара убас знымзар-зны аизара ахылаԥшыҩцәа рыцхыраара ҳҭаххар, иҟаҵатәу ҳдырлоит.

ИАНБАРЫҲӘАТӘУ АИЗАРА АХЫЛАԤШЫҨЦӘА АЦХЫРААРАЗЫ?

4. Иабантәиҳдыруеи Иаков 5:14—16, 19, 20 аҟны ацәеижьтә чымазара акәымкәа, адоуҳатә чымазара шакәу зыӡбахә ҳәоу? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

4 Иаков исаламшәҟәы аҟынтәи ҳара еилаҳкаауеит Иегова аизара ахылаԥшыҩцәа рыла дышҳацхраауа. Уа иануп: «Шәыбжьара ичмазҩу аӡәыр дыҟазар, аизара ахылаԥшыҩцәа дрыԥхьааит». (Шәаԥхьа Иаков 5:14—16, 19, 20.) Аконтекст аҟынтә иаҳбарҭоуп Иаков зыӡбахә имоу ацәеижьтә чымазара акәымкәа, адоуҳатә чымазара шакәу: ичмазҩу аҳақьым иакәымкәа, аизара ахылаԥшҩы иоуп дзыԥхьаша. Уи даныбзиахогьы игәнаҳақәа анианажьхалак ауп. Ҳазхәыцып ҳанычмазҩу иҟаҳҵо. Ҳара аҳақьым иахь ҳцоит, ҳхьаақәа изеиҭаҳҳәоит, нас иҳаиҳәо ҳацныҟәоит. Убасеиԥшҵәҟьа доуҳала ҳанычмазҩу аизара ахылаԥшыҩцәа рахь ҳцароуп, ҳхьаақәа рзеиҭаҳҳәароуп, нас Абиблиа шьаҭас иҟаҵаны иҳабжьарго ҳацныҟәароуп.

Асахьақәа реизга: 1) ахаҵа аҳақьым иеиҳәоит ижәҩахыр шихьуа; 2) аиашьа имоу ауадаҩра аӡбахә аизара ахылаԥшҩы изеиҭеиҳәоит; дара апарк аҿы итәоуп.

Ҳара ак анҳахьуа аҳақьым иахь ҳцоит. Доуҳала ҳанԥсыҽхо аизара ахылаԥшыҩцәа ҳрацәажәароуп. (Шәахәаԥш абзац 4.)


5. Иаҳзырбозеи ҳдоуҳатә гәабзиара шыԥсыҽхаз?

5 Ҳара ҳдоуҳатә гәабзиара иадҳәалоу зҵаарак ҳазцәырҵзар, аизара ахылаԥшыҩцәа ҳрыдҵаалар ҳалшоит. Урҭ рыцхыраара Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ԥхасҭахаанӡа иҳауроуп. Ҳара ҳхы ҳамжьалароуп. Абиблиа ҳгәаҳҽаннаҵоит ус ҳахьыр шалшо (Иак. 1:22). Убри аҩыза агха ауп ирыхьыз Сарда инхоз қьырсианцәақәакгьы. Дара ргәы иаанагон рдоуҳатә гәабзиара бзиоуп ҳәа, аха Иисус иажәақәа рыла уи ус акәӡамызт (Аат. 3:1, 2). Ишԥеилаҳкаари ҳдоуҳатә гәабзиара зеиԥшроу? Иаҳҳәап, аӡы ҳҽанӡааҳх ашьҭахь Иегова ҳшизыҟази уажәы ҳшизыҟои еиҿҳарԥшыр ҳалшоит (Аат. 2:4, 5). Абарҭ реиԥш иҟоу азҵаарақәа ҳхы иаҳҭар ауеит: «Абиблиа аԥхьареи азхәыцреи уаанӡа еиԥш агәырӷьара сзаанагома? Аизарақәа бжьасыжьуа салагама, насгьы хыхь-хыхь аума урҭ сыҽшырзыҟасҵо? Ажәабжьҳәаратә ус уаанӡа еиԥш сыԥсҭазаараҿы ихадоу аҭыԥ ааннакылома, ма уи аҭыԥ даҽакы иааннакылоу? Аԥареи уи ала иааухәои еиҳа срызхәыцуа салагама?» Иҟалап арҭ азҵаарақәа рҭак аныҟашәҵа, Иеговеи шәареи шәеизыҟазаашьа шыԥсыҽхаз гәашәҭазар. Ари аҭагылазаашьа ус инышәмыжьын, избанзар анаҩс еиҳагьы еицәахоит. Шәхала шәышзамыхәо еилышәкаазар, мамзаргьы Иегова инормақәа еилажәгахьазар, аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы шәрыҳәа.

6. Иҟаиҵар акәзеи агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз ауаҩы?

6 Гәнаҳақәак ирыхҟьаны ауаҩы уаҳа аизара дахәҭакӡам ҳәа рыӡбар алшоит (1 Кор. 5:11—13). Ҳара уи аҩыза агәнаҳа ҟаҳҵазар, хымԥада аизара ахылаԥшыҩцәа рҟынтә аӡәы ҳиацәажәароуп. Урҭ рыцхыраарада Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ҳзеиҭашьақәыргылом. Анцәа ҳагәнаҳа анҳанаижьуа гәыкала ҳанахьхәуа, насгьы уи аус аҿы ианааҳарԥшуа ауп (Аус. 26:20). Урҭ аусқәа руак — иҟаҳҵаз агәнаҳа аизара ахылаԥшыҩцәа иаартны раҳәара ауп.

7. Изҭахыда иҵегьы аизара ахылаԥшыҩцәа рыцхыраара?

7 Аизара ахылаԥшыҩцәа агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз рыдагьы, иҽеим агәаҳәарақәа ирҿагылогьы ацхыраара рырҭоит (Аус. 20:35). Иҟалап урҭ агәаҳәарақәа ӷәӷәазар, мышкызны шәыҽшәызнымкылакәа урҭ шәыҽрышәҭар ҳәа шәшәозаргьы. Уи еиҳараӡак ԥышәара ӷәӷәахар алшоит уаанӡа анаркотикқәа шәыдышәкылозҭгьы, апорнографиа шәахәаԥшуазҭгьы, мамзаргьы аӡәи шәареи ицқьам аизыҟазаашьақәа шәыбжьазҭгьы. Аха урҭ агәаҳәарақәа шәыриааирц азы ацхыраара шәоур шәылшоит. Уи аҳәара шәацәымшәан. Зыгәра жәго, насгьы еиҳа шәгәы иақәшәо аизара хылаԥшҩык шәиацәажәар шәылшоит. Иара дышәзыӡырҩуеит, иҟашәҵаша шәеиҳәоит, насгьы агәра шәиргоит Иегова шәыуадаҩра шәшазықәԥо шибо, шәгәаҳәарақәа шәҽахьрышәымҭогьы игәы шыҟанаҵо. (Еккл. 4:12). Зны-зынла урҭ агәаҳәарақәа ахьышәиааиуа иахҟьаны шәхы шәцәымыӷхар алшоит. Убасҟан аизара ахылаԥшыҩцәа даҽакала шәхы шәахәаԥшырц ацхыраара шәырҭоит. Ацхыраара шәахьаҳәаз иаанарԥшуеит ахынраалара шшәылоу. Агәнаҳа шәаҿагыланы шәахьықәԥогьы иаанарԥшуеит Иеговеи шәареи шәеизыҟазаашьақәа рыхә ҳаракны ишышәшьо (1 Кор. 10:12).

8. Иаҭахума иҟаҳҵо агхақәа зегьы рыӡбахә аизара ахылаԥшыҩцәа рзеиҭаҳәара?

8 Аха иҟаҳҵо агхақәа зегьы рыӡбахә аизара ахылаԥшыҩцәа раҳәара аҭахӡам. Иаҳҳәап, иашьак ма иаҳәшьак зыргәааз ак раҳҳәеит. Иҟалап ҳгәы ԥжәаны ҳрацәажәазаргьы. Усҟан аизара ахылаԥшыҩцәа рахь ацара акәымкәа, иҳаргәааз иахь ҳцаны, аҭамзаара шьҭаҳҵароуп. Усҟан Иисус Христос Матфеи 5:23, 24 аҿы дызлацәажәаз алабжьара ҳақәныҟәоит, аҭынчрагьы ҳахьчоит. Иара убас ҳлитератураҿы иҭаҳҵаар ҳалшоит аҟәымшәышәреи, ачҳареи, аҽынкылареи реиԥш иҟоу атемақәа, аԥхьаҟа урҭ аҟазшьақәа еиҳа еиӷьны иааҳарԥшларц азы. Аха иҳалшо зегь шыҟаҳҵазгьы ауадаҩра ҳзымыӡбазар, усҟан, ҳәарада, аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы ҳрыҳәар ҳалшоит. Еводиеи Синтихиеи рхала ирзымыӡбоз аилибамкаара анрыбжьала, Павел реизараҿы иҟаз иашьак диҳәеит урҭ дрыцхраарц. Убасеиԥшҵәҟьа ҳаизараҿы иҟоу аизара ахылаԥшыҩцәа ҳаргьы иҳацхраар рылшоит (Флп. 4:2, 3).

ИЗБАН АИЗАРА АХЫЛАԤШЫҨЦӘА АЦХЫРААРАЗЫ ҲРЫҲӘАР ЗҲАХӘҬОУ?

9. Избан аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы ҳрыҳәалар зхадоу, уи ҳацәыԥхашьозаргьы? (Ажәамаанақәа 28:13).

9 Зны-зынла ацхыраара аҳәаразы ахаҵареи агәымшәареи аарԥштәуп. Иаҳҳәап, гәнаҳа ӷәӷәак ҟаҳҵазар, ма иҽеим ҳгәаҳәарақәа рҿагылара шаҳцәыцәгьоу ҳбозар, уи аизара ахылаԥшыҩцәа рзеиҭаҳәара ҳацәыԥхашьозар алшоит. Аха уи уеизгьы иҟаҵатәуп. Избан? Избанзар Иегова урҭ роуп знапы ианиҵаз ҳдоуҳатә гәабзиара аиҷаҳара. Ус анакәха, аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы ҳрыҳәозар, уи ала иааҳарԥшуеит Анцәа игәра шаҳго, имҩақәҵарақәагьы ҳашрықәныҟәо. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Иегова иҽеим ҳгәаҳәарақәа рҿагылара дышҳацхраауа (Аԥсал. 94:18). Агәнаҳа ҟаҳҵазар, аха аизара ахылаԥшыҩцәа ирзеиҭаҳҳәазар, насгьы уи уаҳа иҟаҳамҵозар, Иегова иҳанаижьуеит. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 28:13.)

10. Иҟалар алшои ҳагәнаҳа ҳҵәахуеит ҳәа ҳалагар?

10 Иҟалои ҳагәнаҳа ҳҵәахырц ҳалагар? Уи ала ҳхы иазеицәоу ауп иҟаҳҵо. Ҳазхәыцып аҳ Давид иҿырԥшы. Аамҭак аҩныҵҟа иара иҟаиҵаз агәнаҳақәа иҵәахуан. Аха Давид еиликаауан Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа шыбжьихыз. Иламыс дахьаргәаҟуаз иахҟьаны даара игәы каҳаит, имчқәагьы илҵит (Аԥсал. 32:3—5). Иаҳҳәап, ҳачмазаҩхазар ма ҳабаҩ ԥҵәазар, аха акгьы ҟаҳамҵозар, уи ҳаԥсҭазааразы ишәарҭахар алшоит. Адоуҳатә чымазаразгьы убас ҳҳәар ҳалшоит. Аизара ахылаԥшыҩцәа рацәажәара ахаҳгозар, иаҳзеицәоу ауп иҟаҳҵо. Иегова ҳшеиҩызцәоу ҳаанхарц иҭахуп, убри аҟынтә аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы ҳрыҳәаларц ҳгәазҭеиҵоит. Уи абзоурала иареи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа еиҭашьақәҳаргылар ҳалшоит (Ис. 1:5, 6, 18).

11. Иҟалар алшои агәнаҳа ӷәӷәа аӡбахә аизара ахылаԥшыҩцәа ирзеиҭаҳамҳәар?

11 Агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаҳҵаз ҳҵәахуазар, уи егьырҭгьы иҽеимкәа ирнырыр алшоит. Уи иахҟьаны Иегова аизара уаанӡа аасҭа еиҳа имаҷны иԥшьоу идоуҳа риҭо далагар ауеит. Уи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи иҽеимкәа ирныԥшуеит (Еф. 4:30). Ҳара аизараҿы аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаиҵаз ҳдыруазар, аха уи ҳҵәахуазар, Иегова иҿаԥхьа ҳаргьы ахара ҳадлоит (Алев. 5:1). Убри аҟынтә агәнаҳа ҟазҵаз аизара ахылаԥшыҩцәа иҟаиҵаз рзеиҭеиҳәарц игәазҭаҳҵароуп. Уи ианаамҭоу иҟаимҵар, ҳара ҳхаҭа иҟаҳҵар акәхоит. Убасала Иегова бзиа дшаҳбо ҳагьшизиашоу ааҳарԥшуеит. Иара убас уи ала аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳахьчоит, агәнаҳа ҟазҵазгьы ҳицхраауеит Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара.

ИШԤАҲАЦХРААУЕИ АИЗАРА АХЫЛАԤШЫҨЦӘА?

12. Ишԥарыцхраауеи аизара ахылаԥшыҩцәа доуҳала иԥсыҽхаз?

12 Абиблиа излаҳәо ала, аизара ахылаԥшыҩцәа доуҳала иԥсыҽхаз ирыцхраалароуп (1 Фес. 5:14). Шәара агәнаҳа ҟашәҵазар, аизара ахылаԥшыҩцәа еиӷьны шәеилыркаарц азы зҵаарақәак шәырҭар алшоит (Ажәам. 20:5). Гәаартыла урҭ шәрацәажәа, шәҟазшьеи, шәкультуреи, шәааӡареи ма иҟашәҵаз шәахьацәыԥхашьои иахҟьаны уи шәцәыцәгьазаргьы. Иакәым ак шәамхаҳәар ҳәа шәымшәан (Иов 6:3). Аизара ахылаԥшыҩцәа алкаа аҟаҵара иахыццакӡом. Дара ибзианы ишәзыӡырҩуеит, афактқәа зегьы еилыркаауеит, нас ауп алабжьара аншәырҭо (Ажәам. 18:13). Аизара ахылаԥшыҩцәа еилыркаауеит иашьак ма иаҳәшьак ирыцхраарц азы аамҭа шаҭаху. Еилдырго аус уадаҩзар, дара уи зныкала еиқәшәаны ирыӡбоит ҳәа иалагаӡом.

13. Ишԥаҳацхраауеи аизара ахылаԥшыҩцәа рыҳәарақәеи Абиблиа шьаҭас измоу рылабжьарақәеи? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

13 Аизара ахылаԥшыҩцәа ирҭахӡам ианшәацәажәалак ашьҭахь еиҳагьы ахара шәыдушәа шәхы жәбаларц. Дара шәара шәзы Анцәа ишәыциҳәоит. Иҟалап иџьашәшьар урҭ рыҳәарақәа шаҟа «амч ду» рымоу. Иаков иҳәеит аизара ахылаԥшыҩцәа ауаҩы ианицхраауа, «Иегова ихьӡала ахәша ихьыршьуеит» ҳәа (Иак. 5:14—16). Ажәа «ахәша» Анцәа Иажәаҿы иану аҵабырг аанарԥшуеит. Ус анакәха, аизара ахылаԥшыҩцәа шәгәы зырҭынчуа, насгьы Иеговеи шәареи шәеиҩызара аиҭашьақәыргылара ишәыцхраауа абиблиатә жәеинраалақәа шәдырбоит (Ис. 57:18). Дара ишәырҭо Абиблиа шьаҭас измоу алабжьарақәа ииашаны ахымҩаԥгара ишәыцхраауеит. Уи абас зҳәо Иегова ибжьы шәаҳауазшәа иаҩызоуп: «Абар амҩа, убри шәаныланы шәцала» (Ис. 30:21).

Асахьақәа реизга: 1) хыхьтәи асахьаҿы иаҳбаз аҳақьым ахаҵа ижәҩахыр гәеиҭоит; аҭӡамц аҿы арентген кыдуп; 2) хыхьтәи асахьаҿы иаҳбаз аизара ахылаԥшҩы даҽа хылаԥшҩыки иареи еицны аиашьа иҩныҟа иааит, Абиблиаҿы иану зхәыцрақәак рыла игәы шьҭырхырц азы; аиашьа аизара ахылаԥшыҩцәа иарҳәо дазыӡырҩуеит, зегьы ҿаԥха-ҿаччо итәоуп.

Аизара ахылаԥшыҩцәа Абиблиа рхы иархәаны агәырҭынчра зҭаху ацхыраара рырҭоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13, 14.)


14. Ишԥаицхраауеи аизара ахылаԥшыҩцәа «ииашам амҩа» ианылаз ауаҩы, Галатаа 6:1 иану инақәыршәаны? (Шәрыхәаԥш иара убас асахьақәа.)

14 Шәаԥхьа Галатаа 6:1. «Ииашам амҩа» ианылаз ақьырсиан ииашоу Анцәа инормақәа дрыцәхьаҵуеит. Ииашам амҩахь иаҵанакуазар алшоит ақьырсиан дымхәыцӡакәа идикылаз аӡбара, ма иҟаиҵаз агәнаҳа ӷәӷәа. Аизара ахылаԥшыҩцәа уи аҩыза ақьырсиан ииашоу амҩахь ирхынҳәра рҽазыршәоит, избанзар бзиа дырбоит. Убри аамҭазгьы дара аҟәымшәышәреи ахаареи аадырԥшуеит. «Амҩа иашахь дшәырхынҳә» ҳәа еиҭагоу абырзен ажәа зыбаҩ ҭԥаз ауаҩы ибаҩ ҭазыртәоз аҳақьым иус ианахцәажәоз рхы иадырхәон. Ауаҩы ибаҩ зҭадыртәо еицәоу ауадаҩра дақәымшәарц азоуп. Аҳақьым бзиа зыбаҩ ҭаиртәо ауаҩы рацәак ахьаа имҭаӡакәа ауп уи шыҟаиҵо. Убасеиԥшҵәҟьа ауп аизара ахылаԥшыҩцәа доуҳала иԥсыҽхаз ақьырсиан ишицхраауа. Иазгәашәҭ Галатаа 6:1 аҿы аизара ахылаԥшыҩцәа рхы иацклаԥшлар рыхәҭоуп ҳәа шану. Ауаҩы ииашоу амҩахь ахынҳәра ианицхраауа, дара ирхадыршҭӡом рхаҭақәагьы шынаӡам, агхагьы рыхьыр шалшо. Убри аҟынтә аизара ахылаԥшыҩцәа ус еиԥш иҟоу ауаҩы иқәыӡбаӡом, иара иаасҭа еиӷьушәа ихәаԥшӡом. Дара ахынраалареи арыцҳашьареи аадырԥшуеит (1 Пиотр 3:8).

15. Иҟаҳҵар акәзеи аизара ахылаԥшыҩцәа рҟынтә ацхыраара ҳаурц азы?

15 Ҳара аизара ахылаԥшыҩцәа рыгәра ҳгалар ҳалшоит, избанзар Иегова урҭ ииашаны ишҳацхраалаша дирҵоит. Дара имаӡоу аинформациа аӡәгьы иарҳәаӡом, насгьы алабжьарақәа анҳарҭо, рхатә гәаанагара акәымкәа, Абиблиаҿы иану ауп ирҳәо. Уи адагьы, дара ҳауадаҩреи ҳареи ҳаизаанрыжьӡом, аха иахьынӡаҭаху иҳавагылоуп (Ажәам. 11:13; Гал. 6:2). Аизара ахылаԥшыҩцәа рҟазшьақәеи ирымоу аԥышәеи еиԥшӡам, аха иҳамоу ауадаҩрақәа урҭ рҟынтә дарбанзаалак изеиҭаҳҳәар ҳалшоит. Ҳәарада, иаҳҭаху ҳаҳандаз ҳәа зны аӡә иахь, нас даҽаӡә иахь ҳцалар иашахаӡом. Уи иаанарԥшуеит иҳаҳарц иаҳҭаху ҳшашьҭоу, Анцәа Иажәаҿы иану «ахшыҩ зҵоу аҵарақәа» ракәымкәа (2 Тим. 4:3). Аизара ахылаԥшҩы ацхырааразы ҳаниҳәо, иара дҳазҵаар илшоит аизара ахылаԥшыҩцәа рҟынтә уаҳа аӡәыр ҳиацәажәахьоума, насгьы алабжьара ҳәа акыр ҳарҭахьоума ҳәа. Уи адагьы, ак ҳаиҳәаанӡа, иҟалап даҽа аизара хылаԥшҩык диацәажәарц иӡбар — убасала ахынраалара ааирԥшуеит (Ажәам. 13:10).

ДАСУ ИҲАДУ АҬАКԤХЫҚӘРА

16. Иарбан ҭакԥхықәроу Анцәа иҿаԥхьа иҳаду?

16 Аизара ахылаԥшыҩцәа алабжьарақәа шҳарҭогьы, ҳзықәшәо ауадаҩрақәа рыхгара ишҳацхраауагьы, ахаан ҳара ҳзы аӡбарақәа рыдыркылаӡом. Ҳара ҳаԥсҭазаара Анцәа изаҳкит, изакәанқәа рықәныҟәара ҳара иҳаду ҭакԥхықәроуп. Ҳажәақәеи ҳусқәеи рзы Анцәа иҿаԥхьа ҳхала аҭак ҟаҳҵоит (Рим. 14:12). Иегова ҳизиашаны ҳаанхаларц азы еснагь ҳацхраара дазхиоуп. Уи дырны аизара ахылаԥшыҩцәа ахаан рхатә гәаанагара ҳадырцалаӡом. Дара Абиблиа иаҳәо инақәыршәаны Анцәа ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу ҳгәаладыршәоит. Урҭ рылабжьарақәа анҳадаҳкыло, ииашоу аӡбарақәа ҳадаҳкылаларц азы ҳахшыҩ ҳааӡоит (Аур. 5:14).

17. Иҟаҳҵар ҳахәҭои, Иегова иҟынтә ацхыраара ҳаурц ҳҭахызар?

17 Иегова иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит абас абзиабара аарԥшны, иуасақәа дахьреиҷаҳауа азы! Иара ахьча бзиа, Иисус Христос, даҳзааишьҭит. Уи наӡаӡа ҳанхаларц азы ихы дамеигӡаӡеит (Иоанн 10:11). Иегова ажәа ҳаиҭеит: «Сара исҭаху назыгӡало ахьчацәа шәысҭоит, урҭ адыррақәа шәырҭалоит, аилкаара аарԥшышьагьы шәдырҵалоит» (Иер. 3:15). Анцәа иажәа наигӡеит, аизара ахылаԥшыҩцәагьы ҳамҭас иҳаиҭеит. Доуҳала ҳшыԥсыҽхо анаҳбо, ма Иеговеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа еиҭашьақәыргылатәзар, шәааи ҳаԥхамшьаӡакәа аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы ҳрыҳәалап. Усҟан иаҳбоит Иегова дара рыла дышҳацхраауа.

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ианбарыҳәатәу аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы?

  • Избан аизара ахылаԥшыҩцәа ацхырааразы ҳрыҳәар зҳахәҭоу?

  • Ишԥаҳацхраауеи аизара ахылаԥшыҩцәа?

АШӘА 31 Анцәа уицыз!

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра