Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • mwb23 сентиабр ад. 7
  • Иегова ижәлар рзы аџьабаа збо ахьчацәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова ижәлар рзы аџьабаа збо ахьчацәа
  • Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Иеиԥшу аматериал
  • Агәнаҳа ҟазҵаз рахь абзиабареи арыцҳашьареи шааҳарԥшлаша
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Аишьцәа, хықәкыс ишәымоума аизара ахылаԥшыҩцәас аҟалара?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
  • Иегова ҳашиқәгәыӷуа узырбо аӡбарақәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Иегова «зыԥсы ҭоу Анцәа» шиакәу шәхашәмыршҭлан
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2024
Шәахәаԥш еиҳаны
Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
mwb23 сентиабр ад. 7

АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА

Иегова ижәлар рзы аџьабаа збо ахьчацәа

Аӡәырҩы амчра знапаҿы иҟоу ауаа бзиа ирбаӡом. Уи џьашьатәӡам, избанзар ашәышықәсақәа рыҩныҵҟа амчра знапаҿы иҟаз ауаа уи цәгьашақә рхы иадырхәон (Мх 7:3). Ишԥабзиоу ҳаизарақәа рҿы аизара ахылаԥшыҩцәа иахьыддырҵо амчра ииашаны иазыҟазарц, насгьы уи Иегова ижәлар ахәарҭа рзаанагаларц азы рхы иадырхәаларц! (Есф 10:3; Мф 20:25, 26).

Аизара ахылаԥшыҩцәа ари адунеи аҿы амчра змоу ауаа иреиԥшӡам. Дара аҭакԥхықәра роурц зырҭаху Иеговеи иара ижәлари бзиа иахьырбо азоуп (Ин 21:16; 1Пт 5:1—3). Иисус инапхгара аҵаҟа иҟоу аизара ахылаԥшыҩцәа ҳацхраауеит аизара ҭаацәарак еиԥш абара, насгьы Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара арӷәӷәара. Дара еснагь Иегова иуасақәа адоуҳатә цхыраара рыҭара иазхиоуп, иара убас иаалырҟьаны аӡәы амедицинатә цхыраара иҭаххар, ма аԥсабаратә рыцҳара ҟалар, урҭ ирывагылоит. Уара лабжьарак уҭахызар, ма угәы ак ыҵхозар, уԥхамшьаӡакәа уеизараҿы иҟоу аизара ахылаԥшыҩцәа руаӡәк уиацәажәа (Иак 5:14).

Авидеонҵамҭа «Аԥсаса иеиҷаҳауа ахьчацәа» аҟынтә асахьа. Аизара ахылаԥшҩы Елиас дигәыдыҳәҳәаланы аԥсшәа иеиҳәоит.

УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АԤСАСА ИЕИҶАҲАУА АХЬЧАЦӘА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:

  • Ишԥалыцхрааи аизара ахылаԥшыҩцәа Мариана?

  • Ишԥаицхрааи аизара ахылаԥшыҩцәа Елиас?

  • Ушԥазыҟоу аизара ахылаԥшыҩцәа рџьабаа, ари авидеонҵамҭа уанахәаԥш ашьҭахь?

Аизара ахылаԥшыҩцәа рҟынтә аӡәы уиацәажәа:

  • уҭыӡҭыԥ ма уҭел аномер аҽаԥсахзар;

  • ауадаҩра ӷәӷәақәа урықәшәазар;

  • ԥыҭраамҭак ҳәа џьара уцозар;

  • аоперациа ӷәӷәа узыҟарҵараны, ма ахәышәтәырҭаҿы ушьҭарҵараны иҟазар;

  • агәнаҳа ӷәӷәа ҟауҵазар.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра