АҴАРАЗЫ АСТАТИА 52
Аишьцәеи аиҳәшьцәеи аамҭа цәгьақәа рыхгара шәрыцхраала
«Ацхыраара зҭаху урыцхраар улшозар, урыцхраа, мап рцәумкын» (АЖӘАМ. 3:27).
АШӘА 103 Ахьчацәа — «ауаа аҳамҭақәа»
АХҲӘААa
1. Ишԥаҟаиҵо лассы-лассы Иегова имаҵзуҩцәа рыҳәарақәа рҭак?
ИЖӘДЫРУАМА шәара Иегова инапаҿы иҷыдоу мыруганы шәҟалар шшәылшо? Иара аӡә иҳәара аҭак ҟаиҵарц азы ҳара ҳҟынтә аӡәы ихы даирхәар илшоит. Иара изы ихадаӡам ҳара аизара аиҳабы ҳакәу, аизара ацхырааҩ ҳакәу, пионерс амаҵ ҳуоу-иҳамуоу, иара убас ҳаԥҳәысу ҳхаҵоу хадаӡам, ҳақәрагьы дахәаԥшӡом. Аизара аиҳабацәеи гәыкала имаҵ зуа егьырҭ имаҵзуҩцәеи рыла ауп Иегова бзиа дызбо, насгьы ацхырааразы иҳәо лассы-лассы рыҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо. Агәра ганы шәыҟаз, Иегова шәара шәыла ус еиԥш иҟоу ауаҩы игәы шьҭихыр илшоит (Кол. 4:11). Шаҟа гәырӷьара дуузеи убас Иеговеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи рымаҵ аура ахьҳалшо. Уи еиҳараӡак ихадоуп аепидемиақәеи, еиуеиԥшым арыцҳарақәеи, ашьҭашәарыцарақәеи раан.
АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ АЕПИДЕМИАҚӘА РААН ШӘРЫЦХРААЛА
2. Избан аепидемиа аан аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхраара мариамхар залшо?
2 Аепидемиа иахҟьаны аицхыраара ҳцәыуадаҩхар ауеит. Иаҳҳәап, ҳҩызцәа рбара ҳцар ҳҭахуп, аха уи ашәарҭара аҵазар алшоит. Мамзаргьы ацхыраара зҭаху иашьак ма иаҳәшьак шьыбжьхьафара дааҳаԥхьар ҳҭахуп, аха уигьы шәарҭазар ауеит. Иҟалап аӡәы ҳицхраар ҳҭахызар, аха аҩнаҭаҿы ачымазаҩ дахьҳамоу иахҟьаны уи ҳцәыуадаҩзар алшоит. Ишыҟазаалакгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрыцхраалароуп. Иегова деигәырӷьоит урҭ рзы иҳалшо зегь аныҟаҳҵо (Ажәам. 3:27; 19:17). Ҳрыцхраар шԥаҳалшо урҭ?
3. Ирҿаҳҵаар ҳалшозеи Деизи леизара аиҳабацәа? (Иеремиа 23:4).
3 Аизара аиҳабацәа иҟарҵар рылшо. Уара аизара аиҳабы уакәзар, ууасақәа ибзианы урабадыр. (Шәаԥхьа Иеремиа 23:4.) Ҳазхысыз астатиаҿы зыӡбахә ҳәаз аиаҳәшьа Деизиb илҳәоит: «Сахьныҟәо ажәабжьҳәаратә гәыԥ аҿы иҟоу аизара аиҳабацәа саргьы егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеигьы изныкымкәа ажәабжьҳәара иҳаццахьеит, ҳаԥсгьы еицаҳшьахьеит». Уи абзоурала аизара аиҳабацәа апандемиа COVID-19 аан Деизи лыцхраареи илзааигәаз ауаа анԥсы лгәы ашьҭыхреи еиҳа ирзымариахеит.
4. Избан Деизи леизара аиҳабацәа лыцхраара зырзымариахаз, насгьы иднарҵозеи уи аизара аиҳабацәа зегьы?
4 Деизи илҳәоит: «Сеизара аиҳабацәеи сареи ҳаиҩызцәахахьан, убри аҟынтә сыгәҭыхақәеи сыуадаҩрақәеи рзеиҭаҳәара сзымариан». Иднарҵозеи уи аизара аиҳабацәа? Аишьцәеи аиҳәшьцәеи арыцҳара ҟалаанӡагьы шәырхылаԥшла, ҩызцәас шәырзыҟаз. Аепидемиа иахҟьаны дара рахь шәзымнеиуазаргьы, шәеибабаларц азы даҽа лшарак шәыԥшаала. Деизи илҳәоит: «Иҟан амш аҩныҵҟа аӡәым-ҩыџьам аизара аиҳабацәа аҭел ианысзасуаз, ма СМС-аацҳарақәа анысзаарышьҭуаз. Иаарышьҭуаз абиблиатә жәеинраалақәа сгәы дырԥшаауан, урҭ бзианы ишыздыруазгьы».
5. Ишԥеилыркаар рылшо аизара аиҳабацәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи изларыцхраатәу, насгьы ирыцхраар шԥарылшо урҭ?
5 Иҟаҳҵар ҳалшозеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳахьрыцхрааша еилаҳкаарц азы? Иаҳҳәап, ҳара хаала ҳразҵаар ҳалшоит (Ажәам. 20:5). Шәҽазышәшәа аилкаара ирызхаша афатәи, ахәшәқәеи, ашәҵатәи рымоу-ирымаму. Русура ма рынхарҭа ҭыԥ рцәыӡыр алшома? Аҳәынҭқар иҟынтә ацхыраара роурц азы ирыцхраатәума? Аишьцәеи аиҳәшьцәеи Деизи ԥарала илыцхрааит. Аха зегь раасҭа лгәы ҟазҵаз, уи аизара аиҳабацәа лгәы ахьышьҭырхуаз, насгьы Иеговеи лареи реизыҟазаашьақәа арӷәӷәара иахьлыцхраауаз ауп. Лара илгәалалыршәоит: «Аизара аиҳабацәа Анцәа исыциҳәон. Урҭ ирҳәоз сгәалашәаӡом, аха уи шаҟа сгәы ҟанаҵаз ахаан исхашҭӡом. Иегова бхала быҟаӡам ҳәа сеиҳәозшәа збон» (Ис. 41:10, 13).
Аизара мҩаԥызго аиашьа аишьцәеи аиҳәшьцәеи, насгьы авидеоконференциа ала аизара иаҭаауа зықәрахь инеихьоу аиашьеи аизара рҽахьаладырхәуа деигәырӷьоит. (Шәахәаԥш абзац 6.)
6. Иҟаҳҵалар ҳалшозеи ҳара зегьы? (Шәахәаԥш асахьа.)
6 Егьырҭ иҟарҵар рылшо. Ҳәарада, аизара аиҳабацәа рхы иамеигӡакәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыцхраалоит ҳәа ҳазыԥшуп. Аха Иегова иҭахуп ҳаззегьы ҳаицхырааларц (Гал. 6:10). Ичмазаҩу ауаҩы изы имаҷу ак ҟауҵаргьы, уи игәалаҟазаара шьҭнахыр алшоит. Ахәыҷы сахьак ҭыхны, ма инапала ак ҟаҵаны ҳамҭас ииҭар илшоит. Еиҳа изызҳахьоу аҩны иҟаҵатәу уск ҟаиҵар, ма адәқьан ахь дцаны афатә ааигар ауеит. Уи адагьы ичмазаҩхаз ихәы ҟаҵаны, ҳхы ашәарҭара иҭамыргылакәа, изаҳгар ҳалшоит. Ҳәарада, аепидемиа аан зегьы агәышьҭыхра рҭахуп. Иҳалшома аизара ашьҭахь ҳаангыланы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрацәажәар, лабҿаба ҳаизозаргьы, авидеоконференциа ала акәзаргьы? Ирҭахума агәышьҭыхра аизара аиҳабацәа? Ҳәарада! Шьоукы урҭ ажәа ҟәандақәа анҵаны асаламшәҟәқәа рзырышьҭуан, рџьабаа ахә шыршьо рарҳәарц азы. Избанзар аизара аиҳабацәа аепидемиа аан уаанӡа аасҭа акырӡа рџьабаа цәгьоуп. Шаҟа ибзиоузеи ҳаззегьы ҳаицхыраалар, насгьы ҳгәы шьҭибахлар ахьҳалшо! (1 Фес. 5:11).
АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ АРЫЦҲАРАҚӘА ИАНРЫҚӘШӘО ШӘРЫЦХРААЛА
7. Иаԥсахыр шԥалшо арыцҳара ауаҩы иԥсҭазаара?
7 Аԥсабаратә рыцҳара унхьаԥшны уаахьаԥшаанӡа ауаҩы иԥсҭазаара аԥсахыр ауеит. Ауаа рмали рыҩнқәеи рцәыӡуеит, ирзааигәоу ауаагьы рыгхоит. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеигьы уи аҩыза арыцҳарақәа ирықәшәар алшоит. Ҳрыцхраар шԥаҳалшо урҭ?
8. Иҟарҵалар рыхәҭоузеи аизара аиҳабацәеи аҭаацәара ахадацәеи арыцҳара иақәшәаанӡа?
8 Аизара аиҳабацәа иҟарҵар рылшо. Аизара аиҳабацәа, аишьцәеи аиҳәшьцәеи зықәшәар алшо арыцҳара заа аҽазыҟаҵара шәрыцхраа. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхы шырыхьчаша, насгьы иаҭаххар аизара аиҳабацәа шырыԥшааша зегьы ирдыруоу-ирзымдыруоу еилышәкаа. Ҳазхысыз астатиаҿы зыӡбахә ҳәаз Маргрет илҳәоит: «Апункт „Аҭыԥтә ҭахрақәа“ аҿы аизара аиҳабацәа ҳгәыҳҽанырҵеит абнақәа абылра ишаҟәымҵыц. Дара иҳарҳәеит аҳәынҭқарцәа ҳаҩнқәа ааныжьны ҳцарц ҳарҳәар, ма аҭагылазаашьа шәарҭахар, иаразнак ҳақәҵны ҳцар шҳахәҭоу». Уи ианаамҭаҵәҟьаз ирҳәеит, избанзар мызки бжаки рышьҭахь абнақәа цәгьала абылра иалагеит. Аҭаацәаратә мҵахырхәара аан аҭаацәара ахадацәа зегьы иреилдыркаароуп уи аҩыза аҭагылазаашьа аан зегьы рхы шымҩаԥыргаша. Шәхәыҷқәеи шәареи шәазыҟаҵазар, арыцҳара аан агәҭынчра шәымазаауеит.
9. Ишԥеиҿыркаауеи аизара аиҳабацәа ацхыраара арыцҳара ҟалаанӡагьы, уи ашьҭахьгьы?
9 Ҳаҭыр зқәу аиашьа, уара ажәабжьҳәаратә гәыԥ уахылаԥшуазар, угәыԥ ахь иныҟәо аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцҳарак ҟалар излоуԥшааша аинформациа заа ирымх, уи уҭара иазхиазар. Асиа шьақәыргыл, насгьы аамҭа-аамҭала еиҭарҿыцла. Уи уцхраауеит рыцҳарак ҟалар аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыԥшаара, насгьы ирҭаху аилкаара. Уи аинформациа ануоулак, иаразнак аизара аиҳабацәа рхеилак акоординатор изышьҭ, нас уи араион ахылаԥшҩы изишьҭуеит. Убас шәеицхырааны иҟашәҵар шәылшо рацәоуп. Абнақәа абылра ианалага ашьҭахь Маргрет лраион ахылаԥшҩы 36 сааҭ аҭел дадҵӡомызт, аҭыԥантәи аизара аиҳабацәа драцәажәон. Урҭ еидгыланы зыҩнқәа рааныжьра зықәшәаз 450-ҩык раҟара аишьцәеи аиҳәшьцәеи ацхыраара роуртә иҟарҵеит (2 Кор. 11:27). Уи абзоурала зегьы ахыҵакырҭа роуит.
10. Избан аизара аиҳабацәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ашьҭыхра хадоуп ҳәа зырыԥхьаӡо? (Иоанн 21:15).
10 Аизара аиҳабацәа ҭакԥхықәрас ирыдуп аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иеговеи дареи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара рыцхраареи ргәы ашьҭыхреи (1 Пиотр 5:2). Арыцҳара аан урҭ аишьцәа ирдыруазар рҭахуп, аизара аҟынтә аӡәгьы иԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылам, насгьы афатәи, ашәҵатәи, ахыҵакырҭеи шрымоу. Аха мызқәак рышьҭахьгьы агәаҟра зхызгаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи, Анцәеи дареи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы ацхыраареи агәышьҭыхреи рҭаххар ҟалоит. (Шәаԥхьа Иоанн 21:15.) Афилиал акомитет аҿы амаҵ зуа Харолд арыцҳарақәа зхызгахьоу ақьырсианцәа рацәаҩны драцәажәахьеит. Абар иара игәеиҭаз: «Ушьара уқәларц азы аамҭа аҭахуп. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи дырҩегь ҭынч анхара ианалагалакгьы, зны-зынла рхьаақәа цәырҵлар ауеит. Избанзар дара ирхыргаз рацәоуп — ирзааигәаз ауаа рыгхеит, рмал рцәыӡит, ма цәгьала рыԥсы еиқәхеит. Уи зегьы аныргәалашәо, ҿыц ршьара иқәнарҟьалар ауеит. Аха уи иаанагаӡом рхаҵара ԥсыҽхеит ҳәа. Ауаҩы ус дыҟоуп».
11. Иарбан цхыраароу аҭаацәарақәа ирҭаххар алшо арыцҳара ашьҭахь аамҭа царгьы?
11 Аизара аиҳабацәа иҵәыуо ирыцҵәыуоит (Рим. 12:15). Арыцҳара зхызгаз агәра дыргалатәуп, Иеговеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи уаанӡа еиԥш бзиа ишырбо. Аизара аиҳабацәа аҭаацәарақәа ирыцхраалоит, Иеговеи дареи реизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы анаҩсгьы Анцәа иҳәаларц, Абиблиа ҭырҵааларц, аизарақәа рахь иныҟәаларц, насгьы ажәабжь рҳәаларц. Уи адагьы, дара аҭаацәа ирыцхраалоит, рхәыҷқәа иарбан рыцҳаразаалакгьы иумнамхуа рыларааӡаларц. Аҭаацәа, шәхәыҷқәа иргәалашәыршәала Иегова есымша урҭ дырҩызазар шилшо, насгьы иҟалалакгьы рааигәа дшыҟазаауа. Уи адагьы, есымша рыцхраара иазхиоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыла ишьақәгылоу адунеизегьтәи аҭаацәара шрымоу рашәымҳәакәа шәымун (1 Пиотр 2:17).
Ацхыраара ҟашәҵар шәылшома, шәахьынхо аҭыԥ аҿы арыцҳара ҟалазар? (Шәахәаԥш абзац 12.)e
12. Иҟарҵалар рылшозеи егьырҭгьы, арыцҳара иақәшәаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы? (Шәахәаԥш асахьа.)
12 Егьырҭ иҟарҵар рылшо. Арыцҳара шәааигәара џьара иҟалазар, аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәызларыцхрааша аизара аиҳабацәа шәразҵаа. Иҟалап арыцҳара зхызгаз, ма ацхырааразы иааз аргылаҩцәа рҟынтә аӡәы аамҭала дшәыдышәкылар шәылшар. Мамзаргьы афатә, насгьы зда ԥсыхәа ыҟам даҽакы уахь анагаразы ацхыраара ҟашәҵар. Аха иҟашәҵар шәылшозеи арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ шәцәыхаразар? Уа иҟоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы Анцәа шәиҳәала (2 Кор. 1:8—11). Уи адагьы шәара ишәылшоит адунеизегьтәи аус азы аԥара алашәҵар (2 Кор. 8:2—5). Арыцҳара ахьыҟалаз аҭыԥ ахь ацара шәылшозар, аизара аиҳабацәа ирашәҳә. Уахь ааԥхьара шәырҭар, шәыцхыраара еиҳа иахьаҭаху шәрышьҭырц азы, иҟалап аҵара шәахысыр.
АШЬҬАШӘАРЫЦАРАҚӘА РААН АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ ШӘРЫЦХРААЛА
13. Иарбан уадаҩрақәоу Иегова ишаҳаҭцәа рус мап ахьацәку атәылақәа рҿы инхо аишьцәа зықәшәо?
13 Ашьҭашәарыцарақәа аԥсҭазаара еиҳагьы идырцәгьоит. Иегова ишаҳаҭцәа рус мап ахьацәку атәылақәа рҿы инхо аишьцәеи аиҳәшьцәеи егьырҭ аҭыԥқәа рҿы инхо реиԥш амамзаара иаргәаҟуеит, ачымазара иаргәамҵуеит, насгьы ирзааигәоу ауаа ԥсуеит. Аха ашьҭашәарыцарақәа ирыхҟьаны аизара аиҳабацәа урҭ рбара рцәыцәгьоуп. Зыӡбахә ҳҳәахьоу Андреигьы уи аҩыза дақәшәеит. Игәыԥ аҟынтә иаҳәшьак ахныҟәгара лцәыцәгьан. Уи адагьы авариа дақәшәеит. Лара акымкәа-ҩбамкәа аоперациақәа лҭаххеит, насгьы аус лзуӡомызт. Аха ашьҭашәарыцарақәеи апандемиеи ирмыхәаԥшӡакәа, аишьцәа лыцхраарц азы ирылшоз ҟарҵон. Уи аҭагылазаашьа Иегова изгәамҭаӡакәа инымхаӡеит.
14. Иарбан ҿырԥшу аизара аиҳабацәа иҳарҭо?
14 Аизара аиҳабацәа иҟарҵар рылшо. Андреи Анцәа диҳәон, насгьы илшоз ҟаиҵон. Аҭак шԥаҟаиҵеи Иегова? Иара егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи уи аиаҳәшьа илыцхраарц ргәазҭеиҵеит. Аӡәы аҳақьым иахь дигеит, егьырҭ ԥарала илыцхрааит. Иегова доусу ирылшоз ала лыцхраара ргәазҭеиҵеит, иаанхаз ихала иҟаиҵеит (Аур. 13:16). Аизара аиҳабацәа, шәара Иегова ишаҳаҭцәа рус мап ахьацәку атәылаҿы шәынхозар, шәхала зегьы шәрыламгалан — егьырҭгьы адҵақәа рышәҭала (Иер. 36:5, 6). Насгьы зегь раасҭа ихадоу, Иегова шәиқәгәыӷла. Иара аишьцәеи аиҳәшьцәеи рхылаԥшра дшәыцхраауеит.
15. Ишԥаҳалшо ашьҭашәарыцарақәа раан акзаара ҳамазар?
15 Егьырҭ иҟарҵар рылшо. Ашьҭашәарыцарақәа раан иҟалап агәыԥ хәыҷқәа рыла ҳаизалар акәхар. Усҟан ҳабжьара аҭынчра ыҟазарц еиҳагьы ихадазаауеит. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ракәымкәа, Аҩсҭаа шәиабашьла. Егьырҭ рыгхақәа шәырмыхәаԥшлан. Еилибамкаарак шәыбжьалазар, уи иаразнак ишәыӡбала (Ажәам. 19:11; Еф. 4:26). Ацхырааразы ианшәыҳәо ҳәа шәымԥшлан — шәхала уи рыдыжәгалала (Тит 3:14). Авариа иақәшәаз аиаҳәшьа лзы аишьцәеи аиҳәшьцәеи иҟарҵаз ргәыԥ еиднакылеит. Дара ҭаацәарак еиԥш иҟалеит (Аԥсал. 133:1).
16. Ишԥаҳалшо изышьҭашәарыцо аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳрыцхраар? (Колоссаа рахь 4:3, 18).
16 Жәанызықьҩыла ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ашьҭашәарыцарақәа ирмыхәаԥшӡакәа Иегова имаҵ руеит. Урҭ рҟынтә шьоукы рхаҵаразы абахҭа иҭакуп. Ҳара урҭ рзы, насгьы рҭаацәарақәа рзы Анцәа ҳиҳәалар ҳалшоит. Иара убас, Анцәа ҳиҳәалар ауеит, зхы ашәарҭара иҭаргыланы урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыцхраауа рзы. Дара урҭ анаҩсгьы Иегова иқәгәыӷларц ргәазҭарҵоит, зда ԥсыхәа ыҟам рызнаргоит, иара убас аӡбарҭақәа рҿы рзинқәа рыхьчоитc. (Шәаԥхьа Колоссаа рахь 4:3, 18.) Ишәхашәмыршҭлан анцәаиҳәара амч ду шамоу! (2 Фес. 3:1, 2; 1 Тим. 2:1, 2).
Ишԥашәылшо уажәнатә шәҭаацәара ашьҭашәарыцарақәа ирзыҟашәҵар? (Шәахәаԥш абзац 17.)
17. Ишԥаҳалшо уажәнатә ашьҭашәарыцарақәа ҳҽырзыҟаҳҵар?
17 Шәҭаацәеи шәареи ашьҭашәарыцарақәа заа шәҽырзыҟашәҵа (Аус. 14:22). Шәзықәшәар алшо аԥышәарақәа иахырҟьацәаны шәхаҿы иаашәымгалан. Уи аҭыԥан Иеговеи шәареи шәеиҩызара шәырӷәӷәала, шәхәыҷқәагьы иҩызахара шәрыцхраала. Зны-зынла агәҭынчымра шәызцәырҵуазар, шәгәы иҭоу аартны Анцәа изеиҭашәҳәала (Аԥсал. 62:7, 8). Ҭаацәаныла шәеидтәаланы Иегова игәра жәгалар зшәылшо еибышәҳәаd. Арыцҳарақәа шәҽанырзыҟашәҵо еиԥш, ажәалагьы услагьы шәхәыҷқәа Иегова иқәгәыӷшьа дшәырҵала. Усҟан дара ршәарақәа ириааиуеит, агәҭынчрагьы рымазаауеит.
18. Иарбан ԥсҭазаароу аԥхьаҟа иаҳзыԥшу?
18 Анцәа иҳаиҭо аҭынчра анҳамоу акгьы ҳацәшәаӡом (Флп. 4:6, 7). Уи ацхыраарала Иегова аепидемиақәеи, арыцҳарақәеи, ашьҭашәарыцарақәеи раан ҳгәы ирҭынчуеит. Анцәа зхы иамеигӡо аизара аиҳабацәа рыла дҳацхраауеит. Уи адагьы ҳаицхыраалартә алшара ҳамоуп. Иахьа иҳамоу аҭынчра аԥхьаҟа иаҳзыԥшу еиҳа ицәгьоу ауадаҩрақәа ҳарзыҟанаҵоит, «арыцҳара ду[гьы]» ҳазыҟанаҵоит (Матф. 24:21). Ицәгьахо урҭ аамҭақәа раан ҳхаҭагьы агәҭынчра ҳҭаххоит, егьырҭгьы ргәы рҭынчлатәхоит. Аха уинахыс уаҳа ахаан агәҭынчымра ҳазцәырҵлаӡом. Усҟан, Иегова еснагь ҳара ҳзы ииҭахыз инымҵәаӡо аҭынчра ҳауеит (Ис. 26:3, 4).
АШӘА 109 «Бзиа шәеибабала гәык-ԥсыкала»
a Лассы-лассы Иегова гәыкала изыҟоу имаҵзуҩцәа рыла арыцҳара иақәшәаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи дрыцхраауеит. Иара иашьак ма иаҳәшьак рыцхраара шәгәазҭеиҵар илшоит. Шәааи ҳалацәажәап, ҳара зегьы арыцҳара иақәшәаз ҳрыцхраалар шҳалшо.
b Хьыӡқәак ԥсахуп.
c Абахҭа иҭаку аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы асаламшәҟәы ҳҩызар, ихадоу аусбарҭеи афилиалқәеи рыла урҭ рышьҭра алшара ыҟаӡам.
d Шәахәаԥш 2019 шықәса, ииуль мзазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Уажәнатә ашьҭашәарыцарақәа шәҽырзыҟашәҵала».
e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Хаҵеи-ԥҳәыси арыцҳара иақәшәаз аҭаацәара аамҭала иахьынхо аҭыԥ ахь ирфаша рзааргеит.