АҴАРАЗЫ АСТАТИА 51
Арыцҳарақәа шәанрықәшәо агәҭынчра шәымазар шәылшоит
«Шәгәы ҭынчыз, шәымшәалан» (ИОАНН 14:27).
АШӘА 112 Иегова — аҭынчра Анцәа
АХҲӘААa
1. Изакәызеи Анцәа иҳаиҭо аҭынчра, насгьы избан уи заҳҭаху? (Филиппаа рахь 4:6, 7).
АНЦӘА иҳаиҭо аҭынчра — уи жәҩантәи Ҳаби ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ахьыбзиоу азы иҳамоу агәҭынчра ауп. Уи ари адунеи аҿы ауаа ирымаӡам. Анцәа иҳаиҭо аҭынчра анҳамоу акгьы ҳацәшәаӡом. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 4:6, 7.) Ҳара Иегова бзиа дызбо, узықәгәыӷыртә иҟоу аҩызцәа ҳамоуп, насгьы аҭынчра Анцәеи ҳареи ҳаиҩызцәа бзиақәоуп (1 Фес. 5:23). Жәҩантәи Ҳаб ибзианы даҳдыруазар, игәра ҳгозар, насгьы ҳаизыӡырҩуазар, Анцәа иҳаиҭо аҭынчра агәҭынчымрақәа риааира иҳацхраауеит, узыршәо акы ҳақәшәазаргьы.
2. Избан агәра ганы ҳзыҟоу Анцәа иҳаиҭо аҭынчра ҳаур шҳалшо?
2 Иҳаур ҳалшома Анцәа иҳаиҭо аҭынчра аҭагылазаашьа цәгьақәа раан, иаҳҳәап, аепидемиақәа, аԥсабаратә рыцҳарақәа, атәылаҿы аилаҩынтрақәа, ма ашьҭашәарыцарақәа ҳанрықәшәо? Еиқәыԥхьаӡоу рҟынтә уадаҩрак ҳақәшәар, уи ашәара ӷәӷәа ҳазцәырнагар ауеит. Аха Иисус иҵаҩцәа абас реиҳәеит: «Шәгәы ҭынчыз, шәымшәалан» (Иоанн 14:27). Шаҟа ибзиоузеи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи Иисус илабжьара иахьазыӡырҩуа. Ауадаҩра ӷәӷәақәа раангьы Иегова ицхыраарала дара агәҭынчра рымоуп.
АЕПИДЕМИАҚӘА РААН АГӘҬЫНЧРА ШӘОУР ШШӘЫЛШО
3. Иҳамнахыр шԥалшо аепидемиа агәҭынчра?
3 Аепидемиа ҳаԥсҭазаара зегь аанарҳәыр ауеит. Ҳазхәыцып апандемиа COVID-19 аӡәырҩы рыԥсҭазаара ишаныԥшыз. Ҭҵаарак анымҩаԥыргоз, згәаанагара иазҵааз ауаа рыбжеиҳараҩык ирҳәеит, уи иахҟьаны рыцәа шҟьалаз. Апандемиа аан еиҳа ирацәаҩхеит агәҭынчымра иаргәаҟуа, адепрессиа зауз, арыжәтә ажәреи анаркотикқәа рыдкылареи иалагаз, аҭаацәарақәа рҿы ақәымчрақәа рацәахеит, иара убас аҽшьра иақәызкыз рхыԥхьаӡара еизҳаит. Шәара шәахьынхо аҭыԥ аҿы аепидемиа дәықәлазар, иҟашәҵар шәылшозеи агәҭынчымра шәҽашәымҭарц азы, насгьы Анцәа иҳаиҭо агәҭынчра шәоурц азы?
4. Избан аҵыхәтәантәи амшқәа ирызкны Иисус ииҳәаз аԥааимбаражәа агәҭынчра заҳнаҭо?
4 Иисус иҳәеит, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы «ана-ара» аепидемиақәа шыҟало (Лука 21:11). Ҳгәы шԥарҭынчуеи уи? Ҳара иџьаҳшьаӡом, еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы ачымазарақәа ахьцәырҵуа. Ҳара иаҳдыруеит ахҭысқәа Иисус заа ишиҳәахьаз еиԥш анаӡара ишаҿу. Убри азоуп Иисус аҵыхәтәантәи амшқәа раан инхо ауаа рзы ииҳәаз ҳазыӡырҩыр зҳахәҭоу. Иара иҳәеит: «Шәымшәан» (Матф. 24:6).
Аепидемиа аан агәҭынчра шәоурц азы Абиблиа аудионҵамҭақәа шәырзыӡырҩла. (Шәахәаԥш абзац 5.)
5. а) Ҳзызиҳәалар ҳахәҭоузеи Иегова аепидемиа аан, Филиппаа рахь 4:8, 9 иану инақәыршәаны? б) Ишԥалыцхрааи иаҳәшьак Абиблиа аудионҵамҭақәа дахьырзыӡырҩуаз, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара?
5 Аепидемиа иахҟьаны аԥхьаҟа иаҳзыԥшу ҳзымдыруа, насгьы иҟаҳҵо ҳақәымшәо ҳҟаларгьы ауеит. Убри ауп Деизиb зыхьӡу аиаҳәшьа илыхьызгьы. Ачымазара COVID-19 иахҟьаны лаб иашьеи, лаб иашьа иԥеи, урҭ зхәышәтәуаз аҳақьыми аныԥсы лара дшәон, ларгьы дычмазаҩхар ҳәа, зықәрахь инеихьаз лангьы иллырхьыр ҳәа. Лара дгәырҩон, апандемиа иахҟьаны аусура лцәыӡыр ҳәа, лхы лызныҟәымгар, насгьы ауаҭах ахә лзымшәар ҳәа. Урҭ ахәыцрақәа агәҭынчра лымырхит, лыцәагьы дырҟьалеит. Аха Деизи дырҩегь агәҭынчра лоуит. Илыцхраазеи? Лара Иегова ацхырааразы диҳәон, агәҭынчра лиҭарц, насгьы ибзиоу акы дазхәыцларц. (Шәаԥхьа Филиппаа рахь 4:8, 9.) Абиблиа аудионҵамҭақәа рыла Иегова дышлацәажәоз дазыӡырҩуан. Деизи илҳәоит: «Иҭынчыз аишьцәа рыбжьқәа сгәы дырҭынчит, насгьы Иегова иӷәӷәаны бзиа сшибо сгәаланаршәеит» (Аԥсал. 94:19).
6. Ишәыцхраар шԥалшо шәхатә ҭҵаареи аизарақәа рҭаареи?
6 Ачымазара ҿкы андәықәлалак, шәыԥсҭазаара аҽаԥсахыр ауеит. Аха уи шәхатә ҭҵаара, ма аизарақәа рҭаара иаԥырхагамхарц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала. Ҳлитератураҿы иану ахҭысқәеи ҳсаит аҿы иҟоу авидеонҵамҭақәеи ишәгәаладыршәоит, урҭ рҩызцәа ауадаҩрақәа ирықәшәаз ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи анаҩсгьы гәыкала Анцәа имаҵ шыруа (1 Пиотр 5:9). Аизарақәа Абиблиа аҟынтә азхәыцра бзиақәа рыла шәыхшыҩ дырҭәуеит. Уи адагьы, уа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы ашьҭыхразы алшара шәоуеит, шәхаҭагьы шәымч ҭалоит (Рим. 1:11, 12). Иегова имаҵзуҩцәа анычмазаҩыз, акы ианацәшәоз, ма рхы заҵәны ианырбоз дышрыцхраауаз шәазхәыцла. Уи шәхаҵара арӷәӷәоит, насгьы шәаргьы убас дышшәыцхраауа агәра шәнаргоит.
7. Иҿышәҵаар шәылшозеи апостол Иоанн?
7 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи еиҳаны шәрацәажәала. Аепидемиа иахҟьаны, иҟалап аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи џьарак ҳаныҟоугьы рааигәа ҳзымнеиуазар. Усҟан ҳара апостол Иоанн ихы шибоз еиԥш ҳхы ҳбалар ҳалшоит. Иара даара иҭахын иҩыза Гаи дибарц (3 Иоанн 13, 14). Аха Иоанн еиликаауан, усҟан уи шалымшоз. Убри аҟынтә иара илшоз ҟаиҵеит — Гаи асаламшәҟәы изиҩит. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҭаара аншәылымшо, аҭел шәырзас, ма авидеоконференциала шәрацәажәа, мамзаргьы СМС-аацҳарақәа рзышәышьҭ. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳанрацәажәо агәҭынчра ҳауеит. Акы шәаргәамҵуазар, аизара аиҳабацәа ацхырааразы шәрыҳәала, насгьы рыцхыраара шәыдышәкылала (Ис. 32:1, 2).
АРЫЦҲАРАҚӘА РААН АГӘҬЫНЧРА ШӘОУР ШШӘЫЛШО
8. Ишәыцәнарӡыр шԥалшо арыцҳара агәҭынчра?
8 Шәара аӡхыҵра, адгьылҵысра, ма абылра шәхыжәгазар, уи ашьҭахь акыраамҭа агәҭынчымра шәымазар алшоит. Уи арыцҳара аан ишәзааигәоу аӡә дыԥсызар, ма шәмал шәцәыӡзар, агәырҩара шәалагар ауеит, иҟашәҵо шәзымдыруа шәықәхар алшоит, шәгәы ԥжәаларгьы ҟалоит. Ус шәхы жәбозар, уи иаанагаӡом амал шәашьҭоуп ҳәа, ма шәхаҵара ԥсыҽхеит ҳәа. Шәара аԥышәара ӷәӷәа шәхыжәгеит, убри аҟынтә шәымхәыцӡакәа ак шәҳәаргьы, ауаа шәеилыркаауеит (Иов 1:11). Аха ишәхыжәгазаалакгьы, агәҭынчра шәмырӡыр шәылшоит. Ишԥа?
9. Ҳашԥарзыҟаиҵеи Иисус иахьа ҳзықәшәо арыцҳарақәа?
9 Иисус иԥааимбаражәа шәхашәмыршҭлан. Иахьа ари адунеи аҿы аӡәырҩы ауаа ргәы иаанагоит, аԥсабаратә рыцҳарақәа дара иркьысӡом ҳәа. Аха ҳара иаҳдыруеит, урҭ еиҳа-еиҳа ишырацәахало, насгьы ҳара ҳхаҭагьы ҳрықәшәар шалшо. Иисус иҵаҩцәа иреиҳәеит, аҵыхәтәа ааиаанӡа «адгьылҵысра ӷәӷәақәа», насгьы егьырҭ арыцҳарақәа шыҟалало (Лука 21:11). Иара убас иара заа иҳәеит, ацәгьоурақәа шырацәахо. Уи ҳара иахьа ибзианы иаҳбоит (Матф. 24:12). Ҳара есымша ацәгьоурақәеи, ақәымчрақәеи, атерактқәеи рыӡбахә ҳаҳауеит. Иисус ахаан иҳәаӡомызт, урҭ арыцҳарақәа Иегова дызқәыӡбо ауаа мацара роуп ирықәшәало ҳәа. Иахьа Анцәа гәыкала имаҵ зуагьы аӡәырҩы еиуеиԥшым арыцҳарақәа ирыхҟьаны игәаҟуеит (Ис. 57:1; 2 Кор. 11:25). Иҟалап Иегова урҭ арыцҳарақәа џьашьахәыла ҳарцәимыхьчар, аха агәҭынчра ҳамазарц азы иаҭаху зегь ҳаиҭалоит.
10. Избан арыцҳара ҳҽазыҟаҳҵозар, уи Анцәа игәра шаҳго заанарԥшуа? (Ажәамаанақәа 22:3).
10 Арыцҳарақәа заа ҳҽырзыҟаҳҵар, урҭ ҳанрықәшәалак, агәҭынчра ҳамазаауеит. Аха заа ҳҽазыҟаҳҵозар, иаанагома уи, Иегова игәра ҳгаӡом ҳәа? Ҳәарада, мап! Ҳара зегьы заа ҳазхәыцыр, уи иаанарԥшуеит Иегова дшаҳхылаԥшуа агәра шаҳго. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Анцәа Иажәа иҳанаҳәоит ашәарҭарақәа заа игәаҭаны ҳҽырзыҟаҳҵарц. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 22:3.) Ажурналқәа рҿы иану астатиақәеи, аизарақәеи, уа иҳаҳауа алаҳәарақәеи рыла Анцәа иорганизациа ҳгәазҭанаҵоит арыцҳарақәаc ҳҽырзыҟаҳҵаларц. Игәра ҳгома ҳара Иегова? Ааи акәзар, уажәнатә, арыцҳара ҳақәшәаанӡа, уи алабжьара ҳақәныҟәоит.
Арыцҳара заа шәҽазыҟашәҵар, шәхы еиқәшәырхар шәылшоит. (Шәахәаԥш абзац 11.)d
11. Ишәнарҵозеи Маргрет лҭоурых?
11 Абар Маргрет зыхьӡу аиаҳәшьа лҿырԥшы. Дахьынхо аҭыԥ аҿы абнақәа абылра ианалага, аҳәынҭқарцәа ирҳәеит ауаа зегь ақалақь иалҵырц. Зегь зныкала иандәықәла, амҩақәа рҿы узеивымсуа иҟалеит. Аҳауа алҩа еиқәаҵәа алачит. Убри аҟынтә Маргрет аамҭак азы амашьына дызҭымҵуа дҭахеит. Аха лара заа лҽахьазыҟалҵаз лыԥсҭазаара еиқәнархеит. Лсумкаҿы ахсаала лызҭан, убри аҟынтә ақалақь дызлалҵшаз даҽа мҩак лыԥшааит. Маргрет ус ҟалар шалшоз дырны, уи амҩа заа дцаны игәалҭахьан. Аҽазыҟаҵара деиқәнархеит.
12. Избан аҳәынҭқарцәеи аизара аиҳабацәеи иҳарҭо анапхгара ҳзазыӡырҩуа?
12 Аҳәынҭқарцәа ҳрыхьчарц, насгьы ажәлар еиламларц азы акоменданттә сааҭ ҳаларҳәар, ақалақь ҳалҵырц ҳарҳәар, ма даҽа напхгарак ҳарҭар ауеит. Аӡәы уи усҟак иҭахӡамкәа инаигӡалар илшоит, ма имал ицәыӡыр ҳәа дшәаны, аҵыхәтәанынӡа иахигалар ауеит. Аха рхы шԥамҩаԥырго ақьырсианцәа? Абиблиа иҳанаҳәоит: «Иҳақәиҭу Иисус Христос иаҳаҭыр азы амчра знапаҿы иҟоу ауаа зегьы ирҳәо ҟашәҵала, уи аҳәынҭқар иакәзаргьы, избанзар аҭыԥ ду ааникылоит, ма аҳәынҭқар иалихыз анапхгаҩцәа ракәзаргьы» (1 Пиотр 2:13, 14). Анцәа иорганизациагьы ҳа́хьчарц азы еилыкка иҟоу анапхгара ҳанаҭоит. Ҳара лассы-лассы иаҳгәаладыршәоит ҳазқәымгәыӷуа акы ҳақәшәар, аизара аиҳабацәа ҳазларыԥшааша аинформациа рымазар шаҟа ихадоу. Ирышәҭахьоума шәара уи аинформациа? Уи адагьы, ҳара иҳарҳәар ауеит аҩны ҳдәылымҵларц, мамзаргьы ҳахьынхо аҭыԥ ааныжьны ҳцарц. Ҳара иҳарҳәар ауеит ацхыраара ҳаур ахьҳалшо, егьырҭ ҳазларыцхрааша, насгьы ҳанрыцхрааша. Аизара аиҳабацәа ирҳәо ҳазымӡырҩыр, ҳахгьы дара рыԥсҭазаарагьы ашәарҭара иҭаҳаргылоит. Ишәхашәмыршҭлан, Анцәа гәыкала имаҵ зуа урҭ ахацәа шаҳхылаԥшуа (Аур. 13:17). Маргрет илҳәоит: «Сара шә-процентк агәра ганы сыҟоуп, аизара аиҳабацәеи аорганизациеи иҳарҭо анапхгара сазымӡырҩуазҭгьы, сшеиқәымхоз».
13. Ирызҭозеи агәырӷьареи агәҭынчреи зыҩны ааныжьны ацара зықәшәаз ақьырсианцәа аӡәырҩы?
13 Аԥсабаратә рыцҳарақәа, аибашьра, ма атәылаҿы аилаҩынтрақәа ирыхҟьаны аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы рыҩнқәа ааныжьны ицар акәхеит. Аха дара иҿыцу аҭагылазаашьақәа рыҽрықәдыршәеит, насгьы имтәаӡакәа адоуҳатә усқәа ирылагеит. Актәи ашәышықәсазы ашьҭашәарыцарақәа ирыхҟьаны иқәҵны ицаз ақьырсианцәа реиԥш даргьы, иахьнанагаз аҭыԥқәа рҿы ажәабжь бзиа рҳәоит (Аус. 8:4). Ажәабжьҳәара рыцхраауеит рыуадаҩрақәа ракәымкәа, Анцәа Иаҳра рыхшыҩ азышьҭра. Убри аҟынтә дара агәырӷьареи агәҭынчреи рымоуп.
АШЬҬАШӘАРЫЦАРАҚӘА РААН АГӘҬЫНЧРА ШӘОУР ШШӘЫЛШО
14. Иҳацәдырӡыр шԥарылшо ашьҭашәарыцарақәа агәҭынчра?
14 Ашьҭашәарыцарақәа ирыхҟьаны уаанӡа агәҭынчра ҳазҭоз ҳцәыӡыр алшоит. Ҳара ҳаигәырӷьоит акгьы ҳацәымшәо ҳанеизо, ажәабжь анаҳҳәо, насгьы ҳҭаркыр ҳәа ҳамшәо ҭынч ҳанынхо. Уи зегь анаҳцәыӡлак, агәҭынчымреи ҳаԥхьаҟа иаҳзыԥшу ахьаҳзымдыруа азы ашәареи ҳазцәырҵыр алшоит. Уи цәгьарас ҳәа акгьы аҵаӡам. Аха ҳгәаҳҽанызароуп. Иисус иҳәеит, ашьҭашәарыцарақәа ирыхҟьаны шьоукы рхаҵара рцәыӡыр шалшо (Иоанн 16:1, 2). Ишԥаҳалшо имариам урҭ аҭагылазаашьақәа раан агәҭынчра ҳмырӡыр?
15. Избан ашьҭашәарыцарақәа ҳарцәымшәалар зҳахәҭоу? (Иоанн 15:20; 16:33).
15 Абиблиаҿы иануп: «Анцәа гәыкала имаҵ аура зҭаху Христос Иисус иҵаҩцәа зегьы ирышьҭашәарыцалоит» (2 Тим. 3:12). Андреи зыхьӡу аиашьа итәылаҿы Иегова ишаҳаҭцәа рус мап анацәырк даара ицәыцәгьахеит. Иара абас дхәыцуан: «Араҟа Иегова ишаҳаҭцәа рацәаҩуп, нас зегь рызҭакуама?!» Аха уи игәы арҭынчуамызт. Егьырҭ аишьцәа ракәзар, зегьы Иегова инапы ианырҵеит, насгьы ахаан ҳҭаркӡом ҳәа ихәыцӡомызт. Дара ҭаркыр шалшоз еилыркаауан, аха Андреи иеиԥш игәырҩаӡомызт. Убри аҟынтә иара иӡбеит урҭ аишьцәа дырҿыԥшны Иегова инапы иҽаниҵарц. Иаарласны игәы ҭынчхеит, насгьы иҭагылазаашьа аҽшамԥсахызгьы, агәырӷьара иоуит. Ари апринцип шәаргьы ишәыхәар алшоит. Иисус иҳәеит, ашьҭашәарыцарақәа ҳашрықәшәо, аха уи адагьы агәра ҳиргеит, аҵыхәтәанынӡа Иегова гәыкала ҳшизыҟоу ҳаанхар шҳалшо. (Шәаԥхьа Иоанн 15:20; 16:33.)
16. Иарбан напхгароу ашьҭашәарыцарақәа раан ҳаззыӡырҩлар ҳахәҭоу?
16 Ҳахьынхо атәылаҿы Иегова ишаҳаҭцәа рус мап ацәкызар, мамзаргьы аҳәынҭқарцәа Анцәа имҵахырхәара иаҳԥырхагазар, афилиал, ма аизара аиҳабацәа уи иадҳәаланы анапхгара ҳарҭар алшоит. Уи зыҟарҵо ҳрыхьчарц азы, насгьы анаҩсгьы адоуҳатә фатә ҳауларц, иара убас иахьынӡалшо ажәабжь ҳҳәаларц азы ауп. Уи анапхгара еснагь ақәныҟәара шәҽазышәшәала, уи зшәырҭаз рацәак ишәзеилымкаауазаргьы (Иак. 3:17). Уи адагьы, аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирызку, насгьы аизара аусқәа ирызку аинформациа аилкаара азин змам ахаан ирашәымҳәалан (Еккл. 3:7).
Ишәызҭар алшозеи агәҭынчра арыцҳарақәа шәанрықәшәогьы? (Шәахәаԥш абзац 17.)e
17. Иҟаҳҵалар ҳҭахузеи апостолцәа ҳарҿыԥшны?
17 Аҩсҭаа Анцәа имаҵзуҩцәа дызрабашьуа ихадоу амзыз — уи дара Иисус иӡбахә ауаа рзеиҭаҳәара дҵас иахьрыду ауп (Аат. 12:17). Аҩсҭаа идунеии иареи шәдыршәартә рылшәмыршан. Ҳара ашьҭашәарыцарақәа ҳарцәымшәакәа ажәабжь ҳҳәозар, насгьы аҵаҩцәа азыҟаҳҵозар, агәырӷьареи агәҭынчреи ҳамазаауеит. Актәи ашәышықәсазы аҳәынҭқарцәа апостолцәа ажәабжь рымҳәаларц анрарҳәа, урҭ ирыӡбеит Анцәа ишизыӡырҩло. Анцәа гәыкала изыҟаз урҭ ахацәа ажәабжьҳәара иацырҵеит, уи абзоурала агәырӷьара ду роуит (Аус. 5:27—29, 41, 42). Ҳәарада, ажәабжьҳәара азин ҳамамзар, ажәабжь анаҳҳәо ҳгәаҳҽанызароуп (Матф. 10:16). Аха шәааи иҳалшо зегь ҟаҳҵалап. Усҟан агәҭынчра ҳауеит, избанзар Иегова дҳаргәырӷьоит, насгьы ауаа рыԥсҭазаара еиқәзырхо ажәабжь рзеиҭаҳҳәоит.
«АҬЫНЧРА ШӘЫЗҬО АНЦӘА ДШӘЫЦЗААУЕИТ»
18. Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи?
18 Ҳшәыҳәоит, ишәхашәмыршҭлан: зегь раасҭа ихьанҭоу аамҭақәа раангьы агәҭынчра ҳамазар ҳалшоит. Урҭ аамҭақәа раан агәҭынчра ҳамазарц азы Анцәа иҳаиҭо аҭынчра ҳҭахуп. Уи ҳазҭар зылшо Иегова заҵәык иоуп. Аепидемиа, еиуеиԥшым арыцҳарақәа, ма ашьҭашәарыцарақәа шәанрықәшәо Анцәа шәиқәгәыӷла. Иорганизациа ааншәмыжьын. Аԥхьаҟа ишәзыԥшу аԥсҭазаара бзиа шәазхәыцла. Усҟан «аҭынчра шәызҭо Анцәа дшәыцзаауеит» (Флп. 4:9). Анаҩстәи астатиаҿы ҳара еилҳаргоит, ауадаҩра ӷәӷәақәа ирықәшәо аишьцәеи аиҳәшьцәеи Анцәа иҳаиҭо аҭынчра рымазарц азы иҟаҳҵалар ҳалшо.
АШӘА 38 Анцәа амч уиҭоит
a Иегова ажәа ҳаиҭеит, бзиа дызбо ауаа аҭынчра шриҭо. Изакәызеи Анцәа иҳаиҭо аҭынчра, насгьы иҟаҵатәузеи уи ҳаурц азы? Ишԥаҳацхраауеи уи аепидемиақәа, аԥсабаратә рыцҳарақәа, ма ашьҭашәарыцарақәа раан? Шәааи арҭ азҵаарақәа рҭак еилаҳкаап.
b Хьыӡқәак ԥсахуп.
c Шәахәаԥш 2017 шықәсазы иҭыҵыз «Пробудитесь!» № 5 аҿы иану астатиа «Чрезвычайное происшествие. Стратегия выживания».
d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аиаҳәшьа аевакуациа заа лҽазыҟалҵеит.
e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аҳәынҭқарцәа Анцәа имҵахырхәара иахьаԥырхагоу атәылаҿы инхо аиашьа агәҽанызаара аарԥшны анаҩсгьы ажәабжь аҳәара даҿуп.