АҴАРАЗЫ АСТАТИА 5
«Ижәдыруазар сҭахуп, дарбан хаҵазаалакь хыс-хадас Христос дышимоу»
«Ижәдыруазар сҭахуп, дарбан хаҵазаалакь хыс-хадас Христос дышимоу» (1 КОР. 11:3).
АШӘА 12 Анцәа ду Иегова
АХҲӘААa
1. Ишԥарзыҟоу ахацәа шьоукы рыҳәсеи рхәыҷқәеи, насгьы избан?
ДЗЕИԤШРАЗАР акәзеи аҭаацәара ахада шәара шәгәанала? Ахацәа аӡәырҩы рыҳәсеи рхәыҷқәеи ишрызныҟәо ркультуреи рҭаацәареи рҿы ишаԥу еиԥш ауп. Абар Европа инхо Ианита илҳәо: «Ҳтәылаҿы аҳәса амаҵуҩцәа реиԥш ауп ишрыхәаԥшуа, уи цәгьарак аҵам ҳәагьы рыԥхьаӡоит». Еиду Аштатқәа рҿы инхо Лиук иҳәоит: «Абацәа шьоукы рыҷкәынцәа ирарҳәоит аҳәса рҭыԥ рдыруазар ауп ҳәа, насгьы ҿымҭкәа итәазар ауп ҳәа». Аха Иегова иҭахӡам ахацәа рыҳәса убас ирзыҟазарц. (Иаҿшәырԥш Марк 7:13.) Ирыцхраар алшозеи нас ахацәа ирымоу амчра ииашаны ахархәара?
2. Еиликаауазар акәзеи аҭаацәара ахада, насгьы избан?
2 Ахаҵа иҭаацәа рзы дхада бзиазарц азы Анцәа иара иҟынтә дыззыԥшу идыруазароуп. Иара еиликаауазароуп Иегова ахацәа амчра зриҭаз, насгьы Иеговеи Иисуси дырҿыԥшлар шилшо. Избан? Избанзар Иегова ахацәа ириҭаз амчра ииашаны рхы иадырхәалоит ҳәа дазыԥшуп (Лука 12:48б).
АХАДАРА АПРИНЦИП ИАҴАНАКУА
3. Еилаҳкаауазеи ахадара апринцип иазкны 1 Коринфаа рахь 11:3 аҟынтә?
3 Шәаԥхьа 1 Коринфаа рахь 11:3. Ари ажәеинраалаҿы зыӡбахә ану ахадара апринцип ажәҩан аҿгьы адгьыл аҿгьы Анцәа имаҵзуҩцәа зықәныҟәо апринцип ауп. Ахадара амчра унаҭоит, аха аҭакԥхықәрагьы уднаҵоит. Иегова зегь иреиҳау амчра имоуп. Иара зегьы дырхадоуп. Иегова ахадара апринцип шьақәиргылеит, насгьы ишамҭақәа амчра риҭеит. Аха дара уи амчра рхы ишадырхәо азы иара иҿаԥхьа аҭак ҟарҵоит (Рим. 14:10; Еф. 3:14, 15). Иаҳҳәап, Иегова Иисус аизара дахаиргылеит, аха иара хадара шиуа азы Иегова иҿаԥхьа аҭак ҟаиҵоит (1 Кор. 15:27). Иара убас Иегова ахацәа аҭаацәара иахаиргылеит. Даргьы рыҳәсеи рхәыҷқәеи ишрызныҟәо азы Иеговеи Иисуси рҿаԥхьа аҭак ҟарҵоит (1 Пиотр 3:7).
4. Иарбан мчроу Иеговеи Иисуси ирымоу?
4 Зегь ирхадоу иеиԥш Иегова ажәҩан аҿы инхо ихәыҷқәа рзгьы адгьыл аҿы инхо рзгьы аԥҟарақәа шьақәиргылаларц азин имоуп. Иара убас иара урҭ нарыгӡоу-инармыгӡоу дацклаԥшлар илшоит (Ис. 33:22). Иисусгьы убас еиԥш иҟоу азин аизара аҩныҵҟа имоуп (Гал. 6:2; Кәал. 1:18—20).
5. Иарбан мчроу аҭаацәара ахада имоу, насгьы иарбан ҳәаақәоу уи иамоу?
5 Иара убасгьы Иегова ахаҵа иҭаацәара иадҳәалоу азҵаарақәа рганахьала аӡбарақәа идикылаларц азы азин ииҭеит (Рим. 7:2; Еф. 6:4). Аха иара имчра аҳәаақәа амоуп. Иара иҭаацәараҿы ишьақәиргыло аԥҟарақәа абиблиатә принципқәа шьаҭас ирымазароуп (Ажәам. 3:5, 6). Уи адагьы, иара иҭаацәара иахәҭакым рзы аԥҟарақәа рышьақәыргылара азин имаӡам (Рим. 14:4). Иара убас иара еиликаауазароуп ихәыҷқәа ианрызҳалак, насгьы хазы ианцалак, пату шиқәырҵалогьы урҭ рҿаԥхьа уаҳа амчра шимамзаало (Матф. 19:5).
ИЕГОВА АХАДАРА АПРИНЦИП ЗЫШЬАҚӘИРГЫЛАЗ
6. Изышьақәиргылазеи Иегова ахадара апринцип?
6 Иегова ахадара апринцип зышьақәиргылаз иҭаацәара бзиа иахьибо азоуп. Уи Иегова иҟынтә ҳамҭоуп, избанзар уи абзоурала Иегова иҭаацәараҿы аҭынчреи аиҿкаареи ыҟоуп (1 Кор. 14:33, 40). Иаҳҳәап, аӡбарақәа рыдкыларазы, насгьы урҭ рынагӡаразы аҭакԥхықәра зду еилкааны иҳамамызҭгьы Иегова иҭаацәараҿы аиҿкаара зыҟаломызт, насгьы аԥсҭазаара аӡәгьы агәырӷьара изаанагаломызт.
7. Ирызныҟәалар шԥеиҭаху Иегова ахацәа рыҳәса, Ефесаа рахь 5:25, 28 рҿы иану инақәыршәаны?
7 Ахадара апринцип зегьы ахәарҭа рзаанагалароуп. Аха лассы-лассы аҭаацәараҿы аҳәса гәаҟуеит, избанзар рхацәа гәымбылџьбарала ирызныҟәоит, насгьы иааҟарҵо зегь иацклаԥшуеит. Уи зыхҟьо дара Иегова инормақәа рыла акәымкәа, ркультураҿы иаԥу аҵасқәа рыла иахьынхо ауп. Ахацәа шьоукы рыҳәса рыларҟәра ргәаԥхоит, избанзар уи хаҵарас ирыԥхьаӡоит, мамзаргьы убри ала егьырҭ рҿаԥхьа рхы шьҭырхыр рҭахуп. Дара ус ихәыцуеит: «Сыԥҳәыс бзиа слымбозар, дсыцәшәалааит, дсыцәшәалар дҟәымшәышәӡа дааҟалоит»b. Аха Иегова иҭахӡам ахацәа рыҳәса убас ирызныҟәаларц. Иара иҭахуп ахаҵа иԥҳәыс бзиа дибаларц, патугьы лықәиҵаларц. (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 5:25, 28.)
АХАҴА АҬААЦӘАРАҾЫ ХАДА БЗИАНЫ АҞАЛАРА ИЦХРААУА
8. Ицхраауазеи ахаҵа аҭаацәараҿы хада бзианы аҟалара?
8 Ахаҵа аҭаацәараҿы дхада бзианы дҟаларц азы имоу амчра Иеговеи Иисуси реиԥш ихы иаирхәалароуп. Шәааи Иеговеи Иисуси иаадырԥшуа ҩ-ҟазшьак еилҳаргап, насгьы аҭаацәара ахада иԥҳәыси ихәыҷқәеи рахь урҭ аҟазшьақәа ааирԥшлар шилшо ҳазхәыцып.
9. Ишԥааирԥшуеи Иегова ахынраалара?
9 Ахынраалара. Иегова иеиҳа иҟәыӷоу аӡәгьы дыҟам. Аха уеизгьы иара имаҵзуҩцәа ргәаанагара дазыӡырҩуеит, дагьазхәыцуеит (Аҟаз. 18:23, 24, 32). Иара изы имаҵзуҩцәа ргәаанагара акраҵанакуеит (1 Аҳ. 22:19—22). Иара днаӡоуп, аха ҳара ҳҟынтә анаӡара дазыԥшӡам. Уи инеиҳангьы, ҳизиашаны ҳаанхаларц дҳацхраауеит (Аԥсал. 113:6, 7). Абиблиа аҟны Иегова ҳацхырааҩ ҳәа изҳәоуп (Аԥсал. 27:9; Аур. 13:6). Аҳ Давид еиликаауан Иегова ахынраалара ааимырԥшуазҭгьы, насгьы димыцхраауазҭгьы идыз адҵақәа шизынамыгӡоз (2 Сам. 22:36).
10. Ишԥааирԥшуаз Иисус ахынраалара?
10 Шәааи Иисус иҿырԥштәы еилҳаргап. Иара иҵаҩцәа дышреиҳазгьы ршьапқәа иӡәӡәеит. Избан Иегова ари ахҭыс Абиблиа изаниҵаз? Избанзар иҭахын зегьы, аҭаацәара ахадацәагьы уахь иналаҵаны, Иисус иҿыԥшларц. Иисус иҳәеит: «Сара аҿырԥштәы шәысҭеит Сара ишәзыҟасҵаз аҩыза шәара-шәара шәыбжьара ишәуларазы» (Иоанн 13:12—17). Иисус амчра ду шимазгьы имаҵ рулоит ҳәа дыԥшӡамызт. Иара ихаҭа егьырҭ рымаҵ иуан (Матф. 20:28).
Аҭаацәара ахада ахынраалара шилоу, насгьы иҭаацәа бзиа ишибо ааирԥшуеит аҩнусқәа наигӡозар, насгьы иҭаацәа рдоуҳатә ҭахрақәа дреиҷаҳауазар. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 11, 13.)
11. Ишԥарылшо аҭаацәара ахадацәа Иеговеи Иисуси ирҿыԥшны ахынраалара аарԥшра?
11 Ҳара иаҳнарҵо. Аҭаацәара ахада ахынраалара аарԥшразы ирацәаны алшарақәа имоуп. Иара иԥҳәыси ихәыҷқәеи еснагь зегь бзианы иҟарҵалоит ҳәа дазыԥшӡам. Урҭ данрықәшаҳаҭымгьы ргәаанагара азыӡырҩра дазхиоуп. Еиду Аштатқәа рҿы инхо Марли илҳәоит: «Сыԥшәмеи сареи ҳгәаанагарақәа анеиқәымшәо ыҟоуп. Аха сара избоит сгәаанагара иара изы ишхадоу, насгьы пату шсықәиҵо, избанзар аӡбара идикылаанӡа сгәаанагара дазҵаауеит, дагьазхәыцуеит». Иара убас ахынраалара злоу ахаҵа аҩнусқәа рынагӡара дацәыԥхашьаӡом, ауаа уи аԥҳәыс лусоуп ҳәа рыԥхьаӡозаргьы. Ус аҟаҵара мариаӡам. Избан? Абар Реичел зыхьӡу аиаҳәшьа илҳәо: «Сара сахьынхо аҭыԥаҿы ахаҵа иԥҳәыс асаанӡәӡәареи егьырҭ аҩнусқәа рыҟаҵареи длыцхраауазар, уи дхаҵоуп ҳәа рыԥхьаӡаӡом». Шәахьынхо аҭыԥаҿгьы ус ихәыцуазар, Иисус иҿырԥштәы шәхашәмыршҭлан. Иара иҵаҩцәа ршьапқәа иӡәӡәеит, уи амаҵуҩы иусны ишыԥхьаӡазгьы. Аҭаацәара ахада бзиа дзызхәыцуа ауаа изырҳәо акәӡам, аха иҭаацәара дышреиҷаҳалаша ауп. Аха аҭаацәара ахада ахынраалара адагьы, даҽа ҟазшьак илазароуп. Иарбан уи?
12. Ишԥаадырԥшуеи Иеговеи Иисуси ҳара ҳахь ирымоу абзиабара?
12 Абзиабара. Иегова иҟаиҵо зегь абзиабара аҵаҵаны иҟаиҵоит (1 Иоанн 4:7, 8). Иара Иажәеи иорганизациеи рыла ҳара ҳдоуҳатә ҭахрақәа дреиҷаҳауеит. Уи адагьы, иара ҳемоциатә ҭахрақәа дреиҷаҳауеит, убри ала бзиа ҳшибо агәра ҳиргоит. Иара убас иара аԥсҭазааразы иаҳҭаху «зегьы гәыҭбаарала» иҳаиҭоит (1 Тим. 6:17). Агхақәа анҳахьуагьы иара бзиа ҳбара даҟәыҵӡом, насгьы аҽыриашара дҳацхраауеит. Бзиа ҳбаны иара ҳагәнаҳақәа рҟынтә ҳҿихырц азы Иԥа даҳзааишьҭит. Иисусгьы бзиа ҳаибоит аҟынтә ҳара ҳзы ихы дамеигӡеит (Иоанн 3:16; 15:13). Иеговеи Иисуси ирызиашоу бзиа рбара ахаангьы иаҟәыҵӡом (Иоанн 13:1; Рим. 8:35, 38, 39).
13. Избан аҭаацәара ахада иҭаацәа бзиа ишибо аус аҿы иааирԥшлар закәу? (Шәахәаԥш арамка «Иҟаиҵалар акәзеи ааигәа аҭаацәара иалалаз ахаҵа иԥҳәыс пату иқәылҵаларц азы?».)
13 Ҳара иаҳнарҵо. Аҭаацәара ахада иҟаиҵо зегь абзиабара аҵаҵаны иҟаиҵалароуп. Избан уи зхадоу? Шәааи уи азҵаара аҭак апостол Иоанн ишыҟаиҵо ҳахәаԥшып: «Зашьа [зыԥҳәыс, зхәыҷы] дыздырхьоу, дызбахьоу, аха уи бзиа дзымбо ауаҩы — иимбац-имаҳац Анцәа ибзиабара илшоума?» (1 Иоанн 4:11, 20). Зҭаацәа бзиа избо ахаҵа Иеговеи Иисуси дырҿыԥшны иҭаацәа рдоуҳатә, насгьы ремоциатә ҭахрақәа дреиҷаҳалоит, иагьныҟәигалоит (1 Тим. 5:8). Уи аҩыза ахаҵа ихәыҷқәа иааӡоит, насгьы ианаҭаху ириашоит. Иара Иегова дҳаразкуа, насгьы иҭаацәа ахәарҭа рзаазго аӡбарақәа рыдкылара иҽазишәоит. Шәааи уажәшьҭа еиҳа инарҭбааны еилҳаргап аҭаацәара ахадацәа Иеговеи Иисуси ирҿыԥшны уи ҟарҵалар шрылшо.
АҬААЦӘАРА АХАДА ИҞАИҴАЛАР АКӘУ
14. Иҟаиҵалар акәзеи аҭаацәара ахада иҭаацәа рдоуҳатә ҭахрақәа дреиҷаҳаларц азы?
14 Иҭаацәа рдоуҳатә ҭахрақәа дреиҷаҳалароуп. Иисус Иаб диҿыԥшуан, убри аҟынтә иҵаҩцәа ахаан адоуҳатә фатә рыгижьуамызт (Матф. 5:3, 6; Марк 6:34). Убас еиԥш аҭаацәара ахада бзиа зегь раԥхьаӡа иргыланы иҭаацәара рдоуҳатә ҭахрақәа дреиҷаҳауеит (Ҩынтә. 6:6—9). Иара иҭаацәараҿы Абиблиа аԥхьареи, аҭҵаареи, аизарақәа рҭаареи, ажәабжьҳәареи ихадоу аҭыԥ ааныркылоит. Убасала иҭаацәара рыгәрахаҵара арӷәӷәара дрыцхраауеит.
15. Ишԥаилшо аҭаацәара ахада иҭаацәа ремоциатә ҭахрақәа дышреиҷаҳауа ааирԥшыр?
15 Иҭаацәа ремоциатә ҭахрақәа дреиҷаҳалароуп. Иегова Иисус бзиа дшибоз иӡаӡомызт (Матф. 3:17). Иисусгьы иажәақәеи иусқәеи рыла иҵаҩцәа бзиа ишибоз ааирԥшуан. Даргьы иара бзиа дшырбоз иарҳәон (Иоанн 15:9, 12, 13; 21:16). Ҳәарада, аҭаацәара ахада иҭаацәа бзиа ишибо иусқәа рыла иааирԥшуеит. Иаҳҳәап, Абиблиа рыцҭиҵаауеит. Аха уи адагьы, иара иҭаацәа бзиа ишибо, насгьы рыхә шишьо реиҳәалароуп. Аҭагылазаашьа иананаало, егьырҭ рҿаԥхьа урҭ ирҽхәалароуп (Ажәам. 31:28, 29).
Иегова иргәырӷьара зҭаху ахаҵа иҭаацәа ныҟәигалароуп. (Шәахәаԥш абзац 16.)
16. Иарбан ҭакԥхықәроу еиҭа аҭаацәара ахада иду, насгьы избан иара игәиҽанызар закәу?
16 Иҭаацәа ныҟәигалароуп. Иегова ижәлар Израиль еснагь зда ԥсыхәа ыҟам риҭон, урҭ ахьизымӡырҩуаз азы ианахьирхәуазгьы (Ҩынтә. 2:7; 29:5). Иахьагьы иара аԥсҭазааразы иаҭаху зегь ҳаиҭоит (Матф. 6:31—33; 7:11). Иисусгьы ишьҭанеиуаз ауаа зныкымкәа акрырҿеиҵахьан, иагьихәышәтәхьан (Матф. 4:24; 14:17—20). Иегова иргәырӷьара зҭаху ахаҵа иҭаацәа ныҟәигалароуп. Аха иара аусура мыцхәы аамҭа ақәимырӡларц игәиҽанызароуп, избанзар уи иҭаацәа рдоуҳатә, насгьы ремоциатә ҭахрақәа реиҷаҳара иԥырхагахоит.
17. Аҵара шԥаҳдырҵо, насгьы ҳашԥадыриашо Иеговеи Иисуси?
17 Иҭаацәа аҵара дирҵалароуп. Иегова ҳара абзиара ҳзеиӷьишьоит аҟынтә аҵара ҳирҵоит, ианаҭахугьы ҳириашоит (Аур. 12:7—9). Иисусгьы Иаб иеиԥш инапхгара аҵаҟа иҟоу бзиа ибоит аҟынтә, аҵара дирҵоит ианаҭахугьы хаала ириашоит (Иоанн 15:14, 15; Матф. 20:24—28). Иара еиликаауеит ҳанамӡара иахҟьаны агхақәа шыҟаҳҵо (Матф. 26:41).
18. Ихеимыршҭуазеи аҭаацәара ахада бзиа?
18 Иеговеи Иисуси ирҿыԥшуа аҭаацәара ахада иԥҳәыси ихәыҷқәеи шынаӡам еиликаауеит. Иара урҭ амцхә игәы рзыԥжәаӡом (Кәал. 3:19). Ианириашо, Галаҭаа рахь 6:1 ишану еиԥш, уи ҽԥныҳәада иҟаиҵоит, иаргьы дшынаӡам ихамыршҭӡакәа. Уи адагьы, Иисус иеиԥш иара еиликаауеит ихатә ҿырԥшы акыр шаҵанакуа (1 Пиотр 2:21).
19, 20. Дышԥарҿыԥшуеи аҭаацәара ахада Иеговеи Иисуси аӡбарақәа анидикыло?
19 Иҭаацәа ахәарҭа рзаазго аӡбарақәа идикылалароуп. Иегова аӡбарақәа анидикыло егьырҭ дрызхәыцуеит. Иаҳҳәап, иара аԥсҭазаара зҳаиҭаз ҳара ҳҟынтә ак иоурц азы акәӡам, аха уи ҳалагәырӷьаларц азы ауп. Иара убас Иегова ҳагәнаҳақәа рҟынтә ҳҿихырц иҭаххеит аҟынтә Иԥа дҳахҭниҵеит. Иисусгьы егьырҭ ахәарҭа рзаазгоз аӡбарақәа идикылон (Рим. 15:3). Иаҳҳәап, иара иԥсы ишьарц аниҭахызгьы иара иахь инеиуаз ауаа аҵабырг дирҵон (Марк 6:31—34).
20 Аҭаацәара ахада бзиа еиликаауеит иҭаацәара ахәарҭа рзаазго аӡбарақәа рыдкылара шымариам, убри аҟынтә уи ҭакԥхықәрала дазнеиуеит. Иара аӡбарақәа дымхәыцӡакәа идикылаӡом, аха Иегова иара иҟынтә дыззыԥшу аилкаара иҽазишәоит (Ажәам. 2:6, 7)c. Убасала иааирԥшуеит ихы акәымкәа, егьырҭ дышрызхәыцуа (Флп. 2:4).
21. Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?
21 Иегова ахацәа рҭаацәарақәа рҿы амчра ду риҭеит. Дара уи амчра рхы ишадырхәо азы иара иҿаԥхьа аҭак ҟарҵоит. Ахаҵа Иеговеи Иисуси дырҿыԥшларц азы илшо зегь ҟаиҵозар дхада бзиахоит. Иԥҳәысгьы лроль ибзианы иналыгӡозар, рҭаацәалазаара агәырӷьара рзаанагалоит. Аха дазыҟазар шԥалыхәҭоу аԥҳәыс ахадара апринцип? Иарбан уадаҩрақәоу уи инадҳәаланы ицәырҵыр алшо? Уи анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргоит.
АШӘА 16 Иаг ихьӡ ҳарашәкла ииԥшьаз Иԥа изы
a Ахаҵа аҭаацәара даналало аҭаацәара ахада иакәны дҟалоит. Ари астатиа аҟынтә еилаҳкаауеит Иегова ахацәа мчрас ириҭаз, насгьы изриҭаз. Ҳара иаҳбоит ахацәа Иеговеи Иисуси ирҿырҵаар рылшо. Анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргоит ахацәеи аҳәсеи Иисуси Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу егьырҭ Анцәа имаҵзуҩцәеи ирҿыԥшлар шрылшо. Ахԥатәи астатиа аҟынтә еилаҳкаауеит ахадара апринцип аизараҿы ҳақәныҟәалар шҳалшо.
b Афильмқәеи, акомиксқәеи, аспектакльқәеи жәпакы ахацәа аҳәса ииашамкәа иахьрызныҟәо, насгьы рнапы ахьышьҭырхуа цәгьарак аҵамшәа иаадырԥшуеит. Уи ауаа рхәыцшьа ианыруеит, насгьы ахацәа рыҳәса гәымбылџьбарала ирызныҟәо иалагоит.
c Иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара ишәыцхраар алшо еилышәкаар шәҭахызар, шәаԥхьа апрель 15, 2011 шықәсазы иҭыжьыз «Ахьчаратә бааш» аҿы астатиа «Принимайте решения, которые прославляли бы Бога», адаҟьақәа 13—17.