АҴАРАЗЫ АСТАТИА 35
«Аӡәи-аӡәи... шәеибарӷәӷәала»
«Аӡәи-аӡәи шәгәы шьҭибахла, шәеибарӷәӷәала» (1 ФЕС. 5:11, АдҾ).
АШӘА 90 Аӡәи-аӡәи шәгәы шьҭибахла
АХҲӘААa
1. Ҳгәы зызҭанаҵозеи 1 Фессалоникаа рахь 5:11 иану?
ШӘЕИЗАРА Аҳратә зал аргылара, ма аиҭарҿыцра зныкыр иалахәызма? Ааи акәзар, иҟалап Азал аҿы раԥхьаӡакәны шәшеизаз ахаан ишәхамышҭыр. Иегова ишәзыҟаиҵаз азы шәгәы џьшьарала иҭәын. Раԥхьатәи ашәа анышәҳәоз, иҟалап шәгәы ԥшааны шәылаӷырӡқәа аахажжылазар. Ҳара иҳамоу Аҳратә зал ԥшӡақәа Иегова дҳараркуеит. Аха урҭ рыргылара аасҭа еиҳагьы Иегова дҳаразкуа даҽа уск ҳҽалаҳархәыр ҳалшоит. Уи еиҳагьы ихадоуп. Уахь иаҵанакуеит урҭ Аҳратә залқәа рахь инеиуа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рырӷәӷәара. Убри аӡбахә ауп апостол Павел 1 Фессалоникаа рахь 5:11 аҿы, ари астатиа иазалху ажәеинраалаҿы зыӡбахә иҳәаз (шәаԥхьа). «Шәеибарӷәӷәала» ҳәа ари ажәеинраалаҿы еиҭагоу абырзен ажәа «ишәыргылала» ҳәагьы еиҭоугар улшоит. Убас ала ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи анҳарӷәӷәо ихадоу аус ҳалахәуп — адоуҳатә ргылара.
2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
2 Апостол Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шышьҭыхлатәу, насгьы ишырӷәӷәалатәу аганахь ала аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит. Иара арыцҳашьара илан. Ари астатиаҿы ҳара еилҳаргоит иара аишьцәеи аиҳәшьцәеи дышрыцхраауаз: 1) ауадаҩрақәа рыхгара, 2) дара-дара рыбжьара аҭынчра ыҟазарц, насгьы 3) Иегова иахь рыгәрахаҵара арӷәӷәара. Шәааи ҳалацәажәап ҳаргьы, Павел иеиԥш, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ргәы шьҭаҳхлар, насгьы иҳарӷәӷәалар шҳалшо (1 Кор. 11:1).
ПАВЕЛ АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ АԤЫШӘАРАҚӘА РЫХГАРА ДРЫЦХРААУАН
3. Ишԥеилеигӡоз Павел иусқәа?
3 Павел иашьцәеи иаҳәшьцәеи даара бзиа ибон. Иара идыруан ауадаҩрақәа уанрықәшәо шаҟа имариам. Убри аҟынтә аԥышәарақәа ирықәшәоз ақьырсианцәа рыцҳаишьон. Зны Павел ԥарада даанхеит, насгьы ихгьы ицызгьы ныҟәигарц азы аус иулар акәхеит (Аус. 20:34). Иара Коринф даннеи, раԥхьа Акилеи Прискиллеи аус рыциуан, избанзар урҭгьы, иара иеиԥш, ақьалақәыршәқәа ҟарҵон. Аха Павел сабшала есымша ауриацәеи абырзенцәеи ажәабжь рзеиҭеиҳәон. Ԥыҭрак ашьҭахь, Силеи Тимофеии уахь ианнеи, иара Анцәа Иажәа ауаа рзеиҭаҳәара еиҳагьы аамҭа азикуа далагеит (Аус. 18:2—5). Павел ахаан ихашҭуамызт иԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадоу Иегова имаҵ аура шакәу. Иара ԥхӡашала аџьабаа ибон, убри аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи ириҭоз алабжьарақәа ргәы шьҭнахуан. Павел еиликаауан урҭ шаҟа ирцәыцәгьаз, насгьы аӡәырҩы рҭаацәарақәа ныҟәыргалар шакәыз. Аха иара уеизгьы иргәалаиршәон еиҳа ихадоу, Иегова имаҵ аура иадҳәалоу, иашьҭазар шхадоу (Флп. 1:10).
4. Ишԥарыцхрааи Павели Тимофеии аишьцәа, урҭ ашьҭашәарыцарақәа ианрықәшәа?
4 Абар Фессалоника иҟалаз. Уа аизара ҿыц анеиҿкааха ашьҭахь хара имгакәа ааигәа зыҽӡаазхыз ақьырсианцәа аҿагылара ӷәӷәақәа ирықәшәеит. Зыԥсахы еибакны иҟаз ауаа Павели Силеи анырзымԥшаа «аишьцәа иреиуаз [шьоукы] рыма, еибарыҳәҳәо ақалақь ахылаԥшцәа» рахь иргеит. Дара ирҳәон: «Урҭ акьесар идҵақәа ирҿагылоит» (Аус. 17:6, 7). Шәхаҿы иаажәг арҭ ахҭысқәа ааигәа зыҽӡаазхыз шаҟа иаршәаз. Ақалақь зегь дара ирҿагылеит. Уи иахҟьаны Иегова имаҵ аураҿы агәацԥыҳәара рцәыӡыр алшон. Аха Павел ус ҟалар иуазма? Силеи иареи ақалақь иалҵны ицар шакәхазгьы, ҿыц еиҿкааз аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ацхыраара роурц азы ирылшоз зегь ҟарҵеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Павел Фессалоника иҟаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи иргәалаиршәеит: «Тимофеи шәара шәышҟа амҩа дықәаҳҵеит, ишәымоу ахаҵара шәгәы азҭеиҵаразы, шәхы-шәгәы шьҭихразы. Иҟоу ауадаҩрақәа ирыхҟьаны шәыҩнуҵҟа лак-ҩакра, лахьеиқәра цәырымҵразы» (1 Фес. 3:2, 3). Иҟалап Тимофеи ашьҭашәарыцарақәа закәу идыруазҭгьы, избанзар иара Листра датәын. Иара ибахьан иқалақь гәакьаҿы Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи ширӷәӷәоз. Иегова Павел дышицхрааз игәаларшәо, Тимофеи аишьцәеи аиҳәшьцәеи агәра диргар илшон даргьы дышрыцхраауа (Аус. 14:8, 19—22; Аур. 12:2).
5. Дышԥаицхрааи аизара аиҳабык Браиант?
5 Ишԥаирӷәӷәоз Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи иҵегьы? Варнавеи иареи Листреи, Икониеи, Антиохиеи ианаҭаауаз аизарақәа зегьы рҿы аизара аиҳабацәа алырхуан (Аус. 14:21—23). Ҳәара аҭахума, урҭ ахацәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭырхуан. Иахьагьы аизара аиҳабацәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи дырӷәӷәоит. Абар Браиант ииҳәо: «15 шықәса ансхыҵуаз саб ҳкажьны дцеит, сан аизара далырцеит. Сара скарыжьызшәа, аӡәгьы сиҭахымызшәа схы збон». Ицхраазеи Браиант урҭ аамҭа цәгьақәа рыхгара? Иара иҳәоит: «Ҳаизара аиҳабы Тони аизарақәа рҿи абжьааԥни дсацәажәон. Иара исзеиҭеиҳәон аԥышәарақәа ирықәшәоз, аха агәырӷьара змырӡуаз рыӡбахә. Иара Аԥсалом 27:10 иану сирбеит. Иҵегьы Тони лассы-лассы Езекиа иӡбахә сгәалаиршәон. Уи иаб аҿырԥш бзиа шиимҭозгьы гәыкала Иегова имаҵ иуан». Ишԥаихәеи Браиант аизара аиҳабы ицхыраара? «Тони сгәы ахьышьҭихуаз абзоурала ԥыҭрак ашьҭахь саамҭа зегь амаҵзура иазыскуа салагеит. Уи акгьы иузаҿмырԥшуа агәахәара сзаанагоит!» Аизара аиҳабацәа, ацхыраара зҭатәу, насгьы Браиант иеиԥш «ажәа ҟәандақәа» заҳар зҭаху гәашәҭала (Ажәам. 12:25).
6. Ргәы шԥашьҭихуаз апостол Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи гәыкала Анцәа имаҵ зуаз ауаа рҭоурыхқәа рыла?
6 Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирзиҩуан, Иегова имч абзоурала гәыкала имаҵ зуаз ажәытәан инхоз имаҵзуҩцәа, «арымӡааҩык ашаҳаҭцәа», ауадаҩра ӷәӷәақәа шырхыргаз (Аур. 12:1). Павел идыруан ауадаҩрақәа зхызгоз урҭ амаҵзуҩцәа рҭоурыхқәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи агәымшәара рнаҭар шалшоз. Уи адагьы, уи «зыԥсы ҭоу Анцәа иқалақь» есымша рхы азышьҭра ирыцхраар алшон (Аур. 12:22). Урҭ рҩызцәа аҭоурыхқәа ҳаргьы ахәарҭа ҳзааргоит. Шәгәы шьҭырымхӡои Иегова Гедеони, Вараки, Давиди, Самуили, егьырҭ имаҵзуҩцәеи дышрыцхраауаз атәы шәанаԥхьо? (Аур. 11:32—35). Шәрызхәыц иара убас ҳаамҭазы инхо Анцәа имаҵзуҩцәа рҿырԥштәқәа. Ара, ихадоу аусбарҭаҿы, лассы-лассы аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҟынтә асаламшәҟәқәа ҳауеит. Урҭ ирыҩуеит, ҳаамҭазы инхо Иегова имаҵзуҩцәа рбиографиақәа ианрыԥхьа, рыгәрахаҵара шарӷәӷәаз.
ПАВЕЛ АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ АҬЫНЧРА РЫБЖЬАЗАРЦ ДЫШРЫЦХРААУАЗ
7. Хәарҭас иаҳзаанагозеи Римаа рахь 14:19—21 иану Павел илабжьара?
7 Ҳара аизараҿы аҭынчра ыҟазарц азы иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭаҳхлоит, насгьы иҳарӷәӷәалоит. Аӡәи ҳареи ҳгәаанагарақәа еиқәымшәозар, уи иареи ҳареи ҳаицәыхаранатәыр ҳауӡом. Ауаҩы абиблиатә принципқәа еилеимгозар, ҳара ҳтәы иаҳаргарц ҳашьҭалаӡом. Шәааи ҿырԥштәык ҳахәаԥшып. Актәи ашәышықәсазы Рим иҟаз ақьырсиантә еизараҿы иауриацәаз реиԥш иауриацәамызгьы ыҟан. Моисеи изакәан аус аура ианаҟәыҵ, афатә иадҳәалаз аԥҟарақәа рымч рцәыӡит (Марк 7:19). Убри инаркны иауриацәаз ақьырсианцәа шьоукы афатә еилымхӡакәа ирфалар рылшоит ҳәа рыԥхьаӡон. Аха иауриацәаз егьырҭ ақьырсианцәа уи рхы иаҭәаршьаӡомызт. Уи иахҟьаны аишьцәеи аиҳәшьцәеи аимак рыбжьалеит. Павел иҳәеит аизараҿы аҭынчра ыҟазар шхадоу. Иара иҩуан: «Еиӷьуп акәац афарагьы, аҩыжәрагьы урҟәаҵыр — уашьа дҭазырхаша, дзырҩашьаша ак ҟаумҵаразы». (Шәаԥхьа Римаа рахь 14:19—21.) Ишаҳбо еиԥш, Павел аишьцәа идеилиркааит ус еиԥш иҟоу аимак-аиҿакқәа дара-дара рыдагьы, аизара зегьы ишаԥырхагоу. Павел ихаҭагьы, аӡәы изы узыхҟьашо хаҳәны дҟамларц азы, урҭ дрызхәыцны аҽыԥсахра дазхиан (1 Кор. 9:19—22). Убас еиԥш ҳаргьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳарӷәӷәалоит, насгьы аизараҿы аҭынчра ҟалоит, ауаҩы ихаҭа ииӡбар илшо азҵаарақәа рҿы ҳгәаанагара идҳамцалозар.
8. Ихы шԥамҩаԥигеи Павел, аизараҿы аҭынчра еилазгар алшоз аимак анцәырҵ?
8 Павел илшоз зегь ҟаиҵон ихадоу азҵаарақәа рҿы даҽа гәаанагарак змази иареи рыбжьарагьы аҭынчра ыҟазарц. Иаҳҳәап, шьоукы ирҭахын ҿыц ақьырсианра здызкылаз иауриацәамыз ахацәа аԥхьатәхсара ҟарҵарц. Иҟалап уи зырҭахыз ауриацәа урҭ акритика рзырмуларц азы акәызҭгьы (Гал. 6:12). Павел уи дақәшаҳаҭӡамызт, аха игәаанагара егьырҭ ирыдицалаӡомызт. Иара аԥагьара аамырԥшӡакәа, уи азҵаара аӡбара Иерусалим иҟаз апостолцәеи аизара аиҳабацәеи рнапы ианиҵеит (Аус. 15:1, 2). Уи абзоурала аизараҿы агәырӷьареи аҭынчреи мыӡӡеит (Аус. 15:30, 31).
9. Ишԥаҳалшо Павел иҿыԥшра?
9 Аха аизараҿы уеизгьы аилибамкаарақәа цәырҵуазар, зегь раасҭа еиӷьуп, Иегова аизара иахылаԥшларц азы иахаиргылаз аишьцәа анапхгаразы ҳрыҳәар. Лассы-лассы Абиблиа шьаҭас измоу анапхгара ҳаԥшаар ҳалшоит Анцәа иорганизациа иҭнажьуа алитератураҿы. Ҳхатә гәаанагара аӡәы идцалара аҭыԥан, уи анапхгара ҳақәныҟәалар, аизараҿы аҭынчра ҟалоит.
10. Иҟаиҵози иҵегьы Павел аизараҿы аҭынчра ыҟазарц азы?
10 Павел аҭынчра иашьҭаз уаҩын ҳәа иҵегьы иаҳҳәар ҳалшоит, избанзар аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирыгыз акәымкәа, рҟазшьа бзиақәа рыӡбахә иҳәон. Ҿырԥштәыс иааҳгап римаа ирзиҩыз асаламшәҟәы. Уи анхиркәшоз Павел ақьырсианцәа аӡәырҩы рыхьӡқәа иҳәеит, насгьы реиҳараҩык рзы ажәа хаақәа аниҵеит. Ишԥаҳалшо апостол Павел ҳаиҿыԥшлар? Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рҟазшьа бзиақәа рыӡбахә аҳәара иацәыԥхашьалатәӡам. Арҽхәареи ажәа ҟәандақәеи аизараҿы ҳаиҩызареи ҳабзиабареи арӷәӷәоит.
11. Иҳахьчар шԥаҳалшо аҭынчра, аилибамкаара анҳабжьало?
11 Доуҳала иӷәӷәоу ақьырсианцәагьы ргәаанагарақәа еиқәымшәар алшоит, ма ажәа еимаркыр ауеит. Убри ауп Павели иҩыза гәакьа Варнавеи ирыхьыз. Урҭ Марк анаҩстәи рмиссионертә ныҟәарахьы дыргару-дрымгару ҳәа ажәа еимаркит. Уи иахҟьаны дара «еибаргәаан, еиԥырҵит» (Аус. 15:37—39). Аха Павели, Варнавеи, Марки еинышәеит. Убас ала дара иаадырԥшит аизараҿы аҭынчреи акзаареи ахә ҳаракны ишыршьоз. Ԥыҭрак ашьҭахь Павел исаламшәҟәқәа рҿы Варнавеи Марки ибзианы дрыхцәажәон (1 Кор. 9:6; Кәал. 4:10, 11). Убас еиԥш ҳаргьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи аилибамкаара анҳабжьалалак иаразнак иҳаӡбалароуп, насгьы рҟазшьа бзиақәа ҳрызхәыцлароуп. Убасҟан аҭынчреи акзаареи ҳабжьазаауеит (Еф. 4:3).
ПАВЕЛ АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ РЫГӘРАХАҴАРА ИРӶӘӶӘОН
12. Иарбан уадаҩрақәоу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи зықәшәо?
12 Ҳара аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭаҳхуеит, Иегова иахь рыгәрахаҵара арӷәӷәара ҳрыцхраауазар. Иарбан уадаҩрақәоу урҭ зықәшәо? Шьоукы рҭынхацәа, аус рыцызуа, ма аҵара рыцызҵо рхыччоит. Даҽа шьоукы ачымазара ӷәӷәа, мамзаргьы ргәы иҭоу ахьаа иаргәаҟуеит. Иҟоуп акыршықәса Анцәа имаҵ аура иаҿу. Урҭ ари адунеи аҵыхәтәа иазыԥшуижьҭеи акыршықәса ҵуеит. Урҭ рҩызцәа аҭагылазаашьақәа рҿы ақьырсиан игәрахаҵара ԥсыҽхар алшоит. Аха арҭ рҩызцәа аԥышәарақәа актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәагьы ирықәшәон. Ишԥаирӷәӷәоз Павел урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи?
Ишԥаҳалшо, Павел иеиԥш, аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳарӷәӷәалар? (Шәахәаԥш абзац 13.)b
13. Дышԥарыцхраауаз Павел зыгәрахаҵаразы изхыччоз ақьырсианцәа?
13 Павел Иԥшьоу Аҩыра ихы иархәаны аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыгәрахаҵара ирӷәӷәон. Абар ҿырԥштәык. Иауриацәаз ақьырсианцәа рыуацәа рыгәрахаҵара акритика азыруазар ауан, уи аиудаизм зынӡа иузадкылом ҳәа. Иҟалап ҳашьцәа урҭ ирарҳәаша рзымдыруазҭгьы. Убри аҟынтә Павел Ауриацәа ирзиҩыз асаламшәҟәы даара ирыхәеит (Аур. 1:5, 6; 2:2, 3; 9:24, 25). Уажәшьҭа дара урҭ рҩызцәа ауаа ианрацәажәоз ирарҳәашаз рыман. Иахьагьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи зыгәра рго егьырҭ ирзеиҭарҳәаларц азы Абиблиа шьаҭас измоу апубликациақәа рхархәара ҳрыцхраалар ҳалшоит. Ишԥаҳалшо аҿар ҳрыцхраар, Зегьзшаз дшыҟоу агәра ахьырго азы ашкол аҿы ирхыччозар? Иҳалшома зыгәра рго ашьақәырӷәӷәара ирыцхрааша аинформациа аԥшаара ҳрыцхраар? Иаҳҳәап, шәхы иашәырхәа аброшиурақәа «Была ли жизнь создана?», насгьы «У истоков жизни. Пять вопросов, которые требуют ответа».
Ишԥаҳалшо, Павел иеиԥш, аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳарӷәӷәалар? (Шәахәаԥш абзац 14.)c
14. Иҟаиҵози Павел иҵегьы, ажәабжьҳәареи ауаа аҵабырг дырҵареи ирацәаны аамҭа шырзикуазгьы?
14 Павел ихатә ҿырԥшала аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәазҭеиҵон абзиабара аус аҿы иаадырԥшларц (Аур. 10:24). Иара аишьцәеи аиҳәшьцәеи рзы ихы деигӡомызт. Иудеиа амлакра ӷәӷәа аныҟаз, Павел уахь агуманитартә цхыраара ашьҭра дацхрааит (Аус. 11:27—30). Иара ажәабжь аҳәареи егьырҭ аҵабырг дырҵареи ирацәаны аамҭа шазикуазгьы, игәаҟуаз рыцхрааразы есымша алшарақәа дрышьҭан (Гал. 2:10). Уи аишьцәеи аиҳәшьцәеи Иегова еснагь дышрыцзаауа агәра днаргон. Ҳаргьы иахьа убас еиԥш аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыгәрахаҵара ҳарӷәӷәалар ҳалшоит. Уи азы ҳаамҭеи ҳамчқәеи ҳармеигӡакәа агәаҟрақәа ирықәшәаз ҳрыцхраалар ауеит. Уи адагьы, адунеизегьтәи аус ҳацхрааларц азы есымза аԥара алаҳҵалар ҳалшоит. Ҳәара аҭахума, иҟоуп ирацәаны егьырҭ алшарақәагьы. Убас ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи Иегова ахаан ишаанимыжьуа агәра дҳаргоит.
Ишԥаҳалшо, Павел иеиԥш, аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳарӷәӷәалар? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 15, 16.)d
15, 16. Ҳарзыҟазар шԥаҳахәҭоу зыгәрахаҵара ԥсыҽхаз?
15 Павел зыгәрахаҵара ԥсыҽхаз аанижьӡомызт. Иара урҭ рыцҳаишьон, насгьы хаала драцәажәон, ргәы шьҭихуан (Аур. 6:9; 10:39). Иаҳҳәап, Ауриацәа рахь ииҩыз асаламшәҟәаҿы апостол Павел лассы-лассы ихы иаирхәон ажәақәа «ҳара», «ҳара ҳзы». Убас иара иааирԥшит исаламшәҟәы иаԥхьалоз ихы шрылеиҵоз, насгьы ииҩыз алабжьарақәа иаргьы ишиҵанакуаз (Аур. 2:1, 3). Ҳаргьы зыгәрахаҵара ԥсыҽхаз аанҳажьӡом. Урҭ рахь гәыкала аинтерес ааҳарԥшуеит, насгьы рырӷәӷәара ҳҽазаҳшәоит. Убас дара бзиа ишаҳбо рбалоит. Хаала, иртатаны ҳанрацәажәо, ҳажәақәа рыдагьы, ҳҳәашьагьы ргәы ҟанаҵоит.
16 Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи агәра диргон Иегова рус қьиақәа шибо (Аур. 10:32—34). Ҳаргьы зыгәрахаҵара ԥсыҽхаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи убас ҳрыцхраалар ҳалшоит. Урҭ аҵабырг шеилыркааз шәразҵаа, мамзаргьы рыԥсҭазаараҿы Иегова дышрыцхраауаз дзырбоз ахҭысқәа шәзеиҭарҳәарц шәрыҳәа. Уи шәыцхраауеит агәра дыргара Иегова рџьабааи, иара иахь иаадырԥшуаз абзиабареи шихамышҭыз, иара убас ахаан ишаанимыжьуа (Аур. 6:10; 13:5, 6). Урҭ рҩызцәа аицәажәарақәа акыр иаҳзаԥсоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәы шьҭнахуеит, анаҩс Иегова имаҵ ауразы амчгьы рнаҭоит.
ШӘГӘЫ ШЬҬИБАХЛА
17. Ҳҽеиӷьаҳтәлар абаҳахәҭоу иҵегьы?
17 Аргылаҩцәа хәыҷы-хәыҷла рҟазара шеиӷьыртәуа еиԥш, ҳаргьы ҳгәы шышьҭибахуа, ҳшеибарӷәӷәо аҿы еиҳа-еиҳа ҳҽеиӷьаҳтәлар ҳалшоит. Иегова гәыкала ишизыҟаз еиԥш иаанхаз имаҵзуҩцәа рыӡбахә аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирзеиҭаҳәо, аԥышәарақәа рыхгара шәрыцхраала. Егьырҭ ирылоу абзиарақәа рыӡбахә еиҭаҳәо аҭынчра шәырҿиала. Шәыбжьара аҭынчра еилазгар алшо ак шыҟоу жәбозар, уи шәыхьчарц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала. Аилибамкаара шәыбжьалазар, иаразнак ишәыӡбала. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыгәрахаҵара шәырӷәӷәарц азы ихадоу абиблиатә ҵабыргқәа рыцҭышәҵаала, аус аҿы шәрыцхраала, насгьы доуҳала иԥсыҽхаз шәырӷәӷәала.
18. Шәгәы зызҭанаҵазеи ари астатиа?
18 Аҳратә залқәа рыргылара еснагь агәырӷьара ацуп. Ҳаргьы адоуҳатә ргылара ҳҽалаҳархәуазар, даҽакала иуҳәозар, аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыгәрахаҵара ҳарӷәӷәозар, агәырӷьара ҳамазаауеит. Иарбан ргыларазаалакгьы знымзар-зны ихыбгалоит. Аха ҳџьабаа алҵшәа наӡаӡа иҟазаауеит. Убри аҟынтә шәааи еснагь ҳақәныҟәалап абри алабжьара: «Аӡәи-аӡәи шәгәы шьҭибахла, шәеибарӷәӷәала»! (1 Фес. 5:11, АдҾ).
АШӘА 100 Гәаартыла урҭ шәыдышәкылала
a Ари адунеи цәгьа аҿы анхара мариаӡам. Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ирацәаны ауадаҩрақәа ирықәшәоит. Убри аҟынтә ҳара урҭ ргәы ашьҭыхразы алшарақәа ҳаԥшаалароуп. Ари астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит уи аҿы апостол Павел ҳаиҿыԥшлар шҳалшо.
b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Хыхь: аб иԥҳа илирбоит ҳпубликациақәа рҿы иаагоу алабжьарақәа лхы иархәаны Қьырса ныҳәа зазгәалымҭо егьырҭ идеиллыркаар шлылшо.
c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Агәҭа: хаҵеи-ԥҳәыси ртәыла иаҵанакуа даҽа ҭыԥк ахь иааит, аԥсабаратә рыцҳара иақәшәаз ирыцхраарц азы.
d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Ҵаҟа: аизара аиҳабы зыгәрахаҵара ԥсыҽхаз аиашьа иахь дааит, насгьы аҵара ахьеицырҵоз апионерцәа рышкол аҟынтә апатреҭ иирбоит; уи апатреҭ аиашьа аамҭа бзиа игәаланаршәоит; иара иҭахуп Иегова имаҵ аура ҿыц агәырӷьара изаанагалар; аамҭак ашьҭахь иара аизарахь дхынҳәуеит.