Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w20 ноиабр ад. 12—17
  • Акгьы шәацәымшәан — Иегова шәыцхырааҩ иоуп!

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Акгьы шәацәымшәан — Иегова шәыцхырааҩ иоуп!
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИИСУСИ АМААЛЫҚЬЦӘЕИ РҞЫНТӘ АЦХЫРААРА
  • АМЧРА ЗМОУ АУАА РҞЫНТӘ АЦХЫРААРА
  • ҲАШЬЦӘЕИ ҲАҲӘШЬЦӘЕИ РҞЫНТӘ АЦХЫРААРА
  • Павел Римҟа амҩа данықәыз
    Учимся на примерах из Библии
  • «Аӡәи-аӡәи... шәеибарӷәӷәала»
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2020
w20 ноиабр ад. 12—17

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 46

Акгьы шәацәымшәан — Иегова шәыцхырааҩ иоуп!

«Угәыгәҭасыжьуам, уаансыжьуам» (АУР. 13:5).

АШӘА 55 Урҭ шәырцәымшәан!

АХҲӘААa

1. Иҳацхраауазеи ауадаҩрақәа рҿы иҳавагыло аӡәгьы дыҟамшәа, мамзаргьы урҭ рыхгара ҳалымшошәа анаҳбо? (Аԥсалом 118:5—7).

ЗНЫКЫР шәгәы иаанагахьома шәызҭагыло ауадаҩра ахгара ишәыцхраауа аӡәгьы дыҟам ҳәа? Иегова изиашаз имаҵзуҩцәагьы зны-зынла ус ргәы иаанагон (1 Аҳ. 19:14). Уи аҩыза аҭагылазаашьа шәақәшәар, ишәгәалашәыршәа Иегова иқәыргәыӷра: «Угәыгәҭасыжьуам, уаансыжьуам». Убри аҟынтә лакҩакрада ишәҳәар шәылшоит: «Анцәа сара дсыцхырааҩуп, акгьы сацәшәом» (Аур. 13:5, 6). Арҭ ажәақәа апостол Павел Иудеиа инхоз ақьырсианцәа ирзиҩит 61 шықәса ҳ. ҳ. аҟара шыҟаз. Урҭ иаҳгәаладыршәоит Аԥсалом 118:5—7 (шәаԥхьа) аҿы аԥсаломшәаҳәаҩ ииҳәаз.

2. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы, насгьы избан?

2 Аԥсаломшәаҳәаҩ иеиԥш Павел ихатә ԥышәала агәра игахьан Иегова Цхырааҩыс дшизыҟаз. Иаҳҳәап, ауриацәа асаламшәҟәы рзиҩаанӡа ҩышықәса шыбжьаз, иара афырҭын бааԥс дақәшәеит(Аус. 27:4, 15, 20). Уи, насгьы егьырҭ аҭагылазаашьақәа рҿы Иегова Павел еиуеиԥшым азнеишьақәа рыла дицхраауан. Шәааи уажәы х-знеишьак еилҳаргап. Иегова Павел дицхраауан Иисуси амаалықьцәеи рыла, амчра змаз ауаа рыла, иара убас игәрахаҵара ицеиҩызшоз рыла. Иегова Павел дышицхраауаз ахьеилҳарго абзоурала, иара ҳаҳәарақәагьы рҭак шыҟаиҵо еиҳагьы агәра ҳгоит.

ИИСУСИ АМААЛЫҚЬЦӘЕИ РҞЫНТӘ АЦХЫРААРА

3. Дзызхәыцуазар алшози Павел, насгьы избан?

3 Павел ашәарҭара ӷәӷәа дҭагылан. 56 шықәса ҳ. ҳ. аҟара шыҟаз, ажәлар икәшан иерусалимтәи аныҳәарҭа ддәылҳәаны дыршьырц дыргеит. Адырҩаҽны иара Синедрион аҿаԥхьа дангылаз иаӷацәа деимырыжәжәарц акгьы рыгмызт (Аус. 21:30—32; 22:30; 23:6—10). Иҟалап Павел дхәыцуазҭгьы: «Шаҟа исзычҳарызеи еиҭа?»

4. Дышԥаицхрааи Иегова Павел Иисус ила?

4 Иисус Павел дышицхрааз. Павел данҭарк аухазы «Иҳақәиҭу», Иисус, ус иеиҳәеит: «Умшәан, Павел, Иерусалим шаҳаҭра шысзууаз аиԥш, Римгьы шаҳаҭра сзыуураны уҟоуп» (Аус. 23:11). Шаҟа игәы шьҭыҵзеи Павел! Иисус Павел дирҽхәеит Иерусалим шаҳаҭра ахьиуаз азы. Уи адагьы, иара Павел акгьы имыхьӡакәа Римынӡа дышнеиуаз агәра ииргеит, уагьы шаҳаҭра иуларц азы. Арҭ ажәақәа аниаҳа Павел игәы ҭынчхеит, ахәыҷы иаб данику игәы шҭынчу еиԥш.

Амаалықь афырҭын бааԥс иақәшәаз Павел агәра ииргоит аӷба иҭатәоу зегьы рыԥсы шеиқәхо. (Шәахәаԥш абзац 5.)

5. Дышԥаицхрааи Иегова Павел амаалықь ила? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)

5 Иарбан уадаҩрақәоу иҵегьы Павел имаз? Иерусалим ихигаз ахҭысқәа рышьҭахь ҩышықәса анҵы, Павел ӷбала Италиаҟа дрышьҭит. Амҩан убри аҩыза афырҭын ӷәӷәа иақәшәеит, амшынуаагьы, аӷба иақәтәаз егьырҭ ауаагьы еиқәхоит ҳәа иҟамызт. Аха Павел ашәара иҽеимҭаӡеит. Избан? Абар иара аӷба иақәтәаз иреиҳәаз: «Зымаҵ зуа, сызмадоу Анцәа Имаалықь иаха дысҭан, исеиҳәеит: умшәан, Павел! уара акьесар иҿаԥхьа аӡбарҭаҿ угылараны уҟоуп, Анцәа уара аӷба иуцҭоу зегьы ԥсҭазаара риҭоит, иеиқәирхоит». Иегова амаалықь ила Павел еиҭах игәалаиршәеит Иисус ила ииҭахьаз ақәыргәыӷра. Иегова ишиҳәаз еиԥш Павел Рим днеит (Аус. 27:20—25; 28:16).

6. Ҳазқәиргәыӷзеи ҳара Иисус, насгьы избан уи ҳгәы зарӷәӷәо?

6 Иисус ҳара дышҳацхраауа. Иисус Павел дышицхраауаз еиԥш ҳаргьы дҳацхраалоит. Абар иара ишьҭанеиуаз зегь иреиҳәаз: «Сара шәарҭ ари адунеи аҿҳәара нҵәаанӡа сшәыцҟоуп» (Матф. 28:20). Иисус иажәақәа амч ҳарҭоит. Избан? Избанзар зны-зынла ауадаҩра ӷәӷәақәа ҳрықәшәоит. Иаҳҳәап, иаҳзааигәоу аӡәы даныԥсуа, ҳхьаа шықәсыла имтәозар алшоит. Иара убас ауадаҩра ӷәӷәақәа ҳрықәшәоит ҳақәрахь ҳаннеиуа, мамзаргьы ҳгәы анкаҳауа. Аха уеизгьы ԥхьаҟа ацаразы амч ҳауеит, избанзар Иисус ицәгьоу аамҭақәа рзгьы дышҳацу ҳдыруеит (Матф. 11:28—30).

Ажәабжьҳәаратә ус анынаҳагӡо амаалықьцәа ацхыраареи анапхгареи ҳарҭоит. (Шәахәаԥш абзац 7.)

7. Дышԥаҳацхраауеи Иегова Аатра 14:6 иану инақәыршәаны?

7 Анцәа Иажәа агәра ҳнаргоит Иегова имаалықьцәа рыла дышҳацхраауа (Аур. 1:7, 14). Иаҳҳәап, дара ацхыраареи анапхгареи ҳарҭоит «абшьҭрақәас, хылҵшьҭрақәас, бызшәақәас, жәларқәас иҟоу зегьы» Аҳра иазку ажәабжь бзиа анырзеиҭаҳҳәо (Матф. 24:13, 14; шәаԥхьа Аатра 14:6).

АМЧРА ЗМОУ АУАА РҞЫНТӘ АЦХЫРААРА

8. Дышԥаицхрааи Иегова Павел ар реиҳабы ила?

8 Павел иоуз ацхыраара. 56 шықәса ҳ. ҳ. азы Иисус Павел иеиҳәеит акгьы имыхьӡакәа Римынӡа дышнеиуаз. Аха Иерусалим иҟаз аиудеиаа Павел дыршьырц рҭахын. Римтәи ар реиҳабы Клавди Лиси уи анеиликаа, Павел деиқәирхарц иӡбеит. Аамҭа мгакәа, иара Павел ар ду ицҵаны, Иерусалим иацәыхараз ақалақь Кесариаҟа дишьҭит. Уанӡа 105 километра бжьан. Уа напхгаҩыс иҟаз Феликс Павел «Ирод ибаа дҭаркразы» адҵа ҟаиҵеит. Уажәшьҭа Павел ишьра иашьҭаз дырцәыхаран (Аус. 23:12—35).

9. Дышԥаицхрааи анапхгаҩы Фест Павел?

9 Ҩышықәса цеит, аха Павел Кесариа дышҭакыц дҭакын. Феликс иҭыԥан напхгаҩыс Фест дҟалеит. Аиудеиаа Фест иҳәон Павел иус аӡбаразы Иерусалимҟа дишьҭырц, аха Фест мап икит. «Дара ргәы иҭан уахь даныргашаз аамҭазы, имҩа аакны» дыршьырц (Аус. 24:27—25:5). Иҟалап Фест уи идыруазҭгьы.

10. Иҟаиҵазеи анапхгаҩы Фест Павел иус акесар иӡбарц данаҳәа?

10 Ԥыҭрак ашьҭахь Кесариа Павел иус аӡбара иалагеит. «Фест иҭахын Иудеиаа ргәы иақәшәо аҟаҵара, убри аҟнытә абас еиԥш ала Павел диазҵааит: „Уара уазыразума иудырҵаз аарақәа рзы Иерусалим уганы уус сыӡбар?“» Павел идыруан Иерусалим дыршьыр шалшоз, иара убас иԥсы еиқәирхарц азы Рим дцар, насгьы уа ажәабжь иҳәалар шакәыз. Убри аҟынтә иара иҳәеит: «Саҳәоит сус акьесар иӡбаразы». «Аилазаара иалахәыз данразҵаа ашьҭахь, Фест абас иҳәоит: „Уара акьесар уизышьҭхоит, аус убри иӡбааит ҳәа шуҳәаз аиԥш“». Фест идикылаз аӡбара Павел деиқәнархеит. Дук мырҵыкәа, Павел ишьра иашьҭаз аиудеиаа ирцәыхараз ақалақь Рим дҟалон (Аус. 25:6—12).

11. Иарбан Исаиа ииҩыз угәы шьҭызхуа жәақәоу Павел дзызхәыцуазар алшоз?

11 Павел Рим дрышьҭраны даныҟаз, дрызхәыцуазҭгьы ҟаларын Иегова аԥааимбар Исаиа ила иаӷацәа иреиҳәаз: «Шәыгәҭакы шынашәыгӡаша шәазхәыцла, аха уи наӡаӡом! Ишәҭаху шәҳәала, аха уи ҟалаӡом, избанзар ҳара Анцәа дҳацуп!» (Ис. 8:10). Павел идыруан Анцәа цхыраарада дышнимыжьуаз, уи изыԥшыз аԥышәарақәа рыхгаразы амч инаҭон.

Ажәытәан еиԥш иахьагьы, Иегова амчра змоу ауаа имаҵзуҩцәа ирыдгылаларц ргәазҭеиҵар илшоит. (Шәахәаԥш абзац 12.)

12. Дышԥаизныҟәоз Иули Павел? Еиликаазар алшози Павел?

12 58 шықәса ҳ. ҳ. азы Павел Италиаҟа амҩа дықәлеит. Иара ихылаԥшра идырҵеит Иули зыхьӡыз римтәи ар реиҳабы. Убри инаркны Иули илшон Павел иԥсҭазаара ма ирхьанҭар, ма еиӷьитәыр. Ихы ишԥеирхәеи Иули имчра? Адырҩаҽны иахьӡыхгылаз раԥхьатәи аҭыԥ аҿы иара Павел «уаҩрала дизныҟә[еит]... иҩызцәа рахь ацара, урҭ рыцхыраара аиура» азин ииҭеит. Ԥыҭрак ашьҭахь иара Павел иԥсҭазаарагь еиқәирхеит. Ишԥа? Изықәтәаз аӷба ԥыххаа ианца, аруаа аӷба иақәтәаз абаандаҩцәа бнамларц азы иршьыр рҭахын, аха Иули урҭ ааникылеит. Избан? Избанзар Павел деиқәирхарц иҭахын. Павел еиликаазар ҟалап Иегова Иули ила дшихьчаз (Аусқәа 27:1—3, 42—44).

Шәахәаԥш абзац 13.

13. Ихы иаирхәалар шԥаилшо Иегова амчра змоу ауаа?

13 Ҳара иҳауа ацхыраара. Иегова иахәҭоуп ҳәа аниԥхьаӡо, иԥшьоу идоуҳа ихы иархәаны амчра змоу ауаа игәҭакы анагӡара ргәазҭеиҵоит. Аҳ Соломон иажәамаанақәа руак иаҳәоит: «Аҳ игәы Иегова инапаҿы иҟоуп. Арҩаш еиԥш иара уи иахьиҭаху ирхоит» (Ажәам. 21:1). Ишԥеилкаатәу арҭ ажәақәа? Арҩаш иахьырҭаху идырхарц азы ауаа ажрақәа ҟарҵоит. Убас еиԥшҵәҟьа Иегова иԥшьоу идоуҳа ихы иаирхәар илшоит аҳәынҭқарцәа ижәлар ирзеиӷьу аӡбарақәа рыдкылара ргәазҭеиҵарц азы. (Иаҿшәырԥш Ездра 7:21, 25, 26.)

14. Иззы ҳиҳәалар ҳалшозеи ҳара Анцәа, Аусқәа 12:5 иану инақәыршәаны?

14 Ҳара иҟаҳҵалар ҳалшо. «Аҳцәа, иара убас амчра знапаҿы иҟоу аиҳабыра» ҳаԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи ирнырыр алшо аӡбарақәа анрыдыркыло, ҳара урҭ рзы Анцәа ҳиҳәалар ҳалшоит (1 Тим. 2:1, 2; Неем. 1:11). Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа реиԥш ҳаргьы абахҭа иҭаку ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рзы гәыкала Анцәа ҳиҳәоит. (Шәаԥхьа Аусқәа 12:5; Аур. 13:3.) Иара убас ҳара иҳалшоит ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ахьҭаку абахҭақәа рҿы аус зуа аҷаԥшьаҩцәа рзы Анцәа ҳиҳәалар. Даргьы Иули Павел «уаҩрала» дышизныҟәоз еиԥш ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи қьиарала ирызныҟәаларц азы (Аус. 27:3).

ҲАШЬЦӘЕИ ҲАҲӘШЬЦӘЕИ РҞЫНТӘ АЦХЫРААРА

15, 16. Дышԥаицхрааи Иегова Павел Аристархи Лукеи рыла?

15 Павел иоуз ацхыраара. Павел Римҟа амҩа данықәыз Иегова изныкымкәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыла дицхраауан. Ҳрыхәаԥшып уи ҳзырбо ҿырԥштәқәак.

16 Павел изиашаз иҩызцәа, Аристархи Лукеи Римҟа иццарц рыӡбеитb. Дара Павел ицны ицарц азы рхы ашәарҭара аҭаргылара иазхиан, Иисус даргьы акгьы рмыхьӡакәа Рим инеиуеит ҳәа шреимҳәазгьы. Урҭ шеиқәхоз анеилыркаа афырҭын ианақәшәа ауп. Убри аҟынтә Аристархи Лукеи Кесариа аӷба ианақәтәа, иҟалап Павел гәык-ԥсыкала Иегова иҭабуп ҳәа иеиҳәазар, агәымшәара злаз урҭ аишьцәа ахьизынаишьҭыз азы (Аус. 27:1, 2, 20—25).

17. Дышԥаицхраауаз Иегова Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыла?

17 Павел амҩа данықәыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи даараӡа ицхраауан. Иаҳҳәап, дара сидонтәи асқьала ианадгыла Иули Павел «иҩызцәа рахь ацара, урҭ рыцхыраара аиура» азин ииҭеит. Ԥыҭрак ашьҭахь ақалақь Путеолқәа рахь ианнеи Павел иҩызцәеи иареи уа аишьцәа рыԥшааит. Аишьцәа Павел иҩызцәеи иареи бжьымш иаангыларц ирыҳәеит. Дара урҭ иреиҷаҳауан. Павел, ҳәарада, урҭ ргәы шьҭызхуаз ахҭысқәа рзеиҭаҳәо ирӷәӷәон. (Иаҿшәырԥш Аусқәа 15:2, 3.) Убасала Павели иҩызцәеи рыԥсы шьаны рымҩа иацырҵеит (Аус. 27:3; 28:13, 14).

Иегова Павел аишьцәа рыла дышицхраауаз еиԥш ҳаргьы дҳацхраалоит. (Шәахәаԥш абзац 18.)

18. Игәы шьҭызхзеи Павел, насгьы избан иара Анцәа иҭабуп ҳәа зиеиҳәаз?

18 Павел Римҟа амҩа данықәыз хышықәса раԥхьа уатәи аизара ирзиҩыз дазхәыцуазҭгьы ҟалап: «Шәышҟа анеира сҭахижьҭеи акыр [ҵуеит]» (Рим. 15:23). Аха усҟан ихаҿгьы изаагомызт уахь абаандаҩ иеиԥш дышнеиуаз. Шәхаҿы иаажәг шаҟа игәы иахәаз римтәи аишьцәеи аиҳәшьцәеи шизыԥшыз аниба! Абиблиаҿы иануп: «Павел урҭ аниба, Анцәа диаҭабууит, ихы-игәы азҳаит» (Аус. 28:15). Павел аишьцәеи аиҳәшьцәеи аниба Анцәа иҭабуп ҳәа иеиҳәеит. Избан? Избанзар еиликааит Иегова еиҭах урҭ рыла дышицхраауаз.

Шәахәаԥш абзац 19.

19. Ихы ҳаирхәар шԥалшо Иегова ацхыраара зҭаху дрыцхраарц азы, 1 Пиотр 4:10 иану инақәыршәаны?

19 Ҳара иҟаҳҵалар ҳалшо. Иҟоума шәеизараҿы ачымазара ма даҽа уадаҩрак иаргәаҟуа, мамзаргьы аӡә дызцәыԥсыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи? Аӡәы ацхыраара шиҭаху ҳаҳазар, Иегова ҳиҳәалар ҳалшоит уи ихәаша ак аҳәара ма аҟаҵара дҳацхраарц азы. Ҳажәақәеи ҳусқәеи рыла ҳара ҳашьцәа ргәы шьҭаҳхыр ҳалшоит. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 4:10.)c Ацхыраара заҳҭо Иегова «угәыгәҭасыжьуам, уаансыжьуам» ҳәа ииҳәаз хаҭала дара ишрыҵанакуа рбар ауеит. Ҳәарада, уи ҳара ҳаргәырӷьоит.

20. Избан ҳамлакҩакӡакәа «Анцәа сара дсыцхырааҩуп» ҳәа ҳҳәар зҳалшо?

20 Павел иҩызцәеи иареи реиԥш ҳаргьы аԥсҭазааратә мҩаҿы афырҭын бааԥс иеиԥшу ауадаҩрақәа ҳрықәшәоит. Аха акгьы ҳацәымшәалар ҳалшоит, избанзар Иегова дҳацуп. Иара Иисуси амаалықьцәеи рыла дҳацхраауеит. Иара убас уи игәаԥхара иақәшәозар, амчра змоу ауаа рыла дҳацхраалар илшоит. Уи адагьы, ҳхатә ԥышәала ишаҳбахьоу еиԥш, Иегова идоуҳала ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳацхрааларц ргәазҭеиҵоит. Убри аҟынтә ҳаргьы Павел иеиԥш ҳамлакҩакӡакәа иаҳҳәар ҳалшоит: «Анцәа сара дсыцхырааҩуп, акгьы сацәшәом: ауаҩы исзиураны иҟоузеи?» (Аур. 13:6).

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишԥаҳацхраауеи Иисуси амаалықьцәеи?

  • Иаҳҳәалар ҳалшозеи «аҳцәа, иара убас амчра знапаҿы иҟоу аиҳабыра» рзы Анцәа ҳаниҳәо?

  • Ҳрыцхраалар шԥаҳалшо ауадаҩрақәа ирҭагылоу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи?

АШӘА 38 Анцәа амч уиҭоит

a Ари астатиаҿы еилҳаргоит Иегова Павел ауадаҩра ӷәӷәақәа рыхгара дызлаицхраауаз х-знеишьак. Иегова усҟан имаҵзуҩцәа дахьрыцхраауаз агәра ҳнаргоит иахьагьы ҳзықәшәо ауадаҩрақәа рыхгара дышҳацхраауа.

b Аристархи Лукеи Павел ианицыз 58 шықәса ҳ. ҳ. азы Италиаҟа данцоз мацара акәӡам. Уаанӡагьы дара Павел амҩа данықәыз мызла ицын (Аус. 16:10—12; 20:4; Кәал. 4:10, 14).

c Шәахәаԥш ианвар 15, 2009 шықәсазы иҭыжьыз «Ахьчаратә бааш», адаҟьақәа 13, 14, абзацқәа 5—9 (аурыс).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра