АҴАРАЗЫ АСТАТИА 23
Уара узаҵәым — Иегова есымша уааигәа дыҟоуп!
«Иегова и́ҳәо зегьы дырзааигәоуп» (АԤСАЛ. 145:18).
АШӘА 28 Иегова уиҩызаха
АХҲӘААa
1. Избан Иегова имаҵзуҩцәа рхы заҵәны ирбалар залшо?
ЗХЫ заҵәны избо рацәаҩуп. Иҟоуп зны-зынла зхы заҵәны избо, аха егьырҭ шықәсыла уи иаргәаҟуеит. Шьоукы рҩызцәа ианрыцугьы рхы заҵәны ирбоит. Егьырҭ аизара ҿыц ашьцылара рцәыуадаҩуп. Даҽа шьоукы бзиа избо аҭаацәара аҟны ирызҳаит, убри аҟынтә даҽа ҭыԥк ахь ианиаслакь рҭаацәа гәхьаарго иалагоит. Иҟоуп ирзааигәоу аӡәы дахьыԥсыз азы зхы заҵәны избо. Ақьырсианцәа шьоукы, еиҳарак ааигәа аҵабырг еилызкааз, рҭынхацәеи рҩызцәеи рыгәрахаҵара ахьрыцеиҩырымшо, мамзаргьы иахьырҿагыло азы рхы заҵәны ирбоит.
2. Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго?
2 Иегова зегь раасҭа еиӷьны ҳаиликаауеит. Ҳхы заҵәны иаҳбозар, иара уи гәеиҭоит, дҳацхраарцгьы иҭахуп. Дышԥаҳацхраауеи Иегова? Иҟаҳҵалар ҳалшозеи ҳхаҭагьы ҳхы заҵәны иҳамбаларц азы? Уи адагьы, ҳрыцхраар шԥаҳалшо аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи? Шәааи еилаҳкаап.
ИЕГОВА ҲЦӘАНЫРРАҚӘА ДРЫЗХӘЫЦУЕИТ
Иегова Илиа ихала дшыҟам агәра ииргарц азы амаалықь дизынаишьҭит. (Шәахәаԥш абзац 3.)
3. Дышԥаицхрааи Иегова Илиа?
3 Иегова имаҵзуҩцәа хьаас имоуп. Иара хаҭала зегьы дырзааигәоуп. Аӡәы акы игәы иҵхозар иара уи иаразнак игәеиҭоит (Аԥсал. 145:18, 19). Шәааи ҳахәаԥшып Иегова аԥааимбар Илиа дышицхрааз. Уи амаҵ аниуаз Израиль аамҭа цәгьақәа ирҭагылан. Амчра змаз ауаа Иегова иҿагылон, уи адагьы имаҵзуҩцәа гәымбылџьбарала ирышьҭашәарыцон, еиҳараӡак згәаӷ рымаз Илиа иакәын (1 Аҳ. 19:1, 2). Уи адагьы иара игәы иаанагон, Анцәа изиашоу аԥааимбарцәа рҟынтә иара ида аӡәгьы днымхеит ҳәа. Уи иара цгьала игәы канажьуан (1 Аҳ. 19:10). Иегова уи иаразнак игәеиҭан, Илиа иахь амаалықь днаишьҭит. Амаалықь Илиа агәра ииргеит Анцәа изиашоу имаҵзуҩцәа Израиль ирацәаҩны ишыҟоу (1 Аҳ. 19:5, 18). Ус акәзар, Илиа дзаҵәӡамызт!
4. Ишԥаныԥшуеи Марк 10:29, 30 иану ажәақәа Иегова имаҵзуҩцәа дышреиҷаҳауа, урҭ рҭынхацәеи рҩызцәеи рҟынтә ацхыраара рмоуазаргьы?
4 Иегова еиликаауеит имаҵзуҩцәа шьоукы имаҵ аура иалагарц азы мап зцәыркыз шыҟоу. Иаҳҳәап, шьоукы рҭынхацәеи рҩызцәеи дареи реизыҟазаашьақәа бжьысит. Ҽнак апостол Пиотр Иисус иеиҳәеит: «Абар ҳарҭ, зегь ааныжьны Уара ҳушьҭоуп. Иаҳзыҟалараны иҟои?» (Матф. 19:27). Иҟалап Пиотр ибжьы агәҭынчымра аныԥшуазҭгьы. Аха Иисус иҵаҩцәа ргәы ирҭынчит, насгьы адоуҳатә ҭаацәара ду шроуа реиҳәеит. (Шәаԥхьа Марк 10:29, 30.) Жәҩантәи Ҳабгьы иҳәеит имаҵ аура зҭаху цхыраарада ишаанимыжьуа (Аԥсал. 9:10). Ҳхы заҵәны иҳамбаларц азы Иегова дҳацхраар ауеит. Шәааи, еилҳаргап уи азы ҳара иҟаҳҵалар ҳахәҭоу.
ШӘХЫ ЗАҴӘНЫ ИШӘЫМБАЛАРЦ АЗЫ ИҞАШӘҴАЛАР ШӘЫЛШО
5. Избан Иегова дышҳацхраауа азхәыцра зыбзиоу?
5 Иегова дышшәыцхраауа гәашәҭала (Аԥсал. 55:22). Уи шәхала шәшыҟам шәеилнаркаауеит. Хаҵа имцац Керолb захьӡу аиаҳәшьа лҭаацәа Иегова ишаҳаҭцәа ракәӡам. Лара илҳәоит: «Иегова аамҭа цәгьақәа раан дышсыцхраауаз анысгәаласыршәо схала сшыҟам еилыскаауеит. Уи адагьы саԥхьаҟа Иегова сшаанимыжьуа агәра ганы сыҟоуп».
6. Ишԥаҳацхраауеи 1 Пиотр 5: 9, 10 иану ажәақәа, ҳхы заҵәны иаҳбозар?
6 Иегова аишьцәеи аиҳәшьцәеи дышрыцхраауа шәазхәыцла. (Шәаԥхьа 1 Пиотр 5:9, 10.) Хироси акыршықәса рыҩныҵҟа иҭаацәа рҟынтә Иегова имаҵ зуа иара заҵәык иоуп. Иара иҳәоит: «Зегьы рхатә уадаҩрақәа рымоуп. Аха ҳара зегьы Иегова зегь иреиӷьу иаҳҭоит. Ари азхәыцра Иегова ишаҳаҭу аҭынхацәа змам ргәы шьҭнахуеит».
7. Ишԥашәыцхраауеи анцәаиҳәара?
7 Лассы-лассы Анцәа шәиҳәала, Абиблиа шәаԥхьала, насгьы аизарақәа шәырҭаала. Иегова шәаниҳәо шәгәы иҵхо изеиҭашәҳәала (1 Пиотр 5:7). Масиель Иегова имаҵ аура даналага лҭаацәа лылҵит. Абар лара илҳәо: «Схы заҵәны ианызбоз Иегова гәыҭыӷьӷьаала сиҳәон. Иара ииашаҵәҟьаны Абыс дысзыҟалеит. Есыҽны зныкымкәа сиҳәон, насгьы зегь изеиҭасҳәон».
Аишьцәеи аиҳәшьцәеи аӡәырҩы рхы заҵәны ирымбаларц азы ҳсаит аҟынтә аудионҵамҭақәа ирзыӡырҩуеит. (Шәахәаԥш абзац 8.)c
8. Ишԥашәыцхраауеи Абиблиа аԥхьареи уи азхәыцреи?
8 Есыҽны Абиблиа шәаԥхьала. Иегова хаҭала бзиа шәшибо шәзырбо ацыԥҵәахақәа шәырзааҭгылала. Зҭаацәа иааҟәымҵӡакәа аҽыԥныҳәа лызҭо Бианка илҳәоит: «Сҭагылазаашьа аҩыза змаз ажәытәан инхоз Анцәа имаҵзуҩцәеи ҳаамҭазы инхо Иегова ишаҳаҭцәеи рыхҭысқәа рыԥхьареи рызхәыцреи сгәаԥхоит. Урҭ сгәы шьҭырхуеит». Егьырҭ ақьырсианцәа ргәы шьҭызхуа абиблиатә жәеинраалақәа ҿырҳәала ирҵоит, иаҳҳәап Аԥсалом 27:10, насгьы Исаиа 41:10. Даҽа шьоукы рхы заҵәны ирымбаларц азы аизарақәа рҽанырзыҟарҵо, ма хаҭала Абиблиа анҭырҵаауа, изхысуа аматериал аудионҵамҭала иазыӡырҩуеит.
9. Хәарҭас ишәзааргозеи аизарақәа?
9 Аизарақәа бжьашәмыжьларц азы ишәылшо зегь ҟашәҵала. Апрограмма шәгәы шьҭнахуеит, аишьцәеи аиҳәшьцәеигьы еиҳа еиӷьны шәрабадыруеит (Аур. 10:24, 25). Хыхь зыӡбахә ҳәаз Масиель илҳәоит: «Сара сшыԥхашьаҩызгьы аизарақәа зегь сырҭааларц, насгьы аҭакқәа ҟасҵаларц сыӡбеит. Уи аизара сахәҭакны схы збалартә исыцхрааит».
10. Избан аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҩызцәас ишьҭаҳхлар зхадоу?
10 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҩызцәас ишьҭышәх. Аизараҿы акы зҿышәҵаар шәылшо аҩызцәа шәыԥшаала, урҭ шәықәлацәамзаргьы, даҽа культурак иатәызаргьы. Абиблиа иҳанаҳәоит зықәрахь инеихьоу аԥсҭазааратә ԥышәа ду шрымоу (Иов 12:12). Даргьы иқәыԥшу ирҿырҵаар рылшо рацәоуп. Давид Ионафан иаасҭа акырӡа деиҵбын, аха уи реиҩызара иаԥырхагамхаӡеит (1 Сам. 18:1). Дара ауадаҩрақәа раан ргәы шьҭибахуан, уи Иегова изиашаны аанхара ирыцхраауан (1 Сам. 23:16—18). Ирина зыхьӡу аиаҳәшьа лҭаацәараҿы лара заҵәык лоуп Иегова имаҵ зуа. Абар илҳәо: «Аизара аҟынтә ҳҩызцәа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи гәакьақәа реиԥш, насгьы ҳҭаацәа реиԥш иаҳзыҟалар рылшоит. Убас ала Иегова иҳагу хаирҭәаауеит».
11. Иҟаҳҵалар акәзеи аӡәы ҳаиҩызахарц азы?
11 Аҩызцәа ҿыцқәа рыԥшаара мариамзар ауеит, еиҳарак иԥхашьаҩу рзы. Уи бзианы илдыруеит аҿагыларақәа дышрықәшәозгьы Иегова имаҵ аура иалагаз иԥхашьаҩу аиаҳәшьа Ратна. Лара еиҭалҳәоит: «Аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыда ԥсыхәа шсымамыз еилыскааит». Ҳцәаныррақәа рыӡбахә аӡәы изеиҭаҳәара мариамзар ауеит, аха уи ада аиҩызара зыҟалом. Ҳәарада шәҩызцәа шәыцхраар рҭахуп, аха излаҟарҵозеи уи шәгәы иҭоу рзеиҭашәымҳәалар?
12. Ишԥаҳацхраауеи ажәабжьҳәара аҩызцәа рырҳара?
12 Аӡәы ажәабжьҳәара иццара иҩызахаразы зегь иреиӷьу лшароуп. Хыхь зыӡбахә ҳәаз Керол илҳәоит: «Ажәабжь зцысҳәоз, насгьы атеократиатә усқәа зцыҟасҵоз аиҳәшьцәа ҩызцәа бзианы исзыҟалеит. Урҭ сҩызцәа рыла Иегова акыршықәса сгәы шьҭихуеит». Аизараҿы аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҳареи аиҩызара ҳабжьазароуп. Убасҟан Иегова ҳҩызцәа рыла ҳхы заҵәны иҳамбаларц дҳацхраауеит (Ажәам. 17:17).
АИШЬЦӘЕИ АИҲӘШЬЦӘЕИ АИЗАРА ИАХӘҬАКНЫ РХЫ РБАЛАРЦ ШӘРЫЦХРААЛА
13. Иҟарҵалар рыхәҭоузеи аизараҿы зегьы?
13 Аизараҿы аӡәгьы ихы заҵәны имбаларц азы ҳара зегьы абзиабареи аҭынчреи еизҳарҳалароуп (Иоанн 13:35). Ҳажәақәеи ҳусқәеи егьырҭ ргәы шьҭырхыр ауеит. Ҳаҳәшьак илҳәоит: «Абиблиа анысҵоз аизара аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи ҭаацәас исзыҟалеит. Дара рыцхыраарада Иегова имаҵ аура сзалагомызт». Ҳрыцхраар шԥаҳалшо Иегова ишаҳаҭу аҭынхацәа змам аизараҿы рхы заҵәны ирымбаларц?
14. Ишԥаҳалшо ҳҩыза бзианы ҳҟалар ҳаизарахь ҿыц иааиз рзы?
14 Аҩызцәа шәырҳарц азы раԥхьа ашьаҿа ҟашәҵа. Ҿыц Абиблиа аҵара иалагаз, ааигәа зыҽӡаазхыз, насгьы шәеизарахь ииасыз аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәышреигәырӷьо рбартә еиԥш шәхы мҩаԥыжәгала (Рим. 15:7). Урҭ ҳарҩызахарц азы аԥсшәа раҳәара мацара азхаӡом. Иҿыцу рахь аинтерес аашәырԥшла. Шәус злам шәхы аламҵакәа уадаҩрақәас ирымоу аилкаара шәҽазышәшәа. Ишәхашәмыршҭын шьоукы ргәы иҭоу аҳәара шырцәыцәгьоу. Убри аҟынтә азҵаарақәа анрышәҭо шәгәышәҽаныз. Ақьиареи ачҳареи аарԥшны шәырзыӡырҩла. Иаҳҳәап, аҵабырг шеилыркааз шәазҵаа.
15. Ирыцхраар шԥарылшо доуҳала ишәу ақьырсианцәа егьырҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи?
15 Аишьцәеи аиҳәшьцәеи дара-дара рахь аинтерес аадырԥшуазар рыгәрахаҵара ӷәӷәахоит. Раԥхьаӡа иргыланы уи ҟазҵалаша доуҳала ишәу ақьырсианцәеи аизара аиҳабацәеи роуп. Мелисса лан аҵабырг лылалааӡеит. Лара илҳәоит: «Акыршықәса рыҩныҵҟа аизараҿы аишьцәа абацәа реиԥш исзыҟан. Урҭ сара сзы раамҭа еигӡомызт. Ажәала исызҳәом уи шаҟа ахә сшьо! Исзыӡырҩуаз есымша дыҟан». Маурисио зыхьӡу иқәыԥшу аиашьа Абиблиа изырҵоз аизарақәа рахь аныҟәареи ажәабжьҳәареи данаҟәыҵ ихы заҵәны ибо далагеит. Абар ииҳәо: «Аизара аиҳабацәа сгәы шьҭырхуан. Дара лассы-лассы исацәажәон, ажәабжьҳәара сыргон, насгьы рхатә ҭҵаара аан еилыркааз сзеиҭарҳәон. Уи адагьы, ҳаԥсы еицаҳшьон». Уажәы Мелиссеи Маурисиои раамҭа зегь Иегова имаҵ аура иазыркуеит.
Иҟоума шәеизараҿы еиҳарак згәы шьҭыхтәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 16—19.)d
16, 17. Шәызларыцхраар шәылшозеи еиҭа аишьцәеи аиҳәшьцәеи?
16 Усла шәрыцхраала (Гал. 6:10). Зыҩны иацәыхароу, миссионерс амаҵ зуа Лео иҳәоит: «Иаанамҭо аӡәы ацхыраара анҳаиҭо еиӷьу ак ыҟам. Зны амҩан амашәыр сақәшәеит. Аҩны саннеи уаҳа насылымшо сыҟан. Убри аамҭазы хаҵеи ԥҳәыси акыррыцысфарц саарыԥхьеит. Иаҳфоз сгәалашәом, аха иаадырԥшыз ақьиареи ишысзыӡырҩуази ахаан исхашҭӡом. Уи ашьҭахь еиҳа сгәы ҭынчхеит».
17 Ҳара зегьы аконгрессқәа даара бзиа иаҳбоит. Уа ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи ҳаибабар, насгьы апрограмма ҳалацәажәартә алшара ҳамоуп. Аха Керол лзы аконгрессқәа ԥышәара дууп. Лара илҳәоит: «Шәҩыла, ма зықьҩыла аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыбжьара сшыҟоугьы схы заҵәны избоит, избанзар уа еиҳарак аҭаацәара иалоу, ма ахәыҷқәа змоу аҭаацәарақәа роуп иҟоу». Еибахаз аишьцәеи аиҳәшьцәеи ирцәыцәгьазар ауеит, еиҳарак рхала раԥхьаӡа акәны аконгресс ахь ианнеиуа. Ижәдыруама шәара арҭ, ма даҽа мзызқәак ирыхҟьаны аконгрессқәа рҭаара зцәыцәгьоу аишьцәеи аиҳәшьцәеи? Ижәдыруазар, иааиуа аконгресс ахь шәеиццарц рыдыжәгал.
18. Ҳрықәныҟәар шԥаҳалшо 2 Коринфаа рахь 6:11—13 иану ажәақәа, аӡәы сасра данааҳаԥхьо?
18 Аамҭа еицышәхыжәгала. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи сасра иаашәыԥхьала, еиҳарак зхы заҵәны избо. Даҽакала иуҳәозар шәгәы рзаашәырт. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 6:11—13.) Мелисса илгәалалыршәоит: «Сани сареи ҳҩызцәа сасра ҳанаарыԥхьоз, мамзаргьы џьара ԥсшьара ацара анҳадыргалоз ҳгәы ҟанаҵон». Иҟоума шәеизараҿы згәы шьҭыхтәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи?
19. Изҭаххар алшода еиҳарак ҳацхыраара, насгьы ианба?
19 Иҟоуп амшқәа аишьцәеи аиҳәшьцәеи рааигәара ҳаҟазарц еиҳарак ианырҭаху. Шьоукы аныҳәақәа раан Иегова имаҵ зымуа рыуацәа рыбжьара аҟазаара рзымариам. Егьырҭ бзиа ирбоз аӡәы данԥсыз амш аҽны аӡәы рааигәа дыҟазар рҭахуп. Урҭ аишьцәеи аиҳәшьцәеи аамҭа рыцаҳхаҳгалар ҳашреиҷаҳауа дҳарбоит (Флп. 2:20).
20. Ишԥарыцхраауеи Матфеи 12:48—50 иану Иисус иажәақәа, зхы заҵәны избо?
20 Мзызқәак ирыхҟьаны Анцәа имаҵзуҩцәа рхы заҵәны ианырбо ыҟоуп. Ус шакәугьы шәааи иаҳхаҳмыршҭлап Иегова ҳгәы иҭоу шибо. Иара ҳгәы ирҭынчуеит, лассы-лассы уи ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыла иҟаиҵоит. (Шәаԥхьа Матфеи 12:48—50.) Иегова дахьҳаиҷаҳауа пату шақәаҳҵо ааҳарԥшуеит ҳаргьы ацхыраара зҭаху ҳрывагылозар. Ҳцәаныррақәа зеиԥшразаалакгьы ҳхала ахаангьы ҳаанхаӡом, избанзар Иегова есымша ҳааигәа дыҟоуп.
АШӘА 46 Иҭабуп, Иегова
a Шәхы заҵәны ижәбома? Ааи акәзар, агәра ганы шәыҟаз Иегова шәшеиликаауа, дшәыцхраарцгьы шиҭаху. Ари астатиаҿы еилҳаргоит шәхы заҵәны ижәбозар иҟашәҵар шәылшо, насгьы ус зхы збо аишьцәеи аиҳәшьцәеи шәышрыцхрааша.
b Хьыӡқәак ԥсахуп.
c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Зыԥҳәыс дыԥсыз аиашьа ҳсаит аҿы иаагоу аудионҵамҭақәа дахьырзыӡырҩуа абзоурала ихы заҵәны ибаӡом.
d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аби аԥҳаи зықәрахь инеихьо аиашьа ибара иааит, иифашагьы ак изааргеит.