Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w22 август ад. 8—13
  • Иегова имаҵзуҩцәа дырхылаԥшуеит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова имаҵзуҩцәа дырхылаԥшуеит
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ҲХЫ ЗАҴӘНЫ ИАНАҲБО
  • АԤЫШӘАРАҚӘА ҲАНРЫҚӘШӘО
  • ИЕГОВА БЗИА ҲАХЬИБО, НАСГЬЫ ДАХЬАҲХЫЛАԤШУА АЗЫ ҬАБУП ҲӘА ИАҲҲӘОИТ
  • Иара Инцәа иҿы агәҭынчра иԥшааит
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
  • Шәгәы каҳаны шәаныҟоу Иегова шәиқәгәыӷла
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Иҟалахьоума зныкыр аӡәгьы уиҭахымызшәа ухы анубо, насгьы уаншәо?
    Шәхәыҷқәа Абиблиа иану дшәырҵала
  • Иара аҵыхәтәанынӡа ахачҳара ааирԥшуан
    Шәаҿыԥшла урҭ рыгәрахаҵара
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2022
w22 август ад. 8—13

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 33

Иегова имаҵзуҩцәа дырхылаԥшуеит

«Иегова ицәшәо... илаԥш рхуп» (АԤСАЛ. 33:18).

АШӘА 4 Иегова — сара сыхьчаҩ

АХҲӘААa

1. Избан Иисус Иегова дызиҳәоз ишьҭанеицәа дырхылаԥшларц?

ИИСУС иԥсра уахык шагыз жәҩантәи Иаб иалкааны аказы диҳәеит — ишьҭанеицәа дырхылаԥшларц (Иоанн 17:15, 20). Ҳәара аҭахума, Анцәа есымша имаҵзуҩцәа дырхылаԥшуеит. Иара урҭ дреиҷаҳауеит, насгьы ихьчоит. Аха Иисус идыруан Аҩсҭаа, иҵаҩцәа уаҩы ишимбац еиԥш, гәымбылџьбарала дышрышьҭашәарыцало. Насгьы, иара еиликаауан Иегова ицхыраарада урҭ Аџьныш иҿагылара шрылымшоз.

2. Избан агәаҟрақәеи арыцҳарақәеи ҳарцәымшәалар зҳахәҭоу? (Аԥсалом 33:18—20).

2 Аҩсҭаа идунеи ақьырсианцәа ауадаҩрақәа рацәаны ирықәнаршәоит. Агәаҟрақәеи арыцҳарақәеи еидара хьанҭаны ҳҟәаҟәа иқәлар алшоит, насгьы урҭ Иегова гәыкала ҳшизыҟоу ԥыршәаларгьы ауеит. Аха ари астатиа ишаҳнарбо еиԥш, ҳара акгьы ҳацәымшәалароуп. Иегова даҳхылаԥшуеит. Иара ҳзықәшәо ауадаҩрақәа ибоит, насгьы еснагь ҳацхраара дазхиоуп. Шәааи еилҳаргап «Иегова ицәшәо... илаԥш [шырху]» ҳзырбо Абиблиа аҟынтә ҩ-ҿырԥштәык. (Шәаԥхьа Аԥсалом 33:18—20.)

ҲХЫ ЗАҴӘНЫ ИАНАҲБО

3. Ианбаҳалшо ҳхы заҵәны иаҳбалар?

3 Ҳааигәара ирацәаҩны аишьцәеи аиҳәшьцәеи шыҟоугьы, ҳхы заҵәны иаҳбалар ҳалшоит. Иаҳҳәап, арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи ашкол аҿы рхы заҵәны ирбалар ауеит. Урҭ аҵара рыцызҵо зыгәра рго атәы анырзеиҭарҳәо, ирыдгыло дҟамлар алшоит. Даҽа еизарак ахь ииасыз аҿаргьы рхы заҵәны ирбалар рылшоит. Ҳабжьара иҟоуп угәы казыжьуа ацәаныррақәа зызцәырҵуа, аха урҭ ҳхала иҳаӡбалароуп ҳәа зыԥхьаӡо. Зны-зынла ҳарзеилымкаар ҳәа ҳшәаны ҳгәырҩақәа егьырҭ рзеиҭаҳәара ҳацәшәоит. Аӡәгьы хьаас ҳимамшәа ҳгәы иаанагаларгьы алшоит. Ҳхы заҵәны изаҳбозаалакгьы, ацхырааҩ дызмам арыцҳа еиԥш ҳхы ҳбалар ауеит. Аха ҳаҭыр зқәу аишьцәеи аиҳәшьцәеи, ҳшәыҳәоит, ишәхашәмыршҭлан: Иегова ус шәхы жәбалар иҭахӡам. Иабантәиаадыруеи уи?

4. Избан Илиа «сара заҵәык соуп инхаз» ҳәа зиҳәаз?

4 Иаҳгәалаҳаршәап Илиа ихҭыс. Иара 40 мшы инареиҳаны, аҳкәажә Иезавель лҟынтә иҽиҵәахуан. Лара Илиа дылшьуеит ҳәа дқәит (1 Аҳ. 19:1—9). Аҵыхәтәаны, аҳаԥаҿы иҽаниҵәахуаз, игәы каҳаны Иегова абас иеиҳәеит: «Сара заҵәык соуп инхаз» (1 Аҳ. 19:10). Аиашазы, атәылаҿы егьырҭ аԥааимбарцәагьы ыҟан. Иаҳҳәап, Авди рыцҳашьарак зламыз Иезавель лҟынтә 100-ҩык аԥааимбарцәа иҵәахит (1 Аҳ. 18:7, 13). Избан, нас, Илиа ихы заҵәны изибоз? Игәы иаанагозма Авди ииҵәахыз аԥааимбарцәа ршьхьеит ҳәа? Ихы заҵәны ибозма ашьха Кармил аҿы иҟаз ахҭысқәа рышьҭахь Иегова имаҵ аура аӡәгьы дахьаламгаз азы? Мамзаргьы иԥсҭазаара ашәарҭара ишҭагылоу аӡәгьы издырӡом, ма зегьы дырхашҭит ҳәа дхәыцуазҭгьы? Абиблиаҿы ианӡам Илиа ихы заҵәны изибоз. Аха ҳара ибзианы иаҳдыруеит Иегова Илиа ихы заҵәны изибоз шеиликаауаз, насгьы дызлаицхрааша шидыруаз.

Ҳгәы арҭынчыр шԥалшо Иегова аԥааимбар Илиа дышицхрааз иазку ажәабжь, ҳхы заҵәны ианаҳбо? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 5, 6.)

5. Агәра шԥаииргеи Иегова Илиа ихала дшыҟамыз?

5 Дышԥаицхрааи Иегова Илиа? Илиа игәы иҭаз иҳәарц азы Анцәа ҩынтә абас диазҵааит: «Илиа, иҟауҵозеи ара?» (1 Аҳ. 19:9, 13). Илиа игәы иҭаз аниҳәоз, Иегова зҿлымҳарала дизыӡырҩуан. Анаҩс Анцәа Илиа имч ирбаны, иааигәара дшыҟаз иеилиркааит. Иара Илиа агәра ииргеит ихала дшыҟамыз. Аԥааимбар еиликааит аӡәырҩы израильаагьы иара иеиԥш Иегова имаҵ шыруа (1 Аҳ. 19:11, 12, 18). Ҳхаҿы иааҳгар ҳалшоит Илиа шаҟа игәы ҭынчхаз, игәы иҭаз Иегова ианиеиҳәа, насгьы аҭак аниоу. Уи адагьы, Анцәа Илиа акрызҵазкуаз адҵақәа ииҭеит: Хазаел Сириа аҳас дҟаиҵарц, Ииуи — Израиль аҳас, насгьы Елисеи — ԥааимбарс (1 Аҳ. 19:15, 16). Иегова Илиа арҭ адҵақәа иҭаны ибзиоу акы ихы азишьҭырц дицхрааит. Уи адагьы, Иегова Илиа ҩыза бзиас изыҟалаз, амаҵгьы ицызуаз Елисеи дииҭеит. Ишԥаҳалшо ҳара ҳгәы каҳаны ҳаныҟоу Иегова дышҳацхраауа ҳбар?

6. Узызиҳәалар улшозеи Иегова ухы заҵәны ианубо? (Аԥсалом 62:8).

6 Иегова угәы иҭоу зегь изеиҭоуҳәалар даараӡа иҭахуп. Иара ибоит узықәшәо ауадаҩрақәа зегьы, насгьы еснагь узыӡырҩра дазхиоуп (1 Фес. 5:17). Анцәа имаҵзуҩцәа аниҳәо игәаԥхоит (Ажәам. 15:8). Узызиҳәалар улшозеи, ухы заҵәны ианубо? Илиа иеиԥш, угәы иҭоу изеиҭаҳәала. (Шәаԥхьа Аԥсалом 62:8.) Узықәшәо ауадаҩрақәа зегьы, насгьы урҭ ирыхҟьаны ухы шубо изеиҭаҳәала. Анцәа уиҳәала агәкаҳара уаиааир шулшо уеилиркаарц. Иаҳҳәап, ашкол аҿы ажәабжь аҳәара ушәозар, насгьы иуцхраауа ҳәа аӡәгьы дыҟамзар, Анцәа агәымшәара уиҭарц уиҳәала. Иара убас уара иулшоит ииашоу ажәақәа алухларц, насгьы аӡәгьы игәы иумырхьырц азы аҟәыӷаразы Анцәа уиҳәалар (Лука 21:14, 15). Угәы казыжьуа ахәыцрақәа ҭаха урымҭозар, Анцәа уиҳәала доуҳала иӷәӷәоу аӡәы иацәажәара дуцхраарц. Уи ауаҩы аилкаареи арыцҳашьареи аарԥшны дузыӡырҩырц Анцәа уиҳәала. Анцәа угәы иҭоу зегь изеиҭаҳәара уацәыԥхамшьалан. Уҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо гәаҭала, насгьы егьырҭ рыцхыраара мап ацәумклан. Убасҟан уиаҟара ухы заҵәны иубалаӡом.

Шәрышьҭоума шәара алшарақәа еиҳаны ажәабжь аҳәаразы, насгьы аишьцәеи аиҳәшьцәеи амаҵ рыцуразы? (Шәахәаԥш абзац 7.)

7. Иунарҵозеи Маурисио иҿырԥшы?

7 Иегова, ҳара зегьы ҳагәра ганы, ихадоу аус ҳнапы ианиҵеит. Агәра ганы уҟаз иара аизараҿы, насгьы амаҵзураҿы иҟауҵо зегьы шгәеиҭо, насгьы ахә шишьо (Аԥсал. 110:3). Ишԥауцхраауеи гәацԥыҳәарала Иегова имаҵ ахьууа ухы заҵәны иумбаларц? Ҳахәаԥшып Маурисиоb зыхьӡу, иқәыԥшу аиашьа иҿырԥшы. Аӡы иҽанӡааих ашьҭахь дук мырҵыкәа иҩызцәа гәакьақәа руаӡәк доуҳала дыԥсыҽхеит. Маурисио игәалашәоит: «Иара Иегова дахьицәыхарахаз иахҟьаны, саргьы схы сацәшәо салагеит. Сара ус схәыцит: „Исылшома аҵыхәтәанынӡа гәыкала Иегова имаҵ аура? Иҭаацәара сахьахәҭаку саԥсаны сзаанхару?“ Сара схала саанхазшәа, насгьы аӡәгьы сизеилымкаауазшәа збон». Ицхраазеи Маурисио? Иара иҳәоит: «Сара еиҳаны ажәабжь аҳәара салагеит. Уи сыцхрааит мыцхәы схы азымхәыцра, насгьы сгәы казыжьуаз ахәыцрақәа рҿагылара. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи ажәабжь ахьрыцысҳәоз агәырӷьара снаҭон, насгьы уиаҟара схы заҵәны избаӡомызт». Ааи, ажәабжьҳәара ҳзеицымцозаргьы, асаламшәҟәқәа ахьеицаҳаҩуа, насгьы ҭелла ажәабжь ахьеицаҳҳәо амч ҳнаҭоит. Ицхраазеи иҵегьы Маурисио? Иара иациҵоит: «Сара аизара аусқәа еиҳаны схы рыласырхәуа салагеит. Арҵаратә дҵақәа зегьы ибзианы сҽырзыҟасҵон. Урҭ анынасыгӡоз, Иеговеи, аишьцәеи, аиҳәшьцәеи сыхә шыршьоз збон».

АԤЫШӘАРАҚӘА ҲАНРЫҚӘШӘО

8. Ҳхы ҳбалар шԥаҳалшо аԥышәара ӷәӷәақәа ҳанрықәшәо?

8 Ҳара иаҳдыруеит, ари аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аԥышәарақәа ҳашрықәшәало (2 Тим. 3:1). Аха уеизгьы ҳаззыԥшымыз ԥышәарақәак иаалырҟьаны ҳрықәшәар алшоит. Уи аԥара ахьаҳзымхо, ачымазара бааԥс, ма иаҳзааигәоу ауаҩы иԥсра иадҳәалазар алшоит. Ус еиԥш иҟоу аԥышәарақәа раан, ҳара астресс ӷәӷәа ҳаур ауеит, еиҳараӡак аԥышәарақәа ҵыхәаԥҵәара рымамзар, ма зегь зныкала ҳрықәшәазар. Аха шәааи, иаҳхаҳмыршҭлап, Иегова дшаҳхылаԥшуа. Иара ицхыраарала ҳзықәшәо аԥышәарақәа зегь ҳхаҳгоит.

9. Иарбан ԥышәарақәоу Иов дзықәшәаз?

9 Шәааи иаҳгәалаҳаршәап Иегова гәыкала изыҟаз имаҵзуҩы Иов дышицхрааз. Аамҭа кьаҿк иалагӡаны Иов ауадаҩра дуқәа дрықәшәеит. Мышкала ирахә-ишәахә ԥсит, имаҵуҩцәа нҵәеит, насгьы зегь раасҭа еицәаз, бзиа иибоз ихәыҷқәа зегь имҵәеит (Иов 1:13—19). Аха уи мацара акәындаз. Хара имгакәа, Иов арҭ агәаҟрақәа зегьы дшырҭагылаз, уаҩ дзимыхәаԥшуа ачымазара бааԥс ихьит (Иов 2:7). Иов, зынӡа игәы каҳаӡан, абас иҳәеит: «Аԥсҭазаара сгәы ахшәеит, уаҳа анхара сҭахӡам» (Иов 7:16).

Иегова Иов бзиа дшибо агәра ииргарц азы, ишамҭақәа дышреиҷаҳауа дазхьаирԥшит. (Шәахәаԥш абзац 10.)

10. Дышԥаицхрааи Иегова Иов дзықәшәаз аԥышәарақәа рыхгара? (Шәахәаԥш ацәаҿы иану асахьа.)

10 Аха Иегова Иов дихылаԥшуан. Иара имаҵзуҩы бзиа дибон, убри аҟынтә аԥышәарақәа рыхгара дицхрааит. Иегова Иов диацәажәеит. Иара игәалаиршәеит аҟәыӷара ду шимоу, насгьы ишамҭақәа рхылаԥшра ахаан дшаҟәымҵуа. Анцәа Иов азҵаарақәа ииҭеит иџьоушьашаз аԥстәқәа рацәаны ирызкны (Иов 38:1, 2; 39:9, 13, 19, 27; 40:15; 41:1, 2). Иара убас Иов дирӷәӷәарц, насгьы игәы шьҭихырц азы, Елиуи зыхьӡыз, иқәыԥшыз ауаҩы дизынаишьҭит. Елиуи Иов агәра ииргеит Иегова ачҳара аарԥшны, ауадаҩрақәа зхызго имаҵзуҩцәа еснагь дшырзылԥхо. Аха уи адагьы, Иегова Елиуи игәазҭеиҵеит хаала Иов дилабжьарц. Елиуи Иов дицхрааит мыцхәы ихы азымхәыцра, насгьы игәалаиршәеит — Адунеи зегь Зшаз Иегова иҿаԥхьа, ҳара зынӡа ҳашхәыҷӡақәоу (Иов 37:14). Иара убас Анцәа Иов адҵа ииҭеит. Иара Анцәа диҳәар акәын Иегова иҿаԥхьа агәнаҳа ҟазҵаз хҩык иҩызцәа рзы (Иов 42:8—10). Аха дышԥаҳацхраауеи Анцәа ҳара аԥышәарақәа ҳанрықәшәо?

11. Иҳацхраар шԥалшо Абиблиа, аԥышәарақәа ҳанрықәшәо?

11 Иегова Иов дышиацәажәоз еиԥш иахьа дҳацәажәаӡом. Аха Абиблиа ҳанаԥхьо ибжьы ҳаҳауеит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит (Рим. 15:4). Иара иҳаиҭо агәыӷра ала ҳгәы ирҭынчуеит. Шәааи, ауадаҩрақәа ҳанрықәшәало ҳгәы шьҭызхыр алшо, Анцәа Иажәаҿы иаагоу зхәыцрақәак ҳрылацәажәап. Иегова ҳақәиргәыӷуеит: даара иӷәӷәоу аԥышәарақәа ҳрықәшәаргьы, «Анцәа ибзиабара ҳаҟәызыҭхо мчы-лшара шыҟам» (Рим. 8:38, 39). Иара убас, иара ҳақәиргәыӷуеит и́ҳәо зегьы дшырзааигәоу (Аԥсал. 145:18). Иегова иҳаиҳәоит, ҳиқәгәыӷуазар, иарбан ԥышәаразаалакгьы ҳзықәшәо, уи ҳхаҳгар шҳалшо, агәырӷьарагьы шаҳцәымӡуа (1 Кор. 10:13; Иак. 1:2, 12). Абиблиа иаҳгәаланаршәоит аԥышәарақәа аамҭала шакәу ҳашрықәшәо, избанзар аԥхьаҟа Анцәа наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳамҭас иҳаиҭоит (2 Кор. 4:16—18). Иегова шә-процентк ҳақәиргәыӷуеит ҳауадаҩрақәа зегь зыхҟьо, Аҩсҭааи ауаацәгьақәеи, шықәиго (Аԥсал. 37:10). Ишәҵахьоума шәара ҿырҳәала шәгәы шьҭызхло, насгьы аԥхьаҟа шәзықәшәо аԥышәарақәа рыхгара ишәыцхраар алшо абиблиатә жәеинраалақәа?

12. Ҳгәы зызҭеиҵозеи Иегова?

12 Иегова ҳгәазҭеиҵоит есыҽны Абиблиа аԥхьаразы, насгьы ҳзыԥхьаз инарҵауланы азхәыцразы аамҭа алҳхларц. Еилаҳкааз ҳхы ианаҳархәо ҳагәрахаҵара ӷәӷәахоит, насгьы жәҩантәи Ҳаб еиҳа ҳаизааигәахоит. Уи ҳзықәшәо ауадаҩрақәа рыхгаразы амч ҳнаҭоит. Уи адагьы, Абиблиа агәра зго Иегова иԥшьоу идоуҳа риҭоит. Уи адоуҳа ҳамч аасҭа еиҳау амч ҳнаҭоит, ҳзықәшәо аԥышәарақәа зеиԥшразаалакгьы иаҳхаҳгарц азы (2 Кор. 4:7—10).

13. Ишԥаҳацхраауеи «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» иҳаиҭо адоуҳатә фатә аԥышәара ӷәӷәақәа рыхгара?

13 Иегова «узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш» адоуҳатә фатә ҳзырхиара дицхраауеит (Матф. 24:45). Убри аҟынтә ҳагәрахаҵара зырӷәӷәо, насгьы Иегова изааигәахара иҳацхраауа ирацәаны астатиақәеи, авидеонҵамҭақәеи, ашәақәеи ҳамоуп. Шәааи уи адоуҳатә стол амла ҳшакуа ахаан ҳахымҵлап! Еиду Аштатқәа рҿы инхо иаҳәшьак ааигәа илҳәеит, адоуҳатә фатә ахә ҳаракны изылшьо. Лара илҳәоит: «Сара Иегова имаҵ зуеижьҭеи 40 шықәса ҵуеит, урҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа Иегова гәыкала сшизыҟоу зныкымкәа иԥышәахахьеит». Ари аиаҳәшьа ирацәаны агәаҟрақәа дрықәшәахьеит: ижәны иҟаз амашьынаныҟәцаҩ ихарала лабду дҭахеит, лҭаацәа ачымазара бааԥс иагеит, лхаҭагьы ҩынтә акьыба чымазара аҟынтә лҽылхәышәтәхьеит. Илыцхраазеи лара уи зегь ахгара? Лара илҳәоит: «Иегова еснагь дсыцхраауан. Узықәгәыӷыртә иҟоу амаҵуҩ ҟәыш ила иҳаиҭо адоуҳатә фатә сгәы акамыжьра исыцхраауеит. Сара Иов ибзианы деилыскаауеит. Иара иҳәеит: „Сыԥсы ҭанаҵы иаансыжьуам сара сыцқьара!“» (Иов 27:5).

Ҳрыцхраалар шԥаҳалшо аишьцәеи аиҳәшьцәеи аизараҿы? (Шәахәаԥш абзац 14.)

14. Дышԥаҳацхраауеи Иегова аԥышәарақәа раан аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыла? (1 Фессалоникаа рахь 4:9).

14 Иегова иаҳирҵоит аамҭа цәгьақәа раан ҳара-ҳара ҳгәы шьҭибахларц, насгьы бзиа ҳаибабаларц (2 Кор. 1:3, 4; шәаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 4:9). Елиуи иеиԥш ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳагәрахаҵара мԥсыҽхарц азы ҳацхраара иазхиоуп (Аус. 14:22). Иаҳҳәап, Диана лхаҵа ӷәӷәала данычмазаҩха, аизара Иегова дицәыхарамхарц илыцхраауан. Лара илҳәоит: «Сара даараӡа исцәыцәгьан. Аха уадаҩрала иҭәыз арҭ амзақәа рыҩныҵҟа ҳара иаҳбон Иегова инапы ҳақәыргыланы ҳшибоз, абзиабарагьы шааирԥшуаз. Аишьцәеи аиҳәшьцәеи еснагь иҳавагылан. Дара аҭел иаҳзасуан, ҳбара иаауан, насгьы ҳаргәыдыҳәҳәаланы ҳгәы ҟарҵон. Ари зегьы ҳгәы акамыжьра иҳацхрааит. Сара амашьына аныҟәцашьа сыздырӡом, убри аҟынтә аишьцәеи аиҳәшьцәеи аизарахь сыргон, насгьы иансылшоз амаҵзурахьы исыццон». Ишԥабзиоу абас иҳаиҷаҳауа аҭаацәара ахьҳамоу!

ИЕГОВА БЗИА ҲАХЬИБО, НАСГЬЫ ДАХЬАҲХЫЛАԤШУА АЗЫ ҬАБУП ҲӘА ИАҲҲӘОИТ

15. Избан агәра ганы ҳзыҟоу аԥышәарақәа ҳхаҳгар шҳалшо?

15 Ҳара зегьы аԥышәарақәа ҳармықәшәар ауӡом. Аха ишаҳбаз еиԥш, ҳхала ҳаҟаӡам. Бзиа ҳазбо Ҳаб Иегова даҳхылаԥшуеит. Иара еснагь ҳааигәа дыҟоуп, ҳзыӡырҩреи ҳацхраареи дазхиоуп (Ис. 43:2). Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Иегова ицхыраарала аԥышәарақәа зегь шаҳхаҳго. Избанзар Иара уи азы иаҭаху зегь меигӡарахда иҳаиҭоит. Анцәа иҳәара алшара ҳаиҭеит. Иара иҳаиҭеит Абиблиеи, ирацәаны адоуҳатә фатәи. Иара убас ҳара иҳамоуп ауадаҩрақәа раан ҳацхраара иазхиоу, бзиа ҳазбо аишьцәеи аиҳәшьцәеи.

16. Иҟаҵалатәузеи Иегова есымша бзиа ҳаибаларц, насгьы даҳхылаԥшларц азы?

16 Шаҟа ибзиоузеи иаҳхылаԥшуа жәҩантәи Аб дахьҳамоу! «Ҳагәқәа Нцәа Ҳазшаз иеигәырӷьоит» (Аԥсал. 33:21, АԤ). Иегова бзиа ҳахьибо, насгьы дахьаҳхылаԥшуа ахә ҳаракны иаҳшьозар, иҳаиҭо зегьы пату ақәҵаны иҳадаҳкылалоит. Аха иҟаҵалатәузеи иҵегьы иара анаҩсгьы даҳхылаԥшларц азы? Еснагь Иегова изыӡырҩлатәуп, насгьы ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо ҟаҵалатәуп. Усҟан наӡаӡа илаԥш хаа ҳхызаауеит! (1 Пиотр 3:12).

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Дышԥаҳацхраауеи Иегова ҳхы заҵәны ианаҳбо?

  • Дышԥаҳацхраауеи Иегова аԥышәарақәа ҳанрықәшәо?

  • Избан Иегова бзиа ҳахьибо, насгьы дахьаҳхылаԥшуа азы ҭабуп ҳәа иаҳҳәалар зхадоу?

АШӘА 30 Сыхьчаҩ, Саб, Сҩыза

a Иахьа ҳаԥсҭазаара уадаҩрала иҭәуп. Анцәа ицхыраара ада урҭ ҳзыхгаӡом. Ари астатиа иаҳгәаланаршәоит Иегова имаҵзуҩцәа дшырхылаԥшуа. Иара ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зегь ибоит. Насгьы, ҳара зегьы урҭ рыхгаразы иаҭаху зегь ҳаиҭоит.

b Хьыӡқәак ԥсахуп.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра