Аҵакы
ИИУН 27, 2016 — ИИУЛЬ 3, 2016
3 Аилибамкаарақәа аншәызцәырҵуа, бзиабарала ишәыӡбала
Иаҳҭынхаз анамӡара иахҟьаны зны-зынла егьырҭи ҳареи ҳагәқәа нибархоит. Ари астатиа аҟынтәи еилаҳкаауеит ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рыӡбаразы абиблиатә принципқәа ҳхы ишаҳархәалаша.
ИИУЛЬ 4—10, 2016
8 «Шәцаны ажәларқәа зегьы рыҩнуҵҟа аҵаҩцәа азыҟашәҵала»
Ари астатиаҿы иаагоуп Матфеи 24:14 иану Иисус иԥааимбаражәа назыгӡо Иегова ишаҳаҭцәа рымацара шракәу узырбо ашьақәырӷәӷәарақәа. Уа иара убас еилыргоуп уаакцәаҩны аҟазаара иаанаго (Матф. 4:19).
ИИУЛЬ 11—17, 2016
13 Ишԥашәыдышәкыло шәара аӡбарақәа?
Аӡбарақәа аншәыдышәкыло, шәгәы ишәыҵанаҳәо ала аума шәхы шымҩаԥыжәго? Мамзаргьы егьырҭ шәҭыԥ аҿы ишԥаҟарҵарыз ҳәа шәразҵаауоу? Ари астатиаҿы иаарԥшуп Анцәа Иегова игәаанагара ҳара ҳзы зегь раасҭа ихадазар, ииашоу аӡбарақәа ҳадаҳкылалар шҳалшо.
ИИУЛЬ 18—24, 2016
18 Иаԥсахуама анаҩсгьы Абиблиа шәыԥсҭазаара?
Шәгәы иаанагома зны-зынла аӡы шәыҽӡаашәхаанӡа шәыԥсҭазаараҿы аҽыԥсахра ӷәӷәақәа рыҟаҵара еиҳа ишәзымариан, ақьырсиантә ҟазшьақәа реиӷьтәра аасҭа ҳәа? Ари астатиаҿы еилыргоуп ҳаԥсыҽрақәа рҿагылара заҳзымариам, насгьы Анцәа Иажәа ацхыраарала Иегова игәаԥхо аҟазшьақәа анаҩсгьы реизырҳара шҳалшо.
ИИУЛЬ 25—31, 2016
23 Инагӡаны шәхы иашәырхәома шәара Иегова ишәиҭо зегьы?
Ари астатиаҿы еилыргоуп ахәарҭа ҳзаазго адоуҳатә ҳамҭақәа зны-зынла уиаҟара ҳаамҭа зырзалҳамхуа. Ҳара иаҳбоит ус еиԥш иҟоу ашәарҭара аҽацәыхьчареи иҳамоу адоуҳатә фатәы ихадоу аурокқәа ралхреи шҳалшо.