Инагӡаны шәхы иашәырхәома шәара Иегова ишәиҭо зегьы?
«Сара, Иегова, уара у-Нцәа, ихәарҭоу узырҵо соуп» (ИС. [ИС.] 48:17).
1, 2. а) Ишԥазыҟоу Иегова ишаҳаҭцәа Абиблиа? б) Иарбан библиатә хәҭоу шәара еиҳа ишәгәаԥхо?
ИЕГОВА ИШАҲАҬЦӘА Абиблиа бзиа ирбоит. Уи иҟәыӷоу алабжьареи амҩақәҵареи, агәырҭынчреи агәыӷреи ҳнаҭоит (Рим. 15:4). Ҳара Иԥшьоу Аҩыра иҟәыӷоу ауаа ргәаанагарақәа реизга еиԥш акәымкәа, иара шыҟаҵәҟьоу — Анцәа иитәу ажәаны иҳадаҳкылоит (1 Фес. 2:13).
2 Ҳәарада, ҳара зегьы бзиа иаҳбо абиблиатә цыԥҵәахақәа ҳамоуп. Шьоукы Аевангелиеқәа рыԥхьара даара иргәаԥхоит. Урҭ Иисус иажәақәеи иусқәеи ирныԥшуаз зеиԥшыҟам Анцәа ихаҭара ухаҿы аагара иуцхраауеит (Иоанн 14:9). Егьырҭ иргәаԥхоит аԥааимбаражәақәа ахьану абиблиатә шәҟәқәа, Аатра ашәҟәгьы уахь иналаҵаны. Уа «лассы иҟалараны иҟоу» атәы аҳәоит (Аат. 1:1). Даҽа шьоукы Аԥсаломқәа рыԥхьара ргәы шьҭнахуеит, иҟоуп Ажәамаанақәа рышәҟәы иану алабжьарақәа рыԥхьара згәаԥхогьы. Ииашаҵәҟьаны, Абиблиа зегьы ахәарҭа рзаазго шәҟәуп.
3, 4. а) Ҳашԥазыҟоу ҳара ҳлитература? б) Иарбан публикациақәоу Иегова ишаҳаҭцәа иҭрыжьуа?
3 Абиблиа бзиа иаҳбоит аҟынтә, уи шьаҭас измоу ҳлитература аԥхьара ҳгәаԥхоит. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит ашәҟәқәеи, аброшиурақәеи, ажурналқәеи рыла иҳауа адоуҳатә фатәы. Иегова иҳаиҭо арҭ аҳамҭақәа алахҿыхра, доуҳала ачара, насгьы агәрахаҵара ӷәӷәа аарԥшра иҳацхраауеит (Тит 2:2).
4 Иегова ишаҳаҭцәа рзы иҭыҵуа алитература адагьы, ҳара иҳауеит иалкаау гәыԥк рзы иҭыҵуа Абиблиа шьаҭас измоу апубликациақәа. Иаҳҳәап, иҟоуп иқәыԥшу ирызку аинформациа, иҟоуп аҭаацәа ирызку. Икьыԥхьу аҭыжьымҭақәа жәпакы, иара убас ҳсаит аҿы иҟоу астатиақәа зегь раԥхьа иргыланы Иегова ишаҳаҭцәам рзы ауп изыҟоу. Абас еиԥш хкы рацәала адоуҳатә фатәы анаҳбо, Иегова «ажәларқәа зегьы рзы хәшала ихыш-хыҵәо фатәыла иҭәу ачара ду зуеит» ҳәа ииҳәаз иажәа шынаигӡаз еилаҳкаауеит (Ис. [Ис.] 25:6).
5. Дышԥазыҟоу Иегова адоуҳатә фатәы аԥхьаразы ҳаамҭа ҳахьеиҷаҳауа?
5 Иҟалап ҳаиҳараҩык Абиблиа шьаҭас измоу ҳлитература аԥхьаразы еиҳаны аамҭа ҳамазарц ҳҭахызар. Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит иааиԥмырҟьаӡакәа Абиблиа аԥхьареи ҳхатә ҭҵаара амҩаԥгареи рзы ҳаамҭа ҳахьеиҷаҳауа Иегова ахә шишьо (Еф. 5:15, 16). Ҳәарада, ҳара иҳалшом иҳауа адоуҳатә фатәы зегьы ҳаамҭа еиҟараны азкра. Аха уеизгьы иаҳхаҳмыршҭлар ауп усҟак иузгәамҭо ашәарҭара шыҟоу. Изакәызеи уи?
6. Избан зны-зынла Иегова иҳаиҭо доуҳатә ҳамҭақәак иахәҭоу аамҭа зырзалҳамхуа?
6 Зны-зынла ҳгәы иаанагар алшоит адоуҳатә фатәы аҟынтәи акы ҳара иҳаҵанакуам ҳәа. Иаҳҳәап, библиатә цыԥҵәахак ахәарҭа ҳзалам ҳәа ҳхәыцуазар алшоит. Мамзаргьы шәҟәык ма брошиурак захь ирхоу ргәыԥ ҳаҵанакуам ҳәа ҳгәы иаанагозар ауеит. Иҟалап уи ирласны ҳалаԥш ахаҳгозар, ма зынӡа ҳамыԥхьозар. Усҟан ҳара ҳзы ихадоу зхәыцрақәак ҳаҩҳажьыр ауан. Ишԥаҳалшо ари аҩыза ашәарҭара аҽацәыхьчара? Зегь раԥхьа иргыланы ҳара иаҳгәалашәозар ауп адоуҳатә ҳамҭақәа зегь ҳазҭо Анцәа шиакәу. Абар иара аԥааимбар Исаиа ила ииҳәо: «Сара, Иегова, уара у-Нцәа, ихәарҭоу узырҵо соуп» (Ис. [Ис.] 48:17). Шәааи х-лабжьарак еилҳаргап. Урҭ еиуеиԥшым абиблиатә цыԥҵәахақәеи хкы рацәала иҳауа адоуҳатә фатәи рҟынтәи ахәарҭа алхра иҳацхраауеит.
АБИБЛИА АԤХЬАРА АХӘАРҬА ҲЗААНАГАЛАРЦ АЗЫ АЛАБЖЬАРАҚӘА
7. Избан ҳахшыҩ Абиблиа аԥхьаразы иазыҟаҳҵалар зҳахәҭоу?
7 Шәыхшыҩ Анцәа Иажәа аԥхьара иазыҟашәҵала. Абиблиаҿы еилыкка иануп: «Аҩыра зегьы нцәа доуҳала иаԥҵоуп, уи хәарҭоуп» (2 Тим. 3:16). Абиблиа ахәҭақәак аԥхьанатә хаҭала аӡәы ма иалкаау гәыԥк рахь ирхан. Убри аҟынтә Анцәа Иажәа ҳанаԥхьо, хаҭала ҳара ҳзы хәарҭас иалоу ҳазхәыцлар ауп. Иашьак иҳәоит: «Библиатә цыԥҵәахак санаԥхьо, ихархәагоу азхәыцрақәа сыԥшаар шсылшо схасыршҭӡом». Уи иара игәазҭанаҵоит иаразнак иумбо иҵаулоу азхәыцрақәа рыԥшаара. Абиблиа аԥхьара ҳалагаанӡа, Иегова ҳиҳәар ҳалшоит ҳахшыҩ Иажәа адкылара иазыҟаиҵарц, насгьы ҳхазы ихәарҭоу аурокқәа ралкаара дҳацхраарц (Езд. [Езд.] 7:10; уаԥхьа Иаков 1:5).
Шәҽазышәшәома шәара Абиблиа еиҳаны ахәарҭа шәзаанагалартә еиԥш аԥхьара? (Шәахәаԥш абзац 7.)
8, 9. а) Иарбан зҵаарақәоу Абиблиа ҳанаԥхьо ҳхы иаҳҭалар ҳалшо? б) Еилаҳкаауазеи Иегова изкны, аизара аиҳабацәа рзы иҟоу абиблиатә ҭахрақәа ҳанрызхәыцуа?
8 Азҵаарақәа ықәшәыргылала. Абиблиа шәанаԥхьо, шәаангыланы шәхы шәазҵаала: «Еилыскаауазеи сара Иегова изкны ари ацыԥҵәаха аҟынтәи? Ишԥасылшо сзыԥхьаз сара сыԥсҭазаараҿы схы иасырхәар? Ишԥасылшо арҭ ажәеинраалақәа егьырҭ рыцхрааразы схы иасырхәар?» Абарҭ рҩызцәа азҵаарақәа ҳхы иаҳҭалар, Абиблиа аԥхьара еиҳа ахәарҭа ҳзаанагоит. Иаҳҳәап, шәааи 1 Тимофеи иахь 3:2—7 (уаԥхьа) аҿы аизара аиҳабацәа рзы иану абиблиатә ҭахрақәа ҳрызхәыцып. Ҳаиҳараҩык аизара еиҳабацәас амаҵ руам аҟынтә, раԥхьа ҳгәы иаанагар ауеит ари ацыԥҵәаха ҳара зынӡа иҳазкӡам ҳәа. Аха хыхь еиқәыԥхьаӡаз зҵаарақәак иадамзаргьы ҳхы иархәаны уи ацыԥҵәаха ҳазхәыцыр, иалҳкаауа рацәоуп.
9 Еилыскаауазеи сара Иегова изкны ари ацыԥҵәаха аҟынтәи? Ари ацыԥҵәаха иаҳнарбоит аҭакԥхықәра змоу ахацәа Иегова иҳараку аҭахрақәа шрыдиҵо. Иара дазыԥшуп дара егьырҭ аҿырԥш бзиа ддырбалоит ҳәа. Иара убас урҭ Анцәа иҿаԥхьа аҭак ҟарҵоит «Иԥа ишьала иааихәаз» аизара ишазыҟоу азы (Аус. 20:28, АдҾ). Иегова иҭахуп аизара аиҳабацәа ҳхылаԥшларц, насгьы ҳрыхьчаларц. Усҟан ҳара акгьы ҳацәшәалаӡом (Ис. [Ис.] 32:1, 2). Абас, аизара аиҳабацәа рзы иҟоу абиблиатә ҭахрақәа ҳанрызхәыц, Иегова дышҳаиҷаҳауа ҳбеит.
10, 11. а) Хәарҭас иаҳзааргозеи аизара аиҳабацәа рзы иҟоу аҭахрақәа? б) Ишԥаҳалшо арҭ ажәеинраалақәа егьырҭ рыцхрааразы ҳхы иаҳархәар?
10 Ишԥасылшо сзыԥхьаз сыԥсҭазаараҿы схы иасырхәар? Аамҭа-аамҭала аҭакԥхықәра зду аишьцәа арҭ аҭахрақәа ҿыц ирзааҭгылалароуп, рхы гәарҭарц, насгьы иԥсахтәу иазхәыцырц азы. «Епископс [«хылаԥшҩыс», АдҾ] аҟалара иазгәышьуа» аиашьа арҭ абиблиатә ҭахрақәа ҭиҵаароуп, насгьы иахьынӡалшо урҭ рыҽрықәыршәара иҽазишәалар ауп (1 Тим. 3:1). Аиашазы арҭ абиблиатә жәеинраалақәа ақьырсианцәа зегьы иҭырҵаар бзиоуп, избанзар уа Иегова имаҵзуҩцәа зегь рҟынтә дыззыԥшу ануп. Иаҳҳәап, ақьырсианцәа зегьы аԥара арҳара иҭышәынтәаланы иазнеилар ауп, насгьы асасдкылара аадырԥшлароуп (1 Тим. 6:9, 10; Рим. 12:13). Ҳара аԥсаса аҿырԥш бзиа рызҭо аизара аиҳабацәа ирҿаҳҵаауа рацәоуп. Иара убас урҭ рыгәрахаҵара ҳаҿыԥшлар ҳалшоит (1 Пиотр 5:3; Аур. 13:7).
11 Ишԥасылшо арҭ ажәеинраалақәа егьырҭ рыцхрааразы схы иасырхәар? Ақьырсиантә хылаԥшыҩцәа рзы иҟоу абиблиатә ҭахрақәа аҵабырг ахь аинтерес аазырԥшуа, насгьы Абиблиа зҳарҵо ауаа ирыцхраар рылшоит. Дара еилыркаауеит Иегова ишаҳаҭцәоу аизара аиҳабацәа ақьырсиантә дунеи анапхгаҩцәа ишреиԥшым. Иара убас арҭ аҭахрақәа ҿыц ҳанрыԥхьо, ҳаизара аиҳабацәа хамеигӡарала ирбо аџьабаа ҳазхәыцыр ҳалшоит. Урҭ рмаҵзура азхәыцра ҳацхраауеит ҳара ҳзы «аџьабаа хьанҭа иаҵоу» рахь аџьшьара аарԥшра (1 Фес. 5:12). Дара уи еиҳа гәахәарыла иҟарҵалоит, ҳара пату рықәаҳҵалар (Аур. 13:17).
12, 13. а) Ишԥаҳалшо ҳара ҳхатә ҭҵаара аан инарҭбаау аинформациа аԥшаара? б) Ишԥаҳацхраауеи инарҭбаау аинформациа иаразнак иузгәамҭо аурок хадақәа рыԥшаара? Иаажәга аҿырԥшы.
12 Аҭҵаара мҩаԥыжәгала: Шәхатә ҭҵаара анымҩаԥыжәго, абарҭ азҵаарақәа рҭак аԥшаара шәҽазышәшәа:
Изҩыда ари абиблиатә цыԥҵәаха?
Иаба, насгьы ианбаҩыз иара?
Иарбан хҭысқәоу ари абиблиатә шәҟәы анырыҩуаз имҩаԥысуаз?
Абас еиԥш инарҭбаау аинформациа иаразнак иузгәамҭо аурок хадақәа рыԥшаара иҳацхраауеит.
13 Ҳарзааҭгылап Иезекииль (Иезекииль) 14:13, 14 иану ажәақәа: «„Дгьылк сара сҿаԥхьа ииашамкәа ахы мҩаԥганы гәнаҳак ҟанаҵазҭгьы, снапы иара ахь ирханы афатә злаиуа зегьы ықәызгон, амлакра насышьҭуан, уа иқәынхо ауааи, аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи нсырҵәон“. „Уа абарҭ хҩык ауаа, Нои, Даниил, Иов, ыҟазҭгьы, урҭ риашара абзоурала рыԥсы еиқәдырхон“,— иҳәоит Зегьирхаку Иҳақәиҭу Иегова». Аҭҵаара анымҩаԥаҳга ашьҭахь, иаҳбеит ари ацыԥҵәаха шҩыз 612 шықәса ҳ. ҟ. шыҟаз. Уи аамҭазы Ноии Иови ԥсижьҭеи акыр ҵуан, аха Иегова урҭ зиашарала имаҵ шыруаз игәалашәон. Аха Даниил иԥсы ҭан. Иара уи аамҭазы 20 шықәса раҟара ихыҵуазар ҟаларын, аха Иегова иҳәеит уи Ноии Иови реиԥш азиашара ааирԥшуан ҳәа. Иаҳнарҵозеи ари ҳара? Иегова имаҵзуҩцәа, аҿаргьы уахь иналаҵаны, иаадырԥшуа азиашара ибоит, насгьы ахә ҳаракны ишьоит (Аԥсал. 148:12—14 [148:12—14, АдҾ]).
ХКЫ РАЦӘАЛА ИҲАУА АДОУҲАТӘ ФАТӘЫ ШӘЫДЫШӘКЫЛАЛА
14. Ишԥарыцхраауеи аҿар дара рзы иҭыҵуа апубликациақәа, насгьы хәарҭас иаҳзааргозеи урҭ ҳара зегьы? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
14 Ҳара иаҳбеит Анцәа Иажәа ахәҭақәа зегьы рыҭҵаара ахәарҭа шаҳзаанаго. Убас еиԥш иҳамоу адоуҳатә фатәгьы ахәарҭа ҳзаанагоит. Еилҳаргап ҿырԥштәқәак. Аҿар рзы апубликациақәа. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа ирылагӡаны аҿар рзы имаҷымкәа апубликациақәа ҭыжьын1. Публикациақәак ашкол аҿы изықәшәо ауадаҩрақәеи ахбыџра аамҭа иадҳәалоу ауадаҩрақәеи ишыриааилатәу ирызкуп. Избан уи аинформациа ҳара зегь ҳзы изхәарҭоу? Уи ҳанаԥхьо, иқәыԥшу ақьырсианцәа иахьа изықәшәо ауадаҩрақәа еилаҳкаауеит, насгьы еиҳа еиӷьны ҳрыцхраар ҳалшоит.
15. Избан аҿар рзы иҭыжьу апубликациақәа иқәыԥшымгьы аԥхьалар зрыхәҭоу?
15 Аҿар рзы иҭыҵуа апубликациақәа рҿы зыӡбахә ҳәоу ауадаҩрақәа дара рымацара ракәӡам иақәшәо. Ҳара зегьы зыгәра ҳго ҳадгылалар ауп, ҳцәаныррақәа аанаҳкылалар ауп, адунеи ақәыӷәӷәара ҳаҿагылалар ауп, иара убас агәырҿыхагақәеи аҩызцәеи ҟәыӷарыла иалҳхлар ауп. Абарҭ, насгьы егьырҭ атемақәа ахбыџқәа рзы иҭыҵуа апубликациақәа рҿы еилыргоуп. Ирыхәҭоума ус анакәха иқәыԥшым абас еиԥш иҟоу апубликациақәа дара рзы акәӡам ҳәа ахәыцра? Ҳәарада, мап! Урҭ апубликациақәа аҿар аԥхьара ргәаԥхартә ишҩугьы, ҳара зегьы ахәарҭа ҳзааргоит, избанзар абиблиатә принципқәа шьаҭас ирымоуп.
16. Хәарҭас ирылоузеи еиҭа аҿар рзы иҭыҵуа апубликациақәа?
16 Ҳпубликациақәа аҿар рыуадаҩрақәа риааира мацара акәымкәа, доуҳала аизҳареи Иегова изааигәахареи ирыцхраауеит. (Уаԥхьа Екклезиаст [Экклезиаст] 12:1, 13.) Ари аҩыза аинформациа иқәыԥшымгьы ахәарҭа рзаанагоит. Иаҳҳәап, апрель 2009 шықәсазы иҭыҵыз «Пробудитесь!», арубрика «Вопросы молодежи» аҿы ианын астатиа «Как сделать чтение Библии занимательным?». Уа ихархәагоу алабжьарақәа ааган, насгьы иҟан иагәылаԥуҟар алшоз акарточка, уи Абиблиа иагәылоуҵар ауан. Ихәарҭазма ари астатиа адуцәа рзы? «Абиблиа аԥхьара сара сзы еснагь уадаҩра дуун,— илҩит аҭаацәара иалоу анык.— Аха сара ари астатиаҿы иаагаз алабжьарақәеи акарточкеи схы иасырхәеит. Уажәы Абиблиа гәахәарыла саԥхьоит». Лара илбоит абиблиатә шәҟәқәа шаҟа еиқәшәо, насгьы асахьа ԥшӡа шеиқәдыршәо. Уи иацылҵоит: «Ахаангьы абас Абиблиа аԥхьара агәахәара сзаанамгацызт».
17, 18. Хәарҭас иаҳзааргозеи еиуеиԥшым ауаа рзы иҩу астатиақәа? Иаажәга аҿырԥшы.
17 Еиуеиԥшым ауаа рзы апубликациақәа. 2008 шықәса инаркны иҭыҵуа иалагеит «Ахьчаратә бааш» аҵаразы аҭыжьымҭа. Урҭ еиҳарак Иегова ишаҳаҭцәа рзоуп изҭыҵуа. Ҳара урҭ рыԥхьара даара иаҳгәаԥхоит. Иаҳҳәар ҳалшозеи еиуеиԥшым ауаа рзы иҭыҵуа апубликациақәа ирызкны? Хәарҭас ирылоузеи урҭ ҳара ҳзы? Шәхаҿы иаажәг абри аҩыза аҭагылазаашьа: шәара аизарахь аӡәы ааԥхьара ишәҭеит. Абар ижәбоит уи Аҳратә зал ахь дшааз. Ажәахә аан иҟалап иара шәизхәыцуазар. Шәара иҭыԥ аҿы шәхы шәыргылоит, насгьы зегьы иара иблақәа рыла шәрыхәаԥшуеит уҳәар алшоит. Убас, шәара уи ажәахә еиҳа аџьшьара аарԥшны ҿыцбарах ибаны шәазыӡырҩуеит.
18 Убасшәа ҟалар алшоит еиуеиԥшым ауаа рзы иҟоу астатиақәа ҳанрыԥхьо. Иаҳҳәап, «Ахьчаратә бааш» аларҵәаразы аҭыжьымҭақәа рҿы Абиблиа иадҳәалоу атемақәа Иегова ишаҳаҭцәам ауаа еилыркаартә иҩуп. Убас еиԥш рзуҳәар алшоит ҳофициалтә саит аҿы иҟоу астатиақәа. Урҭ ҳанрыԥхьо, еилаҳкаахьоу аҵабыргқәа рзы ҳаџьшьара еиҳа еизҳарҳауеит. Уи адагьы, ажәабжьҳәараҿы зыгәра ҳго еиҳа еиӷьны ауаа рзеиҭаҳәашьа ҳҵар ҳалшоит. Убас ажурнал «Пробудитесь!» Анцәа дшыҟоу ала ҳагәрагара еиҳа иарӷәӷәоит, насгьы зыгәра ҳго адгылашьа ҳнарҵоит. (Уаԥхьа 1 Пиотр 3:15.)
19. Ишԥаҳалшо Иегова иҳаиҭо аҳамҭақәа рзы аџьшьара аарԥшра?
19 Ишаҳбо еиԥш, Иегова ҳдоуҳатә ҭахрақәа дреиҷаҳауа, меигӡарахда адоуҳатә фатәы ҳаиҭоит (Матф. 5:3). Шәааи анаҩсгьы арҭ аҳамҭақәа инагӡаны ҳхы иаҳархәалап. Уи ала ҳара ихәарҭоу ҳзырҵо ҳ-Анцәа иахь аџьшьара ааҳарԥшлоит (Ис. [Ис.] 48:17).
^ 1 Абзац 14. Урҭ рахь иаҵанакуеит, иаҳҳәап, ашәҟәқәа «Ответы на твои вопросы» (атом 1, 2), насгьы арубрика «Вопросы молодежи» аҟынтәи астатиақәа. Урҭ уажәы ҳофициалтә саит аҿы ауп иахьҭыҵуа.