АҴАРАЗЫ АСТАТИА 7
Абиблиа хәарҭа шәзаанагалартә еиԥш шәаԥхьала
«Узыԥхьо еилукаауама?» (АУС. 8:30).
АШӘА 97 Ҳазшаз Иажәала ҳанхоит
АХҲӘААa
1. Избан иаҳҳәар зҳалшо Иисус иԥсҭазаараҿы Иԥшьоу Аҩыра ихадоу аҭыԥ ааннакылон ҳәа?
ШӘХАҾЫ иаажәг Иисус ауаа аҵара шыдирҵоз. Иара лассы-лассы Иԥшьоу Аҩыра аҟынтә ҿырҳәала ацитатақәа иҳәон. Иазгәаҭатәуп Абиблиа ианылаз Иисус аӡы иҽанӡааих ашьҭахь ииҳәаз раԥхьатәи ажәақәеи, даныԥсуаз аламҭалазы ииҳәаз аҵыхәтәантәи ажәақәеи Иԥшьоу Аҩыра аҟынтә ацитатақәа шракәыз (Ҩынтә. 8:3; Аԥсал. 31:5; Лука 4:4; 23:46)b. Иисус имаҵзура анынаигӡоз хышықәсеи бжаки рыҩныҵҟагьы Иԥшьоу Аҩыра ауаа дырзаԥхьон, ҿырҳәала еиҭеиҳәон, насгьы иреилиркаауан (Матф. 5:17, 18, 21, 22, 27, 28; Лука 4:16—20).
Иисус иԥсҭазаара зегь иунарбон Иԥшьоу Аҩыра бзиа ишибоз, насгьы уа ианыз ала дшынхоз. (Шәахәаԥш абзац 2.)
2. Ицхраазеи Иисус Иԥшьоу Аҩыра ибзианы аилкаара? (Шәахәаԥш ацәаҿы иану асахьа.)
2 Иисус данхәыҷыз инаркны лассы-лассы Анцәа Иажәа даԥхьон, насгьы иаҳауан. Аҩны, ҳәарада, иара иаҳауан Мариеи Иосифи анцәажәоз, Аҩыра аҟынтә ажәақәа шырҳәоз (Ҩынтә. 6:6, 7)c. Ҳәарада, Иисус ес-сабша иҭаацәа дрыцны асинагогахь дцон (Лука 4:16). Уаҟа иара Аҩыра аҟынтә изыԥхьоз ацыԥҵәахақәа ибзианы дырзыӡырҩуазгьы ҟаларын. Аамҭак ашьҭахь Иисус ихаҭа Иԥшьоу Аҩыра даԥхьалар илшон. Уи абзоурала иара Аҩыра ибзианы еиликааит, уи бзиа ибеит, ианызгьы дықәныҟәо далагеит. Иаҳҳәап, ишәгәалашәыршәа Иисус 12 шықәса заҵәык анихыҵуаз аныҳәарҭаҿы иҟалаз ахҭыс. Моисеи изакәан бзианы издыруаз арҵаҩцәа уи «аҭакқәа шыҟаиҵоз уамашәа ирбон, зегь шаҟа ибзианы еиликаауаз џьаршьон» (Лука 2:46, 47, 52).
3. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
3 Ҳаргьы Анцәа Иажәа еилаҳкаар, насгьы бзиа иаҳбар ҳалшоит, уи еиԥмырҟьаӡакәа ҳаԥхьалар. Аха ианбаҳзаанаго уи еиҳаны ахәарҭа? Шәааи еилҳаргап Иисус Моисеи изакәан здыруаз ауаа иреиҳәаз, азакәан арҵаҩцәагьы, афарисеицәагьы, асаддукеицәагьы уахь иналаҵаны. Дара Аҩыра лассы-лассы иаԥхьон, аха уи акгьы днарҵаӡомызт. Иисус урҭ зызхәыцыр рыхәҭаз х-лабжьарак риҭеит. Иажәақәа ҳаргьы иҳахәар алшоит. Урҭ ҳарзыӡырҩыр: 1) ҳзыԥхьо еиҳагьы еиӷьны еилаҳкаалоит, 2) еиҳаны адоуҳатә бырлашқәа рыԥшаашьа ҳҵоит, насгьы 3) Анцәа Иажәа ҳаԥсахлартә еиҳагьы иалҳаршалоит.
ШӘЗЫԤХЬО ЕИЛЫШӘКААЛАРТӘ ЕИԤШ ШӘАԤХЬАЛА
4. Еилаҳкаауазеи Лука 10:25—29 аҟынтә Анцәа Иажәа изаԥхьалатәу иазкны?
4 Ҳара Анцәа Иажәаҿы ҳзыԥхьо ҳзеилымкаауазар, уи ахәарҭа ҳзаанагаӡом. Ишәгәалашәыршәа Иисус азакәан здыруаз хаҵаки иареи реицәажәара. (Шәаԥхьа Лука 10:25—29.) Уи ахаҵа наӡаӡатәи аԥсҭазаара соурц азы иҟасҵар акәзеи ҳәа данҵаа, Иисус уи Анцәа Иажәа дазхьаирԥшит: «Ианузеи азакәан аҿы? Ишԥеилукаауеи уи?» Уи ахаҵа иҳәеит Анцәеи иузааигәоуи бзиа иубалар шахәҭоу иазку ажәеинраалақәа. Убас ала ииашаны аҭак ҟаиҵеит (Алев. 19:18; Ҩынтә. 6:5). Аха иазгәашәҭ анаҩс дзызҵааз: «Дызусҭада сара исзааигәоу?» Ус анакәха, иара дзыԥхьоз аҵакы изеилкааӡомызт. Убри аҟынтә урҭ ажәеинраалақәа иԥсҭазаараҿы ихы ишаирхәаша издырӡомызт.
Ҳара ҳзыԥхьо аилкаашьа ҳҵар ҳалшоит
5. Ишԥаҳацхраауеи анцәаиҳәара, насгьы ҳмыццакӡакәа ҳанаԥхьо Абиблиа еиҳа еиӷьны аилкаара?
5 Ҳара Анцәа Иажәа еиӷьны еилаҳкаауеит ҵаҟа иаагоу алабжьарақәа ҳрықәныҟәалар. Аԥхьара шәалагаанӡа Анцәа шәиҳәа. Аҩыра еилаҳкааларц азы ҳара Иегова ицхыраара ҳҭахуп. Убри аҟынтә ҳахшыҩ азышьҭны ҳаԥхьарц азы Анцәа иԥшьоу идоуҳа ҳаиҭарц ҳиҳәар ҳалшоит. Шәмыццакӡакәа шәаԥхьала — уи шәзыԥхьо агәынкылара ишәыцхраауеит. Шәара ишәгәаԥхар алшоит шәыбжьы ҭыганы аԥхьара, ма Абиблиа шәахәаԥшны аудионҵамҭа азыӡырҩра. Убас, шәыблала ижәбо, насгьы шәлымҳала ишәаҳауа Анцәа Иажәаҿы шәзыԥхьо еиҳа еиӷьны аилкаареи агәынкылареи ишәыцхраауеит (Иис. Н. 1:8). Шәаԥхьаны шәаналгалак ашьҭахьгьы Анцәа шәиҳәа. Анцәа иҳаиҭаз аҳамҭа, Абиблиа, азы иҭабуп ҳәа иашәҳәа, насгьы шәзыԥхьо ахархәара дшәыцхраарц азы шәиҳәа.
Ишԥашәыцхраауеи шәзыԥхьаз еиҳа еиӷьны аилкаареи агәынкылареи, уи џьара ианышәҵалар? (Шәахәаԥш абзац 6.)
6. Ишԥашәыцхраауеи Абиблиа шәанаԥхьо шәхы азҵаарақәа ашәҭалар, насгьы еилышәкаауа џьара ианышәҵалар? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
6 Абар ихәарҭоу даҽа ҩ-лабжьарак. Шәзыԥхьо иазкны шәхы азҵаарақәа ашәҭала. Шәхы шәазҵаа: «Зыӡбахә ҳәада ара? Ицәажәода? Дзацәажәода, насгьы избан? Иаба, насгьы ианбамҩаԥысуеи ари ахҭыс?» Ус еиԥш иҟоу азҵаарақәа шәыцхраауеит ихадоу азхәыцрақәа ралкаареи урҭ шеидҳәалоу абареи. Еилышәкааз иааркьаҿны џьара ианышәҵала. Ус аныҟашәҵо шәхәыцрақәа ажәала ишәҳәоит. Уи шәыцхраауеит еиҳа еиӷьны ахәыцреи шәзыԥхьо агәынкылареи. Шәара ишәылшоит азҵаарақәа шәхы иашәҭалар, иҭышәҵаауа џьара ианышәҵалар, ихадоу азхәыцрақәа алышәкаалар, шәзыԥхьаз шәхы иашәырхәар шшәылшо џьара ианышәҵалар, мамзаргьы шәцәаныррақәа шәыҩлар. Ари зегьы шәыцхраауеит Абиблиа Иегова хаҭала шәара шәзы ииҩыз асаламшәҟәы еиԥш ахәаԥшра.
7. Иарбан ҟазшьоу ҳара иаҳҭаху Абиблиа ҳанаԥхьо, насгьы избан? (Матфеи 24:15).
7 Иисус иазгәеиҭеит, Анцәа Иажәа аилкааразы аҟәышра шаҳҭаху. (Шәаԥхьа Матфеи 24:15.) Уи аҟазшьа абзоурала ҳара иҳалшоит азхәыцрақәа шеидҳәалоу, насгьы излеиԥшым ҳбар, иара убас иаартны иҳәам еилаҳкаар. Уи адагьы, Иисус ишазгәеиҭаз еиԥш, аҟәышра ҳацхраауеит абиблиатә ԥааимбаражәақәа шынаӡо узырбо ахҭысқәа ргәаҭара. Уимоу, Абиблиаҿы ҳзыԥхьо ахәарҭа ҳзаанагалартә еиԥш ҳхы иаҳархәалар ҳҭахызар, уи аҟазшьа ада ԥсыхәа ҳамаӡам.
8. Иаашәырԥшлар шԥашәылшо аҟәышра Абиблиа шәанаԥхьо?
8 Иегова имаҵзуҩцәа аҟәышра риҭоит. Убри аҟынтә Иегова уи аҟазшьа аизырҳара дшәыцхраарц шәиҳәала (Ажәам. 2:6). Ишԥашәылшо шәыҳәарақәа инарықәыршәаны шәхы мҩаԥыжәгалар? Шәзыԥхьо шәыхшыҩ азышәышьҭла. Иазгәашәҭала, уажәы шәзыԥхьои уаанӡа ижәдыруази шеидҳәалоу. Абиблиа аҭҵааразы иҟоу амыругақәа шәхы иашәырхәала, иаҳҳәап «Путеводитель по публикациям Свидетелей Иеговы». Урҭ шәыцхраауеит шәзыԥхьаз ажәеинраалақәа рҵакы аилкаареи урҭ шәыԥсҭазаараҿы шәхы иашәырхәар шшәылшо абареи (Аур. 5:14). Аҟәышра Иԥшьоу Аҩыра еиҳа-еиҳа еиӷьны аилкаара ишәыцхраалоит.
АДОУҲАТӘ БЫРЛАШҚӘА ШӘЫԤШААЛАРТӘ ЕИԤШ ШӘАԤХЬАЛА
9. Иарбан ихадоу рҵароу асаддукеицәа хырҩа ззыруаз?
9 Асаддукеицәа Ауриатә Ҩырақәа раԥхьатәи хә-шәҟәык ибзианы ирдыруан. Аха Анцәа идоуҳала иҩыз урҭ аҩырақәа ирныз ихадоу аҵабыргқәа рбаӡомызт. Иаҳҳәап, иаҳгәалаҳаршәар ҳалшоит асаддукеицәа Иисус иҵаланы аԥсҭалара иазкыз азҵаара ширҭаз. Усҟан Иисус абас дразҵааит: «Аԥсҭалара атәы уҳәозар, Моисеи ишәҟәаҿы шәамыԥхьаӡаци, амца зкыз ачықь азааигәара Анцәа уи абас шиеиҳәаз: „Сара Авраам Инцәа, Исаак Инцәа, насгьы Иаков Инцәа соуп“?» (Марк 12:18, 26). Ҳәарада, асаддукеицәа арҭ ажәақәа зныкымкәа ирыԥхьахьан, аха Иисус изҵаара иаанарԥшит дара Иԥшьоу Аҩыра иану аԥсҭалара иазку ихадоу арҵара хырҩа шазыруаз (Марк 12:27; Лука 20:38)d.
10. Игәаҳҭалар акәзеи Абиблиа ҳанаԥхьо?
10 Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Абиблиа ҳанаԥхьо жәеинраалак ма цыԥҵәахак иагәылоу аурокқәа зегьы гәаҳҭалароуп. Иаразнак улаԥш иҵашәо ихадоу арҵарақәа рыдагьы, иҵауланы иҵәаху ахазынақәа иреиԥшу аҵабыргқәеи апринципқәеигьы гәаҳҭалароуп.
11. Ишԥашәыцхраауеи 2 Тимофеи иахь 3:16, 17 аҿы иану, Абиблиа аҟны адоуҳатә бырлашқәа рыԥшаара?
11 Ишәыԥшаалар шԥашәылшо адоуҳатә бырлашқәа Абиблиа шәанаԥхьо? Ҳахәаԥшып 2 Тимофеи иахь 3:16, 17 (шәаԥхьа) аҿы иану. Иазгәашәҭ уа иануп «Аҩыра зегьы... хәарҭоуп» ҳәа. Уи ҳацхраауеит 1) ауаа рырҵараҿы, 2) ҳахьиашам ҳарбараҿы, 3) ариашараҿы, насгьы 4) ииашоу амҩа ақәҵараҿы. Убас рзаҳҳәар ҳалшоит лассы-лассы ҳазмыԥхьо ашәҟәқәа рзгьы. Шәазхәыц шәзыԥхьаз абиблиатә цыԥҵәаха ишәнарҵо. Ишәеилнаркаауазеи уи Иеговеи иара игәҭаки ирызкны, мамзаргьы иарбан принципқәоу уи иагәылоу? Уи шәахьиашам шԥашәнарбо? Иазгәашәҭ урҭ ажәеинраалақәа ишәылоу иҽеим аҟазшьақәа ргәаҭареи, урҭ мап рыцәкны Иегова гәыкала шәшизыҟоу аанхареи ишшәыцхраауа. Иҭышәҵаа уи абиблиатә цыԥҵәаха шәхы иашәырхәар шшәылшо ииашам ахәаԥшышьа ариашараҿы, иаҳҳәап, ажәабжьҳәараҿы ишәаҳаз акы. Иара убас Иегова дышхәыцуа ахәыцшьа шәҵарц азы шәзыԥхьаз ажәеинраалақәа рҿы амҩақәҵарақәа шәыԥшаала. Арҭ ԥшь-лабжьарак шәхашәмыршҭлар, Абиблиа аԥхьара зырбеио адоуҳатә бырлашқәа шәыԥшаауеит.
ШӘЗЫԤХЬО ШӘАԤСАХЛААИТ
12. Избан Иисус афарисеицәа «Шәамыԥхьаӡаци?» ҳәа дызразҵааз?
12 Иисус «Шәамыԥхьаӡаци?» ҳәа афарисеицәагьы дразҵааит, урҭ Аҩыра ауаа ииашаӡамкәа ишреилдыркаауаз дирбарц азы (Матф. 12:1—7)e. Уи аицәажәара аан афарисеицәа Иисус иҵаҩцәа асабша еиларгоит ҳәа ахара рыдырҵеит. Убасҟан Иисус Аҩыра аҟынтә ҩ-ҿырԥштәык ааигеит, насгьы аԥааимбар Осиа иажәақәа иҳәеит. Убас Иисус иааирԥшит афарисеицәа асабша иазкыз азакәан ауаа изрыҭаз шырзеилымкаауаз, насгьы уи иахҟьаны агәрыцҳашьара шаадмырԥшуаз. Избан урҭ ахацәа Анцәа Иажәа изамԥсахуаз? Избанзар дара уи ишаԥхьозгьы, аԥагьареи атәамбареи рылан. Уи изыԥхьоз аҵакы аилкаара ирԥырхагахеит (Матф. 23:23; Иоанн 5:39, 40).
13. Иарбан гәазыҟашьоу иҳамазар акәу Абиблиа ҳанаԥхьо, насгьы избан?
13 Иисус иажәақәа иаҳдырҵоит, Абиблиа ҳанаԥхьо ииашоу агәазыҟашьа ҳамазар шҳахәҭоу. Афарисеицәа ҳреиԥшымхарц азы ҳара аԥагьара ҳаламзароуп, насгьы иҿыцу ак аҵара ҳазхиазароуп. Анцәа Иажәа иану ҳхы ҳарамкӡакәа иҳадаҳкылалароуп (Иак. 1:21). Усҟан ҳзыԥхьало ҳгәаҿы иаанхалоит. Агәрыцҳашьареи абзиабареи ирызкны Абиблиа иаҳнарҵо ҳанаԥсахло аԥагьареи атәамбареи анҳалам ауп.
Еилаҳкаар шԥаҳалшо Анцәа Иажәа ҳаԥсахлартә алҳаршоу-иалҳмыршоу? (Шәахәаԥш абзац 14.)f
14. Еилаҳкаар шԥаҳалшо Абиблиа ҳаԥсахлартә алҳаршоу-иалҳмыршоу? (Шәахәаԥш иара убас асахьа.)
14 Еилаҳкаар шԥаҳалшо Абиблиа ҳаԥсахлартә алҳаршоу-иалҳмыршоу? Егьырҭ ҳшырзыҟоу ала. Афарисеицәа Анцәа Иажәа ргәаҿы ашьаҭа акырц алдыршазҭгьы, «ахара здым [и]рықәыӡбаӡомызт» (Матф. 12:7). Убас еиԥш ҳаргьы. Абиблиа ҳаԥсахлартә алҳаршоу-иалҳмыршоу злеилаҳкаауа егьырҭ ҳшырзыҟоу ала ауп. Иаҳҳәап, ҳазлацәажәозеи ҳара еиҳараӡак: ауаа ирыгу акәу, бзиарас ирылоу акәу? Агәрыцҳашьара аарԥшны гәыкала рыгхақәа ранаҳажьуоу, мамзаргьы акритика рзуны ргәаӷ ҳкуоу? Убас еиԥш иҟоу азҵаарақәа ҳхы иаҳҭар, еилаҳкаар ҳалшоит Абиблиаҿы ҳзыԥхьо ҳхәыцрақәеи, ҳцәаныррақәеи, ҳусқәеи ирныԥшуоу-ирнымԥшуоу (1 Тим. 4:12, 15; Аур. 4:12).
АБИБЛИА АԤХЬАРА АНАСЫԤ УЗААНАГОИТ
15. Дышԥазыҟаз Иисус Иԥшьоу Аҩыра?
15 Иисус Иԥшьоу Аҩыра бзиа ибон. Ицәаныррақәа ԥааимбаражәаны Аԥсалом 40:8 аҿы иануп: «Угәаԥхара анагӡара, о Сынцәа, сара агәырӷьара сзаанагоит, узакәангьы сгәаҵаҿы иҟоуп». Убри аҟынтә иара Иегова имаҵ аураҿы анасыԥ иман, насгьы зегь рыла дманшәалан. Ҳаргьы анасыԥи аманшәалареи ҳауеит Абиблиа ҳаԥхьозар, насгьы уи бзиа абашьа ҳҵозар (Аԥсал. 1:1—3).
16. Иҟашәҵалозеи Абиблиа аԥхьара еиҳа ахәарҭа шәзаанагаларц азы? (Шәахәаԥш арамка «Иисус иажәақәа шәзыԥхьо аилкаара ишәыцхраар рылшоит».)
16 Иисус иҿырԥшы Абиблиа аԥхьараҿы ҳҟазара аиӷьтәра иҳацхраалааит! Ҳара Анцәа Иажәа еиӷьны еилаҳкаалоит Анцәа ҳиҳәалар, ҳмыццакӡакәа ҳаԥхьалар, ҳхы азҵаарақәа аҳҭалар, насгьы еилаҳкааз џьара ианаҳҵалар. Ҳахшыҩ азышьҭны Иԥшьоу Аҩыра ҳаԥхьалар, насгьы уи ҳпубликациақәа рыла иҭаҳҵаалар, аҟәышра ааҳарԥшлоит. Абиблиаҿы адоуҳатә бырлашқәа рыԥшаара ҳҽазаҳшәалар, уи еиҳа еиӷьны ахархәашьа ҳҵоит, уиаҟара иаҳзымдыруа ажәеинраалақәагьы уахь иналаҵаны. Иара убас Анцәа Иажәа ииашоу агәазыҟашьа ҳаманы ҳаԥхьалар, уи ҳаԥсахлартә алҳаршоит. Шәааи ари астатиа иаҳнаҭаз алабжьарақәа ҳхы иаҳархәалап. Усҟан Абиблиа аԥхьара еиҳа ахәарҭа ҳзаанагалоит, насгьы Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ӷәӷәахоит (Аԥсал. 119:17, 18; Иак. 4:8).
АШӘА 95 Алашара есааира икаҷҷоит
a Иегова имаҵ зуа зегьы Иажәа есыҽны аԥхьара рҽазыршәоит. Ирацәаҩны егьырҭ ауаагьы Абиблиа иаԥхьоит, аха уи ибзианы еилыркаауеит ҳәа узҳәаӡом. Иисус ихаангьы убас иҟан. Шәааи еилаҳкаап усҟан инхоз Анцәа Иажәа иаԥхьоз ауаа Иисус иреиҳәоз. Уи ҳацхраауеит Абиблиа еиҳа ахәарҭа ҳзаанагалартә еиԥш аԥхьара.
b Иисус аӡы иҽанӡааих, насгьы иԥшьоу адоуҳа аниоу, Анцәа уи адгьыл ахь даанӡа иԥсҭазаара атәы игәалашәартә иҟаиҵазар ҟалап (Матф. 3:16).
c Мариа Аҩыра бзианы илдыруан, насгьы данцәажәоз уи лхы иалырхәон (Лука 1:46—55). Иҟалап Иосифи Мариеи Иԥшьоу Аҩыра рхатә копиақәа аархәарц азы алшара рымамызҭгьы. Аха асинагогаҿы Анцәа Иажәа ианаԥхьоз дара ибзианы иӡырҩуазҭгьы, насгьы ираҳауаз гәныркылозҭгьы ҟаларын.
d Шәахәаԥш 2013 шықәса, февраль 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы иану астатиа «Он Бог... живых» арубрика «Приближайтесь к Богу» аҟынтә.
e Шәахәаԥш иара убас Матфеи 19:4—6. Уаҟагьы Иисус афарисеицәа «Шәамыԥхьаӡаци?» ҳәа дразҵаауеит. Дара Анцәа хаҵеи-ԥҳәыси шишаз атәы ишаԥхьозгьы, Анцәа аҭаацәалазаара дшазыҟоу рзеилкааӡомызт.
f АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Аҳратә зал аҿы имҩаԥысуа аиԥылара аан аудио, насгьы авидеонҵамҭақәа рҿакра иахылаԥшуа аишьцәа руаӡәк зныкымкәа агха ихьуеит. Аха аишьцәа уи игхақәа рхы рзымышьҭӡакәа, аизара ашьҭахь уеизгьы ддырҽхәоит.