АҴАРАЗЫ АСТАТИА 6
Абиблиа аҟынтә уи Автор изкны еилаҳкаауа
«Иуасҳәо ажәақәа зегьы ашәҟәы ианҵа» (ИЕР. 30:2).
АШӘА 96 Анцәа Иажәа хазыноуп
АХҲӘААa
1. Избан шәара Иегова Абиблиа азы ҭабуп ҳәа зиашәҳәо?
ҲАРА Иегова Абиблиа азы ҭабуп ҳәа иаҳҳәоит! Абиблиа ала иара иҳаиҭоит, есыҽны ҳзықәшәо ауадаҩрақәа рыӡбара иҳацхраауа иҟәыӷоу алабжьарақәа. Уи адагьы, Иегова зеиԥшыҟам агәыӷра ҳаиҭеит. Аха уи аасҭа ихадоу, Иегова Абиблиаҿы иара изкны ианиҵаз рацәоуп. Ҳара Анцәа иҟазшьа бзиақәа ҳанрызхәыцуа уи ҳгәы ҟанаҵоит, насгьы изааигәахареи иҩызахареи ҳгәазҭанаҵоит (Аԥсал. 25:14).
2. Ишԥарзеиҭеиҳәоз Иегова ауаа иара иӡбахә?
2 Иегова иҭахуп ауаа дырдыруазарц. Ажәытәан иара ауаа иӡбахә рзеиҭеиҳәон аԥхыӡқәа рыла, абарақәа рыла, амаалықьцәа анырзынаишьҭуазгьы ыҟан (Ахыԥхь. 12:6; Аус. 10:3, 4). Аха урҭ аԥхыӡқәеи, абарақәеи, амаалықьцәа инаргоз аацҳарақәеи ахәарҭа ҳзааргарызма, урҭ џьаргьы ианымызҭгьы? Ҳәарада, мап! Убри азоуп Иегова ауаа изрыдиҵаз ихазы ирзеиҭеиҳәарц ииҭахыз ашәҟәы ианырҵарц (Иер. 30:2). Ҳара иаҳдыруеит Ҳазшаз Анцәа имҩа шнаӡоу (Аԥсал. 18:30). Убри аҟынтә агәра ганы ҳаҟоуп дҳацәажәаларц азы ихы иаирхәо азнеишьа зегьы ишреиӷьу.
3. Иҟаиҵазеи Иегова Иажәа ҳаамҭа аҟынӡа иааирц азы? (Исаиа 40:8).
3 Шәаԥхьа Исаиа 40:8. Зқьышықәсақәа ҵуеит Анцәа гәыкала изыҟоу ахацәеи аҳәсеи Абиблиа иану, иҟәыӷоу алабжьарақәа ахәарҭа рылыргоижьҭеи. Ҟалашьас иамоузеи уи? Абиблиа ахәҭақәа анҵыра змамыз аматериалқәа рҿы ашәышықәсақәа раԥхьа иҩын, насгьы ажәытәан иҟаҵаз аҩырақәа рҟынтә акызаҵәыкгьы ҳаамҭа аҟынӡа имааиӡеит. Аха Иегова ибзоурала иԥшьоу атекстқәа ркопиақәа рацәаны иҟаҵан. Аҩырақәа хызҩылаауаз, инаӡамыз ауаа шракәызгьы, рус гәцаракны инарыгӡон. Иаҳҳәап, Ауриатә Ҩырақәа ирызкны ҵарауаҩык абас иҳәеит: «Ишьақәырӷәӷәаны иуҳәар улшоит, ажәытәан иҟаҵаз аҩырақәа рҟынтә, абас еиԥш ииашаны ихырҩылааз даҽак шыҟам». Убри аҟынтә аматериалқәа анҵыра шрымамызгьы, ашәышықәсақәа шцазгьы, ахҩылааҩцәа инаӡамыз ауаа шракәызгьы, агәраганы ҳаҟазар ҳалшоит, иахьа Абиблиаҿы ҳзыԥхьо, уи Авторс иамоу Иегова иажәақәа рхаҭаҵәҟьа шракәу.
4. Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
4 Иегова — «инаӡоу аҳамҭа бзиақәа» Ирхыҵхырҭоу иоуп (Иак. 1:17). Иҳаиҭаз зегь иреиӷьу аҳамҭақәа руак — Абиблиа ауп. Аӡә иҳаиҭо аҳамҭа иаҳнарбоит, уи ҳазҭаз шаҟа ибзианы ҳаидыруа, насгьы ҳҭахрақәа шеиликаауа. Убас Анцәа Иажәазгьы иаҳҳәар ҳалшоит. Уи аҳамҭа ҳхы иаҳархәацыԥхьаӡа Иегова изкны еилаҳкаауа рацәоуп. Иаҳҳәап, шаҟа ибзианы ҳаидыруа, насгьы иаҳҭаху шеиликаауа. Ари астатиаҿы еилҳаргоит Абиблиа Иегова иҟазшьақәа хԥа шаҳзаанартуа — аҟәыӷара, аиашара, абзиабара. Раԥхьа ҳалацәажәап Абиблиа аҟынтә Анцәа иҟәыӷара иазкны еилаҳкаар ҳалшо.
АБИБЛИА АНЦӘА ИҞӘЫӶАРА ҲЗААНАРТУЕИТ
5. Ишьақәзырӷәӷәозеи Абиблиа Анцәа иҟәыӷара шагәылоу?
5 Иегова идыруеит иҟәыӷоу илабжьарақәа рыда ԥсыхәа шҳамам. Иҳаиҭаз аҳамҭа, Абиблиа, аҟәыӷара ду агәылоуп. Уа иану алабжьарақәа ауаа хәарҭа рзаанагоит. Анцәа Иажәа ауаа рыԥсҭазаара аԥсахуеит. Абиблиа раԥхьатәи ашәҟәқәа анҩыз ашьҭахь, Моисеи израильаа иреиҳәеит: «Арҭ ажәақәа шәара шәзы ҵакы змам ажәақәа ракәӡам, избанзар урҭ аԥсҭазаара шәырҭоит» (Ҩынтә. 32:47). Аҩыра ианыз иқәныҟәоз ауаа аманшәалареи анасыԥи рыман (Аԥсал. 1:2, 3). Акыраамҭа шыҵхьоугьы Абиблиа мажәӡеит — уи иахьагьы ауаа рыԥсҭазаара еиӷьнатәуеит. Асаит jw.org аҿы иаагоу арубрика «Библия меняет жизнь» аҟны ишәыԥшаар шәылшоит 50-ҩык инареиҳаны ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рбиографиақәа. Урҭ рҿырԥштәқәа иаадырԥшуеит Анцәа Иажәа иахьагьы ауаа рыԥсҭазаара шаԥсахуа (1 Фес. 2:13).
6. Избан иаҳҳәар зҳалшо Абиблиа зеиԥшыҟам шәҟәуп ҳәа?
6 Абиблиа даҽа шәҟәык иузадкылом. Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Избанзар уи Автор, Анцәа Иегова, — зегьзымчу, наӡаӡа иҟоу, зеиԥшыҟам аҟәыӷара змоу иоуп. Ирацәаны егьырҭ ашәҟәқәа равторцәа анԥслак ашьҭахьгьы ирыԥхьоит, аха аамҭа анцалак уа иану алабжьарақәа акгьы иаԥсамкәа иҟалоит. Аха Абиблиа иану иҟәыӷоу апринципқәа наӡаӡа иҟоуп. Уи иаԥхьо ауаа, иарбан аамҭазаалакгьы ианынхо, уа иану алабжьарақәа хәарҭа рзаанагоит. Иԥшьоу ари ашәҟәы ҳанаԥхьо, насгьы уа иану ҳаназхәыцуа, уи Автор, иԥшьоу адоуҳа ихы иархәаны, Абиблиа иану алабжьарақәа ҳаԥсҭазаараҿы ҳхы ишаҳархәалаша ҳирбоит (Аԥсал. 119:27; Мал. 3:16; Аур. 4:12). Ааи, Абиблиа Автор еснагь иԥсы ҭоуп, насгьы дшәыцхраалар иҭахуп. Убри азоуп есыҽны Абиблиа аԥхьара убас изхадоу!
Ишԥеиднакылоз Абиблиа Иегова ижәлар ажәытәан, насгьы ишԥеиднакыло уи имаҵзуҩцәа иахьа? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 7, 8.)
7. Ишԥеиднакылоз Абиблиа Анцәа ижәлар ажәытәан?
7 Ишԥаҳзаанартуеи иҵегьы Абиблиа Анцәа иҟәыӷара? Уи злоубарҭоу, Анцәа Иажәа ауаа ахьеиднакыло ала ауп. Израильаа Изқәыргәыӷыз адгьыл ахь ианнеи, улаԥш зхьымӡоз уи атерриториаҿы, еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҿы анхара иалагеит. Шьоукы ԥсыӡкыҩцәахеит, даҽа шьоукы адгьыл иқәаарыхуан, егьырҭ арахә-ашәахә рааӡон. Ҭыԥк аҿы инхоз израильаа, атәыла егьырҭ аҭыԥқәа рҿы инхоз рашьцәа ргәыбылра рцәыӡыр ауан. Аха Иегова ижәлар иреиҳәеит, иалихыз амшқәа рзы, рыззегь еизаны Анцәа Иажәа ишаԥхьо, насгьы ишреилдыркаауа иазыӡырҩларц (Ҩынтә. 31:10—13; Неем. 8:2, 8, 18). Шәхаҿы иаажәг, Иерусалимҟа иааз Анцәа имаҵуҩы ихы шибоз, атәыла еиуеиԥшым ахәҭақәа рҟынтә иааз, ирацәаҩны, иҟалап миллионҩыла, егьырҭ Анцәа имаҵзуҩцәа анибоз! Убас, Иегова ижәлар аӡәк иеиԥш имаҵ аура дрыцхраауан. Аамҭак ашьҭахь еиҿкааз ақьырсиантә еизараҿы, еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәоз ахацәеи аҳәсеи ыҟан. Урҭ рыбжьара иҟан аҵара змазгьы, измамызгьы, иӷарызгьы, ибеиазгьы. Аха дара зегьы Иԥшьоу Аҩыра бзиа иахьырбоз азы аӡәк иеиԥш Ҳазшаз Анцәа имаҵ руан. Аизарахь иааиуаз, Анцәа Иажәа аилкаара зларылшоз, аишьцәеи аиҳәшьцәеи рыцхырааралеи, аизарақәа рылеи акәын (Аус. 2:42; 8:30, 31).
8. Ишԥеиднакыло Абиблиа иахьа Иегова ижәлар?
8 Аҟәыӷара злоу Ҳанцәа иахьагьы Абиблиа ала имаҵзуҩцәа аҵара дирҵоит, насгьы еидикылоит. Абиблиа бзиа иаҳбо адоуҳатә фатә иахыҵхырҭоуп. Ҳара Иԥшьоу Аҩыра иану ахьҳаҳауа, насгьы уи ахьҳаилдыркаауа аизарақәеи аконгрессқәеи бжьамыжьӡакәа ҳарҭаауеит. Ус анакәха, Абиблиа абзоуралоуп «[ҳажәҩахыр] еибыҭаны» Иегова имаҵ аура злаҳалшо (Соф. 3:9).
9. Иарбан ҟазшьоу иҳалазар ахәҭоу Абиблиа еилаҳкааларц азы? (Лука 10:21).
9 Еилҳаргап Иегова иҟәыӷара аазырԥшуа даҽа шьақәырӷәӷәарак. Абиблиа ахәҭақәа рацәаны аԥагьара злам ауаҩы мацара еиликаартә еиԥш иҩын. (Шәаԥхьа Лука 10:21.) Ишаҳдыруа еиԥш, Абиблиа адунеи ахьынӡанаӡааӡо иаԥхьоит. Ҵарауаҩык иҳәеит: «Абиблиа зегь раасҭа изыԥхьо шәҟәуп. Уи адагьы, уи ашәҟәы еиԥш хшыҩзышьҭрала изыԥхьо даҽа шәҟәык ыҟаӡам». Аха уа иану аилкаареи ахархәареи зылшо аԥагьара злам ауаа мацара роуп (2 Кор. 3:15, 16).
10. Излаҳбарҭоузеи иҵегьы Абиблиаҿы Иегова иҟәыӷара?
10 Излаҳбарҭоузеи иҵегьы Иегова иҟәыӷара Абиблиа ҳанаԥхьо? Иара Иԥшьоу Аҩыра ихы иаирхәоит ижәлар зегьы аҵара дырҵаразы адагьы, имаҵзуҩцәа хаҭала имҩақәиҵаларц, насгьы ргәы шьҭихларц азы. Ҳара зегьы Абиблиа ҳанаԥхьо, иаҳбар ҳалшоит Иегова хаҭала дышҳазҿлымҳау (Ис. 30:21). Ишәгәалашәыршәар шәылшома, уадаҩрак аншәымаз Абиблиаҿы ахәарҭа шәзаазгаз жәеинраалак анышәыԥшааз, насгьы уи хаҭала шәара шәзы иҩызшәа шәгәы ианаанагаз? Иҟалап уи зныкымкәа шәақәшәахьазар. Абиблиа миллионҩыла ауаа рзы иҩын. Ҟалашьас иаиузеи нас, хаҭала шәара ишәҭахыз уа ишәыԥшаартә? Уи зыбзоурахаз Абиблиа Автор аҟәыӷара ду ахьилоу ауп (2 Тим. 3:16, 17).
АБИБЛИА АНЦӘА ИИАШАРА ҲЗААНАРТУЕИТ
11. Ишԥааирԥши Анцәа ауаа шеилимхуа Абиблиа аҩраан?
11 Иегова илоу даҽа ҟазшьак — уи аиашара ауп (Ҩынтә. 32:4). Аиашара злоу ауаҩы ауаа еилихӡом. Иегова изгьы убас ҳҳәар ҳалшоит (Аус. 10:34, 35; Рим. 2:11). Абиблиа злаҩыз абызшәақәа иаадырԥшуеит, Анцәа ауаа шеилимхуа. Абиблиа иахәҭаку раԥхьатәи 39 шәҟәы реиҳарак ауриатә бызшәала иҩын. Уи абызшәа усҟантәи аамҭазы инхоз, Анцәа имаҵзуҩцәа ибзианы еилыркаауан. Аха актәи ашәышықәса ҳера аан, абырзен бызшәа еицырдыруа бызшәаны иҟалеит. Убри аҟынтә, Абиблиа иахәҭаку анаҩстәи 27 шәҟәы абырзен бызшәала иҩын. Иегова имҳәаӡеит Иажәа бызшәак мацарала иҟазарц. Иахьа адунеи аҿы 8 миллиардҩык раҟара ауаа нхоит. Урҭ зегьы еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ицәажәоит. Ишԥарылшо урҭ ауаа зегьы Иегова иӡбахә аилкаара?
12. Ишԥанаӡо иахьа Даниил 12:4 иану аԥааимбаражәа?
12 Иегова аԥааимбар Даниил ила иҳәеит, аҵыхәтәантәи амшқәа рзы «ииашоу адыррагьы [шеизҳауа]», даҽакала иуҳәозар, уи аӡәырҩы ишеилыркаауа. (Шәаԥхьа Даниил 12:4.) Урҭ адыррақәа еизҳауеит Абиблиа, насгьы уи шьаҭас измоу алитература аиҭагареи, акьыԥхьреи, ауаа рыларҵәареи абзоурала. Абиблиа адунеи аҿы зегь раасҭа еиҭарго, насгьы ирыладырҵәо шәҟәуп. Аха акоммерциатә наплакқәа иҟарҵо аиҭагақәа зны-зынла даара рыхә цәгьоуп. Иегова ишаҳаҭцәа Абиблиа шеибгоу, ма хәҭа-хәҭала 240 бызшәа инареиҳаны рыла еиҭаргеит, насгьы изҭаху зегьы уи хәыда-ԥсада ироур рылшоит. Уи абзоурала аҵыхәтәа ааиаанӡа, ажәларқәа зегьы рҟынтә ауаа «Аҳра иазку ажәабжь бзиа» раҳар рылшоит (Матф. 24:14). Аиашара злоу, ауаа еилызымхуа Анцәа иҭахуп иахьынӡалшо ирацәаҩны ауаа Абиблиа иаԥхьаларц, убасала иара иабадырырц. Иегова уи аҩыза алшара ҳаиҭоит, избанзар ҳара зегьы бзиа ҳаибоит.
АБИБЛИА АНЦӘА ИБЗИАБАРА ҲЗААНАРТУЕИТ
13. Избан иаҳҳәар зҳалшо, Абиблиа аҩышьа Иегова ибзиабара аныԥшуеит ҳәа? (Иоанн 21:25).
13 Абиблиа иаҳзаанартуеит уи Автор, Иегова, зегь иреиҳау иҟазшьа — абзиабара (1 Иоанн 4:8). Шәазхәыц, Иегова Абиблиа ианиҵаз, насгьы ианимҵаз. Иара ҳаиҩызахарц, насыԥ змоу аԥсҭазаара ҳамазарц, насгьы наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳаурц азы иҟаҵатәу ҳаиҳәеит. Аха Иегова бзиа ҳаибоит аҟынтә, уа амцхә аинформациа анимҵаӡеит. (Шәаԥхьа Иоанн 21:25.)
14. Ишԥаанарԥшуеи иҵегьы Абиблиа Анцәа бзиа ҳшибо?
14 Ҳара Анцәа Иажәа ҳанаԥхьо Иегова шаҟа патуқәҵарала дҳацәажәо ҳбоит, убасалагьы ҳара ҳахь абзиабара ааирԥшуеит. Абиблиаҿы иаагаӡам иҟаҳҵалар акәу, насгьы иҟаҳамҵалар акәу ҳзырбо асиа ду. Иегова иҭахуп ҳзыԥхьо азхәыцшьа ҳҵалар. Убри аҟынтә Иажәаҿы иануп имаҵзуҩцәа зықәшәоз ахҭысқәа, аинтерес зҵоу аԥааимбаражәақәа, насгьы ихәарҭоу алабжьарақәа. Убас Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит Анцәа бзиа ибареи гәыкала изыӡырҩреи.
Избан Иегова ажәытәан имаҵзуҩцәа дшырхылаԥшуаз ҳазхәыцлар зхадоу? (Шәахәаԥш абзац 15.)
15. а) Дышԥареиҷаҳауеи Иегова Абиблиа иаԥхьо? б) Шәахәаԥш асахьа. Иарбан Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу уаау изызхәыцуа аӡӷаб, иқәыԥшу аиашьа, насгьы зықәрахь инеихьоу аиаҳәшьа? (Аҟаз. 39:1, 10—12; 2 Аҳ. 5:1—3; Лука 2:25—38).
15 Абиблиа иҳаилнаркаауеит Иегова даараӡа дышҳаиҷаҳауа. Иаҳзырбозеи уи? Иажәаҿы ирацәаӡоуп ахҭысқәа, ауаа еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы рхы шырбоз узырбо. Ҳара Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу ауаа еилаҳкаар ҳалшоит, избанзар даргьы «ҳара иҳаиԥшыз» уаан (Иак. 5:17). Аха еиҳа ихадоу, Анцәа урҭ ауаа дшырзыҟаз атәы ҳанаԥхьо, еиҳагьы еиӷьны еилаҳкаауеит уи «шаҟа дгәыбылҩу, шаҟа арыцҳашьара илоу» (Иак. 5:11).
16. Еилаҳкаауазеи Иегова изкны, агәнаҳа ҟазҵоз ауаа рыӡбахә Абиблиаҿы ҳанаԥхьо? (Исаиа 55:7).
16 Ишԥаҳзаанартуеи иҵегьы Абиблиа Иегова ибзиабара? Иԥшьоу Аҩыра агәра ҳнаргоит, агха ҳахьзаргьы, Анцәа ҳшаанимыжьуа. Израильаа иааҟәымҵӡакәа Иегова иҿаԥхьа агәнаҳақәа ҟарҵон, аха гәыкала ианахьхәуаз урҭ иранаижьуан. (Шәаԥхьа Исаиа 55:7.) Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәагьы ирдыруан Иегова урҭ бзиа ишибоз. Апостол Павел иԥшьоу адоуҳа ацхыраарала, аишьцәеи аиҳәшьцәеи ргәазҭеиҵеит агәнаҳа ҟазҵоз, аха ԥыҭрак ашьҭахь иахьхәыз ауаҩы гәыҭбаарала ианарыжьырц, насгьы игәы шьҭырхырц (2 Кор. 2:6, 7; 1 Кор. 5:1—5). Шаҟа ҳгәы ҟанаҵозеи Иегова имаҵзуҩцәа анымҩахҟьозгьы ишаанимыжьуаз атәы ҳанаԥхьо! Иара урҭ дрыцхраарц азы инапы риҭон, ириашон, насгьы дырҩегь иҩызахарц иааиԥхьон. Иахьагьы иара агәра ҳиргоит агәнаҳа ҟазҵаз, аха иахьхәуа убасҵәҟьа дшырзыҟоу (Иак. 4:8—10).
АНЦӘА ИНАӠОУ ИҲАМҬА — АБИБЛИА — АХӘ ҲАРАКНЫ ИШӘШЬАЛА
17. Избан иаҳҳәар зҳалшо Абиблиа — Анцәа иҳаиҭаз, иҷыдоу ҳамҭоуп ҳәа?
17 Иегова зеиԥшыҟам аҳамҭа ҳаиҭеит. Иҟазҵозеи иара Иажәа иҷыдоу шәҟәны? Ишеилаҳкааз еиԥш Абиблиа Анцәа иҟәыӷареи, ииашареи, ибзиабареи ҳзаанартуеит. Ари ашәҟәы ишьақәнарӷәӷәоит Иегова ҳиабадырырц шиҭаху. Иара ҳаиҩызцәахар иҭахуп.
18. Ишԥаҳалшо Иегова иҳаиҭаз, инаӡоу аҳамҭа, Абиблиа азы ҭабуп ҳәа иаҳҳәар?
18 Ҳара иаҳхаҳаршҭлар ҳҭахӡам Абиблиа — жәҩантәи Ҳаб иҳаиҭаз, инаӡоу аҳамҭа шакәу (Иак. 1:17). Ишԥаҳалшо уи азы ҭабуп ҳәа иаҳҳәар? Иегова иԥшьоу иажәақәа ҳрыԥхьозар, насгьы ҳрызхәыцуазар. Убасҟан Абиблиа Автор ду ҳџьабаа дазылԥхоит, насгьы «Анцәа изку адырра[қәа]» ҳауеит (Ажәам. 2:5).
АШӘА 98 Аҩыра Анцәа идоуҳала иҩуп
a Абиблиа Иегова иҩызахара иҳацхраауеит. Иҳаилнаркаауазеи иԥшьоу ари ашәҟәы Анцәа иҟәыӷареи, ииашареи, ибзиабареи ирызкны? Ари азҵаара аҭак ҳацхраауеит Абиблиа еиҳагьы ахә ашьара, насгьы уи жәҩантәи Ҳаб иҳаиҭаз зыхә ҳараку аҳамҭа еиԥш азыҟазаара.