АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | ИҞОУЗЕИ АДОУҲАТӘ ДУНЕИ АҾЫ?
Адоуҳатә дунеи иазкны ауаа ирызцәырҵуа азҵаарақәа
Шәрызхәыцхьома шәара зныкыр адоуҳатә дунеи аҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа, насгьы уаҟа инхо? Ари азҵаара зқьышықәсала ауаа ргәы иҵхоит. Шьоукы ргәы иаанагоит уа иԥсхьоу рдоуҳақәа ыҟоуп, насгьы урҭ пату рықәҵалатәуп ҳәа. Егьырҭ рхаҿы иааиуеит амаалықьцәа ахьынхо, насгьы ауаа бзиақәа анԥслак иахьақәшәо џьанаҭ гыларҭа, уи аҭыԥ ажәҩан ҳәа иашьҭоуп. Иҟоуп адоуҳатә дунеи аҿы миллионла анцәахәқәа нхоит ҳәа зыԥхьаӡо.
Ирацәаҩуп адоуҳатә дунеи иазкны акгьы адырра ҳалшом, избанзар уаантәи аӡәгьы дмаац ҳәа зыԥхьаӡо. Аха ус еиԥш иҟоу агәаанагарақәа иашам. Иисус Христос адгьыл ахь даанӡа адоуҳатә дунеи, ажәҩан аҿы, дынхон. Иара уи актәи ашәышықәсазы инхоз адинхаҵаратә напхгаҩцәа еилыкка иреиҳәеит: «Избан акәзар Сара ажәҩан ахьтә сзылбааз сгәаҳәара анагӡаразы акәӡам, Сара саазышьҭыз Саб игәаҳәара анагӡаразы ауп». Убри аҟынтә «Саб иҩнраҿы аҭыԥқәа рацәоуп» ҳәа Иисус ииҳәаз ажәақәа уҳәан-сҳәан акәӡам (Иоанн 6:38; 14:2).
Иисус Иаб — Иегова зыхьӡу Анцәа иоуп (Аԥсалом 83:18, АдҾ). Иара «иҩны» ажәҩан аҿы иҟоуп. Убри аҟынтә иумбо адоуҳатә дунеи аҿы иҟоу Анцәа Иеговеи Иисус Христоси раасҭа еиӷьны аӡәгьы изеиҭаҳәом. Дара агәрахаҵара аазырԥшуаз ауаа ирырҭоз абарақәа рыбзоурала, ажәҩан аҿы иҟоу иазкны иаҳзаадыртыз рацәоуп.
Анаҩстәи астатиаҿы барақәак рыӡбахә ахьану абиблиатә жәеинраалақәа еилыргоуп. Урҭ шәанрыԥхьо, ишәхашәмыршҭлан адоуҳатә дунеи аҿы ииашаҵәҟьаны акы напыла ишузымкуа, абарагьы шулымшо. Убри аҟынтә Анцәа ауаа адоуҳатә дунеи аҿы иҟоу дирбарц азы, адоуҳатә шамҭақәа еилыркаауа атерминқәа рыла акәымкәа, ауаа еилыркаауа асахьақәа ихы иархәаны абарақәа риҭон. Урҭ абарақәа рыбзоурала шәара адоуҳатә дунеи аҿы инхо еилышәкаар шәылшоит.