АЦӘА АҞЫНТӘ ИААГОУ АТЕМА | ИҞОУЗЕИ АДОУҲАТӘ ДУНЕИ АҾЫ?
Ажәҩан аҿы инхо ирызку абарақәа
Абиблиаҿы адоуҳатә дунеи аҿы иҟоу аилкаара иҳацхраауа узыршанхо абарақәа ануп. Шәааи урҭ зҿлымҳарала иҭаҳҵаап. Абарақәа рҿы зыӡбахә ҳәоу зегьы ишыҟаҵәҟьоу еилкаатәым, аха уеизгьы урҭ адоуҳатә дунеи аҿы инхо зусҭцәоу, насгьы ҳара иаҳнырыр шрылшо аилкаара иҳацхраауеит.
ИЕГОВА — ЗЕГЬИРХАКУ ИОУП
«Ажәҩан аҟны мчра змоу ртәарҭа ҳарак гылоуп, дубарҭоуп Иқәтәоу; Иқәтәаз ихы-иҿы лашон, еилаарцыруан,— исахьаԥсараха иҟоу ашәахәа лаша зхылҵуа абырлаш-хаҳә, убас зыхә дуу, акыр иаԥсоу ахаҳә цәхаԥшь шылашо, ишеилыԥхаауа аиԥш; хыхь, ихаҿы, итәарҭа ҳарак иахыкны ԥштәы иаҵәала еилыԥхаауа ацәаҟәа ихакын» (Аатра 4:2, 3).
«Иааикәыршаны илашон. Ақәаршҩы анауа аҽны ажәҩан аҿы ацәаҟәа шылашо еиԥш, убас иҟан иааикәыршаны иҟаз алашара. Уи Иегова ихьӡ-иԥша еиԥшыз ак акәын» (Иезекииль [Иезекииль] 1:27, 28).
Апостол Иоанни аԥааимбар Иезекиильи ироуз арҭ абарақәа Зегьирхаку Анцәа Иегова иблахкыгоу иԥшӡара аадырԥшуеит. Уи ауаа еилыркаауа асахьақәа рыла иҩуп: еилаарцыруа зыхә ҳараку ахаҳәқәеи, ацәаҟәеи, атәарҭа ҳараки рыла. Урҭ иаҳдырбоит Иегова дахьыҟоу узыршанхо аԥшӡареи аҭынчреи шыҟоу.
Арҭ асахьақәа аԥсаломшәаҳәаҩ иажәақәа ирықәшәоит: «Ддуӡӡоуп, дуамоуп Нцәа Ҳазшаз, ҽхәаԥхьыӡ згымхауа, егьырҭ анцәақәа зегь реиҳа дыџьбароуп Иара. Избанзар, ажәларқәа нцәақәас ирыԥхьаӡоу — ныхачаԥақәоуп, Нцәа Ҳазшаз иакәзар уи жәҩантәыла зегь ишеит. Хьӡи-ԥшеи, ҳаракыреи Иара иоуп измоу, амчи, аԥшӡареи, ахазынареи Иара иԥшьаҭыԥ аҟноуп иахьыҟоу» (Аԥсалом 95:4—6 [96:4—6, АдҾ]).
Иегова аҭыԥ ҳарак шааникылогьы, иара ҳиҳәаларц ҳааиԥхьоит, насгьы дшаҳзыӡырҩуа агәра ҳиргоит (Аԥсалом 64:3 [65:2, АдҾ]). Анцәа даара бзиа ҳаибоит, убри аҟынтә апостол Иоанн иҩит: «Анцәа — дыбзиабароуп» (1 Иоанн 4:8).
ИИСУС АНЦӘА ИАРӶЬАРАҾ ДГЫЛОУП
«[Иқьырсианыз] Стефан иакәзар, ихы-игәы зегьы Аԥсы Цқьа идоуҳала иҭәын. Уи дыԥшуан хыхь, ажәҩан ахь, уаҟа Анцәеи уи иарӷьараҿ игылаз Иисуси рдура, рыхирра ибарҭан. Иагьиҳәеит: абар, избоит жәҩангәашәԥхьара — дызбоит Анцәа иарӷьараҿ игылоу Ауаҩытәыҩса Иԥа» (Аусқәа 7:55, 56).
Стефан ари абара иоуаанӡа маҷк шагыз иара дзацәажәоз ауаа — аиудеиатә диннапхгаҩцәа — Иисус дыршьит. Ари абара Иисус иԥсы шҭаз аанарԥшит: иара иԥсы ҭаҵан, насгьы дырҳаракын. Абар уи иазкны апостол Павел ииҩыз: «[Иегова] Уи аԥсцәа рахьтә дыргыланы, хыхь, ажәҩан аҿы, Иара иарӷьарахьтәи аганахьала даниваиртәоз аамҭазы, Уи имч-илшара адунеи аҿы мчрас иҟоу зегьы раҵкыс иӷәӷәоуп, хьӡи-ԥшеис иҟоу, маҵурас иҟоу зегьы иреиҳауп, иахьатәи аамҭазы мацара акәым — ҳаԥхьаҟагьы» (Ефесаа рахь 1:20, 21).
Абиблиа иаҳнарбо Иисус аҭыԥ ду шааникыло мацара акәӡам, уи иара убас иҳаилнаркаауеит Иисус Иегова иеиԥш ауаа даара бзиа ишибо. Иара адгьыл аҿы даныҟаз, ачымазаҩцәа ихәышәтәуан, аԥсцәагьы рыԥсы ҭеиҵон. Иара иҿыхратә ԥсхҭынҵарала Анцәа иахь, насгьы ауаа рахь абзиабара ааирԥшит (Ефесаа рахь 2:4, 5). Уажәы Иисус Анцәа иарӷьараҿ дгылоуп, иаарласны иара имоу амчра ихы иаирхәоит Анцәа изыӡырҩуа ауаа азылԥхара дуқәа риҭарц азы.
АМААЛЫҚЬЦӘА АНЦӘА ИМАҴ РУЕИТ
«Сара [аԥааимбар Даниил] сыԥшуан атәарҭақәа ықәдыргылаанӡа, насгьы Амшқәа рыла Иажәу [Иегова] дааины дтәаанӡа. [...] Зқьы-зқьҩыла имаҵ руан, насгьы шә-миллионҩык иҿаԥхьа игылан» (Даниил [Даниил] 7:9, 10).
Ари абараҿы Даниил аӡә иакәымкәа, амаалықьцәа рацәаҩны ибеит. Шаҟа уаршанхозеи ари абара! Амаалықьцәа — ари амч ӷәӷәеи ахшыҩ дуи змоу адоуҳатә шамҭақәа роуп. Урҭ рыбжьара асерафимцәеи ахерувимцәеи ыҟоуп. Абиблиаҿы амаалықьцәа рыӡбахә 300-нтә раҟара иануп.
Амаалықьцәа уаанӡа адгьыл аҿы инхоз ауаа ракәӡам. Анцәа ауаа ишаанӡа акыр шагыз амаалықьцәа ишеит. Иара адгьыл анишоз амаалықьцәа уи иацклаԥшуан, насгьы «даараӡа игәырӷьон» (Иов [Иов] 38:4—7).
Анцәа изиашоу амаалықьцәа рмаҵзура иаҵанакуеит иахьа адгьыл аҿы имҩаԥысуа акрызҵазкуа аус ду — Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь бзиа ауаа рылаҳәара — аҽалархәра (Матфеи 24:14). Абар амаалықьцәа инарыгӡо аус иазкны апостол Иоанн иибаз: «Ус, абри ашьҭахь, дызбоит ажәҩан агәы иалаланы инеиуаз даҽа Маалықьк; уи иман наӡаӡатәи Аевангелие, ауаатәыҩса зегьы — абшьҭрақәас, хылҵшьҭрақәас, бызшәақәас, жәларқәас иҟоу зегьы ирылеиҳәаларазы» (Аатра 14:6). Иахьа амаалықьцәа ажәытәан еиԥш ауаа ирацәажәаӡом, аха дара гәык-ԥсык ала иҟоу ауаа рыԥшаараҿы Аҳра ажәабжьҳәаҩцәа ирыцхраауеит.
АҨСҬАА МИЛЛИОНҨЫЛА АУАА ИЖЬОИТ
«Абри аамҭазы ажәҩан аҟны еибашьрахеит: ганкахьала аибашьра иалахәын Михаил [Иисус Христос] Имаалықьцәеи иареи, егьи аганахь — агәылшьаԥ, иара амаалықьцәа аваргыланы; Аха урҭ уиаҟараҵәҟьа иӷәӷәамызт, убри аҟнытә ажәҩан аҿтәи аҭыԥ рцәыӡит. Абасала, ари агәылшьап ду, ажәытә маҭ, аҵархан, уи, аџьныш, аҩысҭаа ҳәа изышьҭаз акәын; адунеи зегьы зжьахьаз ари агәылшьап иацыз амаалықьцәеи иареи хыла адгьыл ахь иҭаҵан» (Аатра 12:7—9).
Ажәҩан аҿы аҭынчра еснагь иҟамызт. Ауаатәыҩса рҭоурых алагамҭазы амчра иазгәышьуаз маалықьк Иегова диҿагылеит. Иара Аҩсҭаа иакәхеит. Аҩсҭаа иаанагоит «аҿагылаҩ». Ԥыҭрак ашьҭахь ԥыҭҩык амаалықьцәагьы иара идгылеит, урҭ демонцәахеит. Ицәгьоу арҭ адемонцәа гәымбылџьбарала Анцәа иҿагылоуп. Дара ауаа реиҳараҩык бзиабарала Анцәа иҳаиҭо анапхгара иаҿагылартә аҟаҵара рылшеит.
Аҩсҭаа идемонцәеи иареи гәаԥхашәала даараӡа илаҟәуп, насгьы ӷәӷәала игәымбылџьбарақәоуп. Урҭ ауаатәыҩса ираӷоуп, насгьы ауаа ргәаҟрақәа зыхҟьо дара роуп. Зны Аҩсҭаа Анцәа изиашаз Иов ирахә зегьы, насгьы имаҵуҩцәа ишьит. Анаҩс «аԥша ӷәӷәа» аирсит, уи Иов жәаҩык ихәыҷқәа ахьыҟаз аҩны арбгеит. Дара зегь ԥсит. Уи ашьҭахь Аҩсҭаа «Иов ихы инаркны ишьапы аҟынӡа ахьаа ӷәӷәа зцыз ашәрақәа илихит» (Иов [Иов] 1:7—19; 2:7).
Аха иаарласны Аҩсҭаа дықәгахоит. Ицәгьоу ари амаалықь адгьыл ахь дылбаашьҭын, насгьы «идыруеит изынхаз аамҭа шмаҷу» (Аатра 12:12). Аҩсҭаа иус ӡбоуп, уи, ҳәарада, жәабжь бзиоуп!
АДГЬЫЛ АҞЫНТӘИ ИААЗ
«Уара [Иисус]... еиуеиԥшым ахылҵшьҭрақәеи, абызшәақәеи, ажәларқәеи, амилаҭқәеи рҟынтә Анцәа изы ауаа ааухәеит, насгьы ҳ-Анцәа иаҳреи иԥшьаҩцәеи ракәны иҟауҵеит, урҭ адгьыл напхгара азырулоит» (Аатра 5:9, 10, АдҾ).
Адгьыл аҿы инхоз, насгьы ажәҩан аҿы анхаразы зыԥсы ҭаҵаз Иисус имацара иакәӡам. Абар иара азиашара аазырԥшуаз иапостолцәа иреиҳәаз: «Сцоит шәҭыԥқәа сырхиаразы... шәарҭгьы Сара сахьыҟоу шәыҟазаарацы» (Иоанн 14:2, 3).
Ажәҩан ахь ицо иалкаау ахықәкы анагӡаразы ицоит. Иисуси дареи жәҩантәи анапхгара, мамзаргьы Аҳра, иахәҭакхоит, уи иаарласны адгьыл зегь напхгара азнаулоит, насгьы ауаа рыԥсҭазаара еиӷьнатәуеит. Узҿыԥшуа анцәаиҳәара ишаҳнарбо еиԥш, Иисус иҵаҩцәа убри Аҳра азы Анцәа иҳәаларц дирҵон: «Жәҩан иҟоу Ҳаб! хьӡи-ԥшеи амазааит Уара ухьӡ; Иааиааит Уара Уԥсҳара; иҟалааит угәаԥхара, хыхь, ажәҩан аҿ аиԥш, ҵаҟа адгьыл аҿгьы» (Матфеи 6:9, 10).
АЖӘҨАН АХЬ ИЦО ИҞАРҴАЛО
«Исаҳаит [апостол Иоанн] ажәҩан ахьтә абас аиԥш зҳәоз абжьы ӷәӷәа: ари ауаажәлар рыгәҭаны Анцәа иргылауа ԥшьаныҳәарҭоуп...[...] Анцәа урҭ лаӷырӡ цырак иадамзаргьы ирҿыжжы иаанижьуам, ирыцқьоит; шьҭа уаҳа изыҟалом аԥсра; аҵәуара, аӷызы-ӷызра, аҵәаара, ахьаа-баа ҟалом, избан акәзар ԥаса иҟаз мҩасит» (Аатра 21:3, 4).
Аԥааимбаражәатә ҵакы змаз ари абара Иисуси жәҩантәи аԥсҭазаарахь зыԥсы ҭаҵази рыла ишьақәгылоу Анцәа Иаҳра Аҩсҭаа инапхгара аҵыхәтәа аныԥнаҵәо, насгьы адгьыл зегь џьанаҭны ианыҟанаҵо аамҭа аанарԥшуеит. Ауаатәыҩса агәаҟреи ахьааи рзаазгоз зегьы наӡаӡа иқәгахоит. Аԥсрагьы уаҳа ахаан иҟалом.
Аха иаҳҳәар ҳалшозеи миллиардҩыла иԥсыз, аха ажәҩан аҿы анхаразы зыԥсы ҭаҵамыз ауаа рзы? Дара рыԥсы ҭаҵахоит џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡа анхаразы (Лука 23:43).
Арҭ абарақәа агәра ҳдыргоит Анцәа Иегова, иԥа Иисус Христос, азиашара аазырԥшуа амаалықьцәа, иара убас адгьыл аҟынтәи иаахәаз ауаа даараӡа бзиа ҳшырбо, насгьы ҳаиҷаҳара ишашьҭоу. Адоуҳатә дунеи аҿы инхо ирызкны еиҳаны еилышәкаарц азы Иегова ишаҳаҭцәа шәрыдҵаал, мамзаргьы урҭ рофициалтә саит шәаҭаа.