Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w16 август ад. 30
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
w16 август ад. 30

Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Избан Иисус иаӷацәа анапыӡәӡәара иадҳәалоу азҵаара зцәырыргаз?

Ари ахҭыс афарисеицәа Иисус иҵаҩцәеи иареи ианрықәыӡбоз ируакын. Моисеи изакәан аҿы ианын ауаҩы дыцқьамкәа дҟазҵоз усқәак, иаҳҳәап, аԥҳәыс ашьа анылҟәаҵуаз, мамзаргьы ахаҵа иԥхашьаратә цәеижьхәҭақәа рҟынтә ак анаауаз, ацәеилабаара, иԥсыз ауаҩы, ма иԥсыз аԥстәы алакьысра. Иара убас уа иҟан уҽурыцқьар шулшо узырбоз амҩақәҵарақәа: амҭа анагара, аҽыӡәӡәара, насгьы аӡы ақәырпҟҟара (Алев. [Лев.], ахқәа 11—15; Ахыԥхь. [Чис.], ахы 19).

Аиудеиатә раввинцәа арҭ амҩақәҵарақәа инарҭбааны ауаа идеилдыркаауан. Хыҵхырҭак ишаҳәо ала, ауаҩы дыцқьамкәа дҟазҵоз амзызқәа «инҭырҳәыцааны иҭырҵаауан: уи аныҟалоз аҭагылазаашьа зеиԥшраз, ишԥа, насгьы шаҟа иӷәӷәаны уи амцқьара егьырҭ рахь ииасыр алшоз, иарбан маҭәарқәоу иҟьашьуп ҳәа иԥхьаӡахоз, уҽызлаурыцқьоз, насгьы уи азы иарбан ритуалқәоу иҟаҵатәыз».

Иисус иаӷацәа иазҵааит: «Уҵаҩцәа ажәытә ҳәамҭақәа еилагауа, напы мыӡәӡәа ача зырфозеи?» (Марк 7:5). Дара зыӡбахә рҳәоз агигиенатә нормақәа ракәӡамызт. Араввинцәа аҵас-қьабз иқәныҟәон, урҭ ауаҩы акрыфара далагаанӡа инапы аӡы изақәырҭәаларц рҭахын. Хыхь зыӡбахә ҳәаз ахыҵхырҭаҿы иҳәоуп: «Иара убас иҟан аимак-аиҿак анапы аӡы ақәҭәаразы иарбан маҭәарқәоу, иарбан ӡу рхы иадырхәалар акәыз, насгьы аӡы ақәҭәара зыхәҭоу дызусҭазар акәу, иара убас иахьақәырҭәалар акәу аганахь ала».

Дышԥарзыҟаз Иисус ауаа ирхәыцыз арҭ азакәанқәа? Иара аиудеиатә диннапхгаҩцәа иреиҳәеит: «Шәара, агәыҩбацәа шәзы, аԥааимбар Исаиа бзиа дԥааимбаруан, абас аиԥш ҳәауа: „арҭ ауаа ҳаҭыр сықәырҵоит ажәала, ргәы-рыԥсы хара исыҟәгоуп; аха амала баша аҳаҭыр сықәырҵоит, уаҩытәыҩсатә ҵасла рҵара мҩаԥгауа“; Шәарҭ, Анцәа иԥҟарақәа ааныжьны, ауаа рҳәамҭала иаԥҵоу аԥҟарақәа шәрықәныҟәоит» (Марк 7:6—8).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра