Ҳгәы-ҳаԥсы адоуҳатә ҭахрақәа рызкра аԥсҭазаареи аҭынчреи ҳзааргоит
«Агәнаҳарақәа рцәаҩала иҟоу ауаа ацәеижь агәнаҳара лаҟәқәа ирызхьуеит, доуҳала иҟоу ракәзар, урҭ ргәы-рыԥсы адоуҳа аҭахрақәа ирзыркуеит» (РИМ. 8:5).
1, 2. Избан Римаа рахь иҩыз асаламшәҟәы 8-тәи ахы еиҳарак Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа рзы аинтерес заҵоу?
ИҞАЛАП есышықәса Иисус Христос иԥсра агәаларшәара ахәылԥаз азгәаҭара апериод аан Римаа рахь 8:15—17 шәаԥхьозар. Акрызҵазкуа ари ацыԥҵәахаҿы ақьырсианцәа доуҳала ишалху шеилыркаауа атәы ануп: иԥшьоу адоуҳа шаҳаҭра ауеит дара Анцәа ишихшароу. Ари ахаҿы актәи ажәеинраала «Христос Иисус иитәу» рахь ирхоуп. Иаанагома уи Римаа рахь 8-тәи ахы Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа рымацара рахь ауп иахьырхо ҳәа? Ианума уа адгьыл аҿы анхаразы агәыӷра змоу рзы ихадоу аацҳара?
2 Зегь раԥхьа иргыланы ари ахы Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа ирызкуп. Дара адоуҳа роуеит, насгьы ԥацәаны ианыҟало, руаҩытәыҩсатә цәеижь аҟынтә ахақәиҭра анроуа ргәы хыҭ-хыҭуа иазыԥшуп (Рим. 8:23). Ҳаԥхьаҟа урҭ ажәҩан аҿы Анцәа иԥацәа реиԥш ицҟазаауеит. Уи зыбзоурахаз дара аӡы рҽахьӡаархыз, Анцәа аҿыхратә ԥсхҭынҵара шьаҭас иҟаҵаны рыгәнаҳақәа ахьранаижьыз, насгьы доуҳатә ԥацәаны изыҟаларц азы уаа иашақәаны иахьиԥхьаӡаз ауп (Рим. 3:23—26; 4:25; 8:30).
3. Избан Римаа рахь 8-тәи ахы адгьыл аҿы анхаразы агәыӷра змоу рзы аинтерес аҵазар закәу?
3 Аха Павел Римаа рахь ииҩыз асаламшәҟәы 8-тәи ахы адгьыл аҿы анхаразы агәыӷра змоу рзгьы даара аинтерес аҵоуп, избанзар урҭгьы Анцәа уаа иашақәаны иԥхьаӡоит. Уи ус шакәу Павел исаламшәҟәаҿы уаанӡа ииҩуаз иаҳнарбоит. 4-тәи ахаҿы иара Авраам дихцәажәоит. Агәрахаҵара ӷәӷәа змаз ари ауаҩы Иегова израильтәи ажәлар Азакәан риҭаанӡа, насгьы Иисус ҳагәнаҳақәа рзы иԥсҭазаара ҳахҭниҵаанӡа акыр шагыз дынхон. Аха уеизгьы, Иегова Авраам агәрахаҵара ӷәӷәа шимаз ибеит, насгьы дуаҩ иашоуп ҳәа иԥхьаӡеит. (Уаԥхьа Римаа рахь 4:20—22.) Иахьагьы Иегова изиашаны имаҵ зуа, адгьыл аҿы наӡаӡа анхаразы агәыӷра змоу ақьырсианцәа уаа иашақәаны иԥхьаӡар илшоит. Убри аҟынтә Римаа рахь иҩыз асаламшәҟәы 8-тәи ахы иану алабжьара даргьы ирыҵанакуеит.
4. Иарбан зҵаароу Римаа рахь 8:21 иҳазцәырнагар алшо?
4 Римаа рахь 8:21 иану ажәақәа адунеи ҿыц хымԥада ишыҟало агәра ҳдыргоит. Ари ажәеинраалаҿы иануп ашамҭақәа абаара-аиаӡаара иацәыхьчахоит, Анцәа ихәыҷқәа ирымоу ахьӡ-аԥша даргьы аԥсахоит ҳәа. Агәра жәгома шәара ари аҳамҭа шшәоуа? Римаа рахь 8-тәи ахы иану алабжьара ас еиԥш иҟоу агәрагара аиура ишәыцхраауеит.
«АЦӘЕИЖЬ ИАТӘУ АГӘАҲӘАРАҚӘА»
5. Иарбан ихадоу зҵаароу Павел Римаа рахь 8:4—13 аҿы ишьҭихыз?
5 Уаԥхьа Римаа рахь 8:4—13. Римаа рахь иҩыз асаламшәҟәы 8-тәи ахаҿы «ацәеижь агәнаҳара лаҟәқәа ирызхьуа» згәы-зыԥсы адоуҳа аҭахрақәа ирзызкуа ирҿырԥшуп. Шьоукы ргәы иаанагар алшоит ара зыӡбахә ҳәоу Анцәа имаҵ зуа, насгьы изымуа роуп ҳәа. Аха Павел ари асаламшәҟәы «Рим иҟоу, Анцәа бзиа иибо ауааԥсыра, ацқьацәа шәреиуахаразы» ҳәа ззиҳәаз роуп иззиҩыз (Рим. 1:7). Абасала Павел ацәеижь агәнаҳара лаҟәқәа ирызхьуа ақьырсианцәеи доуҳала иҟоу ақьырсианцәеи еиҿирԥшит. Излеиԥшымзи урҭ?
6, 7. а) Ҵакыс иамоузеи Абиблиаҿы ажәа «ацәеижь»? б) Иарбан ҵаку Павел ажәа «ацәеижь» иеиҭаз Римаа рахь 8:4—13 аҿы?
6 Раԥхьа ҳазааҭгылап ажәа «ацәеижь». Ииҳәарц ииҭахызи Павел? Абиблиаҿы ажәа «ацәеижь» еиуеиԥшым аҵакы амоуп. Зны-зынла уи ауаҩы ицәеижь ауп иаанаго (Рим. 2:28; 1 Кор. 15:39, 50). Иара убасгьы уи аиуара аанарԥшуеит. Иисус Христос «уаҩытәыҩсатә хылҵшьҭрала Давид иабиԥара» датәын, Павел иакәзар ауриацәа «цәеижьла исызгәакьоу» ҳәа рзиҳәон (Рим. 1:3; 9:3).
7 Аха Павел Римаа рахь 8:4—13 аҿы ажәа «ацәеижь» ҵакыс иеиҭаз еилаҳкаарц азы, исаламшәҟәы 7-тәи ахаҿы ииҩыз еилҳаргар ауп. Римаа рахь 7:5 аҿы иара агәнаҳарақәа рцәаҩала иҟоу «ацәеижь агәнаҳара лаҟәқәа» ишрызхьуа ааирԥшит. Уи 8-тәи ахаҿы апостол «агәнаҳарақәа рцәаҩала иҟоу», «ацәеижь агәнаҳара лаҟәқәа ирызхьуеит» ҳәа ззиҳәаз зусҭцәоу аилкаара иҳацхраауеит. Ара зыӡбахә ҳәоу игәнаҳау агәазыҳәарақәа ирымҽхаку роуп. Раԥхьаӡа иргыланы урҭ асексуалтә ма иҽеим даҽа гәазыҳәарақәак зыҽрызҭо, насгьы урҭ агәаҳәарақәа рҿагылара злымшо ауаа роуп.
8. Избан Павел ииҳәаз агәҽанҵара Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәагьы заҵанакуаз?
8 Аха зҵаарак цәырҵыр алшоит: избан Павел Анцәа идоуҳала иалху ақьырсианцәа агәнаҳарақәа рцәаҩала иҟамзарц ргәы зазҭеиҵоз? Иақәшәар алшома абри аҩыза ашәарҭара Анцәа ҩызцәас идикылаз, насгьы уаа иашақәаны ииԥхьаӡаз ақьырсианцәа? Илахьеиқәҵагоуп, аха ақьырсианцәа зегьы игәнаҳау рцәеижь агәазыҳәарақәа рынагӡара иалагар рылшоит. Иаҳҳәап, Павел иҩуан Рим инхоз аишьцәа шьоукы «рымгәа», мамзаргьы афатә, цәеижьла аизааигәахара, насгьы егьырҭ аусқәа ирыдҳәалаз ргәазыҳәарақәа итҟәаны ишрымаз. Урҭ рахьтә шьоукы зжьара мариаз ауаа хырхуан (Рим. 16:17, 18; Флп. 3:18, 19; Иуда 4, 8, 12). Коринф инхоз қьырсианк «иаб иԥҳәыс хатә ԥҳәыск лаҳасабала» диман (1 Кор. 5:1). Ари иҳаилнаркаауеит Анцәа Павел ила ақьырсианцәа агәнаҳарақәа рцәаҩала иҟамзарц ргәы зазҭеиҵаз (Рим. 8:5, 6).
9. Иаанамгозеи Римаа рахь 8:6 иану Павел иажәақәа?
9 Павел иажәақәа иахьагьы ухы иаурхәартә иҟоуп. Ақьырсиан Иегова имаҵ акыр шықәса иуазаргьы, ихәыцрақәа ацәеижь агәаҳәарақәа ирзикуа далагар илшоит. Ара зыӡбахә ҳәоу афатәи, аусуреи, аԥсшьареи, насгьы аромантикатә еизыҟазаашьақәеи ирызку зны-зынла ухаҿы иааиуа ахәыцрақәа ракәӡам. Уи Анцәа имаҵзуҩцәа зегьы ирызцәырҵлар алшо, аԥсҭазаара иахәҭаку хәыцрақәоуп. Иисус афатә агәахәара изаанагон, иара убасгьы егьырҭ акрырҿеиҵон. Иара еиликаауан аԥсшьарагьы даара ишхадоу. Насгьы Павел иҩуан аҭаацәараҿы хаҵеи-ԥҳәыси цәеижьла аизааигәахара агәахәара рнаҭалар шалшо.
Иаанарԥшуазеи ҳазлацәажәо: ҳгәы-ҳаԥсы адоуҳатә ҭахрақәа ишырзаҳкуа акәу, мамзаргьы ацәеижь агәаҳәара лаҟәқәа ҳашрызхьуа акәу? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10, 11.)
10. Ҵакыс иамоузеи Римаа рахь 8:5 аҿы «ирызхьуеит» ҳәа иану ажәа?
10 Ииҳәарц ииҭахызи нас Павел, «ацәеижь агәнаҳара лаҟәқәа ирызхьуеит» ҳәа шьоук рыӡбахә аниҳәоз? Усумҭак ишаҳәо ала, Павел ихы иаирхәоз абырзен ажәа иаанагоит «ҳгәи-ҳахшыҩи уск азышьҭра, иҟаҳҵарц иаҳҭаху ибзиаӡаны еиҿаҳкаарц азы ҳахшыҩтә лшарақәа рхархәара». Агәнаҳарақәа рцәаҩала инхо рыԥсҭазаара зызку игәнаҳау ргәазыҳәарақәа рынагӡара ауп. Абар Римаа рахь 8:5 аҿы иану ажәа ҵарауаҩык дшахцәажәаз: «Дара ацәеижь агәнаҳара лаҟәқәа ирызку иазхьуеит — ринтересқәеи, рцәажәарақәеи зегь зызку иара ауп, уаҳа даҽакы абас еиԥш агәырӷьара рзаанагом».
11. Ҳзызхәыцыр ҳалшозеи, ихадоузеи ҳаԥсҭазаараҿы ҳәа ҳхы ҳаназҵаауа?
11 Рим инхоз ақьырсианцәа рыԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадаз иазхәыцыр акәын. Урҭ «ацәеижь агәнаҳара лаҟәқәа» ирызхьуазар ауан. Ҳаргьы уи азхәыцра ҳахәҭоуп. Ҳгәы зызхьуазеи еиҳарак аԥсҭазаараҿы? Ҳазлацәажәозеи лассы-лассы? Иҳаԥсҭазаашьозеи ҳара? Арҭ азҵаарақәа рыбзоурала шьоукы игәарҭар рылшоит аҩқәа ргьама агәаҭара шьцыларас ишышьҭырхыз, иара убас аҩны арԥшӡара, амода ацныҟәара, аԥара аизгара, аԥсшьара ацара уҳәа убас егьырҭ аусқәа рыԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ишыхадахаз. Арҭ аусқәа зегь цәгьоуп, насгьы рызхәыцра иашам ҳәа ҳазҳәом. Иаҳҳәап, Иисус зны аӡы аҩы алихит, Павелгьы Тимофеи «маҷк аҟара аҩгьы» ижәларц иабжьеигон (1 Тим. 5:23; Иоанн 2:3—11). Аха иаҳҳәар ҳалшома Иисуси Павели ирҳәоз зегь зызкыз аҩы ауп, насгьы агәырӷьара рзаазгоз иара мацара акәын ҳәа? Арыжәтә акәызма рыԥсҭазаара аҵакы азҭоз? Ҳәарада, мап. Иаҳҳәар ҳалшозеи ҳаԥсҭазаара иазкны? Ихадоузеи ҳара ҳзы?
12, 13. Избан ҳхәыцрақәа ззаҳкуа хшыҩзышьҭрала ҳазнеир зҳахәҭоу?
12 Ас еиԥш иҟоу ахгәаҭара даара ихадоуп. Избан? Павел иҩуан: «Ацәеижь иатәу агәаҳәарақәа — аԥсра рзыԥҵәоуп» (Рим. 8:6). Ари агәҽанҵара азхьаԥшра иаԥсоуп, избанзар доуҳала ҳаԥсыр, анаҩс ҳаԥсҭазаарагьы ҳцәыӡыр алшоит. Ус ишыҟоугьы, Павел имҳәаӡеит ацәеижь агәнаҳарақәа ирызхьуа хымԥада дыԥсуеит ҳәа. Ауаҩы иҽиԥсахыр илшоит. Дышәгәалашәыршәа Коринф инхоз, ацәеижь агәнаҳара лаҟәқәа ирызхьуа иалагаз ақьырсиан. Уи аизара далырцар акәхеит, аха анаҩс иара иҽиԥсахит. Ацәеижь агәнаҳара лаҟәқәа дырҟәаҵны, аиаша мҩа дықәлеит (2 Кор. 2:6—8).
13 Коринф инхоз уи ақьырсиан аҽыԥсахра илшазар, иахьагьы ус иҟоу ақьырсианцәа рҽырыԥсахыр рылшоит, еиҳарак агәнаҳа иара иеиԥш ӷәӷәала иаҵамлазар. Ацәеижь агәнаҳара лаҟәқәа ирызхьуа рԥеиԥш иазкны Павел ииҳәаз ажәақәа ақьырсианцәа аҽыԥсахразы ирылшо зегь ҟарҵаларц ргәазҭанаҵалар ауп.
АДОУҲАТӘ ҬАХРАҚӘА ҲГӘЫ-ҲАԤСЫ РЫЗКРА
14, 15. а) Ҳахшыҩ ззаҳашьҭлар ҳалшозеи ацәеижь агәнаҳара лаҟәқәа рҭыԥан? б) Иаанамгозеи адоуҳатә ҭахрақәа ҳгәы-ҳаԥсы рызкра?
14 Апостол ақьырсианцәа ацәеижь агәнаҳара лаҟәқәа рызхьра шаҟа ишәарҭоу анреиҳәа ашьҭахь, адоуҳатә ҭахрақәа рызхәыцра аԥсҭазаареи аҭынчреи шаарго агәра диргеит. Шаҟа иџьашьахәузеи ари аҳамҭа! Ишԥаҳалшо уи аиура?
15 Адоуҳатә ҭахрақәа ҳгәы-ҳаԥсы рызкра иаанагаӡом егьырҭ ауаа ҳреиԥшымзар ауп ҳәа. Уи иаанагаӡом ҳзызхәыцуа, насгьы иаҳҳәо зегьы Абиблиеи, Анцәа иахь иҳамоу абзиабареи, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш иазку ҳгәыӷреи мацара ирыдҳәалазар ауп ҳәа. Павели актәи ашәышықәсазы инхоз егьырҭ ақьырсианцәеи иаабац аԥсҭазаашьа мҩаԥыргон. Урҭ афатә хааи аҩи агәахәара рзаанагон, иара убас аӡәырҩы аҭаацәара иалалон, насгьы рхы ныҟәго аҭаацәаратә ԥсҭазаара иалагәырӷьон (Марк 6:3; 1 Фес. 2:9).
16. Ихадази Павел изы, иаабац аԥсҭазаара шымҩаԥигозгьы?
16 Аха урҭ Иегова имаҵзуҩцәа иаабац аусқәа рыԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадахарц алдыршомызт. Абиблиаҿы иануп Павел ақьалақәа ҟаиҵон ҳәа, аха иԥсҭазаараҿы ихадаз даҽак акәын: иара иааиԥмырҟьаӡакәа ауаа ажәабжь рылеиҳәон, насгьы аҵабырг дирҵон. (Уаԥхьа Аусқәа 18:2—4; 20:20, 21, 34, 35.) Рим инхоз аишьцәагьы аиаҳәшьцәагьы уи аҟаҵара ргәазҭеиҵон. Абасала, Павел изы ихадаз адоуҳатә усқәа ракәын. Рим инхоз ақьырсианцәа уи иҿыԥшлар акәын, ҳаргьы ус ҟаҳҵалар ҳахәҭоуп (Рим. 15:15, 16).
17. Изеиԥшрахозеи ҳаԥсҭазаара, ҳгәы-ҳаԥсы адоуҳатә ҭахрақәа ирзаҳкуазар?
17 Изеиԥшрахозеи ҳаԥсҭазаара, Иегова имаҵ аура ҳара ҳзы зегь раасҭа ихадазар? Римаа рахь 8:6 аҿы еилыкка иануп ҳгәы-ҳаԥсы адоуҳатә усқәа рызкра аԥсҭазаареи аҭынчреи шаҳзаарго. Ҳгәы-ҳаԥсы адоуҳатә ҭахрақәа ирзаҳкларц азы, Анцәа идоуҳа ҳахшыҩ ианырлартә алҳаршалар ауп, насгьы Иегова ихәыцшьа шьҭаҳкаалар ауп. Адоуҳатә усқәа ҳара ҳзы зегь раасҭа ихадазар, ҳаԥсҭазаара уажәнатә ҵакыла ишҭәуа, насгьы ишнасыԥхо агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит. Ҳаԥхьаҟа наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳауеит — ажәҩан, ма адгьыл аҿы.
18. Избан иаҳҳәар зҳалшо ҳгәы-ҳаԥсы адоуҳатә ҭахрақәа рызкра аҭынчра ҳзаанагоит ҳәа?
18 Ҵакыс ирымоузеи ҳгәы-ҳаԥсы адоуҳатә ҭахрақәа рызкра аҭынчра ҳзаанагоит ҳәа иҳәоу ажәақәа? Аҭынчра зегьы ирҭахуп, еиҳарак агәҭынчра, аха уи зегьы ирымам. Иегова ибзоурала ҳара ииашаҵәҟьоу агәҭынчра ҳаур ҳалшоит. Иара убас ҳара ҳҭаацәараҿы, насгьы аизараҿы аҭынчра ҳамоуп. Ҳара ҳнаӡаӡам аҟынтә, зны-зынла ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳареи ҳабжьара ауадаҩрақәа ҳазцәырҵлоит. Уи аҩыза аныҟало, ҳара Иисус илабжьара ҳақәныҟәоит: «Уашьа иҿы унеи, заа иара уинышәа» (Матф. 5:24). Ишәхашәмыршҭлан шәашьцәеи шәаҳәшьцәеи шәара шәеиԥш Иегова, «аҭынчра-ахирра Рынцәа», имаҵ шыруа, усҟан урҭ рнышәара еиҳа ишәзымариахоит (Рим. 15:33; 16:20).
19. Иарбан ҭынчроу еиҭа иҳауа, ҳгәы-ҳаԥсы адоуҳатә ҭахрақәа ирзаҳкуазар?
19 Ҳгәы-ҳаԥсы адоуҳатә ҭахрақәа ирзаҳкуазар, Анцәеи ҳареи аҭынчра ҳабжьазаауеит, уи хәы змам зылԥхароуп. Исаиа ихаан инаӡаз аԥааимбаражәа иҩит, ҳаамҭазы уи еиҳагьы анаӡара иаҿуп: «Уара [Иегова] агәазыҟашьа бзиа змоу ауаҩы инымҵәаӡо аҭынчра иуҭоит, избанзар уи уара дуқәгәыӷуеит» (Ис. [Ис.] 26:3; уаԥхьа Римаа рахь 5:1).
20. Избан шәара Римаа рахь 8-тәи ахы иану алабжьаразы Анцәа иҭабуп ҳәа зиашәҳәо?
20 Ҳара зегьы, Анцәа идоуҳала иалхугьы, џьанаҭ дгьыл аҿы наӡаӡа анхаразы агәыӷра змоугьы, Римаа рахь 8-тәи ахы иану алабжьаразы Анцәа иҭабуп ҳәа иаҳҳәоит. Ацәеижь агәнаҳара лаҟәқәа шәырзымхьын ҳәа иҳауз алабжьара ахә ҳаракны иаҳшьоит. Ҳара иаҳбоит Анцәа идоуҳала иҩу ажәақәа рықәнаҟәара шаҟа аҟәыӷара аҵоу: «Доуҳала иҟоу ауаҩԥсы иҭахрақәа — ари ԥсҭазаароуп, хирла, бзазарала аҟазаара ауп». Згәы-зыԥсы адоуҳатә ҭахрақәа ирзызкуа ҳамҭас наӡаӡатәи аԥсҭазаара роуеит, избанзар Павел иҳәеит: «Избан акәзар агәнаҳарақәа рылҵшьас, шьаугас ирзыҟоу аԥсроуп, Анцәа иҳамҭа — ҳара Иҳақәиҭу Иисус Христос иҟны наунагӡа аҟазаароуп» (Рим. 6:23).