Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 март ад. 32
  • Ажәытәтәи аҳаԥшьаҿы абиблиатә хьӡы

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ажәытәтәи аҳаԥшьаҿы абиблиатә хьӡы
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Иеиԥшу аматериал
  • Анцәа ихьӡ ахархәареи аҵаки
    Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 март ад. 32

Ажәытәтәи аҳаԥшьаҿы абиблиатә хьӡы

2012 шықәсазы имҩаԥыргоз анышәжрақәа раан анышәаԥшь иалхыз аҳаԥшьа аԥҽыхақәа рыԥшааит. Уи аҳаԥшьа ҟаҵан 3 000-ҟа шықәса раԥхьа. Ари аҵарауаа аӡәырҩы аинтерес рызцәырнагеит. Избан? Аҵарауаа аԥҽыхақәа ракәымкәа, уа ианыз ауп зинтерес рымаз.

Аҳаԥшьа аԥҽыхақәа еизганы ианеиқәдыршәа, археологцәа ирбеит уа ажәытә ханаан бызшәала ишаныз: «Ешбаал Бен Беда [Беда иԥа]». Археологцәа уаанӡа ари аҩыза ахьӡ ажәытә ҩырақәа рҿы ахаан ирымбацызт.

Иазгәаҭатәуп ахьӡ Ешбаал, мамзаргьы Ешваал, Абиблиаҿы ишану. Убас ихьӡын аҳ Саул иԥацәа руаӡәк (1 Аш. [1 Лет.] 8:33; 9:39). Анышәжрақәа ирылахәыз апрофессор Иосеф Гарфинкель иҳәоит: «Иазгәаҭатәуп Абиблиаҿы иану, уажәшьҭа археологиатә ԥшаахқәа рҿы иуԥыло ахьӡ Ешбаал аҳ Давид аҳра аниуаз аамҭахь ишаҵанакуа». Аҭоурыхҭҵааҩцәа шьоукы ргәаанагарала, ари ахьӡ усҟантәи аамҭазы рхы иадырхәоз акәын. Археологиатә ԥшаахқәа абиблиатә аацҳарақәа шиашоу еиҭа ишьақәдырӷәӷәеит.

Егьырҭ абиблиатә цыԥҵәахақәа рҿы ахьӡ Ешваал Иевосфеи ҳәа иарбоуп, ахәҭа «ваал» (аур. баал) «восфеи» (аур. бошет) ала иԥсахуп (2 Сам. [2 Сам.] 2:10). Избан? «Иҟалап, аҵарауаа ишеиҭарҳәо ала, II Самуил аҿы ахьӡ Ешбаал заным уи ханаантәи ақәеи аԥша ӷәӷәеи рынцәахәы Баал дахьыргәаланаршәоз акәызҭгьы, аха Ашәҟәы Паралипоменон [Ашықәсынҵа] [Летопись] аҿы уи ахьӡ аанхеит».

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра