Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w17 ииун ад. 3—8
  • Иегова ҳгәаҟрақәа зегь рҿы ҳгәы ижьжьоит

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Иегова ҳгәаҟрақәа зегь рҿы ҳгәы ижьжьоит
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • «АУАДАҨРА ҾЫЦҚӘА»
  • ҲГӘАҞРАҚӘА РҾЫ АГӘЫРҬЫНЧРА
  • АҬААЦӘАРАҚӘА РЗЫ АГӘЫРҬЫНЧРА
  • Асексуалтә қәымчра иақәшәаз рзы ацхыраара
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Анцәа иҳаиҭо агәырҭынчра
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
  • Алагалажәа
    Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2016
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2017
w17 ииун ад. 3—8

Иегова ҳгәаҟрақәа зегь рҿы ҳгәы ижьжьоит

«Агәыразреи агәыжьжьареи Рынцәа гәаҟрас иҳамақәоу зегьы ҳрылигоит, ҳгәы ижьжьоит» (2 КОР. 1:3, 4).

АШӘАҚӘА: 33, 41

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Избан изџьашьатәым аҭаацәара иалало ауадаҩрақәа иахьрықәшәо?

  • Ргәы шԥарҭынчуаз анцәаиҳәара ажәытәан Анцәа имаҵзуҩцәа шьоукы?

  • Ишԥаҳалшо егьырҭ ргәы арҭынчра?

1, 2. Ҳгәы шԥаижьжьо Иегова ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо, насгьы ҳзықәиргәыӷуазеи иара Иажәаҿы?

ЗНЫ иқәыԥшу аиашьа игәы иҭыхоз изеиҭеиҳәеит иара иаасҭа қәрала еиҳабыз аҭаацәара иалоу аизара аиҳабы Стивен. Иара 1 Коринфаа рахь 7:28 аҿы аҭаацәара иалало ирызкны иану ажәақәа дрызхәыцуан, уа иануп: «Шәыԥсҭазаараҿ ауадаҩра ҿыцқәа цәырҵуеит». Иара Стивен диазҵааит: «Изакәытә уадаҩрақәозеи, насгьы ишԥасылшо урҭ риааира аҭаацәара салалар?» Стивен азҵаара аҭак ҟаиҵаанӡа, уи аиашьа иирбеит апостол Павел егьырҭ иажәақәа. Павел иҳәеит: «Агәыразреи агәыжьжьареи Рынцәа гәаҟрас иҳамақәоу зегьы ҳрылигоит, ҳгәы ижьжьоит» (2 Кор. 1:3, 4).

2 Ҳара иаҳдыруеит Ҳаб Иегова бзиа ҳшибо, насгьы ауадаҩрақәа ҳанрықәшәо ҳгәы ширҭынчуа. Иҟалап шәара ишәгәалашәозар Иегова Иажәа ихы иархәаны шәгәы анышьҭихуаз, мамзаргьы ишәҭахыз алабжьара аншәиҭоз. Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит уи ҳара ҳзы зегь иреиӷьу шиҭаху. Убри акәын иара ажәытәан инхоз имаҵзуҩцәа рзгьы ииҭахыз. (Уаԥхьа Иеремиа 29:11, 12.)

3. Иарбан зҵаарақәоу ари астатиаҿы еилҳарго?

3 Ҳәарада, ҳауадаҩрақәа зыхҟьо анеилаҳкаауа, урҭ риааира еиҳа иаҳзымариахоит. Убас ҳҳәар ҳалшоит аҭаацәара алалара иазкныгьы. Аха изыхҟьар алшозеи Павел зыӡбахә иҳәоз «ауадаҩра ҿыцқәа»? Иҳацхраауада агәырҭынчра аԥшаара ажәытәан инхоз, насгьы иахьа инхо Анцәа имаҵзуҩцәа рҟынтә? Арҭ азҵаарақәа рҭак ауадаҩрақәа риааира иҳацхраауеит.

«АУАДАҨРА ҾЫЦҚӘА»

4, 5. Избан аҭаацәара иалоу «ауадаҩра ҿыцқәа» рызцәырҵыр залшо?

4 Иегова раԥхьаӡа иишаз ауаҩы аԥҳәыс данииҭа, иҳәеит: «Ауаҩԥсы иаби иани ааныжьны, иԥҳәыс иҽлыдикылоит, нас дара цәеижькны иҟалоит» (Аҟаз. 2:24). Ҳәарада, ауаа зегь наӡам, убри аҟынтә аҭаацәара иалало ауадаҩрақәа ахьрызцәырҵуа џьашьатәым (Рим. 3:23). Аӡӷаб хаҵа данцо, лассы-лассы уи лара лзы иаанагоит уажәшьҭа лҭаацәа ракәымкәа, лхаҵа шиакәу дыззыӡырҩуа. Анцәа аҭаацәара ахада ироль ахаҵа изалихит (1 Кор. 11:3). Аҭаацәара иалало шьоукы ус еиԥш иҟоу аԥсахрақәа рышьцылара рцәыцәгьоуп. Аха Анцәа Иажәа ишаҳнарбо ала, хаҵа ицаз еилылкаалароуп уажәшьҭа лҭаацәа ракәымкәа, лхаҵа изыӡырҩра шлыхәҭоу. Ахаҵа ма аԥҳәыс рыуацәа рҿы реизыҟазаашьақәа цәгьазар, уи ҿыц аҭаацәара иалалаз рзы ауадаҩра цәырнагоит.

5 Аԥҳәыс лхаҵа ахәыҷы дышроуа аниалҳәо, уи егьырҭ ауадаҩрақәа цәырнагар алшоит. Лассы-лассы хаҵеи-ԥҳәыси уи ирзаанаго агәырӷьара иацуп ахәыҷи ани ргәабзиара азы агәҭынчымра. Уи адагьы, ахәыҷы ииреи иааӡареи ахарџь дуқәа рыцуп. Ахәыҷы данилак ашьҭахь, хаҵеи-ԥҳәыси рыԥсҭазаара аҽаԥсахуеит. Уажәшьҭа аԥҳәыс лаамҭа аиҳарак ахәыҷы изылкуеит. Уи иахҟьаны хаҵеи-ԥҳәыси уаанӡа еиԥш аамҭа аицхгаразы уиаҟара алшара роуӡом. Иара убас ахаҵа еиҳаны аҭакԥхықәрақәа иоуеит, избанзар уажәшьҭа иԥҳәыс лыдагьы, ихәыҷгьы дныҟәигалар ауп.

6—8. Иарбан цәаныррақәоу ирымоу ахшара аиура злымшо, аха уи даара изҭаху хаҵеи-ԥҳәыси?

6 Иҟоуп даҽа уадаҩрақәак змоу хаҵеи-ԥҳәыси. Дара ахшара дроурц рҭахуп, аха ргәыхәтәы наӡом. Уи иахҟьаны аҳәса аӡәырҩы ргәы каҳауеит. Аҭаацәара алалареи ахшара аиуреи ауадаҩрақәа аанагоит, аха угәыхәтәы намӡозар, уигьы «ауадаҩра ҿыцқәа» цәырнагоит (Ажәам. 13:12). Абиблиатә аамҭақәа раан аԥҳәыс ахшараиура анлылымшоз даара ихьымӡӷын. Иаков иԥҳәыс Рахиль акыраамҭа ахшара длоуамызт, убри аҟынтә лаҳәшьа ахәыҷқәа шлымаз анылбоз даара лгәы каҳауан (Аҟаз. 30:1, 2). Ахшара рацәаны иахьрымоу атәылақәа рҿы миссионерцәас амаҵ зуа лассы-лассы ахшара зшәымамзеи ҳәа иразҵаауеит. Дара ҳаҭырбарала урҭ идеилдыркаауеит, аха зны-зынла ираҳауеит: «Ишәыхәар алшо ак здыруеит!»

7 Абар Англиа инхо ахшара длоурц зҭахыз, аха излымшоз аиаҳәшьа илыхьыз. Ари асистемаҿы ахшараиура шлылымо анеилылкаа, даараӡа лгәы каҳаит. Усҟан лхаҵеи лареи ирыӡбеит ахәыҷы ааӡара дыргарц. Аха лара илҳәоит: «Сара уеизгьы сгәы сыхьуан. Издыруан ааӡара иугаз ахәыҷи уара иухшази зынӡа ишеиԥшым».

8 Абиблиаҿы иануп иқьырсиану аԥҳәыс «ахшараиура деиқәнархоит» ҳәа (1 Тим. 2:15). Аха уи иаанагаӡом ахәыҷы ииреи иааӡареи наӡаӡа анхара алшара унаҭоит ҳәа. Нас зыӡбахә аҳәозеи ара? Ан ахәыҷқәа рааӡареи аҩнаҭа ахылаԥшреи дахьчоит, избанзар лара аха лоуӡом уҳәан-сҳәан аҳәареи илусым лхы алархәреи (1 Тим. 5:13). Аха уеизгьы, уи аҭаацәара иадҳәалоу ауадаҩрақәа рҟынтә дахьчом.

Иабаҳалшо агәырҭынчра аԥшаара, ҳхатә ҩыза дыԥсызар? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 9, 12.)

9. Иарбан даҽа уадаҩрақәоу аҭаацәара иалоу ирызцәырҵыр алшо?

9 Аҭаацәалазаара иадҳәалоу ауадаҩрақәа рҟынтә иҟоуп иаразнак ухахьы имааиуа даҽа уадаҩрак. Уи ухатә ҩыза иԥсра ауп. Ари аҩыза агәырҩа аӡәырҩы ахьаа ӷәӷәа рзаанагеит. Иҟалап дара ари адунеи аҿы уи аҩыза аԥышәара иақәшәоит ҳәа ахаангьы имхәыцуазҭгьы. Ақьырсианцәа Иисус иԥсхьоу рыԥсы шҭеиҵо ала ҳзықәиргәыӷыз даара агәра ргоит, уи агәырҩа ахгара ирыцхраауеит (Иоанн 5:28, 29). Анцәа Иажәаҿы ирацәоуп ауадаҩрақәа ирықәшәо ауаа ргәы зырҭынчуа, насгьы ирыцхраауа ақәыргәыӷрақәа. Уажәы шәааи еилҳаргап Иегова имаҵзуҩцәа ргәы шышьҭихуаз ҳзырбо ҿырԥштәқәак.

ҲГӘАҞРАҚӘА РҾЫ АГӘЫРҬЫНЧРА

10. Ишԥалоуи Анна агәырҭынчра? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

10 Елкана зегь раасҭа бзиа иибоз иԥҳәыс Анна аԥышәара ӷәӷәа дақәшәеит. Лара ахшара длоуамызт, аха Елкана аҩбатәи иԥҳәыс Феннана ахәыҷқәа лыман. (Уаԥхьа 1 Самуил 1:4—7.) Шықәсы рацәала Феннана Анна лгәы дахаԥылжәон. Уи Анна даара лгәы лнархьуан. Лгәы лырҭынчырц азы лара Иегова зегь изеиҭалҳәон. Абиблиаҿы иануп Анна «акыраамҭа Иегова диҳәон» ҳәа. Дазыԥшызма лара Иегова лыҳәара наигӡоит ҳәа? Иҟалап. Ишыҟазаалакгьы, Анцәа даниҳәа ашьҭахь «лылахь уаҳа еиқәымызт» (1 Сам. 1:12, 17, 18). Лара Иегова диқәгәыӷуан, насгьы агәра лгон уи ахшара дышлиҭо, ма даҽакала дышлыцхраауа.

11. Ҳгәы шԥарҭынчуеи анцәаиҳәара?

11 Ҳара макьана ҳнаӡам, насгьы Аҩсҭаа идунеи аҿы ҳанхоит аҟынтә, агәаҟрақәа ҳрықәшәалоит (1 Иоанн 5:19). Аха шаҟа ҳгәы шьҭнахуазеи Иегова «агәыразреи агәыжьжьареи Рынцәа» ахьиакәу! Ҳара ҳауадаҩрақәа ҳариааир ҳалшоит ацхырааразы иара ҳаниҳәо. Анна лгәы ҭыӷьӷьаа Иегова диҳәеит. Убас еиԥш ҳаргьы Анцәа ҳаниҳәо, ҳауадаҩрақәа рыӡбахә аҳәара мацара азхаӡом. Ҳара Анцәа ацхыраара ҳаиҭарц азы гәык-ԥсык ала, ҳӷьаҵәы-ӷьаҵәуа ҳиҳәалароуп, ҳгәы иҭыхо иаартны изеиҭаҳҳәалароуп (Флп. 4:6, 7).

12. Илыцхраазеи Анна зыхьӡыз аԥҳәысеиба агәырӷьара ахьчара?

12 Ахәыҷқәа ахьҳамам, мамзаргьы ҳхатә ҩыза дахьҳцәыӡыз азы даараӡа ҳгәы каҳаны ҳаҟазаргьы, агәырҭынчра ҳаԥшаар ҳалшоит. Иисус ихаан инхоз аԥааимбарԥҳәыс Анна лхаҵеи лареи быжьшықәса ианеицынха ашьҭахь иара дыԥсит. Уи ахәыҷқәа лыман ҳәа Абиблиаҿы џьаргьы ианӡам. Лука 2:37 аҿы иануп Анна 84 шықәса шылхыҵуазгьы, «уи знымзар зны аныҳәарҭа даԥырымшәацызт, чгаралеи ныҳәаралеи иахьеи-уахеи Анцәа имаҵ луан» ҳәа. Анна Иегова имаҵ аура агәырӷьареи агәырҭынчреи лзаанагон.

13. Иаажәга аҿырԥштәы ҳҭынхацәа ҳгәы анҳдырхьуа, ҳҩызцәа гәакьақәа ҳгәы дырҭынчыр шрылшо ҳзырбо.

13 Иааигәаны ҳзыҿцәажәо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рыбжьара аҩызцәа гәакьақәа ҳаԥшаар ҳалшоит (Ажәам. 18:24). Пола хәышықәса ракәын илхыҵуаз, лан аҵабырг анаанлыжьыз. Пола лзы уи аамҭа даара имариамызт, лара лхы заҵәны илбон. Енн зыхьӡыз пионерс амаҵ зуаз аиаҳәшьа Пола лахь азҿлымҳара аарԥшны, доуҳала аизҳара длыцхраауан. «Енн дсыуамызт, аха иаалырԥшыз абзиабареи ақьиареи даара исыцхрааит,— лҳәоит Пола.— Уи иабзоураны Иегова имаҵ аура саҟәыҵуамызт». Пола иахьа уажәраанӡа Анцәа дизиашаны имаҵ луеит. Иара убас лара даара деигәырӷьоит лан аизарахь дахьыхынҳәыз. Еннгьы дгәырӷьоит Пола Иегова имаҵ аура даҟәымҵырц дахьлыцхрааз.

14. Иарбан зылԥхарақәоу ироур рылшо егьырҭ ргәы зырҭынчуа ауаа?

14 Егьырҭ бзиабарала ҳреиҷаҳауазар, уи ҳаргьы иҽеим ацәаныррақәа риааира иҳацхраауеит ҳҳәар ҳалшоит. Аиаҳәшьцәа — аҭаацәара иалоу реиԥш иаламгьы — Анцәа аус ицуа егьырҭ ажәабжь бзиа анырзеиҭарҳәо, агәырӷьара ду роуеит. Дара Анцәа игәаԥхара нагӡо, дҳараркларц рҭахуп. Шьоукы амаҵзура хәшәык ирзаҩызахеит. Ҳәарада, аишьцәеи аиаҳәшьцәеи, насгьы егьырҭ ауаа рахь аиҷаҳареи ақьиареи анааҳарԥшуа, аизараҿы абзиабара еиҳагьы иӷәӷәахоит (Флп. 2:4). Апостол Павел уи аганахь ала аҿырԥш бзиа ҳаиҭеит. Уи Фессалоника инхоз ақьырсианцәа «анаӡӡеи агәыԥҳәы зҿалҵо асаби дышихӡыӡаауа аиԥш» дрыхӡыӡаауан. Иара убас Павел урҭ «аб ихшара дшырзыҟоу аиԥш» дрылабжьон, ргәы ирҭынчуан. (Уаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 2:7, 11, 12.)

АҬААЦӘАРАҚӘА РЗЫ АГӘЫРҬЫНЧРА

15. Издыда аҭакԥхықәра ахәыҷқәа аҵара дырҵаразы?

15 Ҳара аҭаацәарақәагьы ҳрыцхраалар, насгьы ргәы ҳарҭынчлар ҳалшоит. Ааигәа аӡы зыҽӡаазхыз ақьырсианцәа зны-зынла аԥышәа змоу ажәабжьҳәаҩцәа ирыҳәоит рхәыҷқәа аҵабырг дырҵараҿы ирыцхраарц, мамзаргьы абиблиатә ҵара рзымҩаԥыргаларц. Абиблиа ишаҳәо ала, ахәыҷқәа Абиблиа дырҵареи рааӡареи рзы аҭаацәа роуп аҭакԥхықәра зду (Ажәам. 23:22; Еф. 6:1—4). Аха ҭагылазаашьақәак рҿы аҭаацәа уи аҿы ацхыраара рҭахуп, насгьы уи аҩыза ацхыраара ахә ҳаракны иршьоит. Аха уеизгьы, аҭакԥхықәра шрыду иаанхоит. Дара ирыхәҭоуп ахәыҷқәа есыҽны рацәажәара.

16. Иаҳхамышҭлар акәзеи егьырҭ рхәыҷқәа Абиблиа андҳарҵо?

16 Аҭаацәа рхәыҷқәа Абиблиа дҳарҵаларц иҳаҳәозар, аҭаацәа рроль ҳхахьы иаҳгаӡом. Зны-зынла Абиблиа зҳарҵо ахәыҷы иҭаацәа Анцәа имаҵ рымуазар ауеит. Усҟан иаҳхаҳмыршҭлароуп ҳара рҭаацәа рҭыԥ шаанаҳамкыло. Ииашахоит ахәыҷы иҭаацәа ишырбо иҩны Абиблиа ирҵара, мамзаргьы ауаа ахьыҟоу даҽа ҭыԥк аҿы амҩаԥгара. Усҟан аӡәгьы агәҩара изцәырҵуам. Иҟалап ԥыҭрак ашьҭахь дара рхаҭа ирҭаххар рхәыҷқәа Абиблиа дырҵара.

17. Ишԥарылшо ахәыҷқәа ирзааигәоу ргәы ашьҭыхра?

17 Иҵабыргу Анцәа изыӡырҩреи бзиа ибареи зҽазызшәо ахәыҷқәеи аҿарацәеи рыуацәа ргәы шьҭырхлар рылшоит. Ишԥа? Иаҳҳәап, дара ирылшоит рҭаацәа пату рықәырҵалар, насгьы ирыцхраалар. Иара убас дара Анцәа изиашаны ианаанхо, уи рҭаацәара иацхраауеит. Абар Аӡхыҵра ҟалаанӡа инхоз, насгьы Иегова имаҵ зуаз Нои иԥа Ламех изы ииҳәаз: «Иегова иишәииз адгьыл иахҟьаны ҳус аҿы, насгьы ҳнапы зырааԥсо аџьабаа цәгьа аҿы иара ҳгәы ирҭынчуеит». Ари аԥааимбаражәа наӡеит ашәи анаанкылаха (Аҟаз. 5:29; 8:21). Иахьа Иегова изиашаны иаанхо иқәыԥшу ақьырсианцәа рҭаацәара ргәы дырҭынчлар рылшоит. Дара рҭаацәараҿы зегьы иахьа изықәшәо ауадаҩрақәа, насгьы ҳаԥхьаҟа Аӡхыҵра аасҭа еиҳау аԥышәара ахгара ирыцхраар ауеит.

18. Иҳацхраауазеи ахачҳара аарԥшра, ҳзықәшәо аԥышәарақәа зеиԥшразаалакгьы?

18 Анцәа иҳәареи, абиблиатә ҿырԥштәқәеи, Иегова ижәлар рыҿцәажәареи рыбзоурала миллионҩыла ауаа ргәаҟрақәа рҿы агәырҭынчра рыԥшаауеит. (Уаԥхьа Аԥсалом 144:18, 19 [145:18, 19, АдҾ].) Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп Иегова ҳгәы арҭынчра шилшо, насгьы ҳзықәшәо агәаҟрақәа зеиԥшразаалакгьы рыхгара дышҳацхраауа.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра