Ишәҳәо «амин» Иегова ахә ҳаракны ишьоит
ИЕГОВА имҵахырхәо рыхә ҳаракны ишьоит. Иара зҿлымҳарыла имаҵзуҩцәа ирҳәо дазыӡырҩуеит, насгьы ихьӡ арҳаракразы иҟарҵо зегьы ахә ҳаракны ишьоит, уи зынӡа имаҷзаргьы (Мал. 3:16). Ҿырԥштәыс иааҳгап акырынтә иаҳҳәо ажәа. Уи ажәа «амин» ауп. Ихадоума уи Иегова изы? Ҳәарада, ааи! Уи ус шакәу еилаҳкаарц азы, шәааи еилҳаргап уи ажәа иаанаго, насгьы иарбан хархәароу Абиблиаҿы иамоу.
«АЖӘЛАР ЗЕГЬЫ ИРҲӘОИТ: „АМИН!“»
Аԥсуа ажәа «амин» иаанагоит «убас иҟалааит, иҵабыргыҵәҟьаны». Уи ауриа ажәа аҟынтә иаагоуп, иаанагоит «азиашара аазырԥшуа, узықәгәыӷыртә иҟоу». Зны-зынла ажәа «амин» азинтә зҵаарақәа рҿы рхы иадырхәон. Уи ажәа ҳәаны иқәуаз ауаҩы ишьақәирӷәӷәон иажәақәа шиашоу, насгьы иажәа наимыгӡар дзықәшәар алшоз дшақәшаҳаҭу (Ахыԥхь. 5:22). Ауаҩы ажәлар ишраҳауаз «амин» аниҳәоз, уи иажәа анагӡара еиҳа игәазҭанаҵон (Неем. 5:13).
Ажәа «амин» рхы ишадырхәоз узырбо еилыкка иҟоу аҿырԥштәы Ҩынтәзакәан 27-тәи ахаҿы иануп. Израильаа Изқәыргәыӷыз адгьыл аҿы ианнеи, ҩ-шьхак, Гевали Гаризими рыбжьара еизеит Азакәан иазыӡырҩырц. Аха азыӡырҩра адагьы, зегьы ирҳәар акәын уи ишақәшаҳаҭу. Ишԥаҟарҵеи дара уи? Азакәан еиларгар ирзыԥшу анраҳауаз, уи ишақәшаҳаҭу ашьақәырӷәӷәаразы ирҳәон «амин» (Ҩынтә. 27:15—26). Ухаҿы иааг зықьҩыла ахацәеи, аҳәсеи, ахәыҷқәеи еицҿакны уи ажәа шырҳәо! (Иис. Н. 8:30—35). Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит уи ахаан ишырхамышҭуаз. Дара ражәа нарыгӡеит, избанзар Абиблиаҿы иануп: «Израильаа Иегова имаҵ руан Иисус иԥсы ҭанаҵы, насгьы Израиль азы Иегова иҟаиҵаз атәы здыруаз, Иисус ишьҭахь инхоз аизара аиҳабацәа рыԥсы ҭанаҵы» (Иис. Н. 24:31).
Иисус Христосгьы ихы иаирхәеит ажәа «амин» (аԥсуа еиҭагаҿы «иҵабыргыҵәҟьаны»), аха зеиԥшыҟам азнеишьала. Иара «амин» аниҳәоз аӡә иажәақәа рышьҭахь акәӡамызт, аха ихаҭа ак иҳәаанӡа ауп. Уи ала ииҳәоз шиашаз шьақәирӷәӷәон. Зны-зынла иара «амин» ҩынтә иҳәон (аԥсуа бызшәаҿы ари ажәа еиҭагоуп «иҵабыргыҵәҟьаны, иҵабыргыҵәҟьаны» ҳәа) (Матф. 5:18; Иоанн 1:51). Убас ала изыӡырҩуаз агәра диргон иажәақәа шиашаҵәҟьаз. Иисус ус аҟаҵара азин иман, избанзар Анцәа иқәыргәыӷрақәа зегьы рынагӡара инапы ианиҵеит (2 Кор. 1:20; Аат. 3:14).
«АЖӘЛАР ЗЕГЬЫ ИРҲӘЕИТ: „АМИН!“, НАСГЬЫ ИЕГОВА ДҲАРАРКИТ»
Израильаа ажәа «амин» рхы иадырхәон еицҿакны Иегова данҳараркуаз, насгьы ианиҳәоз (Неем. 8:6; Аԥсал. 41:13). Анцәаиҳәара иазыӡырҩуаз «амин» анырҳәоз, иаадырԥшуан ираҳауаз ишақәшаҳаҭыз, насгьы Иегова имҵахырхәара убас ала иахьалахәыз ишеигәырӷьоз. Ҿырԥштәыс иааҳгар ауеит аҳ Давид Иерусалимҟа Иегова иковчег аннеига. Иара аныҳәа ҟаиҵеит, насгьы ихаҭа еиқәиршәаз ашәа иҳәеит, уи ашәаҿы иара гәыкала Иегова диҳәеит. Уи ануп 1 Ашықәсынҵа 16:8—36 аҿы. Ажәлар уи убриаҟара ргәаҵанӡа инеит, еицҿакны ирҳәеит: «Амин!», насгьы Иегова дҳараркит. Уи аныҳәа агәырӷьара ду рзаанагеит.
Актәи ашәышықәсазгьы ақьырсианцәа Иегова данҳараркуаз, ажәа «амин» рхы иадырхәон. Ари ажәа лассы-лассы иуԥылоит Абиблиа иахәҭакхаз асаламшәҟәқәа рҿы (Рим. 1:25; 16:27; 1 Пиотр 4:11). Аатра ашәҟәы излаҳәо ала адоуҳатә шамҭақәагьы ажәҩан аҿы Иегова дҳараркуеит, «Амин! Дҳарашәкла Иаг!» ҳәауа (Аат. 19:1, 4). Раԥхьатәи ақьырсианцәа реиԥыларақәа рҿы рынцәаиҳәарақәа рышьҭахь «амин» рҳәон (1 Кор. 14:16). Дара рзы уи ажәа аҵак ду аман.
ИЗБАН ИЕГОВА ИЗЫ ИЗХАДОУ ШӘАРА «АМИН» АНЫШӘҲӘО?
Иегова имаҵзуҩцәа аҭоурых аҿы ажәа «амин» рхы ишадырхәоз анаҳдырлак, ҳара еилаҳкаауеит анцәаиҳәара ашьҭахь ари ажәа аҳәара зхадоу. Ҳхатә аҳәарақәа ари ажәа ала ианхҳаркәшо, иааҳарԥшуеит ҳажәақәа гәыкала ишҳәаз. Зегьы ишраҳауа иҳәоу анцәаиҳәара ашьҭахь «амин» анаҳҳәо (гәаныла акәзаргьы), ҳара иааҳарԥшуеит иҳәаз ҳшақәшаҳаҭу. Избан ҳара еиҭа «амин» заҳҳәо анцәаиҳәара ашьҭахь?
Ҳара ҭакԥхықәрала ҳазнеиуеит Анцәа имҵахырхәара иадҳәалоу зегьы. Зегьы ишраҳауа иҳәоу анцәаиҳәара аан «амин» аҳәара мацара адагьы, ҳхымҩаԥгашьагьы хадоуп. Анцәаиҳәара ашьҭахь ламысцқьарала «амин» ҳҳәар ҳҭахызар, уи ииашаны ҳазыҟазароуп, насгьы зҿлымҳарала ҳазыӡырҩлароуп.
Уи ҳаиднакылоит. Зегьы ишраҳауа иҳәоу анцәаиҳәара аан ҳара зегьы Анцәа иахь аҳәара ҟазҵо ҳаизыӡырҩуеит (Аус. 1:14; 12:5). Зегьы еицҿакны «амин» анаҳҳәо, уи еиҳагьы ҳаиднакылоит. Уи ажәа зегьы ишраҳауа, ма гәаныла иаҳҳәозаргьы, уеизгьы Иегова ҳаҳәара аҭак аҟаҵара игәазҭанаҵоит.
«Амин» анаҳҳәо Иегова дҳараҳкуеит
Ҳара Иегова дҳараҳкуеит. Иегова имҵахырхәараҿы иҟаҳҵо зегь ахә ҳаракны ишьоит (Лука 21:2, 3). Иара ибоит ҳмотивқәа, насгьы ҳгәы иҭоу. Ҳара аиԥылара аҭел ала ҳазыӡырҩуазаргьы, агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова иаҳҳәо «амин» шиаҳауа. Убас ала, Иегова ихьӡ арҳаракразы иҳалшо ҟаҳҵоит.
Ажәа «амин» уиаҟара аҵакы амамызшәа убар алшоит. Абиблиатә аенциклопедиа «Понимание Писания» аҟны иануп ажәа «амин» ала Анцәа имаҵзуҩцәа ишаадырԥшуа «игәра шырго, зегь рыла ишиқәшаҳаҭу, насгьы рыгәқәа зырҭәуа агәыӷра шрымоу». Есымша Иегова игәы ҟанаҵалааит ишәҳәо «амин» (Аԥсал. 19:14).