«Унапы аԥсы аумыршьалан»
Ҳара анаҩсгьы ҳамч-ҳалшара зегьы Иҳақәиҭу имаҵзура иазаҳклароуп (1 Кор. 15:58). Шәеизараҿы имаҷны аус зыдулоу атерриториа ыҟазар, акы угар улшоит. Убри ала аизара иаҵанакуа атерриториа зегьы аус адулараҿы урыцхраауеит.
Уи адагьы, усеиԥш иҟоу аизарақәа рҿы аизара аиҳабацәа инахараны иҟоу территориак ахь ажәабжь рҳәарц азы, агәыԥ еиҿыркаар рылшоит. Ажәабжьҳәаҩцәа рымҩаныфа шьҭырхыр рылшоит, еилахәлаанӡа ажәабжьҳәараҿы иаанхарц азы. Ибзиахон иқәҳаргылазҭгьы ахықәкы ари ашықәс аҩныҵҟа иахьынӡаҳалшо ала убри аҩыза атерриториақәа аус рыдулара.
Шәеизара иаҵанакуа атерриториа аус адулара иахьӡозар, уара иулшоит аамҭала ҳәа егьырҭ аизарақәа ртерриториа аус адулараҿы рыцхраара. Иҳаҩсыз амаҵзуратә шықәса аҩныҵҟа 37 гәыԥ убас иагьыҟарҵеит. Уи абзоурала даҽазны анеира, насгьы абиблиатә ҵара алагаразы ашьаҭа шьҭаҵан. Ари аҩыза ацхыраара зауз аизара аиҳабы иҳәеит 14-ҩык ажәабжьҳәаҩцәа «10-мш рыла аизара мызкы изыдхалоз аус ҟарҵеит» ҳәа. Иулшома уара ари ашықәс аҩныҵҟа еиҭах ацхыраара?
Егьырҭ ацхыраара ишазхиоу рҳәар рылшоит акы-ҩба аӡәгьы идым араионқәа аус рыдыруларц азы. Иаҳхысыз ашықәс аҩныҵҟа ари амаҵзура ирацәаҩны ишалахәызгьы, инхеит аус здырымулаз араионқәа. Убри аҟынтә ҳара уааҳаԥхьоит ари ашықәс азы уқәныҟәарц ааԥхьара: «Уца, Анцәа иаҳра аӡбахә иахьабалак ирылаҳәала» (Лука 9:60, АдҾ).
Иҟоуп даҽа шьоукы, аҭахра ду ахьыҟоу аҭыԥахь аиасра зылшо. Уара уи аҩыза агәаҳәара умазар, уеизара аиҳабы иоуҳәар улшоит. Иара убасгьы ахәарҭа узаанагон уахәаԥшызҭгьы «Иулшома уара Македониаҟа аиасра?» захьӡу астатиа «Ҳаҳратә маҵзура» август 2011 шықәса аҟынтәи, ад. 4—6.
Аҳра ажәла лаҵала. Даҽа еизарак аҿы атерриториа аус адуларазы ацхыраара ҟазҵар зҭаху, амаҵзуратә хылаԥшҩы идҵаалар ауп, усҟан иара ацхыраара ахьаҭаху араионқәа рыдигалоит.
Ҳара иҳамоуп акрызҵазкуа амзызқәа, ҿырԥшны иаҳҳәозар, ҳацәмаҭәа ҳнапала икны, ҳамчқәа зегьы еизганы амаҵзура аҽалархәра, насгьы агәра ганы ԥхьаҟа аԥшра (Лука 9:62). Ҳара иҳаздыруам уи ажәла ахы ахьцәырнаго (Еккл. 11:6). Убри аҟынтә шәааи излаҳалшо ала Филипп еиԥш ахәарҭа рзааҳгалап Иеговеи иара иеиҿкаареи, аҵыхәтәа ааиаанӡа уи аҩыза аҭахра ахьыҟоу аҭыԥқәа рҿы Аҳра ажәла лаҵауа (Аус. 8:26, 27; Матф. 28:20).