Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • km 4/14 ад. 6—7
  • Абуклет ҿыцқәа шырхиоу

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Абуклет ҿыцқәа шырхиоу
  • Иԥшьоу ҳмаҵзура 2014
  • Иеиԥшу аматериал
  • Абуклет ацхыраарала аицәажәара ишалагатәу
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2020
  • Адгаларақәа рыхкқәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2016
Иԥшьоу ҳмаҵзура 2014
km 4/14 ад. 6—7

Абуклет ҿыцқәа шырхиоу

1. Иарбан публикациақәоу иҿыцу рхиашьала егьырҭ иреиԥшым?

1 2013 шықәсазы имҩаԥысыз аобласттә конгресс «Анцәа иажәа — ҵабыргуп» захьӡыз аҿы иҭыжьын абуклет ҿыцқәа хәба. Урҭ рахь иацҵан афбатәи — «Аҳра иазку ажәабжь» № 38 «Ирылшома иԥсхьоу ҿыц анхара?» захьӡыз абуклет. Арҭ аф-буклетк иҿыцу рхиашьала егьырҭ иреиԥшым. Избан ус заҭаххаз? Ишԥаҳалшо арҭ абуклетқәа анрыдаҳгало дара ирымоу аҷыдарақәа ҳхы иаҳархәар?

2. Иарбан хықәку иамоу абуклетқәа рырхиашьа ҿыц?

2 Архиашьа ҿыц заҭаххаз. Ҩнаҭацыԥхьаӡа иҟаҳҵо алҵшәа бзиа змоу адгаларақәа ишаԥу еиԥш ԥшь-шьаҿак рымоуп: 1) Ацәажәара хацҳаркырц ргәанаагара аилкааразы азҵаара раҳҭоит. 2) Абиблиа аҟынтә ажәеинраала ҳаԥхьоит. 3) Ҳзацәажәо алитература идаҳгалоит. 4) Азҵаара аартны инҳажьуеит даҽазны ҳанааилак аҭак аҳҭарц, насгьы ҿыц аиқәшәаразы ҳаицәажәоит. Абуклетқәа рырхиашьа ҿыц арҭ аԥшь-шьаҿак рықәныҟәараҿы иҳацхраауеит.

3. Ишԥарыдгалатәу абуклет ҿыцқәа?

3 Ҳхы ишаҳархәаша. 1) Ауаҩы аԥсшәа наиаҳәаны ирба аԥхьатәи адаҟьаҿы иаагоу азҵаареи уи иаҵаҩу х-ҭакки, насгьы игәаанагара уазҵаа. 2) Абуклет аартны еилырга ахеиҵа «Иаҳәозеи Абиблиа?» захьӡу. Уи аҩыза алшара ыҟазар, уаԥхьа Абиблиа аҟынтәи ажәеинраала. Узацәажәо аамҭа имазар, уахцәажәа ахеиҵа «Иаанагар алшозеи ари шәара шәзы?» захьӡу. 3) Идгал абуклет, насгьы игәазҭаҵа аҩны даԥхьарц. 4) Анаҩс ирба аҵыхәтәантәи адаҟьаҿы ахеиҵа «Шәазхәыц» захьӡу аҵаҟа иаагоу азҵаара, нас уиацәажәа даҽазны Абиблиа аҟынтәи уи азҵаара аҭак уахцәажәарц.

4. Ишԥаҳалшо абуклет ҿыцқәа ҳхы иаҳархәар аҩынтә раан ауаҩы ҳанизнеиуа?

4 Аҩынтә раан анеирагьы убасҵәҟьа имариоуп. Ухы иаурхәар ҟалоит абуклет аҵыхәтәантәи адаҟьаҿы иаагоу ажәеинраалақәа, раԥхьа уаныҟаз иаартны инужьыз азҵаара аҭак ҟауҵарц азы. Аҵыхәтәаны узацәажәо ауаҩы иурбар улшоит аҵыхәтәантәи адаҟьаҿы иаагоу акупон, анаҩс апубликациа аартны ирба еиҳаны шәызлацәажәо аинформациа ахьану, насгьы изааныжь уи иара. Уи апубликациа игозар, даҽазны уаннеиуа аурок еилшәыргарц шәеицәажәа. Абиблиатә ҵара уалагеит ҳәа ԥхьаӡа! Мамзаргьы идгал даҽа буклетк, насгьы ҿыц шәанеиқәшәо шәахцәажәарц еибышәҳәа.

5. Иарбан хархәагоу амаҵзураҿы абуклетқәа ирымоу?

5 Амаҵзураҿы абуклетқәа ҳхы иаҳархәоит 130 шықәса инареиҳаны. Абуклетқәа рформати ршәагааи аамҭа цацыԥхьаӡа рыҽшырыԥсахуазгьы, дара есқьынгьы ажәабжьҳәараҿы даара ихархәагаз мыруган. Иҳацхраалааит абуклетқәа рырхиашьа ҿыц адунеи ахьынӡа-наӡааӡаӡо Абиблиа аҟынтәи адырра рыларҵәара (Ажәам. 15:7а).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра