Алаҳәарақәа
◼ Аларҵәаразы алитература. Сентиабри октиабри: изаамҭанытәу аброшиурақәа. Ноиабр: иҷыдоу акампаниа абуклет «Аҳра иазку ажәабжь» № 38 «Ирылшома иԥсхьоу ҿыц анхара?». Аизара иаҵанакуа атерриториа зегьы аус адулазар, ма иҟаз «Аҳра иазку ажәабжь» абуклетқәа зегьы рыладырҵәазар, ирыдгалатәуп абиблиатә ҵарақәа зламҩаԥырго аброшиурақәа, ма абуклет «Ишәҭахума шәара ижәдырырц аиаша?». Декабр: абиблиатә ҵарақәа зламҩаԥырго аброшиурақәа, ма абуклет «Ишәҭахума шәара ижәдырырц аиаша?». Ианвари февральи: шәхы иашәырхәа «Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә», ма 32 даҟьа змоу анаҩстәи аброшиурақәа руак: «Уизыӡырҩла Анцәа», «Уизыӡырҩла Анцәа, наӡаӡа унхала», «Даҳхылаԥшҵәҟьома ҳара Анцәа?», «Абиблиа, насгьы уи атема хада».
◼ 2014 шықәсазы апрель 21 рзы иалаго амчыбжь азы агәаларшәара Ахәылԥаз инадҳәаланы иҟалоит иҷыдоу ажәахә. Ажәахә атема рылаҳәахоит ԥыҭрак ашьҭахь. Аизарақәа рҿы, арҭ аԥсшьара амшқәа раан араионтә хылаԥшҩы дызҭаауа, ма аконгресс ахь ааԥхьара змоу, ажәахә мчыбжьык ашьҭахь иҳәатәуп. Апрель 21-нӡа иҷыдоу ажәахә аизарақәа рҿы аҳәара ҟалаӡом.
◼ Аҳратә Залқәа зегь рҿы аексплуатациа акомитет, ма азал ахылаԥшра зду аиашьа азал аҭагылазаашьа зеиԥшроу есышықәсатәи агәаҭара мҩаԥигароуп, абланк «Аҳратә Зал ахылаԥшреи ашәарҭадареи ргәаҭара апунктқәа реиқәыԥхьаӡа» (CN-14) захьӡу ихы иархәаны, насгьы иагу ириашар ауп, аиуристтә шәҟәқәа ирықәымшәо ыҟазар, аусмҩаԥгатәқәа наигӡароуп. Агәаҭара ашьҭахь ихарҭәаау абланк сентиабр 30-нӡа афилиал ахь ишьҭтәуп, уи акопиақәа ари Аҳратә Зал зхы иазырхәо аизарақәа рхеилакқәа зегьы ирыҭатәуп. Араионтә хылаԥшҩы аизара данаҭаауа, дахәаԥшуеит уи агәаҭара шыҟаҵаз, иагу шыриашаз, аиуристтә шәҟәқәа ирықәымшәо ыҟазҭгьы, зегьы шыӡбаз.