Адгаларақәа рыхкқәа
Абиблиа аҵара ишалагатәу октиабр амза раԥхьатәи асабша азы.
«Ҳара иахьа иааркьаҿны ҳгәылацәа ҳрацәажәоит. Изҳәо рацәоуп зегь раасҭа аԥсҭазаараҿ ицәгьоу — ари иузааигәоу аӡәы данԥсуа ауп ҳәа. Шәақәшаҳаҭума шәара уи? [Уазыӡырҩы аҭак.] Хаҭала сара даара сгәы дырҭынчит арҭ азхәыцрақәа». Ирба аброшиура «Абиблиа. Изызкузеи иара?» захьӡу аҵыхәтәантәи адаҟьа, уалацәажәа актәи азҵаара ашьҭахь иану аматериал, насгьы уа иаагоу жәеинраалак иадамзаргьы. Аброшиурақәа идгаланы, уиацәажәа ҿыц шәеиқәшәарц, анаҩстәи азҵаара аилыргаразы.
Аброшиура «Абиблиа. Изызкузеи иара?».
«Ҳара иааркьаҿны ауаа ҳрацәажәоит, насгьы ргәазҭаҳҵоит Абиблиа иаԥхьаларц. Шьоукы Абиблиа аинтерес рымоуп, егьырҭ мап. Шәара? [Уазыӡырҩы аҭак.] Абиблиаҿы иаагоуп абри аҩыза ашьақәырӷәӷәара. [Уаԥхьа 1 Фессалоникаа 2:13.] Шәақәшаҳаҭзар акәхап Абиблиа Анцәа иҟынтәи акәзар, аԥхьара шахәҭоу. Ари аброшиура аҟынтә шәара еилышәкаауеит Абиблиа зызку, насгьы избан уи ҳара ҳзы аинтерес заҵазар акәу».
Аброшиура «Ԥарала иузаамхәо х-маҭәарк».
«Шәгәаанагара еилаҳкаар ҳҭахын зҵаарак аганахьала: „Агәахәара узаанагома аԥсҭазаара, амаҭәарқәа рацәаны иумамзар?“ [Уазыӡырҩы аҭак.] Шәахәаԥш Абиблиа иану. [Уаԥхьа 1 Тимофеи 6:8.] Ари аброшиура аҟынтә еилышәкаар шәылшоит амазара иҭышәантәаланы ишазнеилатәу, насгьы ԥарала иузаамхәо закәу».