Адгаларақәа рыхкқәа
Абиблиа аҵара ишалагатәу ианвар амза раԥхьатәи асабшазы.
«Аӡәырҩы ауаа Анцәа изкны рхатә гәаанагара рымоуп. Шьоукы иузҭымҵаауа џьара мчык ыҟоуп ҳәа ргәы иаанагоит. Даҽа шьоукы абзиабара злоу жәҩантәи Абуп ҳәа дрыԥхьаӡоит. Шәхаҿы дышԥааиуеи шәара Анцәа?» Уазыӡырҩы аҭак. Ирба аброшиура «Аԥсра — ари ҵыхәтәоума?» захьӡу аҵыхәтәантәи адаҟьа, уалацәажәа актәи азҵаара ашьҭахь иану аматериал, насгьы ҵаҟа иаагоу жәеинраалак иадамзаргьы. Аброшиурақәа идгаланы, уиацәажәа ҿыц шәеиқәшәарц, анаҩстәи азҵаара аилыргаразы.
Аброшиура «Аԥсра — ари ҵыхәтәоума?».
«Ҳара иахьа иааркьаҿны ҳалацәажәоит зегь иаҳныруа темак — уи иҳазгәакьоу иԥсра ауп. Шәақәшаҳаҭума шәара ҳҩыза ма иаҳзааигәоу аӡәы иԥсра — аԥсҭазаараҿы ишгәырҩа дуӡӡоу? [Уазыӡырҩы аҭак.] Аӡәырҩы ргәы шьҭнахит Абиблиа иану абарҭ ажәақәа. [Уаԥхьа Исаиа 25:8.] Ари аброшиура аҿы иануп Анцәа аԥсра аҵыхәтәа шԥиҵәо, насгьы иҳазгәакьоу ауаа рыԥсы шҭаиҵо».
Аброшиура «Зеиԥшыҟам авеб-саит».
«Шәақәшаҳаҭума шәара иахьа аҭаацәарақәа еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ишрықәшәо? [Уазыӡырҩы аҭак.] Абиблиа аҟынтәи иаагоу ари ажәамаана иҳанаҳәоит аҭаацәара рӷәӷәашьас иамоу. [Уаԥхьа Ажәамаанақәа 24:3.] Аӡәырҩы игәарҭеит Абиблиа ишану аҟәыӷара зҵоу алабжьарақәа рацәаны. Ари аброшиураҿы иҳәоуп аҭаацәарақәа ахәарҭа злоу аматериал рыԥшаар ахьрылшо зеиԥшыҟам абиблиатә саит аӡбахә».