Ианвар 20 рзы иалаго амчыбжь аихшанҵа
ИАНВАР 20 РЗЫ ИАЛАГО АМЧЫБЖЬ
Ашәа 34, анцәаиҳәара
Аизараҿы Абиблиа аҵара
lv ахы 2, абз 1—11 (30 мин)
Атеократиатә маҵзура ашкол
Абиблиа аԥхьара: Аҟазаара 11—16 (10 мин)
№ 1: Аусқәа 13:1—20 (4 мин ма еиҵаны)
№ 2: Аӡәы иҳәозар: «Избан шәара шәгәы изаанаго динхаҵарак ауп ииашоу ҳәа?» (rs ад. 320, абз. 4) (5 мин)
№ 3: Дызусҭада Аваддон, атымитыша амаалықь? (it «Аваддон») (5 мин)
Амаҵзуратә еиԥылара
10 мин. Иаҳҵозеи ҳара? Ахцәажәара. Урыҳәа иаԥхьарц Матфеи 7:6—11. Еилырга ари ацыԥҵәаха ҳмаҵзураҿы иҳацхраар шалшо.
10 мин. Аџьабаа хьанҭа иаҵоу ҳаҭыр рықәышәҵала (1 Фес. 5:12, 13). Ахцәажәара, анаҩстәи азҵаарақәа рыла ишьақәгылоу: 1) Иарбан усқәоу аизара аиҳабацәа аџьабаа здырбало? 2) Ишԥаҳалшо ҳара аизара аиҳабацәа гәыкала ҳаҭыр рықәҵара? 3) Избан ргәы зышьҭыхлатәу аизараҿы анапхгара зхахьы изго аишьцәа? 4) Ргәы шԥашьҭыхлатәу аизара аиҳабацәеи урҭ рҭаацәеи? 5) Ишԥарзаанаго ахәарҭа аизареи аизара аиҳабацәеи, анапхгара зхахьы изго рахь азыӡырҩра анааҳарԥшуа?
10 мин. «Урыцхраала амаҵзураҿы иуцу». Азҵаарақәеи аҭакқәеи. Урыҳәа азыӡырҩцәа амаҵ рыцызуаз рҟынтәи ирҿырҵааз еиҭарҳәарц.
Ашәа 93, анцәаиҳәара