Шәхы иашәырхәала уаанӡатәи ажурналқәеи аброшиурақәеи
Уаанӡатәи ажурналқәеи аброшиурақәеи ахәарҭа ҳзааргом ус баша еизаҳгозар, ма икаҳажьуазар, убри аҟынтә урҭ иахьынӡазалшо ала ишалатәуп. Журналк, ма брошиурак ауаҩы аиашарахь дхьанарԥшыр, насгьы Иегова ихьӡ арҳаракра далагарц игәазҭанаҵар алшоит (Рим. 10:13, 14). Абар уаанӡатәи аҭыжьымҭақәа ҳхы ишаҳархәаша узырбо лабжьарақәак.
Лассы-лассы ажәабжь ахьаҳамҳәо атерриториаҿы аҩны аӡәгьы дыҟамзар, публикациак нҳажьыр ҳалшоит, аха уи уиаҟара ауаа рылаԥш иҵамшәартә иҟаҵатәуп.
Ауаа рацәа ахьеизо, иаҳҳәап ауаа атранспорт иахьазыԥшу — аангыларҭақәеи авокзалқәеи рҿы — ажәабжь ануҳәо уразҵаа, ирҭахума дара акы иаԥхьарц ҳәа, нас иргәаԥхаз ажурнал, ма аброшиура алырхырц ирыдгал.
Уаанӡатәи аҭыжьымҭақәа ааншәыжьлар шәылшоит абыргцәеи аинвалидцәеи рыҩнаҿы, ахәышәтәырҭақәа рҿы, насгьы убас еиԥш иҟоу егьырҭ аҭыԥқәа рҿгьы. Раԥхьа еиӷьхоит аҭакԥхықәра зду ауаҩы шәиазҵаар, уи иҭыԥ аҿы дыҟазар. Апубликациақәа урҭ аҭыԥқәа рҿы иҟазар, уаҳа аанышәмыжьлан.
Даҽазны анеира уҽаназыҟауҵо, уазхәыц ауаҩы игәы иҭыхо. Дҭаацәароума? Бзиа ибома аныҟәара? Акыр ааирыхуама иара? Урыхәаԥшла уаанӡатәи аҭыжьымҭақәа. Иара инаало астатиақәа уԥшаар, даҽазны уаннеиуа изынужьыр улшоит.
Акраамҭа аҩны иуқәымшәоз аинтерес аазырԥшуа ауаҩы дубазар, идгал уи аамҭазы иҭыҵхьаз ҭыжьымҭақәак.