Апрель 7 рзы иалаго амчыбжь аихшанҵа
АПРЕЛЬ 7 РЗЫ ИАЛАГО АМЧЫБЖЬ
Ашәа 15, анцәаиҳәара
Аизараҿы Абиблиа аҵара
lv ацҵа, ад. 212—215 (30 мин)
Атеократиатә маҵзура ашкол
Абиблиа аԥхьара: Ақәҵымҭа 7—10 (10 мин)
№ 1: Римаа 10:1—21 (4 мин ма еиҵаны)
№ 2: Дышԥахынҳәуеи Иисус, насгьы ишԥеилкаатәу уи зегьы лабҿаба дырбоит ҳәа ахьану? (rs ад. 90, абз. 5 — ад. 92, абз. 3) (5 мин)
№ 3: Азиашара, насгьы аишьцәа рыцхраара шәшазхиоу аашәырԥшла (it «Авесса») (5 мин)
Амаҵзуратә еиԥылара
10 мин. Апрель амзазы изаамҭанытәу аброшиурақәа шрыдгалатәу. Ахцәажәара. Раԥхьа еиҿкаа ари адаҟьаҿы иаагоу адгаларақәа рыбзоурала аброшиурақәа шрыдгалатәу узырбо адемонстрациа. Анаҩс инарҭбааны еилырга адгаларақәа рыхкқәа зегьы. Аҵыхәтәаны иааркьаҿны ргәазҭаҵа аброшиурақәа ибзианы иҭырҵаарц, активла ирыладырҵәаразы.
10 мин. Асасдкылара атәы шәхашәмыршҭлан (Аур. 13:1, 2). Аизара аиҳабы иажәахә. Еиҭаҳәа агәаларшәара Ахәылԥаз азы аизараҿы еиҿкаау. Иара убас иҳәа Ахәылԥаз аан зегьы ишрылшо асасдкылара аарԥшра раԥхьаӡа иааиз, насгьы иактивым ажәабжьҳәаҩцәа рахь. Еиҿкаа ҩ-хәҭак рыла ишьақәгылоу икьаҿу адемонстрациа. Раԥхьа ажәабжьҳәаҩ Ахәылԥаз ахь ааԥхьара зауз ауаҩы диеигәырӷьаны аԥсшәа иеиҳәоит. Анаҩс ҿыц аиқәшәаразы диацәажәоит имоу аинтерес аизырҳаразы.
10 мин. Иарбан еихьӡароу иҟаҳҵаз? Ахцәажәара. Урыҳәа ажәабжьҳәаҩцәа астатиа «Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Ацәажәара аанызкыло ажәаҿархьрақәа рҭак шыҟаҵалатәу» аҟынтәи алабжьарақәа шрыхәаз рҳәарц, насгьы ахҭысқәа еиҭарҳәарц.
Ашәа 20, анцәаиҳәара