Алаҳәарақәа
◼ Марти апрели: изаамҭанытәу аброшиурақәа. Маи иуни: абарҭ абуклетқәа: «Изакәызеи шәара шәзы Абиблиа?», «Ишԥажәбо ԥхьаҟатәи аԥеиԥш?», «Иамоузеи шьаҭас аҭаацәаратә насыԥ?», «Знапаҿы иҟада ари адунеи?», «Иҟалома знымзар-зны агәаҟрақәа рҵыхәтәа?», насгьы «Ирылшома иԥсхьоу ҿыц анхара?».
◼ 2014 шықәсазы агәаларшәара Ахәылԥаз мҩаԥгахоит апрель 14 рзы, ашәахьа. Шәара шәеизара шәахьала имҩаԥыжәгозар, даҽа мшык алхтәуп, егьырҭ аизарақәа шәырԥырхагамхозар. Аха амаҵзуратә еиԥылара амҩаԥгара амуазар, аизара аиҳабацәа рхеилак акоординатор иӡбар ҟалоит шәеизара еиҳараӡак ианаалоит ҳәа ииԥхьаӡо апунктқәа амза аҩныҵҟа имҩаԥгахо аиԥылараҿы иалеигалар.
◼ 2014 шықәса аҩбатәи азбжазы араионтә хылаԥшҩы иман дықәгылоит ажәахә «Аиқәырхара арыцҳара ду аан» захьӡу.