Ииуль 28 рзы иалаго амчыбжь аихшанҵа
ИИУЛЬ 28 РЗЫ ИАЛАГО АМЧЫБЖЬ
Ашәа 58, анцәаиҳәара
Аизараҿы Абиблиа аҵара
lv ахы 10, абз. 16—24 (30 мин)
Атеократиатә маҵзура ашкол
Абиблиа аԥхьара: Ахыԥхьаӡарақәа 1—3 (10 мин)
№ 1: Филиппаа 1:1—26 (4 мин ма еиҵаны)
№ 2: Ажәларқәа зегь рҟынтә ауаа еиқәхоит (rs ад. 363, абз. 1) (5 мин)
№ 3: Ауриатәи, насгьы римтәи азакәанқәа инарықәыршәаны азҵаарақәа шырыӡбоз аӡәы ахара анидырҵоз (it «Ахарадҵа», абз. 1—6) (5 мин)
Амаҵзуратә еиԥылара
10 мин. Уазхиоума уара аҵарашықәс ҿыц? Ахцәажәара. Урыҳәа азыӡырҩцәа иқәыԥшу ақьырсианцәа ашкол аҿы изықәшәар рылшо уадаҩрақәак еиҭарҳәарц. Идеилыркаа аҭаацәа ахәыҷқәа ашкол ахь иазыҟарҵарц азы, ҳсаит, насгьы егьырҭ атеократиатә мыругақәа рхы иадырхәар шрылшо (1 Пиот. 3:15). Иалх атемақәа акы-ҩба, насгьы идырба иарбан лабжьара бзиақәоу урҭ атемақәа рхархәарала ҳпубликациақәа рҿы иҳаԥшаар ҳалшо. Урыҳәа азыӡырҩцәа ашкол аҿы аҵара анырҵоз шаҳаҭра шыруаз еиҭарҳәарц.
10 мин. Амаӡаныҟәгаҩ иҿцәажәара. Иарбан ҭакԥхықәрақәоу уара иуду? Ишԥауцхраауеи агәыԥқәа рхылаԥшцәеи ажәабжьҳәаҩцәеи аизара имҩаԥнаго амаҵзура аҳасабрба ииашаны аиқәыршәареи уи ианаамҭоу ашьҭреи? Ишԥарыцхраауеи ииашаны еиқәыршәоу аҳасабрба аизара аиҳабацәеи, араионтә хылаԥшыҩцәеи, афилиали ишахәҭоу еиԥш ҳгәы шьҭырхларц азы?
10 мин. «Аԥааимбарцәа рҟынтә аҿырԥшы жәгала. Софониа». Азҵаарақәеи аҭакқәеи
Ашәа 70, анцәаиҳәара