Амаҵзураҿы еихьӡарас иҟаз
2014 шықәса март 22 инаркны ихацыркын ақалақь дуқәа рҿы иҟоу ауаа рацәа ахьеизо аҭыԥқәа рҿы иҷыдоу ажәабжьҳәара апрограмма, Санкт-Петербург адагьы, Урыстәыла аҩныҵҟа еиҭах 14 қалақь дуқәа рҿы. Ари апрограмма абзоурала 2014 шықәса апрель амза аҩныҵҟа 26 201 публикациа рыларҵәан; иааизакны апрель амзазы ари апрограмма иалахәын 3 070-ҩык ажәабжьҳәаҩцәа, урҭ рҟынтә 138-ҩык иҷыдоу апионерцәа, 2 499-ҩык азеиԥш пионерцәа, насгьы 433-ҩык ицхырааҩу апионерцәа!