Адгаларақәа рыхкқәа
Абиблиа аҵара ишалагатәу амза раԥхьатәи асабшазы.
«Ҳара иахьа иааркьаҿны ауаа ҳрацәажәоит ақәымчреи аиашамреи ақәгара зылшо аиҳабыра иазкны. Шәгәы ишԥаанаго, иҟоума ари аҩыза аиҳабыра?» Уазыӡырҩы аҭак. Игәаларшәа узацәажәо Иисус иҵаҩцәа ари аҩыза аиҳабыра, Анцәа Иаҳра, ааирц азы Анцәа и́ҳәаларц шыдирҵоз. Ирба «Анцәа Иаҳра. Иаа́нагар алшозеи уи шәара шәзы?» захьӡу аброшиура аҵыхәтәантәи адаҟьа, нас уалацәажәа азҵаара анаҩс иану аматериал, насгьы ҵаҟа иаагоу жәеинраалак иадамзаргьы. Аброшиура идгаланы, уиацәажәа ҿыц шәеиқәшәарц, анаҩстәи азҵаара аилыргаразы.
Аброшиура «Анцәа Иаҳра. Иаа́нагар алшозеи уи шәара шәзы?».
«Аӡәырҩы ҿырҳәала ирдыруеит Иисус Христос иҵаҩцәа идирҵоз аҳәара. [Уаԥхьа Матфеи 6:9, 10.] Шәара зныкыр ишәзеиҭарҳәахьоума Анцәа Иаҳра закәу, насгьы Иисус уи атәы лассы-лассы изыдирҵоз? [Уазыӡырҩы аҭак.] Ари аброшиураҿы иарбоуп Абиблиаҿы Анцәа Иаҳра иазкны иаҳәо, насгьы иарбан иааџьоушьаша зылԥхарақәоу уи адгьыл аҿы инхо ауаа ирзаанаго».
Аброшиура «Ақәҿиараҵәҟьа маӡас иамоу».
«Ҳара ауаа абри аҩыза азҵаара аҭак аԥшаара ҳрыцхраауеит. [Ирба аброшиура ацәа.] Шәгәы ишԥаанаго, амал рацәаны имазар аума ауаҩы, ақәҿиараҵәҟьа имазарц азы? [Уазыӡырҩы аҭак.] Абиблиа ҳаанаԥхьоит аматериалтә мазарахь аҭышәынтәалара аарԥшра. [Уаԥхьа Лука 12:15.] Абиблиа ишаҳәо ала, дарбанзаалак ауаҩы ақәҿиара имазар илшоит. Ари аброшиураҿы иҳәоуп уи ҟалашьас иамоу».