Алаҳәарақәа
◼ Аларҵәаразы алитература. Сентиабри октиабри: изаамҭанытәу аброшиурақәа. Ноиабри декабри: ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?» ма абуклетқәа «Ирылшома иԥсхьоу ҿыц анхара?», «Изакәызеи шәара шәзы Абиблиа?», «Ишԥажәбо шәара ԥхьаҟатәи аԥсҭазаара?», «Иамоузеи шьаҭас аҭаацәаратә насыԥ?», «Знапаҿы иҟада ари адунеи?», «Иҟалома знымзар-зны агәаҟрақәа рҵыхәтәа?». Абиблиатә ҵара рыдаагалоит. Ианвари феврали: 32 даҟьа змоу анаҩстәи аброшиурақәа руак: «Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә», «Уизыӡырҩла Анцәа», «Уизыӡырҩла Анцәа, наӡаӡа унхала».
◼ 2015 шықәсазы апрель 6 рзы иалаго амчыбжь азы агәаларшәара Ахәылԥаз инадҳәаланы иҟалоит иҷыдоу ажәахә. Ажәахә атема рылаҳәахоит ԥыҭрак ашьҭахь. Аизарақәа рҿы, арҭ аԥсшьарамшқәа раан араионтә хылаԥшҩы дызҭаауа, ма аконгресс ахь ааԥхьара змоу, ажәахә мчыбжьык ашьҭахь иҳәатәуп. Апрель 6-нӡа иҷыдоу ажәахә аизарақәа рҿы аҳәара ҟалаӡом.