Октиабр 6 рзы иалаго амчыбжь аихшанҵа
ОКТИАБР 6 РЗЫ ИАЛАГО АМЧЫБЖЬ
Ашәа 18, анцәаиҳәара
Аизараҿы Абиблиа аҵара
lv ахы 13, абз. 16—26, ад. 156 иану арамка (30 мин)
Атеократиатә маҵзура ашкол
Абиблиа аԥхьара: Ҩынтәзакәан 1—3 (10 мин)
№ 1: Ауриацәа рахь 11:1—19 (4 мин ма еиҵаны)
№ 2: Аҩсҭаа инырра цәгьа аҟынтәи ахақәиҭра ааигәахоит (rs ад. 329, абз. 5 — ад. 331, абз. 1) (5 мин)
№ 3: Иаҳнарҵома ҳара Абиблиа асекс — гәнаҳароуп ҳәа? (rs ад. 345, абз. 3 — ад. 346, абз. 4) (5 мин)
Амаҵзуратә еиԥылара
10 мин. Ииуль мзазы изаамҭанытәу аброшиурақәа шрыдгалатәу. Ахцәажәара. Раԥхьа еиҿкаа ари адаҟьаҿы иаагоу адгаларақәа ухы иархәаны аброшиурақәа шрыдгалатәу узырбо адемонстрациа. Анаҩс хәҭа-хәҭала еилырга арҭ адгаларақәа.
10 мин. Абиблиа зҵо доуҳала реизҳараҿы ҳрыцхраауеит (ахәҭа 6). Ахцәажәара, 2005 шықәса февраль мзазы иҭыҵыз «Ҳаҳратә маҵзура» ад. 6 аҟны иану астатиа «Аҵара иаҿу ауаҩы азҵаара ықәиргылозар» шьаҭас иҟаҵаны. Еиҿкаа 4-минуҭк ицо адемонстрациа: Абиблиа аҵара иаҿу ауаҩы дҵаауеит, Иҳақәиҭу ихәылԥаз анымҩаԥысуа асимволқәа рҟынтә издызкыло змаҷузеи ҳәа. Ажәабжьҳәаҩ Абиблиа аҵара иаҿу ауаҩы изҵааразы дирҽхәоит, азҵаара ақьаад ианиҵоит, насгьы аҵара ианалгалак иалацәажәарц идигалоит. Изхысуаз аматериал ианалгалак ашьҭахь, ажәабжьҳәаҩ уи ауаҩы дхьаирԥшуеит ашәҟәы «Аицәажәара» ахь, ад. 86—87, ахеиҵа «Изылшода Ахәылԥаз аан ача афареи аҩы ажәреи?». Дара ари ахеиҵа еилдыргоит, анаҩс аҵара иаҿу ауаҩы изҵаара аҭак ахьиоуз азы ҭабуп иҳәоит.
10 мин. Иарбан еихьӡароу иҟаҳҵаз? Ахцәажәара. Урыҳәа азыӡырҩцәа еиҭарҳәарц астатиа «Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Еиҭа анеиразы ашьаҭа шышьҭаҵатәу» аҟынтәи алабжьарақәа хәарҭас ирзаанагаз. Урыҳәа азыӡырҩцәа интересу ахҭысқәа еиҭарҳәарц.
Ашәа 83, анцәаиҳәара