Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Еиҭа анеиразы ашьаҭа шышьҭаҵатәу
Уи зхадоу. Аинтерес аазырԥшыз ауаҩы дҳақәшәазар, ҳара уи ҿыц ҳашиқәшәаша атәы ҳазхәыцуеит, илаҳҵаз аҵабырг ажәла аӡы аҵаҳҭәарц азы (1 Кор. 3:6). Убри аҟынтә ауаҩы ҳаиԥырҵаанӡа, еиҭа ҳизнеирц азы ашьаҭа шьҭаҵатәуп, ҿыц ҳшеиқәшәаша ҳналацәажәаны. Уи адагьы, даҽазны ҳанааилак еилҳарго азҵаара аартны иаанҳажьыр бзиахон. Усҟан ауаҩы даҳзыԥшызаауеит, насгьы иаанҳажьыз апубликациаҿы уи азҵаара аҭак аагазар, иҟалап уи даԥхьар. Анаҩстәи аицәажәаразы ашьаҭа шьҭаҵазар, ҳара еиҳа иаҳзымариахоит даҽазны анеира, избанзар атема алхуп, ауаҩы ҳазнеиуагьы идыруеит. Ауаҩы аҩны дҳақәшәазар, иаҳҳәар ҳалшоит уажәаԥхьа ҳаныҟаз иаартны иаанҳажьыз азҵаара аҭак иаҳҭарц азы ҳшааз, анаҩс ацәажәара иацаҳҵар ҳалшоит.
Ухы иархәа амза аҩныҵҟа абри алабжьара:
Адгалара шыҟауҵаша уҽаназыҟауҵо, уазхәыц даҽазны уаннеилак узлацәажәарц иуҭаху азҵаара. Уи рзеиҭаҳәа ажәабжьҳәара узыццало уҩызцәа.