Амаҵзураҿы еихьӡарас иҟаз
Даара ҳгәы иахәоит шәылаҳәара, 2013 амаҵзуратә шықәсазы 8 568 ажәабжьҳәаҩцәа Урыстәыла иҟоу 992 еизара иалхыз атерриториахь ажәабжьҳәара ааԥхьара ишақәҿырҭыз. Урҭ ирыдын 464 административтә раионқәа. 2014 маҵзуратә шықәсазы уи аҩыза ааԥхьара рыдыркылеит 948 еизара, урҭ ирыдҵан 446 административтә раионқәа. Ҳара даара ахә ҳаракны иаҳшьоит згәы ҳаҵҳаҵо ажәабжьҳәаҩцәа ргәазыҟашьа (Рим 10:14, 15).