Адгаларақәа рыхкқәа
Абиблиа аҵара ишалагатәу амза раԥхьатәи асабшазы.
«Иахьа ҳара аҭаацәарақәа рахь азҿлымҳара ааҳарԥшуеит. Аӡәырҩы аҭаацәа ирҭахуп рхәыҷқәа Анцәа бзиа дырбаларц. Шәгәы ишԥаанаго, ирылшома аҭаацәа рхәыҷқәа уи аҩыза абзиабара рылааӡара, мамзаргьы ахәыҷқәа рхала ирҵар акәу Анцәа бзиа ибашьа?» Уазыӡырҩы аҭак. Ирба аброшиура «Шәара Анцәа шәизааигәахар шәылшоит» аҵыхәтәантәи адаҟьа, нас уалацәажәа актәи азҵаара анаҩс иану аматериал, насгьы ҵаҟа иаагоу жәеинраалак иадамзаргьы. Аброшиура идгаланы, уиацәажәа ҿыц шәеиқәшәарц, анаҩстәи азҵаара аилыргаразы.
Аброшиура «Шәара Анцәа шәизааигәахар шәылшоит».
«Ҳара иааркьаҿны ауаа Анцәа иӡбахә рзеиҭаҳҳәоит. Ҳара еилаҳкаауеит доусы дара ртәала Анцәа дышхарҵо. Шәгәы ишԥаанаго, еиҳараҩык ауаа Анцәа ихаҿыдоу мчроуп ҳәа ихәаԥшуама, мамзаргьы дара рахь гәыкала аинтерес аазырԥшуа ҩызак иеиԥш изыҟоу? [Уазыӡырҩы аҭак.] Ари ажәеинраала аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит иарбан еизыҟазаашьақәоу Анцәа ииҭахәу иареи ҳареи иҳамазарц. [Шәаԥхьа Иаков 4:8а.] Ари аброшиураҿы иаагоуп х-лабжьарак Анцәа изааигәахара иҳацхраауа».
Аброшиура «Идыртәузеи апсихикатә чымазарақәа ирызкны?».
«Ҳара иахьа иааркьаҿны ҳалацәажәоит агәабзиара иадҳәалоу ауадаҩра. Адунеизегьтәи агәабзиарахьчара аорганизациа излаанацҳауа ала, адепрессиа захьӡу апсихикатә чымазара адгьыл зегь аҿы ԥшьҩык рҟынтә аӡәы ихьраны дыҟоуп. Шәгәы ишԥаанаго, апсихикатә чымазарақәа ауаа еиҳа лассы-лассы ирыхьуа иалагама? [Уазыӡырҩы аҭак.] Абиблиа иаҳнаҭоит агәыӷра ҳаԥхьаҟа аӡәгьы дшычмазҩымхо. [Уаԥхьа Аатра 21:3, 4.] Ари аброшиураҿы иануп апсихикатә чымазара уеилзыркаауа азеиԥш дыррақәа».