Февраль 16 рзы иалаго амчыбжь аихшанҵа
ФЕВРАЛЬ 16 РЗЫ ИАЛАГО АМЧЫБЖЬ
Ашәа 80, анцәаиҳәара
Аизараҿы Абиблиа аҵара
fy ахы 3, абз. 7—15 (30 мин)
Атеократиатә маҵзура ашкол
Абиблиа аԥхьара: Аӡбаҩцәа 15—18 (8 мин)
№ 1: Матфеи 5:33—48 (3 мин ма еиҵаны)
№ 2: Иарбану Абиблиа атема хада? (igw ад. 8, абз. 1—4) (5 мин)
№ 3: Ихынраалоу, аҿаԥыц зҿоу, насгьы агәацԥыҳәара аазырԥшуа амаҵзуҩы (it «Аполлос») (5 мин)
Амаҵзуратә еиԥылара
Амза атема: «Аус бзиақәа рахь агәацԥыҳәара» аашәырԥшла! (Тит 2:14 АдҾ).
15 мин. Шәҽазыҟашәҵала ажәабжь бзиа ауаа гәацԥыҳәарыла рылаҳәаразы. Ахцәажәара. Избан амаҵзурахьы ацара ҳҽаназыҟаҳҵо зегь раԥхьа Анцәа ҳазиҳәар акәу? (Ԥс. 143:10; Аус. 4:31). Иаҭахузеи уаҳа анцәаиҳәара адагьы? (Езд. 7:10). Ишԥаҳалшо ҳара алитературеи ажәабжьҳәаразы ашәыреи реиқәыршәара, доуҳала ҳҽазкны? Иарбан хәарҭоу иаҳзаанаго аҽазыҟаҵара бзиа? (Уахә. 2008 шықәса ииуль 15 рзы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш», ад. 9, абз 9.) Шәыҽшԥазыҟашәҵо шәара амаҵзура? Еиҿкаа ажәабжьҳәаҩ амаҵзура иҽшазыҟаиҵо узырбо адемонстрациа: иара дрыхәаԥшуеит ауаа ирыдигало абуклетқәа, ма аброшиурақәа. Анаҩс ишәыра ирхиоит, нас игәеиҭоит иелеқтронтә хархәагагьы шыхиоу. Иазгәаҭ зегьы ажәабжьҳәара ибзианы рҽазыҟарҵаларц шрыхәҭоу (2 Тим. 3:17).
15 мин. «Уаҿыԥшлома уара Иеговеи Иисуси ргәацԥыҳәара агәаларшәара Ахәылԥаз аназгәаҳҭо?» Азҵаарақәеи аҭакқәеи. Аизараҿы иҟоу зегьы ирызша цырак-цырак Ахәылԥаз ахь ааԥхьара, насгьы уахцәажәа уи аҵакы. Еиҿкаа ад. 4 аҿы иаагоу адгалара ухы ишаурхәаша узырбо икьаҿу адемонстрациа.
Ашәа 30, анцәаиҳәара