Апрель 27 рзы иалаго амчыбжь аихшанҵа
АПРЕЛЬ 27 РЗЫ ИАЛАГО АМЧЫБЖЬ
Ашәа 1, анцәаиҳәара
Аизараҿы Абиблиа аҵара
fy ахы 6, абз. 1—7 (30 мин)
Атеократиатә маҵзура ашкол
Абиблиа аԥхьара: 1 Самуил 26—31 (8 мин)
Аиҭахысра (20 мин)
Амаҵзуратә еиԥылара
Амза атема: Иҟәыӷоу реиԥш шәхы мҩаԥыжәгала, «шәаамҭа шәеиҷаҳа» (Ефес. 5:15, 16).
7 мин. «Ишиашоу иҟоу ааԥхьара». Азҵаарақәеи аҭакқәеи. Абзац 3 уанахцәажәо, еиҿкаа ааԥхьара шрыдгалатәу узырбо икьаҿу адемонстрациа.
10 мин. «Аконгресс иадҳәалоу агәаларшәарақәа». Амаӡаныҟәгаҩ имҩаԥиго ахцәажәара. Урзааҭгыл астатиаҿы изыҵшьу абиблиатә принципқәа, насгьы урҭ 2015 шықәсазтәи арегионалтә конгресс аҿы ухы иаурхәар шулшо. Урыхцәажәа 2013 шықәса, август 3 рзы аизарақәа зегь рзы иаашьҭыз, адоуҳатә еиԥыларақәа рҿы ашәарҭадара шыхьчатәу иазку асалам шәҟәы аҟынтә ианаало азхәыцрақәа.
13 мин. «Иаашәыртла Анцәа Иажәа амч амаҵзураҿы». Ахцәажәара. Аҵыхәтәаны еиҿкаа ҩ-хәҭак рыла ишьақәгылоу икьаҿу адемонстрациа. Раԥхьа ажәабжьҳәаҩ дзацәажәо ауаҩы иирбоит абуклет «Изакәузеи шәара шәзы Абиблиа?», нас Абиблиа аамыртӡакәа 2 Тимофеи иахь 3:16, 17 аҟынтә жәақәак ҿырҳәала иҳәоит. Анаҩс ажәабжьҳәаҩ еиҭаҟаиҵоит уи адгалара, аха уажәшьҭа ажәеинраала Абиблиа аҟынтә даԥхьоит. Урыҳәа аӡырҩцәа еиҭарҳәарц, избан аҩбатәи адгалара еиҳа алҵшәа аанагар залшо.
Ашәа 124, анцәаиҳәара