Ииун 8 рзы иалаго амчыбжь аихшанҵа
ИИУН 8 РЗЫ ИАЛАГО АМЧЫБЖЬ
Ашәа 6, анцәаиҳәара
Аизараҿы Абиблиа аҵара
fy ахы 7, абз. 21—27 (30 мин)
Атеократиатә маҵзура ашкол
Абиблиа аԥхьара: 2 Самуил 19—21 (8 мин)
№ 1: Матфеи 13:16—30 (3 мин ма еиҵаны)
№ 2: Иаҭахузеи анасыԥ аиуразы? (igw-U ад. 22, абз. 1—3) (5 мин)
№ 3: Ашьакаҭәара ахара зду аиаша аҿагылаҩцәа ахаангьы ақәҿиара роуӡом (it-U «Каиафа») (5 мин)
Амаҵзуратә еиԥылара
Амза атема: «Иугәаларшәа ажәытәан иҟаз амшқәа» (Ҩынтә. 32:7).
10 мин. «Иугәаларшәа ажәытәан иҟаз амшқәа». Ажәахә, амза атема шьаҭас измоу. Урыԥхьа, насгьы урыхцәажәа Ҩынтәзакәан 4:9; 32:7, насгьы Ԥсалом 71:15—18. Идеилыркаа, избан иахьа Анцәа имаҵзуҩцәа иргәалашәалар зрыхәҭоу ҳтеократиатә ҭоурых аҟынтә ауаа, насгьы ахҭысқәа. Ажәабжьҳәаҩцәа ирыдгал аҭаацәаратә мҵахырхәара аан аамҭа-аамҭала арубрика «Ҳархивқәа рҟынтә» аҿы иаагоу астатиақәа еилдыргаларц. Ари амзазы имҩаԥгахо амаҵзуратә еиԥылараҿы иааркьаҿны пунктқәак урыхцәажәа, насгьы инаҵшьны иазгәаҭ урҭ амза атема ишадҳәалоу.
20 мин. «Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Абиблиатә ҵара аҩнашә аԥхьа ишалагатәу». Амаҵзуратә хылаԥшҩы имҩаԥиго ахцәажәара. Иалкааны иазгәаҭ Абиблиа ҵарақәа еиҳаны рылагара угәазҭазҵо аизара ажәабжьҳәаратә ҳасабрба аҟны иану ацифрақәа. Еиҿкаа аԥышәа змоу ажәабжьҳәаҩ аҩнашә аԥхьа Абиблиатә ҵара дшалаго узырбо адемонстрациа, арамка аҟынтә адгалара ихы иархәаны. Зегьы ргәазҭаҵа аҩнашә аԥхьа Абиблиа аҵара иалагаларц.
Ашәа 29, анцәаиҳәара