Ииуль 27 рзы иалаго амчыбжь аихшанҵа
ИИУЛЬ 27 РЗЫ ИАЛАГО АМЧЫБЖЬ
Ашәа 18, анцәаиҳәара
Аизараҿы Абиблиа аҵара
fy ахы 9, абз. 16—22 (30 мин)
Атеократиатә маҵзура ашкол
Абиблиа аԥхьара: 1 Аҳцәа 15—17 (8 мин)
№ 1: Матфеи 18:18—35 (3 мин ма еиҵаны)
№ 2: Ишԥалшо Абиблиа хаҵа ицахьоу аҳәса ирыцхраар? (igw-U ад. 26, абз. 3, 4) (5 мин)
№ 3: Арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи, уажәнатә шәҽазыҟашәҵала агәымшәара аарԥшуа Иегова имаҵ аура (it-U «Давид») (5 мин)
Амаҵзуратә еиԥылара
Амза атема: «Шәцаны... аҵаҩцәа азыҟашәҵала» (Матф. 28:19, 20, АдҾ).
10 мин. Амаҵзураҿы иумоу аҟазара еиӷьутәуама? Ахцәажәара. 2014 шықәса февраль мзазы иҭыҵыз «Иԥшьоу ҳмаҵзура» аҿы иаагоу астатиа «Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит» аҟынтә актәи абзац уахцәажәа. Уа иануп ари арубрика ахықәкы. Уаанӡатәи аҭыжьымҭақәа рҟынтә иааркьаҿны статиақәак урыхцәажәа. Урыҳәа аӡырыҩцәа еиҭарҳәарц ари арубрика шрыцхрааз. Ажәабжьҳәаҩцәа ргәазҭаҵа ирымоу аҟазара еиӷьыртәларц есымза еилдырго алабжьара, ма алабжьарақәа рыцхыраарала.
10 мин. Ухы иархәа аброшиура «Анцәа Иажәа раԥхьатәи абадырра», Абиблиа зҵо ицхрааразы. Ахцәажәара. Еилырга, избан изхәарҭоу Абиблиа зҵо иеилҳаркаар: 1) аматериал «Абиблиа ухы ишаурхәаша» ҳәа хьӡыс измоу, 2) 19-тәи азҵаара «Ианузеи Абиблиа еиуеиԥшым ашәҟәқәа рҿы?», насгьы 3) 20-тәи азҵаара «Иҟаҵатәузеи, Абиблиа аԥхьара хәарҭа ҳнаҭарц?». Еиҿкаа икьаҿу адемонстрациа, ажәабжьҳәаҩ Абиблиа аҵара ашьҭахь изирҵо ауаҩы арҭ апунктқәа руак дышицалацәажәо узырбо.
10 мин. «Арҵаразы амыругақәа». Азҵаарақәеи аҭакқәеи.
Ашәа 125, анцәаиҳәара