Амаҵзураҿы еихьӡарас иҟаз
Ҳара ҳаигәырӷьоит шәылаҳәара ииасыз амаҵзуратә шықәсазы ишеиҿкааз агәыԥқәа анаҩстәи абызшәақәа рыла: араб, абуриат, коми, ақәырд (курманџьи), амокшан, аерзиан, иара убас акотлиар, насгьы аҩада аурыс диалектқәа рыла иҟоу ацыган бызшәа. Аурыс бызшәала адагьы, ҳфилиал зхылаԥшуа атерриториаҿы аизарақәа мҩаԥысуеит 40 бызшәа рыла, аурыс абыжьҭыгарадатә еизарагьы уахь иналаҵаны. Атәымбызшәатә еизарақәеи агәыԥқәеи рҿы амаҵ руеит 14 000-ҩык инареиҳаны ауаа. Шаҟа уаргәырӷьозеи змаҵзура ырҭбааны, тәымбызшәала ажәабжьҳәара зҽалазырхәуа ауаа рхамеигӡареи, рыбзиабареи, урҭ рҽазыршәоит ауаа аиаша рылаҳәара ирзааигәоу абызшәала (Матф. 22:37—39; 1 Кор. 13:1).