Август 10 рзы иалаго амчыбжь аихшанҵа
АВГУСТ 10 РЗЫ ИАЛАГО АМЧЫБЖЬ
Ашәа 61, анцәаиҳәара
Аизараҿы Абиблиа аҵара
fy ахы 10, абз. 1—8 (30 мин)
Атеократиатә маҵзура ашкол
Абиблиа аԥхьара: 1 Аҳцәа 21, 22 (8 мин)
№ 1: Матфеи 19:30—20:16 (3 мин ма еиҵаны)
№ 2: Ишԥаулшо Анцәа изааигәахара? (igw-U ад. 28, абз. 1—4) (5 мин)
№ 3: Аԥара бзиа абара ачарҳәарахь унанагар алшоит (it-U «Далида») (5 мин)
Амаҵзуратә еиԥылара
Амза атема: «Сыҩнаҭеи сареи — ҳара Иегова имаҵ ҳаулоит» (Иис. Н. 24:15).
10 мин. «Сыҩнаҭеи сареи — ҳара Иегова имаҵ ҳаулоит». Ажәахә, амза атема шьаҭас измоу. Урыԥхьа, нас урыхцәажәа Ҩынтәзакәан 6:6, 7, Иисус Навин 24:15, насгьы Ажәамаанақәа 22:6. Инаҵшьны иазгәаҭ ахацәеи абацәеи рҭаацәара рдоуҳатә ҭахрақәа иреиҷаҳалар шрыхәҭоу. Уалацәажәа аҭаацәара рыцхрааразы аорганизациа мыругақәас иҳаднагало. Ари амзазы амаҵзуратә еиԥылараҿы иҟалараны иҟоу пунктқәак урыхцәажәа, насгьы инаҵшьны иазгәаҭ урҭ амза атема ишадҳәалоу.
20 мин. «Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Аҿыцқәа рырҵара шахәҭоу». Ахцәажәара. Уразҵаа аӡырҩцәа аҭаацәа ирызкны астатиаҿы иаагоу апринципқәа рхы иадырхәар шрылшо рхәыҷқәа доуҳала аизҳараҿы рыцхрааразы. Еиҿкаа аб иԥа, ма иԥҳа адгалара шыдирҵо узырбо адемонстрациа.
Ашәа 93, анцәаиҳәара