Аброшиура «Ажәабжь бзиа» ала идҳарҵоит
1. Иарбан ҷыдарақәоу иамоу аброшиура «Ажәабжь бзиа»?
1 «Иԥшьоу ҳмаҵзура» ииультәи аҭыжьымҭаҿы ишаныз еиԥш, арҵаразы ихадоу амыругақәа ируакуп аброшиура «Ажәабжь бзиа». Уа иаагоуп азхьарԥшқәа, аха иаагаӡам ажәеинраалақәа — урҭ Абиблиа аҟынтә рыԥхьара аҭахуп. Арҵаразы иҟоу ирацәаны ҳпубликациақәа ҩуп ауаҩы аӡәы ицхыраарада аиаша еиликаартә еиԥш, аха ари аброшиура еиқәыршәан арҵаҩы ицхыраарала аҵаразы. Убри азы ари аброшиура ауаҩы идаҳгалозар, ирбатәуп Абиблиа аҵара шымҩаԥысуа, уа иану ажәабжь бзиа аилкаара шаҟа аинтерес аҵоу еиликаарц азы (Матф. 13:44).
2. Ишԥаҳалшо аброшиура ҳхы иаҳархәаларц актәи аҭаара аан?
2 Раԥхьатәи аҭаара аан. Иуҳәар улшоит: «Ауаа лассы-лассы иазхәыцуеит ари адунеи аԥхьаҟа иазыԥшу. Шәгәы ишԥаанаго, ҳанхалома ҳара еиӷьны знымзар-зны? [Уазыӡырҩы аҭак.] Абиблиа иҳанаҳәоит ҳзыргәырӷьаша ажәабжь, уи агәыӷра ҳнаҭар алшоит. Абар зҵаарақәак Абиблиа зҭак ҟанаҵо». Узацәажәо ауаҩы аброшиура иҭ, насгьы идгал аҵыхәтәантәи адаҟьаҿы иаагоу зинтерес имоу зҵаарак алихырц. Анаҩс иаарты уи аурок, нас актәи абзац ухы иархәаны ирба Абиблиа аҵара шымҩаԥысуа. Даҽа знеишьак: уара иулшоит ауаҩы иуҭар иалухыз аурок аҟынтә аинтерес зҵоу азҵаара, насгьы иурбар аброшиура ацхыраарала Абиблиа аҟынтә аҭак иԥшаар шилшо. Адгалара аан ажәабжьҳәаҩцәа шьоукы аброшиура аҟынтә аурок ианаало авидеоролик ддырбоит.
3. Ишԥамҩаԥгалатәу аҵара аброшиура «Ажәабжь бзиа» ала?
3 Арҵара шымҩаԥгатәу. 1) Абиблиа зҵо ихадоу азхәыцра дазхьаурԥшырц азы, уаԥхьа иҟәазу ашрифт ала иалкаау аномер змоу азҵаара. 2) Уаԥхьа абзац. 3) Урыԥхьа курсивла иалкаау ажәеинраалақәа. Патуқәҵарала азҵаарақәа ықәыргыло, уицхраа ауаҩы еиликаарц ажәеинраалақәа аҭак шыҟарҵо аномер змоу азҵаара. 4) Азҵаара бзацк еиҳаны иаҵанакуазар, усҟан еиҭах иҟаҵа аҩбатәи, насгьы ахԥатәи ашьаҿақәа. Шәызлацәажәо атема авидеороликқәа руак анаалозар, насгьы уи узацәажәо иумырбацзар, ирба. 5) Изурҵо аматериал шеиликааз агәра угарц азы, уиҳәа аномер змоу азҵаара аҭак ҟаиҵарц.
4. Иҳацхраауазеи ари зыхә ҳараку амыруга ибзианы ахархәара?
4 Иҭҵаа ари зыхә ҳараку амыруга. Ухы иархәала уи алшара уоуцыԥхьаӡа. Ауаҩы ирҵара уалагаанӡа уизхәыц, насгьы уазхәыц аурок аҿы иаагоу ажәеинраалақәа еиҳа еиӷьны шәышрыхцәажәаша (Ажәам. 15:28; Аус. 17:2, 3). Ари аброшиура ибзианы ахархәашьа ануҵалак, уи ауаа аиаша дырҵаразы зегь реиҳа бзиа иубо амыругақәа ируакхоит.