Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Абиблиатә ҵара аҩнашә аԥхьа ишалагатәу
Уи зхадоу. Аҵаҩцәа разыҟаҵаразы ҳара Анцәа Иажәа дзырҵо ҳакәзароуп (Матф. 28:19, 20). Ҳара зегьы иҳалшоит ауаа қәҿиарала аиаша дырҵара иаҳҳәап, Абиблиа ахцәажәаразы иҳамоу ҳхатә планқәа рыла. Урҭ ҳхы иаҳархәалар ҳалшоит раԥхьатәи аҭаара аан.
Ухы иархәа амза аҩныҵҟа абри алабжьара:
Анцәа уиҳәала абиблиатә ҵара амҩаԥгаразы агәаҳәара уоурц. Уи адагьы, Иегова уиҳәала абиблиатә ҵара аԥшаареи, насгьы аиаша ҟазарыла дырҵареи дуцхраарц (Флп. 2:13).
Хаҭалатәи аҭҵаара, мамзаргьы аҭаацәаратә мҵахырхәара аан адгалара уҽазыҟаҵа, ибзианы иугәалашәаларц азы. Уи абзоурала уара гәрагарала уцәажәалоит, насгьы абиблиатә ҵара уалагаргьы алшоит.