Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Идҳарбоит Абиблиа аҵара шымҩаԥырго ианаало апубликациа ала
Уи зхадоу. Аӡәырҩы ауаа хәыда-ԥсада иҟоу аҩнтәи абиблиатә ҵара анрыдаагало, ирзеилкааӡом уи иаҵанакуа. Дара ргәы иаанагозар алшоит арҵаратә гәыԥ иаҭаалароуп ҳәа, мамзаргьы латәарада иҟоу аҵарахьы рыҽҭарҩыроуп ҳәа. Убри азы аҵара рыдгалара аҵкыс, еиӷьуп уи шымҩаԥысуа дҳарбар. Минуҭқәак рыла ашә аҿы ауаҩы иҳарбар ҳалшоит Абиблиа аҵара шымариоу, насгьы иуеилнаркаауа шырацәоу.
Ухы иархәа амза аҩныҵҟа абри алабжьара:
Иегова уиҳәала, аӡәы Абиблиа ирҵара алагара дуцхраарц (Флп. 2:13).
Ажәабжьҳәара аан уҽазышәа ианаало апубликациа ала ауаа Абиблиа аҵара шымҩаԥысуа дырбара, мамзаргьы знык иадамзаргьы иахәарԥш авидеоролик «Ишԥамҩаԥысуеи абиблиатә ҵара?».